Ажәабжьҳәараҿ аҿыцлагалақәа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы
1. Иарбан ҿырԥшу иҳарҭаз актәи ашәышықәсаз инхоз ақьырсианцәа?
1 Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа ҩнаҭацыԥхьаӡа адагьы, ауаа рацәа ахьеизоз аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжь рҳәон (Аус. 20:20). Иаҳҳәап, ақьырсианцәа ауахәамахь инеиуан, избанзар ирдыруан уа ауаа рацәа шеизоз (Аус. 5:42). Павел Афина даныҟаз, есыҽны аџьармыкьаҿы иқәшәоз ауаа ажәабжь рзеиҭеиҳәон (Аус. 17:17). Иахьа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара зегь раасҭа ихадоу методны иаанхеит. Ус шакәугьы, ҳара ибжьаҳажьӡом амашьына аргыларҭақәа, аусурҭа атерриториа, апаркқәа, ауаа рацәа ахьану амҩақәа, насгьы ауаа ҳақәшәар ахьҳалшо егьырҭ аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара ҳҽазаҳшәоит. Ажәабжьҳәаҩцәа зегьы ааԥхьара рыҭоуп ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь рҳәаларц, аха аӡәырҩы иԥыршәар рылшоит аинтерес зҵоу ҩ-ҿыцлагалак.
2. Иарбан иҷыдоу ажәабжьҳәаратә кампаниоу иалагаз ноиабр мза 2011 шықәса инаркны?
2 Ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы ажәабжьҳәара. «Есышықәсатәи аҭыжьымҭа» 2013 шықәсазы иҭыҵыз, адаҟьақәа 16, 17 рҿы ишазгәаҭоу еиԥш, Ниу-Иорк ноиабр мза 2011 шықәсазы иԥыршәеит иҷыдоу ажәабжьҳәаратә кампаниа ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы. Еиҳа ауаа ахьырацәоу ақалақь ахәҭақәа рҿы иргылан уадзыԥхьало аишәақәеи еиуеиԥшым абызшәақәа рыла алитература зну, агьежьқәа зҵоу иузеиҭаго астендқәеи. Есыҽны урҭ ахьгылаз ииасуан зқьҩыла ауаа, уахь ирыҵанакуеит лассы-лассы зыҩны иҟам, насгьы ирыхьчо аҩнқәа рҿы инхо ауаа. Ауаа рақәҿыҭра џьоушьартә иҟан. Ааигәа мызкы аҩныҵҟа ирыларҵәан 3 797 журнали 7 986 шәҟәи. Абиблиа аҵара иаҳәаз ауаа рацәан. Хықәкы хадас иҟаз Абиблиа аҵара алагара акәын аҟынтә, иааныжьыз аҭыӡҭыԥқәа иаразнак иахәҭаз аизарақәа рахь идәықәҵан, иаарԥшыз аинтерес ацҵаразы.
3. Ишԥарҭбаахо ари апрограмма?
3 Апрограмма ҿыц алҵшәа аиуит аҟынтә, иӡбан адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ажәлар ахьырацәоу егьырҭ ақалақь дуқәа рҿгьы ари аҩыза алагала ҟаҵазарц. Аҭыԥантәи афилиал иаӡбоит иарбан қалақьқәоу еиҳараӡак ианаало. Уахь раԥхьаӡа иргыланы иаҵанакуеит авокзалқәа, аҳаирбаӷәазақәа, аофистә хыбрақәа, насгьы аҩнеихагылақәа, ажәакала иуҳәозар, еснагь ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа. Анаҩс ари аҩыза амаҵзура хкы зҽалазырхәуа аизарақәа афилиал анаҩстәи анапхгара рнаҭоит. Еиҳараӡак азеиԥш пионерцәеи иҷыдоу апионерцәеи роуп иалахәхо, аха ҭагылазаашьақәак рҿы ицхырааҩу апионерцәагьы алахәхар ауеит.
4. Ишԥамҩаԥысуеи ажәабжьҳәара аус ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы?
4 Уи шымҩаԥысуа. Ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы ажәабжьҳәара зҽалазырхәуа, ишаԥу еиԥш, иԥшуп ауаҩы ихала аишәа, ма иузеиҭаго астенд данадгыло ҳәа. Анаҩс ауаҩы игәаԥхаз алитература игарц идыргалоит. Азҵаарақәа имазар, апионерцәа гәахәарала Абиблиа ала аҭак ирҭоит. Ауаҩы алитература аниго, дара игәаладыршәаӡом хатәгәаԥхарала аҭара шилшо. Аха иара ҳара ҳус афинанстә цхыраара ша́уа аинтерес имазар, дара иеилдыркаауеит аԥара алеиҵар шилшо аорганизациа иатәу абанктә ԥхьаӡара, уи аилкаара илшоит алитератураҿы иану аҭыӡҭыԥ ала иҩыр, ма Иегова Ишаҳаҭцәа реизарақәа рҿы иҟоу аиашьык аԥара ҭеиҵар шилшо. Иақәнагоит ҳәа анырыԥхьаӡо, дара ҵаауеит: «Ишәҭахума шәара ишәҭаарц?», ма «Ижәдыруама шәара ари апубликациа хәыда-ԥсада Абиблиа аҵара шацу?»
5. Иарбан зылԥхарақәоу ирзаанагаз хаҵеи-ԥҳәыси ари апрограмма аҽалархәра?
5 Ари апрограмма аҽалархәра азылԥхара дуқәа аанагоит. Хаҵеи-ԥҳәыси ирҩит: «Ҳара аишәа ҳахьадгылоу есыҽны зқьҩыла ауаа шаҩсуа анаҳбо, еиҳаны еилаҳкаауеит изакәытә ус дуу имҩаԥысуа адунеи зегь аҿы ауаа ажәабжь рызнагаразы. Ауаа рацәа анаҳбо, насгьы Иегова урҭ зегь хаҭала дышреиҷаҳауа ҳаназхәыцуа, уи ҳара ҳгәазҭанаҵоит ажәабжьҳәара аус ҳаԥсҭазаараҿы зегь раԥхьа иргыланы, ҳмаҵзура наҳагӡаларц. Ҳара ҳазхәыцуеит ҳзыдгылоу аишәа иаҩсуа ауаа рҟынтәи Иегова иаԥсоу алхны рыгәқәа шҭиҵаауа, насгьы иаҳныруеит амаалықьцәа аус шрыцаҳуа».
6. а) Иарбан ҿыцлагалоу иҟало аизарақәа рҿы, насгьы излеиԥшымзеи уи ажәабжьҳәара аус ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы? б) Аус шԥеицыруеи аизарақәа, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь анырҳәо?
6 Аизара еиҿнакааз ажәабжьҳәара аус ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы. Уи апрограмма ажәабжьҳәара аус ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы адагьы, аизара аиҳабацәа реилазаара анапхгарала иҟалоит даҽа ҿыцлагалак. Ажәабжьҳәаҩцәа аишәақәа, ма иузеиҭаго астенд рыманы игылазаауеит ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа рҿы реизара атерриториаҿы. Уи ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы имҩаԥысуа ажәабжьҳәара аус акәӡам, ажәабжьҳәаҩцәа еиуеиԥшым аизарақәа рҟынтәи афилиал иалнахыз аҭыԥқәа рҿы ажәабжь анырҳәо. (Шәахәаԥш арамка «Ихадоуп аусеицура бзиа».)
7. Ишԥеиҿыркаауеи аизара аиҳабацәа ажәабжьҳәара ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, иахәҭоуп ҳәа рыԥхьаӡозар?
7 Аизара аиҳабацәа ирыӡбоит иҟоума реизара атерриториа аҿы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа, насгьы иаԥсоума уи аҩыза аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара аиҿкаара. Аишәақәеи иузеиҭаго астендқәеи рыргылара ҟалоит авокзалқәа, апаркқәа, ахәаахәҭратә центрқәа, астудентцәа ахьырацәоу аҭыԥқәа, аҳаирбаӷәазақәа, насгьы есышықәса еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы. Еиҳа еиӷьуп аишәақәа ахьдыргыло аҭыԥқәеи иандыргыло амшқәеи аамҭеи есымша еиԥшызарц. Иазгәаҭан аишәа ахәаахәҭратә центр азааигәара аргылара шеиӷьу, дәқьан дук, ауаа џьара хкык мацара ахьаархәо, азааигәара аасҭа. Ҭыԥқәак рҿы, иаҳҳәап ауаа ахьырацәоу атротуарқәа рҿы, еиҳа алҵшәа амоуп ихәыҷу иузеиҭаго астендқәа рхархәара. Аброшиурақәа рахь аплакатқәа рҭыжьразы ирхиан иҷыдоу афаилқәа. Аизара аиҳабацәа арҭ афаилқәа ҳсаит аҟынтәи иҭарҩырц рылшоит. Ари амаҵзураҿы зхы алазырхәуа рымҩаԥгашьеи ажәабжьҳәара ауаа рацәа ахьеизо ақалақь дуқәа рҿы апрограмма зхы алазырхәуа рымҩаԥгашьеи еиԥшхоит. Дара ишахәҭоу еиԥш иқәныҟәароуп амаҵзуратә хылаԥшҩы имҩақәҵарақәа. Дара еизарак атерриториаҿы инхо аинтерес зкыз ауаҩы иҭыӡҭыԥ анеилыркаалак, иаразнак абланк «Ҳуҳәоит, ари ауаҩы уиҭаа» (S-43) харҭәааны, амаӡаныҟәгаҩ иҭатәуп.
8. Ишԥаҳалшо ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара, аизараҿы ҷыдала еиҿырымкааргьы?
8 Шәмаҵзураҿы иазалшәхла аамҭа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәаразы. Еизарақәак ртерриториаҿы иҟаӡам ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа. Уи аҭагылазаашьаҿы аишәеи иузеиҭаго астенди рыргылара аҵакы амам. Аха ажәабжьҳәаҩцәа уеизгьы ажәабжь рҳәалар рылшоит ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа рҿы. Иҟоума шәара шәеизара атерриториаҿ адәқьанқәа, ма џьара дәқьанк аахәаҩцәа еснагь иахьырацәоу? Иҟоума шәара шәҿы апаркқәа, ма ауаа ахьырацәоу егьырҭ аҭыԥқәа? Имҩаԥыргома шәара шәҭыԥаҿы зны-зынла ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа? Ааи акәзар, шәара ишәылшоит ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара аҽалархәра.
9. Избан изахәҭоу ажәабжь аҳәара ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа зегь рҿы?
9 Иегова «иҭахуп ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша-ҵабырг рҭаарц» (1 Тим. 2:4). Убри аҟынтә ҳара ҳҽазаҳшәоит аҵыхәтәа ааиаанӡа ирацәаҩны ауаа Аҳра иазку ажәабжь рызнаҳгарц (Матф. 24:14). Лассы-лассы ауаа аҩны рықәшәара цәгьоуп. Иҟалап ҳара иҳалшозар урҭ рацәажәара ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа рҿы. Иҟаларгьы ауеит ауаҩы, абри аҩыза ажәабжьҳәара абзоурала мацара ажәабжь бзиа иаҳар. Шәааи ҳамчқәа зегь адаҳҵап ҳмаҵзура, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа зегь рҿы ажәабжь ҳҳәаларц! (2 Тим. 4:5).
[Асахьа, адаҟьа 5]
Ихадоуп аусеицура бзиа
Иазгәаҭан зны-зынла ажәабжьҳәаҩцәа еиуеиԥшым аизарақәа рҟынтәи зегь территориак аҿы ажәабжь шырҳәо, иаҳҳәап мҩак аҿы, амашьына аргыларҭақәа, аусурҭа ҭыԥқәа, ма вокзалк аҿы. Ажәабжьҳәаҩцәа еиуеиԥшым аизарақәа рҟынтәи аброшиурақәа џьарак иаанрыжьлон, иаҳҳәап дкыларҭак аҿы, шәҟәыԥхьарҭак аҿы, ма вестибиульк аҿы. Ари уа аус зуаз, ма ааигәа инхоз ауаа ргәы ԥнажәеит, ажәабжьҳәаҩцәа уа еиуеиԥшым аамҭа азы ишрацәажәозгьы. Убри аҟынтә ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара азы, еиӷьуп ҳаизаразы иалху атерриториаҿы мацара амаҵ ҳаулар.
Ажәабжьҳәаҩцәа даҽа еизарак атерриториаҿ ауаа рацәа ахьеизо ажәабжьҳәара рҭахызар, дара раԥхьаӡа иргыланы реизара иатәу амаҵзуратә хылаԥшҩы иазҵаар ауп. Уи ашьҭахь иара егьи аизара иатәу амаҵзуратә хылаԥшҩы азин имихуеит. Џьарак атәым бызшәақәа рыла иҟоу аизарақәа рҟынтәи ажәабжьҳәаҩцәа ажәабжь рҳәозар, амаҵзуратә хылаԥшыҩцәа еибыҳәаны аус еицырур ауп, ажәабжьҳәаҩцәа ауаа дмыргәамҵларц. Аусеицура бзиа абзоурала «зегьы ишрыхәҭоу аиԥш, аамысҭашәарала» имҩаԥыслоит (1 Кор. 14:40).
[Асахьа, адаҟьа 6]
[Асахьа, адаҟьа 6]