Зеиԥшыҟам ажәабжьҳәара ахк ҿыц ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы
1. Иарбан ааԥхьароу ирыҭаз ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа зҵазкуа аизарақәа?
1 Ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа зҵазкуа аизарақәа ааԥхьара рыҭан еиҿыркаарц ажәабжьҳәара, аишәақәеи еиҭарго астендқәеи рхы иархәаны. Астенд, ма аишәа ухы иархәаны ажәабжьҳәаразы, иаҭахуп ажәабжьҳәаҩцәа руаӡәк иакәзаргьы уи ааигәа дтәазарц, ма дгылазарц. Ари аҩыза ажәабжьҳәара ахкы зҽалазырхәуа апатуқәҵара аарԥшны ацәажәара дазхиазароуп. Аӡәы аишәа, ма астенд ахь данааиуа, ажәабжьҳәаҩцәа руаӡәк уи иацәажәара далагар илшоит, иаҳҳәап абас еиԥш иҟоу азҵаара ала: «Шәара зныкыр шәазхәыцхьоума Абиблиа иаҳәо абри азҵаара аганахьала?» Егьи ажәабжьҳәаҩ, мамзаргьы даҽа ҩыџьа уи аҭыԥ ааигәа иҟазар рылшоит, насгьы иформалтәым ажәабжьҳәара рҽаладырхәыр рылшоит.
2. Еиҭашәҳәа хҭыск, ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы аишәақәеи астендқәеи рыла ажәабжьҳәара алҵшәа бзиа шаанаго узырбо.
2 Ари алагала ҿыц абзоурала имҩаԥырго иалагеит абиблиатә ҵарақәа́ рацәаны. Студенткак илыӡбеит Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ареферат лҩырц, аха аҭыԥантәи Аҳратә зал лзыԥшаауамызт. Мчыбжьык ашьҭахь астудентцәа рықалақь аҿы лара илбеит алитература зқәыз аишәа. Абиблиа аҵара иалагеит, ԥыҭрак ашьҭахь аӡӷаб аӡы лыҽӡаалхит, уажәшьҭа лара лхаҭа далахәуп ари ажәабжьҳәара ахк ҿыц.
3. Ишԥахцәажәо ажәабжьҳәаҩцәа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ари ажәабжьҳәара ахк ҿыц?
3 Ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара згәаԥхо иаҳәшьак илҳәеит: «Шьоукы аангылоит, изаамҭанытәу аброшиура ргарц азы. Даҽа шьоукы Иегова ишаҳаҭцәа рыӡбахә зынӡа ирмаҳаӡацызт. Агәра ганы сыҟоуп абас еиԥш иҟоу азнеишьа абзоурала ажәабжь бзиа ирацәаҩны ауаа ишраҳауа». Егьи аиаҳәшьа абас лҳәеит: «Ари зеиԥшыҟам лагалоуп! Ауаа рхала иааиуеит, ус баша аилкааразы акәзаргьы».
4. Избан зегьы изреиӷьу астенд, ма аишәа еснагь ҭыԥк аҿы, насгьы аамҭак азы аргылара?
4 Аишәа, ма астенд еснагь ҭыԥк аҿы, иалху мшқәак рзы, насгьы аамҭак азы аргылара зегьы иреиӷьуп. Усҟан ауаа хәыҷы-хәыҷла ҳара иҳашьцылоит, насгьы иацәыԥхашьалаӡом ҳара ҳахь ааира азҵаара ҳаҭаразы, мамзаргьы алитература агаразы. Еиҿкааума шәара шәеизараҿы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара? Ааи акәзар, иулшома уара ари аинтерес зҵоу, алҵшәа бзиа аазго ажәабжьҳәара ахкы аҽалархәра, абас еиԥш иҟоу ааԥхьара уқәныҟәауа: «Анцәа Иԥсҳара аӡбахә гәырӷьажәала ирылаҳәала»? (Лука 9:60).