АУРОК 17
Уеилыркаартә еиԥш уцәажәала
1 Коринфаа рахь 14:9
ИҞАҴАТӘУ Урыцхраа аӡырҩцәа иуҳәо ҵакыс иамоу аилкаара.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Ибзианы уҽазыҟаҵала. Атема ибзианы еилкаа, ирмарианы, ухатә ажәақәа рыла еиҭоуҳәарц азы. 
- Ухы иархәала икьаҿу аҳәоуқәеи имариоу ажәақәеи. Аҳәоу дуқәа ухы иаурхәалар ауеит, аха ихадоу азхәыцрақәа икьаҿу ажәақәеи аҳәоуқәеи рыла иҳәала. 
- Аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа деилыркаала. Иалшозар, аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа ухы иаумырхәалан. Аха ус еиԥш иҟоу ажәақәеи, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауааи, ажәытәан рхы иадырхәоз ашәага-загақәеи, аҵасқәеи урылацәажәозар, идеилыркаала.