АУРОК 20
Алҵшәа змоу аҵыхәтәантәи ажәақәа
Екклезиаст 12:13, 14
ИҞАҴАТӘУ Аҵыхәтәантәи ажәақәа ануҳәо, ргәазҭаҵа аӡырҩцәа ираҳаз рыдыркыларц, насгьы рхы иадырхәарц.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Аҵыхәтәаны иуҳәо ажәақәа ажәахә атема иадҳәал. Ихадоу азхәыцрақәеи атема ахьӡи даҽазнык иргәаларшәа.
Ашьаҿақәа рыҟаҵара ргәазҭаҵала. Идырба иҟаҵатәу, насгьы уи зыҟаҵатәу. Иуҳәо агәра шуго, насгьы ишхадоу аарԥшы.
Уажәахә злахуркәшо ажәақәа ырмариа, насгьы иркьаҿ. Иҿыцу азхәыцрақәа умҳәан. Иахьынӡалшо уажәа мыррацәакәа аӡырҩцәа ак аҟаҵара ргәазҭаҵа.