Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 сентиабр ад. 21—26
  • Зегьзымчу аиҷаҳара ааирԥшуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Зегьзымчу аиҷаҳара ааирԥшуеит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҶКӘЫН ХӘЫҶ ИАХЬ АИҶАҲАРА ШААРԤШЫЗ
  • МОИСЕИ ИАХЬ АИҶАҲАРА ШААРԤШЫЗ
  • АМЧ ДУ ЗМОУ, АХА АИҶАҲАРА ААЗЫРԤШУА АИҚӘЫРХАҨ
  • Самуил еснагь ииашаны ихы мҩаԥигон
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иара «Иегова иҿы изҳауан»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иегова Самуил диацәажәоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Аҷкәын хәыҷы Анцәа имаҵ иуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 сентиабр ад. 21—26

Зегьзымчу аиҷаҳара ааирԥшуеит

«[Иегова] идыруеит ҳара ҳазлыху, иагьигәалашәоит асаба, аццышә ҳшаҩызоу, анышә ҳшалху» (АԤСАЛОМ 102:14 [103:14, АдҾ]).

АШӘАҚӘА: 30, 10

ЕИЛАҲКААР ҲАЛШОЗЕИ ИЕГОВА ИЗКНЫ

  • аиҷаҳара аарԥшны Самуил дышицхраауаз аҟынтә?

  • Моисеи израильтәи ажәлар рымҩақәҵара анидиҵоз аиҷаҳара шааирԥшуаз аҟынтә?

  • израильтәи ажәлар Мысреи Амшын Ҟаԥшьи ианрылигоз аиҷаҳара шааирԥшуаз аҟынтә?

1, 2. а) Излеиԥшымзеи Иегова ауаа дшырзыҟоуи ауаа дуқәа урҭ шырзыҟоуи? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

АУАА дуқәа егьырҭ рҿаԥхьа амчра рымоуп, уи инеиҳангьы урҭ дыргәаҟуеит (Матфеи 20:25; Екклезиаст 8:9). Иегова ахаан ус ҟаиҵом! Иара Жәҩантәылаҿы зегь реиҳа амчра шимоугьы, инаӡам ауаа дреиҷаҳауеит. Иара дқьиоуп, насгьы ҳҭахрақәеи ҳцәаныррақәеи дрызхәыцуеит. Иара идыруеит ҳшынаӡам, убри аҟынтә иҳалымшо дазыԥшӡам (Аԥсалом 102:13, 14 [103:13, 14, АдҾ]).

2 Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова ижәлар дышреиҷаҳауаз. Шәааи еилҳаргап х-ҿырԥштәык: актәи, ишԥааирԥши Иегова иқәыԥшыз Самуил иахь ақьиара, аԥхьаԥшьаҩы Или ақәыӡбаратә жәабжь иаҳәара анидиҵа? Аҩбатәи, ишԥааирԥши Иегова Моисеи иахь ачҳара, уи Израильаа Мысра ралгара илшом ҳәа игәы ианаанагоз? Ахԥатәи, дышԥареиҷаҳауаз Иегова израильтәи ажәлар Мысра ианалигоз? Иаҳдырҵозеи ҳара Иегова изкны арҭ аҿырԥштәқәа, насгьы ишԥаҳалшо уи иҿыԥшра?

АҶКӘЫН ХӘЫҶ ИАХЬ АИҶАҲАРА ШААРԤШЫЗ

3. Иарбан уамашәа иубаша хҭысу Самуил зны дзықәшәаз, насгьы иарбан зҵаароу уи иҳазцәырнагар алшо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

3 Самуил иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ аура даналага зынӡа дқәыԥшын (1 Самуил 3:1). Уахык Самуил ацәара данца ашьҭахь уамашәа иубаша ак ҟалеитa. (Шәахәаԥш албаага.) (Шәаԥхьа 1 Самуил 3:2—10.) Иара иаҳаит аӡәы ишизҿиҭуаз. Самуил уи аԥхьаԥшьаҩы Или иакәыз џьишьеит. Убри аҟынтә иара иаразнак дгылан, дыҩны Или иахь днеин иҳәеит: «Ара сыҟоуп. Исызҿуҭуазма?» Аха Или иҳәеит: «Мап, иузҿысҭуамызт». Ахынтә раан Или еиликааит Самуил изҿызҭуаз Анцәа шиакәыз. Убри аҟынтә еиҭах абжьы аниаҳалак иҟаиҵаша иеиҳәеит, Самуил ус иагьыҟаиҵеит. Избан Иегова Самуил изҿызҭуаз иара шиакәыз иаразнак изиеимҳәаз? Абиблиаҿы аҭак анӡам. Аха иҟалап Иегова ус зыҟаиҵаз Самуил ицәаныррақәа дахьрызхәыцуаз азы акәызҭгьы.

4, 5. а) Иҟаиҵазеи Самуил Иегова Или ажәабжь иаҳәара анидиҵа? б) Иҳаилнаркаауазеи ари ажәабжь Иегова изкны?

4 Шәаԥхьа 1 Самуил 3:11—18. Иегова изакәан аҿы ианын ахәыҷқәа аиҳабацәа пату рықәырҵалар шрыхәҭаз, еиҳарак урҭ амчра рымазҭгьы (Ақәҵымҭа 22:28; Алевит 19:32). Шәхаҿы ишәзаагома аҷкәын хәыҷ Самуил ашьыжь дгыланы аԥхьаԥшьаҩы Или гәымшәарала Анцәа иҟынтә ақәыӡбаратә жәабжь шиеиҳәо? Ҳәарада, мап! Абиблиаҿы иануп Самуил дышшәоз Или Анцәа иажәақәа изеиҭаҳәара. Аха Анцәа Или иеилиркааит иара шиакәыз Самуил изҿызҭуаз. Или Самуил иеиҳәоит ажәакгьы агмыжькәа Анцәа ииҳәаз зегь иҳәарц. Самуил аӡырҩра аарԥшны Или зегь изеиҭеиҳәоит.

Иегова иҟаиҵаз абзоурала Самуил изымариан анаҩсгьы Или изыӡырҩра, насгьы пату иқәҵара

5 Ари ажәабжь Или изы зынӡа иҿыцмызт, избанзар уаанӡа Анцәа иԥааимбар уи иеиԥшыз ажәабжь иеиҳәахьан (1 Самуил 2:27—36). Ари ажәабжь иаҳнарбоит Иегова аиҷаҳареи аҟәыӷареи шааирԥшуа.

6. Еилаҳкаар ҳалшозеи Анцәа иқәыԥшыз Самуил дышицхраауаз аҟынтә?

6 Шәҭагылоума шәаргьы шәқәыԥшра аамҭа Самуил иеиԥш? Ааи акәзар, ари аҭоурых агәра шәнаргоит Иегова шәыуадаҩрақәеи шәцәаныррақәеи шеиликаауа. Иҟалап шәара шәыԥхашьаҩызар, убри аҟынтә ишәеиҳабу ажәабжь рзеиҭаҳәара шәцәыцәгьазар алшоит, мамзаргьы шәықәлацәа шәахьреиԥшым шәацәыԥхашьозар ауеит. Агәра ганы шәыҟазар шәылшоит Иегова дшәыцхраарц шиҭаху. Убри аҟынтә шәиҳәала Иегова, насгьы шәгәы иҭоу зегьы изеиҭашәҳәала (Аԥсалом 61:9 [62:8, АдҾ]). Инарҵауланы иҭышәҵаала Самуил иеиԥш иқәыԥшыз ауаа ирызкны Абиблиа иану. Иара убас шәрацәажәала шәзықәшәо ауадаҩрақәа рҩыза зхызгаз ишәықәлоу, мамзаргьы ишәеиҳабу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Дара ишәзеиҭарҳәар алшоит Иегова дышрыцхраауаз, зны-зынла ишазыԥшымыз азнеишьақәа рылагьы.

МОИСЕИ ИАХЬ АИҶАҲАРА ШААРԤШЫЗ

7, 8. Ишԥааирԥши Иегова Моисеи ицәаныррақәа хьаас ишимаз?

7 Моисеи 80 шықәса анихыҵуаз Иегова даара имариамыз адҵа ииҭеит, иара израильтәи ажәлар мысратәи атҟәара иҭигар акәын (Ақәҵымҭа 3:10). Иҟалап ари адҵа Моисеи дыззыԥшымыз ак акәхазар, избан акәзар Мадиам 40 шықәса дызҿыз ауасақәа рыхьчара акәын. Иара иҳәеит: «Сызусҭада сара афараон иахь сцаны израильтәи аԥацәа Мысра иалызгартә еиԥш?» Иегова Моисеи агәра ииргоит: «Сара суцзаауеит» (Ақәҵымҭа 3:11, 12). Иара убас Иегова Моисеи дақәиргәыӷуеит Израиль аиҳабацәа хымԥада ишизыӡырҩуа. Аха уеизгьы Моисеи дҵаауеит: «Урҭ сыгәра рымгар, насгьы исзымӡырҩыр?» (Ақәҵымҭа 3:18; 4:1). Даҽакала иуҳәозар, Моисеи ииҳәаз иаанагоз Анцәа диашамызт ҳәа акәын. Аха Иегова Моисеи иахь ачҳара ааирԥшит. Уи инеиҳангьы аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амч ииҭеит. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа рҟынтә ари аҩыза амч зауз раԥхьатәи ауаҩы Моисеи иакәын (Ақәҵымҭа 4:2—9, 21).

8 Аха уи ашьҭахьгьы Моисеи даҽа ҽыҵгак иԥшааит. Иара иҳәеит ибзианы сызцәажәом ҳәа. Анцәа уи иеиҳәеит: «Сара суцзаауеит уанцәажәо, иуҳәаша усырҵоит». Игәы шьҭнахма нас уи Моисеи? Мап, иара Анцәа диҳәеит иара иҭыԥан даҽаӡәы дишьҭырц азы! Уи Иегова игәы ԥнажәеит. Аха уеизгьы иара Моисеи ицәаныррақәа дрызхәыцуан, убри аҟынтә Аарон дизынаишьҭит иара иҭыԥан дцәажәаларц азы (Ақәҵымҭа 4:10—16).

9. Ишԥаицхрааи Моисеи Иегова иааирԥшуаз ачҳареи ақьиареи ибзиоу напхгаҩны аҟалара?

9 Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс Иегова изкны? Иегова Зегьзымчу иоуп, убри аҟынтә иара илшон имч ихы иархәаны Моисеи дыршәаны ииҭаху зегь иирҟаҵар. Аха уи аҭыԥан иара ачҳареи ақьиареи аарԥшны ахӡырымгареи ахынраалареи злаз имаҵзуҩы дышицзаало агәра ииргеит. Иаанагама уи алҵшәа? Ааи, иаанагеит! Моисеи Анцәа ижәлар рзы зеиԥшыҟам анапхгаҩ иакәхеит. Иара егьырҭ рахь аҟәымшәышәреи аиҷаҳареи раарԥшра иҽазишәон, Иегова иара иахь ишааирԥшуаз еиԥш (Ахыԥхьаӡарақәа 12:3).

Шәрызныҟәома шәара егьырҭ Иегова дышрызныҟәо еиԥш? (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Ҳашԥарыцхраауеи егьырҭ Иегова ҳаиҿыԥшны ҳанреиҷаҳауа?

10 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иҟалап шәара аҭаацәара ахада шәакәзар, ахәыҷқәа шәымазар, мамзаргьы аизара аиҳабыс амаҵ жәуазар. Ус акәзар, егьырҭ рҿаԥхьа амчра шәымоуп. Убри аҟынтә Иегова дазыԥшуп иара шәиҿыԥшны шәыԥҳәыси, шәхәыҷқәеи, аишьцәеи, аиаҳәшьцәеи рахь аиҷаҳареи, ақьиареи, ачҳареи аашәырԥшлоит ҳәа (Кәаласаа рахь 3:19—21; 1 Пиотр 5:1—3). Шәара Анцәа Иеговеи Иисус Христоси шәырҿыԥшлар, егьырҭ шәацәажәара рзымариахоит, усҟан ргәы ашьҭыхра шәылшоит (Матфеи 11:28, 29). Иара убас дара рзы шәҿырԥш бзиахоит (Ауриацәа рахь 13:7).

АМЧ ДУ ЗМОУ, АХА АИҶАҲАРА ААЗЫРԤШУА АИҚӘЫРХАҨ

11, 12. Избан Израильаа Мысра ианалҵуаз акгьы изацәымшәоз?

11 1513 шықәсазы ҳ. ҟ. Мысра иалҵыз Израильаа рхыԥхьаӡара х-миллионҩык инареиҳазар ҟаларын. Урҭ рыбжьара иҟан ахәыҷқәа, абыргцәа, иара убас ирылазар алшон ичмазаҩыз ма зхы иамыхәоз. Абас иҟаз ауаа рацәа ргәыԥ аиҷаҳареи аилкаареи аазырԥшуаз Аԥхьагылаҩ дырҭахын. Ҳәарада, Иегова Моисеи ила арҭ аҟазшьақәа ааирԥшуан. Уи абзоурала дара рыҩнқәа ааныжьны ианцоз акы иацәшәомызт (Аԥсалом 77:52, 53 [78:52, 53, АдҾ]).

12 Избан Иегова ижәлар акгьы изацәымшәоз? Избанзар Иегова урҭ «аруаа реиԥш» еиҿкаааны Мысра иалигеит (Ақәҵымҭа 13:18). Дара абас ибзианы иахьеиҿкааз абзоурала еилыркаауан Рынцәа аҭагылазаашьа напхгара шаиҭоз. Уи инеиҳангьы Иегова ҽынла аԥсҭҳәа, уахынла амца лашара дирбон иара дышрыцу, амҩа ишықәиҵо, насгьы ишихьчо рхамышҭларц азы (Аԥсалом 77:14 [78:14, АдҾ]). Израильтәи ажәлар ас еиԥш агәышьҭыхра даара ирҭахын, избанзар раԥхьаҟа аԥышәара рзыԥшын.

Дышԥареиҷаҳаи Иегова Израильаа Амшын Ҟаԥшь ианалигоз? (Шәахәаԥш абзац 13.)

13, 14. а) Дышԥареиҷаҳаи Иегова Израильаа Амшын Ҟаԥшь ианалигоз? б) Ишԥааирԥши Иегова Мысраа рымч аасҭа имч акырӡа ишеиҳаз?

13 Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 14:19—22. Шәхаҿы иаажәг Израильаа рыгәҭа шәыҟоушәа. Шәара амацәаз шәҭакуп. Шьҭахьла мысратәи ар шәышьҭоуп, шәаԥхьа Амшын Ҟаԥшь шәымҩа акуп. Аха Анцәа шәихьчоит. Шәаԥхьа ицоз аԥҭа еиҭаҵны мысратәи ари шәареи ишәыбжьагылоит. Уажәшьҭа урҭ алашьцара рхаԥеит, аха шәара иџьашьахәу алашара амҩа шәнарбоит! Анаҩс ижәбоит Моисеи амшын дхықәгыланы инапы ширххо, усҟан мрагыларатәи аганахь аҟынтә аԥша ӷәӷәа асра иалагоит, насгьы амҩа ҭбаа шәзаанартуеит. Анаҩс шәҭаацәеи шәырахәи-шәышәахәи шәыманы еиҿкааны еиқәыршәоу ажәлар шәрылагыланы амшын шәагәылсны шәцоит. Шәара иџьашәшьоит амшын аҵа ҷаб-ҷабуа, иҵәырҵәыруа иахьыҟам. Уи бахҵәаӡа, икьакьаӡа иҟоуп, убри аҟынтә аныҟәара мариоуп. Уи абзоурала ирласны изымныҟәогьы амшын агәылсра рылшоит.

14 Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 14:23, 26—30. Убри аамҭазы ихамаԥагьоу афараон шәҩызцәеи шәареи дшәышьҭаларц иӡбоит, ҳәарада, уи хшыҩдароуп. Анаҩс Моисеи еиҭах амшын дхықәгыланы инапы ирххоит, убасҟан ҩ-ҭӡамцк реиԥш игылаз аӡқәа рҿынархоит, насгьы афараон ируааи иареи ирыжәлоит. Аӡәымзар-аӡәгьы дзеиқәхом! (Ақәҵымҭа 15:8—10).

15. Ишәнарҵозеи ари ахҭыс Иегова изкны?

15 Ари ахҭыс Иегова изкны еиҭа ак ҳнарҵоит. Иара аиҿкаара Данцәоуп, убри аҟынтә еснагь ҳшихьчало агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (1 Коринфаа рахь 14:33). Зуасақәа бзиа избо, насгьы иреиҷаҳауа ахьча иеиԥш, Иегова ижәлар дрыхӡыӡаауеит. Иара урҭ дырхылаԥшуеит, насгьы аӷацәа рҟынтә ихьчоит. Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа уи еиҳагьы ҳгәы арӷәӷәоит (Ажәамаанақәа 1:33).

16. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова Израильаа шихьчоз аҭҵаара?

16 Иахьагьы Иегова иуаажәлар жәларык раҳасабала дреиҷаҳауеит. Иара дрыцхраауеит иареи дареи реизыҟазаашьақәа рыхьчара, иара убас раӷацәа ирцәихьчоит. Еиҳа-еиҳа ааигәахара иаҿу агәырҩа ду аангьы иара ус ҟаиҵалоит (Аатра 7:9, 10). Убри аҟынтә урҭ қәыԥшзаргьы, рықәрахь инеихьазаргьы, агәабзиара рымазаргьы, ирымамзаргьы, агәырҩа ду аан ашәара роуӡомb. (Шәахәаԥш албаага.) Уи аҭыԥан дара иҟарҵо зынӡа даҽакуп! Дара Иисус иажәақәа ргәаладыршәоит: «Шәҩагыланы, шәазгәырӷьаны шәыхқәа шәырҩах, избан акәзар иааскьеит шәҿыхра аамҭа» (Лука 21:28). Афараон иаасҭа иӷәӷәоу Гог ҳәа изышьҭоу, зҽеидызкыло амилаҭқәа ргәыԥ, Анцәа ижәлар ианрыжәлогьы, дара Иегова ишихьчо агәра ганы иҟазаауеит (Иезекииль 38:2, 14—16). Избан? Избанзар ирдыруеит Иегова иҽшимԥсахуа. Иара еиҭах ишьақәирӷәӷәоит абзиабареи аиҷаҳареи аазырԥшуа Аиқәырхаҩ шиакәу (Исаиа 26:3, 20).

17. а) Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова ижәлар дышреиҷаҳауаз узырбо ахҭысқәа рыҭҵаара? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргеит Иегова ижәлар данреиҷаҳауа, анапхгара анриҭо, насгьы ианихьчо азҿлымҳареи ақьиареи шааирԥшуа узырбо ҿырԥштәқәак. Абас еиԥш иҟоу аҭоурыхқәа шәанрыԥхьо шәҽазышәшәала Иегова изкны иҿыцу ак аилкаара, шәхы рзышәышьҭла уаанӡа шәыззымхәыцуаз аганқәа. Иссиру Иегова иҟазшьақәа ирызкны еиҳаны еилышәкаацыԥхьаӡа, шәыбзиабареи шәыгәрахаҵареи еиҳагьы иӷәӷәахалоит. Анаҩстәи астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит аиҷаҳара аарԥшраҿы Иегова ҳаиҿыԥшлар шҳалшо ҳҭаацәараҿы, аизараҿы, насгьы ажәабжьҳәараҿы.

a Ауриатә ҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави иҳәоит усҟан Самуил 12 шықәса ихыҵуан ҳәа.

b Армагеддон аҿы еиқәхо ауаа зхы иамыхәогьы рылазаауеит ҳәа аҳәаразы амзызқәа ҳамоуп. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ауаа ихәышәтәуан, урҭ чмазарас ирымазаалакгьы. Уи иаҳнарбоит Армагеддон аҿы еиқәхо рзы иара иҟаиҵо (Матфеи 9:35). Зыԥсы ҭаҵахо ауаа ракәзар, агәабзиара рыманы рыԥсы ҭалоит.

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Иегова аиҷаҳара аазырԥшуа Нцәоуп, иара ҳцәаныррақәеи ҳҭахрақәеи дрызхәыцуеит, насгьы ақьиара ааирԥшуеит. Иара еснагь зегь иреиӷьны идыруеит дышҳацхрааша

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра