АШӘА 85
Гәыкала шәеиԥылала
- 1. «Уааи!» ҳәа рымҳәои аҭацеи адоуҳаи. - Аӡба иаргәаҟуа, иӡышуа, уааи. - Ԥсҭазаареи иашеи ҳадигалоит Ҳаб, - Ҳгәы иахәаны иҳаиҳәаз ҳа инаҳагӡап. 
- 2. Кыр иаҳзаԥсами ҳаизара иԥшьоу, - Уа ҳашьцәа ҳгәы рзаартра ҳа ҳазхиоуп. - Зегьы абраҟа рымаҵ еибаулап, - Шәааи, ҳаиашьара ҳаиҷаҳап, иҳахьчалап. 
- 3. Амҩа рыԥшаартә еиԥш ҳрыцхраап згәы аарту, - Димыԥхьои дааирц Анцәа дасу. - Ҳаб Иԥа ила ҳидикылт ҳара,— - Нас, гәыкала ҳарԥылап иҭынчу ауаа. 
(Уахәаԥш иара убас Иоанн 6:44; Флп. 2:29; Аат. 22:17.)