АУРОК 17
Уеилыркаартә еиԥш уцәажәала
1 Коринфаа рахь 14:9
ИҞАҴАТӘУ Урыцхраа аӡырҩцәа иуҳәо ҵакыс иамоу аилкаара.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Ибзианы уҽазыҟаҵала. Атема ибзианы еилкаа, ирмарианы, ухатә ажәақәа рыла еиҭоуҳәарц азы.
Ухы иархәала икьаҿу аҳәоуқәеи имариоу ажәақәеи. Аҳәоу дуқәа ухы иаурхәалар ауеит, аха ихадоу азхәыцрақәа икьаҿу ажәақәеи аҳәоуқәеи рыла иҳәала.
Аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа деилыркаала. Иалшозар, аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа ухы иаумырхәалан. Аха ус еиԥш иҟоу ажәақәеи, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауааи, ажәытәан рхы иадырхәоз ашәага-загақәеи, аҵасқәеи урылацәажәозар, идеилыркаала.