АШӘА 121
Ҳара аҽынкылара ҳҭахуп
- 1. Гәыкала бзиа даҳбоит ҳарҭ Анцәа. - Ҳаҽнаҳкылалароуп, иӷәӷәоуп агәнаҳа. - Ҳцәеижь агәазыҳәара — аиӷароуп. - Ҳхәыцлар доуҳала,— уи ԥсҭазаароуп. 
- 2. Аџьныш дазықәԥоит, ауаа зегь мҩахҟьарц, - Ҳа ҳагәнаҳагь ҳахоит иарала ҳанхарц. - Ҳаб имч ду ҳацзар, ҳа ҳаӷәӷәахап, - Доуҳатә еибашьраан аиааира ҳгап. 
- 3. Ҳҿала Иегова еснагь дҳарҽхәалап, - Зегь рыла ҳацқьашәқьаны ҳхы ааҳарԥшлап. - Ацәгьара ҳақәшәар, кыр иҳачҳап, - Уи ала ҽынкылашьа ҳҵалап. 
(Уахәаԥш иара убас 1 Кор. 9:25; Гал. 5:23; 2 Пиотр 1:6.)