Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииуль ад. 8—13
  • Ахачҳара аарԥшраҿы Иегова шәиҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ахачҳара аарԥшраҿы Иегова шәиҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИХИГОЗЕИ ИЕГОВА АХАЧҲАРА ААРԤШНЫ?
  • ИЕГОВА ИААИРԤШУА АХАЧҲАРА ИАҲНАРҴО
  • Ахачҳара инагӡаны иааԥшааит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • «Шәазхәыц... ачҳара аарԥшны уи зхызгаз иҿырԥшы»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Ахачҳара ааҳарԥшлап
    Гәырӷьарыла Иегова ашәа изышәҳәала
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииуль ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 27

Ахачҳара аарԥшраҿы Иегова шәиҿыԥшла

«Иаашәырԥшуа ахачҳарала шәыԥсқәа шәыхьчала» (ЛУКА 21:19).

АШӘА 114 Ачҳара аашәырԥшла

АХҲӘААa

1, 2. Ҳгәы шԥашьҭырхуеи Исаиа 65:16, 17 иану Иегова иажәақәа?

2017 ШЫҚӘСАЗТӘИ арегионалтә конгресс хьӡыс иаман: «Не сдавайтесь!». Аконгресс апрограмма ҳгәы шьҭнахит, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо агәра ҳнаргеит. Уи аахыс ԥшьышықәса ҵхьеит, аха ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа мааиӡац.

2 Иарбан уадаҩрақәоу шәара ари аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы шәзықәшәаз? Иҟалап бзиа ижәбоз шәҭынха, ма шәҩыза дыԥсызар, ачымазара бааԥс шшәымоу шәарҳәазар, шәықәрахь шәнеихьазар. Ма иҟалап аԥсабаратә рыцҳара шәхыжәгазар, ақәымчреи ашьҭашәарыцарақәеи шәрықәшәазар, ма апандемиа COVID-19 ишәзаанагаз ааха ӷәӷәа шәаргәаҟуазар. Ҳара даара ҳазыԥшуп агәаҟрақәа уаҳа ианыҟамло аамҭа. Урҭ уаҳа ахаан ҳаԥсҭазаара дырцәгьалаӡом, иагьҳгәалашәалаӡом. (Шәаԥхьа Исаиа 65:16, 17.)

3. Иҟаҳҵалар акәзеи уажәнатә, насгьы избан?

3 Ари адунеи рыцҳашьарак алам. Ҳаԥхьаҟагьы еиҳау ауадаҩрақәа ҳрықәшәар ауеит (Матф. 24:21). Убри аҟынтә уажәнатә ахачҳара ааҳарԥшлароуп. Избан? Иисус иҳаилиркааит: «Иаашәырԥшуа ахачҳарала шәыԥсқәа [шәыхьчоит]» (Лука 21:19). Ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳхаҳгарц азы урҭ рҩызцәа ауадаҩрақәа зхызгаз ҳарҿыԥшлароуп.

4. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова зегь раасҭа ахачҳара ааирԥшуеит ҳәа?

4 Иаазырԥшуада зегь реиҳа ахачҳара? Анцәа Иегова. Иџьашәшьама? Шәазхәыц, Аҩсҭаа инапхгара иахҟьаны адунеи уадаҩрала иҭәит. Иегова секундк ала зегь рҵыхәтәа ԥиҵәар ауеит, аха иазалху амш дазыԥшуп (Рим. 9:22). Уи амш ааиаанӡа иара ахачҳара ааирԥшуеит. Шәааи ҳрыхцәажәап Иегова макьана иаҩижьуа жә-ҭагылазаашьак.

ИХИГОЗЕИ ИЕГОВА АХАЧҲАРА ААРԤШНЫ?

5. Ишԥадырџьеи Анцәа ихьыӡ, насгьы шәышԥазыҟоу уи шәара?

5 Иара ихьыӡ дырџьоит. Иегова ихьыӡ бзиа ибоит. Убри аҟынтә зегьы пату ақәырҵаларц иҭахуп (Ис. 42:8). Аха абар ф-нызқь шықәса ҵуеит ихьыӡ арџьара иаҿуижьҭеи (Аԥсал. 74:10, 18, 23). Раԥхьаӡа уи ахьыҟалаз Едемтәи абаҳчаҿ ауп. Усҟан Аҩсҭаа (иаанагоит «ацәгьаҳәаҩ») Анцәа ахара идиҵеит Адами Евеи анасыԥ рызҭар алшо ак рцәиӡошәа (Аҟаз. 3:1—5). Иахьа уажәраанӡагьы Иегова иқәнагаӡамкәа ихьыӡ дырџьоит. Иисус даара игәы инархьуан аӡәырҩы Иаб ихьыӡ пату ахьақәрымҵоз. Убри азоуп иҵаҩцәа абас Анцәа иҳәаларц зреиҳәаз: «Жәҩан иҟоу Ҳаб! Хьӡи-ԥшеи амазааит иԥшьоу Уара ухьӡ» (Матф. 6:9).

6. Избан Иегова напхгара аура азин шимоу ашьақәырӷәӷәаразы аамҭа рацәаны изалихыз?

6 Иара инапхгара иаҿагылеит. Дгьыли жәҩани напхгара азура азин змоу Иегова заҵәык иоуп. Уи инапхгара зегьы иреиӷьуп (Аат. 4:11). Аха Аҩсҭаа илшо зегь ҟаиҵоит амаалықьцәеи ауааи Анцәа напхгара аура азин имамшәа ргәы иаанагаларц азы. Уи азҵаара сааҭк ала иузыӡбомызт. Анцәа аҟәыӷара ду аарԥшны ауаа рызхара аамҭа риҭеит Анцәа ида анхара шрылымшо еилыркаарц азы (Иер. 10:23). Анцәа ичҳара абзоурала ари азҵаара уаҳа ицәырымҵуа иӡбахоит. Аӡәымзар аӡәгьы алакҩакра изцәырҵлаӡом Иегова зегь иреиӷьу анапхгаҩ шиакәу, насгьы Иаҳра адгьыл аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи шышьақәнаргыло.

7. Иҿагылада Иегова, насгьы ирзиуазеи урҭ?

7 Ихәыҷқәа иҿагылеит. Иегова ихәыҷқәа: амаалықьцәеи ауааи ак рыгымкәа инаӡаны ишеит. Аха анаҩс амаалықьцәа руаӡәк Анцәа диҿагылан Даҩысҭаахеит (иаанагоит «аҿагылаҩ»). Иара инаӡаз ауаагьы, Адами Евеи, Анцәа иҿаиргылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь егьырҭ амаалықьцәагьы ауаагьы Аҩсҭаа иган ааныркылеит (Иуда 6). Анцәа иалхны имаз ижәларгьы дааныжьны егьырҭ амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иалагеит (Ис. 63:8, 10). Уи зегьы Иегова игәы инархьит. Аха иара зегь ихигеит. Анаҩсгьы ахачҳара аарԥшны иҿагылаҩцәа рықәхра амш ааиаанӡа ичҳауеит. Ари адунеи иаргәаҟуа, аха Анцәа изиашаны иаанхо рзы уи амш зегь иреиӷьу мшхоит.

8, 9. Иарбан мцу Иегова изырҳәо, насгьы ишԥаҳалшо уи шиашам ашьақәырӷәӷәара?

8 Аҩсҭаа имцҳәарақәа. Ауаҩ иаша Иов (Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәагьы уахь иналаҵаны) Аҩсҭаа ахара идиҵеит феидак иоурц азы Иегова имаҵ иуашәа (Иов 1:8—11; 2:3—5). Иахьа уажәраанӡагьы Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа Аҩсҭаа убри аҩыза ахара рыдиҵоит (Аат. 12:10). Аха ҳара Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәар ауеит. Ишԥа? Ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи ҳашрықәшәогьы Иегова иахь абзиабареи азиашареи ҳахьчозар. Иегова Иов дшизылԥхаз еиԥш иааҳарԥшуа ахачҳаразы ҳаргьы даҳзылԥхоит (Иак. 5:11).

9 Аҩсҭаа амцдинхаҵарақәа ихы иархәаны Анцәа дгәымбылџьбароушәа, насгьы ауаа ргәаҟрақәа зхароу иара иакушәа ауаа ижьоит. Иаҳҳәап, ахәыҷқәа анԥсуа аԥшьаҩцәа ирҳәоит Анцәа даҽа маалықьк диҭаххан ажәҩан ахь дигеит ҳәа. Шаҟа дарџьозеи уи Анцәа! Аха ҳара аиаша ҳдыруеит. Ӷәӷәала ҳачмазаҩхаргьы, иаҳзааигәоу аӡә дыԥсыргьы, ҳара ахаан уи Анцәа ихараҳҵаӡом. Ҳара иаҳдыруеит Иегова ҽнак зны ичмазаҩу шихәышәтәуа иԥсызгьы рыԥсы шҭеиҵо. Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп Иегова абзиабара шилоу зегьы ирдыруазарц. Уи ауаа ианырзеиҭаҳҳәо Иегова Аҩсҭаа аҭак иҭаразы алшара иаҳҭоит (Ажәам. 27:11).

10. Еилаҳкаауазеи Иегова изкны Аԥсалом 22:23, 24 аҟынтә?

10 Бзиа иибо имаҵзуҩцәа ргәаҟрақәа. Иегова агәрыцҳашьара злоу Нцәоуп. Иара идыруеит ашьҭашәарыцарақәеи, ачымазарақәеи, ҳанамӡареи ирыхҟьаны ҳашгәаҟуа, насгьы ҳалаӷырӡқәа ахьаа изааргоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 22:23, 24.) Ҳгәы анҳахьуа иаргьы игәы ихьуеит. Иара ҳацхраара иҭахуп, дагьҳацхраауеит. (Иаҿшәырԥш Ақәҵымҭа 3:7, 8; Исаиа 63:9.) Иегова ҳақәиргәыӷуеит: «Урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит, шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра, аҵәыуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом» (Аат. 21:4).

11. Дышԥарзыҟоу Иегова иԥсхьоу иҩызцәа?

11 Иҩызцәа бзиақәа рыгәхьаагара. Иегова даара игәхьааигоит иԥсхьоу изиашаз имаҵзуҩцәа. Урҭ ҿыц ибар иҭахуп (Иов 14:15). Шәхаҿы ишәзаагома иҩыза бзиа Авраам шаҟа дыгәхьааиго? (Иак. 2:23). Ма «лабҿаба» дзацәажәоз Моисеи дшыгәхьааиго? (Ақәҵ. 33:11). Ишԥаиҭаху Иегова Аԥсаломқәа зҩызи, ашәала дҳаразкуаз Давиди, егьырҭ имаҵзуҩцәеи рбара! (Аԥсал. 104:33). Дара зегь шыԥсызгьы Иегова иҩызцәа ахаан ихашҭӡом (Ис. 49:15). Иара урҭ ирылаз аҷыдарақәа зегь игәалашәоит. Абиблиаҿы иануп иара изы дара зегьы рыԥсы шҭоу (Лука 20:38). Иаарласны Иегова урҭ зегьы рыԥсы ҭеиҵоит. Усҟан дара дырҩегь имҵахырхәалоит, иара рыҳәарақәа дырзыӡырҩлоит. Ишәзааигәоу аӡә дыԥсхьазар ари азхәыцра шәгәы ҟанаҵалааит.

12. Игәы изырхьуазеи еиҳарак Иегова аҵыхәтәантәи амшқәа рзы?

12 Адунеи иахыҵәаз ақәымчра. Иегова идыруан Едем иҟалаз аҿагылара алҵшәа бааԥсқәа шаанаго, насгьы уи аӡбаразы аамҭа шаҭаххо. Иара ицәымӷуп адунеи иалаҵәаны иҟоу ацәгьареи, аиашамреи, ақәымчреи. Иегова игәы инархьуеит арыцҳацәеи ҭынха дызмами андыргәаҟуа, иаҳҳәап, аибацәеи аеҭымцәеи (Зах. 7:9, 10). Аха еиҳараӡак игәы инархьуеит имаҵзуҩцәа абахҭа ианҭаркуа. Агәра ганы шәыҟаз Иегова даара бзиа шәшибо, избанзар шәаргьы иара иеиԥш ахачҳара аарԥшны агәаҟрақәа шәхыжәгоит.

13. Ишԥаҟьашьи ауаа рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи, насгьы ирзиуазеи урҭ Иегова?

13 Ауаа рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи ҟьашьит. Аҩсҭаа игәы иахәоит Анцәа иара иеиԥшны иишаз ауаа рыбжьыхра. Нои ихаан «ауаа рус ҟьашьқәа адгьыл [иахыҵәеит]... Усҟан Иегова дахьхәит ауаа ахьишаз, даарагьы игәы ихьит» (Аҟаз. 6:5, 6, 11). Еиӷьхама уи аахыс аҭагылазаашьа? Мап. Адунеи асексуалтә ламысдара ахыҵәеит. Ауаа аҭаацәара иалалаанӡа цәеижьла еизааигәахоит, рхатә ҩыза дрыԥсахуеит, насгьы ахацәеи-ахацәеи, аҳәсеи-аҳәсеи еибагоит. Убасала Аҩсҭаа ддыргәырӷьоит (Еф. 4:18, 19). Аха еиҳарак Аҩсҭаа дзыргәырӷьо Иегова имаҵзуҩцәа агәнаҳа ӷәӷәа аныҟарҵо ауп. Иазалху аамҭазы, Иегова ичҳара анынҵәалак, иламысдароу ахымҩаԥгашьа шаҟа ицәымӷу ааирԥшуеит, насгьы аҽыԥсахра зҭахым иҟьашьу ауаа зегь ықәигоит.

14. Ишԥарызныҟәо ауаа Адгьыли аԥстәқәеи?

14 Ауаа Адгьыл хыршьаауеит. Ауаҩы ауаҩы напхгара анииҭо уи ацәгьарахь иахькылнаго азмырхаӡакәа, Анцәа ауаҩы дахылаԥшларц инапы ианиҵаз Адгьыл ахшьаара даҿуп (Еккл. 8:9; Аҟаз. 1:28). Аҵарауаа изларҳәо ала ауаа ирыхҟьаны иааиуа шықәсқәак рыҩныҵҟа миллионк аҟынӡа аԥстәқәеи аҵиаақәеи рыхкқәа ықәӡаараны иҟоуп. Иџьашьатәӡам аҵарауаа уи хьаас иахьрымоу. Аха Иегова Адгьыл хызшьаауа зегь ықәигоит, насгьы уи џьанаҭны иҟаиҵоит (Аат. 11:18; Ис. 35:1).

ИЕГОВА ИААИРԤШУА АХАЧҲАРА ИАҲНАРҴО

15, 16. Иҳацхраауазеи Иегова иеиԥш ахачҳара аарԥшра? Иаажәга аҿырԥштәы.

15 Шәазхәыц Иегова зқьышықәсала шаҟа ичҳауа! (Шәахәаԥш арамка «Иегова ахачҳара аарԥшны ихиго».) Иегова ианааиҭаххалак ари адунеи цәгьа ықәигар ауан, аха иахьа уажәраанӡа дыԥшуп. Иара ичҳаразы иҭабуп ҳәа иаҳҳәар ҳалшоит. Иааҳгап ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг ахәыҷы иира иазыԥшу хаҵеи-ԥҳәыси. Иаалырҟьаны дара еилыркаауеит рхәыҷы дычмазаҩны дшиуа, харагьы дышзымнеиуа. Ус шакәугьы рхәыҷы иира еигәырӷьоит. Иара бзиа дырбоит аҟынтә, уи иацу ауадаҩрақәа рыхганы насыԥ имазарц азы ирылшо зегь ҟарҵоит.

16 Убас еиԥшҵәҟьа Адами Евеи ирхылҵызгьы наӡамкәа ииуеит. Аха Иегова урҭ бзиа ибоит, дреиҷаҳауеит (1 Иоанн 4:19). Хыхь иаагаз аҿырԥштәаҿы зыӡбахә ҳәаз аҭаацәа Иегова дызлареиԥшым ыҟоуп. Иара илшоит аҭагылазаашьа аԥсахра. Иегова ауаа ргәаҟрақәа рҵыхәтәа анԥиҵәо амши асааҭи алиххьеит (Матф. 24:36). Иегова ибзиабара азхәыцра уи амш ааиаанӡа ахачҳара аарԥшра иҳацхраауеит.

Иегова ахачҳара аарԥшны ихиго

  1. 1. Иара ихьыӡ дырџьоит

  2. 2. Иара инапхгара иаҿагылеит

  3. 3. Ихәыҷқәа иҿагылеит

  4. 4. Аҩсҭаа имцҳәарақәа

  5. 5. Бзиа иибо имаҵзуҩцәа ргәаҟрақәа

  6. 6. Иҩызцәа бзиақәа рыгәхьаагара

  7. 7. Адунеи иахыҵәаз ақәымчра

  8. 8. Ауаа рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи ҟьашьит

  9. 9. Ауаа Адгьыл хыршьаауеит

17. Иарбан жәақәоу Ауриацәа рахь 12:2, 3 иану, ахачҳара аарԥшра иҳацхраауа?

17 Иегова зегь раасҭа ахачҳара ааирԥшуеит. Иԥа Иисус иара диҿыԥшуеит. Иара адгьыл аҿы даныҟаз дладырҟәуан, ихыччон, агәаҟратә шьаҟа дкыдҵангьы дыршьит, аха иара уи зегьы хачҳарала ихигеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:2b, 3.) Ҳәарада, Иегова иааирԥшуаз ахачҳара Иисус амч инаҭон. Ус акәзар, уи ҳаргьы амч ҳнаҭоит.

18. Иарбан лшароу иҳауз Иегова ачҳара ахьааирԥшыз абзоурала, 2 Пиотр 3:9 иану инақәыршәаны?

18 Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:9. Иегова еиҳа еиӷьны идыруеит ари адунеи цәгьа анықәгатәу. Иара ичҳара абзоурала миллионҩыла ауаа иабадырреи имаҵ ауреи рылшеит. Урҭ зегьы Иегова ҭабуп ҳәа иарҳәоит иирц, бзиа дырбарц, насгьы рыԥсҭазаара изыркырц азы ахачҳара аарԥшны аамҭа ахьриҭаз. Ҵҩа змам ажәлар ари адунеи аҵыхәтәа анырхыргалак зегьы еилыркаауеит Иегова баша ачҳара шааимырԥшыз.

19. Ҳзызхиоузеи ҳара, насгьы иарбан ҳамҭоу иаҳзыԥшу?

19 Иегова иҿырԥшы иаҳнарҵоит агәырӷьара мырӡӡакәа агәаҟрақәа ҳхаҳгалар шҳалшо. Аҩсҭаа ишьҭихыз аҿагылара ирацәаны агәырҩеи агәаҟрақәеи шаанагазгьы, Иегова насыԥ змоу Нцәоуп (1 Тим. 1:11). Ҳаргьы ачҳара аарԥшны ҳазыԥшызар алшоит Иегова ихьыӡ анирлашо, напхгара аура азин шимоу анышьақәирӷәӷәо, насгьы ҳауадаҩрақәа зегьы рҵыхәтәа анԥиҵәо аамҭа. Шәааи, жәҩантәи Ҳаб ахачҳара шааирԥшуа еиԥш ҳаргьы ахачҳара ааҳарԥшлап! Убасҟан ҳаргьы абарҭ ажәақәа ҳазкызаауеит: «Насыԥ имоуп ахачҳара аарԥшны згәаҟ-ҵәаҟрақәа зегьы зхызго ауаҩы, урҭ анихигалакь, изыԥшуп аԥсҭазааратә ҳамҭа — Иҳақәиҭу Иара бзиа дызбо зегьы зықәиргәыӷхьоу» (Иак. 1:12).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан Иегова хачҳарала ихиго ауадаҩрақәа рҟынтә еиҳа узыршанхо?

  • Ишԥаицхрааи Иисус Иегова иааирԥшуа ахачҳара?

  • Избан ахачҳара аарԥшра шәзазхиоу?

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Ҳара зегьы ауадаҩрақәа ҳамоуп. Урҭ рҟынтә ӡбашьа змамгьы ыҟоуп азы иҳачҳалароуп. Аха ахачҳара аазырԥшуа ҳара мацара ҳакәӡам. Иеговагьы иахьа иҟоу ауадаҩрақәа рацәаны ичҳауеит. Ари астатиаҿы урҭ рҟынтә жә-уадаҩрак ҳрылацәажәоит. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит Иегова ихачҳара лҵшәас иаанагаз, насгьы уи ҳара иаҳнарҵо.

b Ауриацәа рахь 12:2 (АдҾ): «Ҳалаԥш еихмырсыӷьӡакәа ҳхаҵара Аԥхьагылаҩи ҳхаҵара Ахарҭәааҩи — Иисус — ҳихәаԥшлап. Аԥхьаҟа изыԥшыз агәырӷьара азы иара хачҳарала агәаҟратә шьаҟа ихигеит, нас Анцәа иарӷьараҿ дтәеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра