Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 сентиабр ад. 27
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • «Аԥсцәа рыԥсы злаҭалоузеи?»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 сентиабр ад. 27

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ииҳәарц ииҭахызи апостол Павел «сара заамҭа ааиаанӡа ииз ахәыҷы сиҩызоуп» ҳәа ихы ианазиҳәа? (1 Коринфаа рахь 15:8, АдҾ)

1 Коринфаа рахь 15:8 (АдҾ) аҿы Павел иҩит: «Аҵыхәтәаны сара сҿгьы дааит. Убри аҟынтә сара заамҭа ааиаанӡа ииз ахәыҷы сиҩызоуп». Араҟа Павел иҳәон, Иисус хьӡи-ԥшеи иманы дшибаз. Ишԥеилаҳкаауаз Павел иажәақәа уаанӡа? Иара жәҩантәи аԥсҭазааразы аира, ма аԥсҭалара аҳаҭыр иаҭәашьазшәа, уи аҩыза аԥсҭалара алагаанӡа ирацәаны ашәышықәсақәа шыбжьаз. Аха ари ажәеинраала бзианы ианҭаҳҵаа еилаҳкааит, уи даҽакала ишеилкаалатәу.

Нас, ииҳәарц ииҭахызи Павел «сара заамҭа ааиаанӡа ииз ахәыҷы сиҩызоуп» ҳәа аниҳәа?

Павел иаалырҟьаны ауп ақьырсианра шидикылаз, насгьы уи ахьаа инаҭеит. Иаалырҟьаны иҟало ахшараиура аҭаацәа амыршанхар ауӡом. Савл (ԥыҭрак ашьҭахь Павел ҳәа еицырдыруаз) ақьырсианцәа рықәгаразы Дамаск даназааигәахоз, ихаҿгьы изаагомызт, зыԥсы ҭалаз Иисус абараҿы дибоит ҳәа. Павел дқьырсианны дахьыҟалаз, иара изы мацара адагьы, Дамаск зышьҭашәарыцара игәы иҭаз ақьырсианцәа рзгьы иџьашьатәхеит. Уи адагьы, зыԥсы ҭалаз Иисуси иареи реиқәшәара ааха инаҭеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избанзар иара длашәхеит (Аус. 9:1—9, 17—19).

Павел «ианаамҭамыз» дқьырсианны дҟалеит. «Заамҭа ааиаанӡа ииз» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәақәа «ианаамҭамыз ииз» ҳәагьы еиҭоугар улшоит. «Иерусалимтәи Абиблиа» аҿы арҭ ажәақәа еиҭагоуп абас: «аӡәгьы даназыԥшымыз ииз иеиԥш» (The Jerusalem Bible). Павел абараҿы Иисус данибаз, уи ажәҩан ахь дцахьан. Павел исаламшәҟәаҿы зыӡбахә иҳәаз ақьырсианцәа дрыҿҳарԥшуазар, иара зыԥсы ҭалаз Иисус ажәҩан ахь дцаанӡа димбаӡацызт (1 Кор. 15:4—8). Аха иара уи аҩыза алшара иоуит Дамаск иацәыхарамкәа иҟалаз реиқәшәара аан, уи «ианаамҭамыз» иҟалеит ҳәа угәы иаанагар шалшогьы.

Павел ихы данахцәажәоз ихы ӡыригаӡомызт. Ҭҵааҩцәак изларҳәо ала, Павел араҟа ихы иаирхәаз ажәа ауаҩы дланарҟәыр алшоит. Иара уи акәызҭгьы иҟаиҵарц ииҭахыз, уи иаанагоит иара иахь иаарԥшыз аҳаҭыр дшаԥсамыз шеиликаауаз. Уи анаҩстәи иажәақәагьы ишьақәдырӷәӷәоит: «Сара апостолцәа зегьы среиҵоуп, апостол ҳәа сзуҳәартә еиԥшгьы сыҟам, избанзар Анцәа иеизара сашьҭашәарыцон. Аха Анцәа гәыҭбаарала иааирԥшыз ақьиара абзоурала сара сапостолуп» (1 Кор. 15:9, 10, АдҾ).

Алкаа ҟаҳҵап. Иҟалап 1 Коринфаа рахь 15:8 аҿы Павел ииҳәарц ииҭахыз, Иисус иаалырҟьаны иҿаԥхьа дышцәырҵыз, «ианаамҭамыз» дқьырсианны дшыҟалаз, мамзаргьы иџьашьахәыз абара абара дшаԥсамыз акәзар. Павел ииҳәарц ииҭахыз закәызаалакгьы, ибзианы иаҳдыруа абри ауп: иара уи ахҭыс иазкыз агәалашәарақәа рыхә ҳаракны ишьон. Уи ибзианы иеилнаркааит Иисус иԥсы шҭалаҵәҟьаз. Убри азоуп Павел Иисус иԥсҭалара аӡбахә ауаа ианырзеиҭеиҳәоз, уи ахҭыс аӡбахә лассы-лассы изиҳәоз (Аус. 22:6—11; 26:13—18).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра