АҴАРАЗЫ АСТАТИА 38
Агәрагара шәаԥсаз
«Ауаҩ иаша амаӡа ихьчоит» (АЖӘАМ. 11:13).
АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит
АХҲӘААa
1. Дзеиԥшроузеи узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩы?
АГӘРАГАРА иаԥсоу ауаҩы иажәа наигӡоит, насгьы есымша аиаша иҳәоит (Аԥсал. 15:4). Уи уиқәгәыӷыртә дыҟоуп. Ҳара иаҳҭахуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳагәра ргаларц. Иҟаҵалатәузеи уи азы?
2. Ишԥаҳалшо агәрагара иаԥсоу уаҩны аҟалара?
2 Ҳара ауаа ҳагәра ргаларц ҳазрыдцалаӡом. Агәрагара рҳатәуп. Уи аԥара иаҩызоуп: арҳара цәгьоуп — аныхра мариоуп. Иегова иеиԥш агәрагара иаԥсоу аӡәгьы дыҟаӡам. Иара иахь агәрамгара ҳазцәырызго ахаан акгьы ҟаиҵаӡом, избанзар «иусқәа зегь рҿы азиашара ааирԥшуеит» (Аԥсал. 33:4). Анцәа иҭахуп иара ҳаиҿыԥшларц (Еф. 5:1). Шәааи иаҳгәалаҳаршәап Иегова иҿыԥшуаз, насгьы урықәгәыӷыртә ишыҟоу шьақәзырӷәӷәаз имаҵзуҩцәа. Иара убас ҳара ҳрыхцәажәоит агәрагара иаԥсоу уаҩны аҟалара иҳацхраауа хә-ҟазшьак.
УЗЫҚӘГӘЫӶЫРТӘ ИҞАЗ ИЕГОВА ИМАҴЗУҨЦӘА ҲАРҾЫԤШУЕИТ
3, 4. Ишԥааирԥши аԥааимбар Даниил уиқәгәыӷыртә дшыҟаз, насгьы иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар бзиоу?
3 Аԥааимбар Даниил — узықәгәыӷыртә иҟаз уаҩын. Иара Вавилонҟа итҟәаны иргаз дреиуан. Уаҟа, аамҭа рацәак мҵӡацызт еиԥш, агәрагара дшаԥсаз шьақәирӷәӷәеит. Даниил еиҳагьы игәра рго иалагеит, аҳ Навуходоносор иԥхыӡқәа ҵакыс ирымаз Иегова ицхыраарала ианиҳәа. Зны Даниил аҳ иеиҳәар акәхеит, Иегова уи дшизыразым. Ҳәарада, уи ажәабжь аҳ игәы ҟанаҵарымызт. Уи азы Даниил агәымшәара иҭахын, избанзар аҳ Навуходоносор згәыжәла цәгьаз иеиԥш деицырдыруан (Дан. 2:12; 4:20—22, 25). Акыршықәса рышьҭахь Даниил дырҩегь ишьақәирӷәӷәеит агәрагара дшаԥсаз. Иара Вавилон аҳҭынраҿы аҭӡамц ианылаз, аӡәгьы изеилмыргоз аҩыра аҵакы иҳәеит (Дан. 5:5, 25—29). Ԥыҭрак ашьҭахь аҳ Даригьы иара иҿы аҭыԥ ду аанызкылоз ауаагьы игәарҭеит, Даниил зегьы дышрылукаауаз. Дара ирбон уи уиқәгәыӷыртә дшыҟаз, дышуаҩ ҟәыӷаз, насгьы ахаан амц шимҳәоз (Дан. 6:3, 4). Ус анакәха, амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз анапхгаҩцәагьы игәарҭеит, уи Иегова имаҵзуҩы агәрагара дшаԥсаз.
4 Даниил иҿырԥшы ҳаназхәыцуа ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Иарбан хьӡу Иегова имаҵ зымуа рҿаԥхьа исымоу? Ишԥанасыгӡо исыду аҭакԥхықәрақәа, насгьы усықәгәыӷыртә сыҟоума?» Избан арҭ рҩызцәа азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар зхадоу? Избанзар уҳақәгәыӷыртә ҳаҟазар, Иегова дҳараҳкуеит.
Ихадоу адҵақәа рынагӡаразы Неемиа узықәгәыӷыртә иҟаз ауаа алихит. (Шәахәаԥш абзац 5.)
5. Ицхраазеи Хананиа узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩы ихьӡ арҳара?
5 455 шықәса ҳ. ҟ. азы анапхгаҩы Неемиа Иерусалим аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылеит. Анаҩс ақалақь ахылаԥшра знапы ианиҵашаз, узықәгәыӷыртә иҟаз ауаа дрышьҭалеит. Урҭ дреиуахеит абааш аиҳабы Хананиа. Абар Абиблиа уи ишихцәажәо: «Иара зегь раасҭа узықәгәыӷыртә иҟаз уаҩын, насгьы иара иеиԥш Анцәа Ҳазшаз ицәшәоз маҷҩын» (Неем. 7:2). Хананиа идыз адҵақәа зегьы ҭакԥхықәрала дырзыҟан, избанзар Иегова бзиа дибон, насгьы игәы иирхьыр иҭахӡамызт. Уи ҳаргьы Анцәа имаҵзураҿы узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалара иҳацхраар алшоит.
6. Избан иаҳҳәар зҳалшо Тихик апостол Павел изы дҩыза бзиан ҳәа?
6 Даҳгәалаҳаршәап иара убас апостол Павел дзықәгәыӷыртә иҟаз иҩыза Тихик. Павел, Рим аҩны адәылҵра азин имамкәа данҭакыз, Тихик ицхыраара дақәгәыӷыр шилшоз идыруан, уи «гәыкала Иҳақәиҭу имаҵ зуа» ҳәа изиҳәеит (Еф. 6:21, 22). Павел уи идиҵеит Ефеси Кәаласи иҟаз ақьырсианцәа асаламшәҟәқәа рызгара. Уи адагьы урҭ ргәы шьҭихырц, ирӷәӷәарц иеиҳәеит. Иахьагьы ҳара иҳамоуп Тихик иеиԥшу, ҳдоуҳатә ҭахрақәа иреиҷаҳауа, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала Анцәа имаҵ зуа аишьцәа рацәаҩны (Кәал. 4:7—9).
7. Иарбан ҿырԥшу иҳарҭо узықәгәыӷыртә иҟоу аизара аиҳабацәеи аизара ацхырааҩцәеи?
7 Ҳара даара рыхә ҳаракны иаҳшьоит ҳаизара аиҳабацәеи аизара ацхырааҩцәеи. Даниили, Ханании, Тихики реиԥш дара ирыду аҭакԥхықәрақәа гәыкала инарыгӡоит. Иаҳҳәап, аусура амшқәа рзы имҩаԥысуа аизарақәа рахь ҳаннеиуа агәра ганы ҳаҟоуп, ихыбжа-ҿыбжаны акәымкәа, апрограмма зегь шыҟало. Аизара аиҳабацәагьы ахә ҳаракны иршьоит адҵақәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҽазыҟаҵаны иахьықәгыло. Ҳара Абиблиа зҳарҵо ажәахә иазыӡырҩырц азы аизарахь иааҳаԥхьоит, аишьцәа ажәахәҟаҵаҩ иааԥхьара рхашҭит ҳәа ҳамшәаӡакәа. Иара убас ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, ажәабжьҳәаразы алитература есымша ишҳамазаауа. Ҳара даара ҳгәы иахәоит узықәгәыӷыртә иҟоу урҭ аишьцәа ибзианы иахьаҳхылаԥшуа, Иегова урҭ рзы ҭабуп ҳәагьы иаҳҳәоит. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳхазы? Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо агәрагара ҳшаԥсоу?
«АУАҨ ИАША АМАӠА ИХЬЧОИТ»
8. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи шыҟоу ҳаназҵаауа? (Ажәамаанақәа 11:13).
8 Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит, насгьы урҭ шыҟоу ҳдыруазарц ҳҭахуп. Аха убри аамҭазгьы иаҳхаҳмыршҭлароуп урҭ ирҳәарц ирҭахым ак ыҟазар шалшо. Актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизара аҟынтә шьоукы «ауҳәан-сҳәан рҵысуа, ихәыҵыԥшуа, иахәҭам» алацәажәара шьцыларас ирыман (1 Тим. 5:13). Ҳәарада, ҳара уи аҩыза ахьӡ ҳамазар ҳҭахӡам. Аха иҟалап аӡәы ак ҳаиҳәазар, насгьы уи аӡәгьы иаҳамҳәарц дҳаҳәазар? Иаҳҳәап, иаҳәшьак лгәабзиара иадҳәалоу уадаҩрак, мамзаргьы даҽа уадаҩрак аӡбахә ҳзеиҭалҳәоит, насгьы уи аӡәгьы иаҳамҳәарц дҳаҳәоит. Лыҳәара пату ақәҵаны инаҳагӡароупb. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 11:13.) Уажәшьҭа шәааи акгьы ҳамҳәалар ахьҳахәҭоу даҽа ҭагылазаашьақәак ҳрылацәажәап.
9. Иаадырԥшыр шԥарылшо аҭаацәараҿы зегьы агәрагара ишаԥсоу?
9 Аҭаацәараҿы. Аҭаацәарақәа зегь рҿы иҟоуп егьырҭ ауаа рзеиҭаҳәара иаԥсам азҵаарақәа. Иаҳҳәап, иаҳәшьак лхаҵа дзырччо шьцыларак лымоуп. Ирзеиҭеиҳәалома лхаҵа уи ашьцылара аӡбахә егьырҭ ауаа? Ҳәарада, мап! Избанзар уи лара дацәыԥхашьар алшоит. Иара ихатә ҩыза бзиа дибоит, насгьы лгәы лирхьыр иҭахӡам (Еф. 5:33). Ахбыџцәагьы пату рықәырҵалар рҭахуп. Аҭаацәа уи рдыруазар бзиоуп. Дара рхәыҷқәа ирыгу егьырҭ ирзеиҭаҳәаны иладырҟәлаӡом (Кәал. 3:21). Ахәыҷқәагьы ауаа рҿы иҳәатәу-иҳәатәым рдыруазароуп, рҭаацәара дмырԥхашьаларц азы (Ҩынтә. 5:16). Аҭаацәараҿы зегьы рҭаацәара мацара ирусу азҵаарақәа аӡәгьы иарымҳәозар, рҭаацәара еиҳа иӷәӷәазаауеит.
10. Ихы шԥамҩаԥиго аҩыза бзиа? (Ажәамаанақәа 17:17).
10 Ҳҩызцәа рҿы. Ҳара ҳауадаҩрақәа ҳҩызцәа гәакьақәа ирзеиҭаҳҳәалар ҳҭахуп. Аха ҳгәы иҭоу аартны аӡәы изеиҭаҳәара анымариам ыҟоуп. Ҳҩыза игәра ганы иаҳҳәаз џьара ишиамхаҳәаз еилаҳкаазар, уи даара ҳгәы ҳнархьыр алшоит. Шаҟа рыхә ҳаракны иаҳшьозеи ҳамаӡа ззеиҭаҳҳәар ҳалшо аҩызцәа! (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 17:17.)
Аизара аиҳабацәа аӡәы иаҳәара ззин рымам аинформациа рҭаацәарақәа ирарҳәаӡом. (Шәахәаԥш абзац 11.)c
11. а) Избан аизара аиҳабацәагьы урҭ рыҳәсагьы рыгәра ҳгалар зҳалшо? б) Иаҳнарҵозеи аӡәгьы иаҳәара ззин имам акы иҭаацәа ирзеиҭазымҳәо аизара аиҳабы иҿырԥшы? (Шәахәаԥш асахьа.)
11 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы. Ҳамаӡақәа аӡәгьы иазымҳәо аизара аиҳабацәа «аԥша аҟынтә ахыхьчарҭа, насгьы афырҭын аҟынтә ахыҵакырҭа» иаҩызаҵәҟьоуп (Ис. 32:2). Ҳамаӡа зеиԥшразаалакгьы, ҳара иаҳдыруеит уи дара рҿы ишыԥсуа. Убри аҟынтә аизара аиҳабацәа рацәажәара ҳзымариоуп. Ҳаизара аиҳабацәа иаҳусым акы ҳзеиҭарҳәарц ҳрыҳәаӡом. Рыҳәса рыхә ҳшьоит, рхацәа иахьырмыҳәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рымаӡақәа рзеиҭарҳәарц. Иара убас аизара аиҳабацәа рыхә ҳшьоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи дара ирзеиҭарҳәо рыҳәса иахьрарымҳәо. Абар аизара аиҳабык иԥшәма илҳәаз: «Сара сыԥшәма иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Иара зыгәрахаҵара рӷәӷәатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи иареи еибырҳәаз сзеиҭеиҳәаӡом. Дзацәажәозгьы сыздырӡом. Сара даараӡа сеигәырӷьоит сыԥшәма зыӡбара сылымшо ауадаҩрақәа гәырҩас иахьсимҭо. Убри аҟынтә, сара акгьы сацәыԥхамшьакәа аизараҿы зегьы срацәажәалар сылшоит. Уи адагьы, сара агәра ганы сыҟоуп сгәы иҵхо, насгьы уадаҩрас исымоу анизеиҭасҳәо уи аӡәгьы ишиеимҳәо». Ҳәарада, ҳара зегьы ҳагәра ргаларц ҳҭахуп. Иарбан ҟазшьақәоу уи азы иааҳарԥшлар ҳахәҭоу? Шәааи урҭ рҟынтә хә-ҟазшьак ҳрылацәажәап.
УЗЫҚӘГӘЫӶЫРТӘ ИҞОУ УАҨНЫ АҞАЛАРА ИҲАЦХРААУА АҞАЗШЬАҚӘА
12. Избан бзиабарада агәреибагара зыҟалом ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
12 Абзиабара ада агәреибагара зыҟалом. Иисус Христос иҳәеит, зегь раасҭа ихадоу ҩ-ԥҟарак — Иегова бзиа ибареи иаҳзааигәоу бзиа рбареи роуп ҳәа (Матф. 22:37—39). Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, убри аҟынтә узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны ҳаҟазар ҳҭахуп. Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеигьы бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә урҭ рымаӡақәа аӡәгьы изеиҭаҳҳәаӡом. Ҳара иаҳҭахӡам урҭ ирԥырхагахо ак ҟаҳҵар, иҳарԥхашьар, насгьы ргәы дҳархьыр (Иоанн 15:12).
13. Избан узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны ҳҟаларц азы аԥагьара ҳаламзар зҳахәҭоу?
13 Аԥагьара анҳалам ауп узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны ҳҟалар анҳалшо. Аԥагьара злам ақьырсиан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзымдыруа жәабжьк рзеиҭаҳәаны иршанхарц дашьҭаӡам (Флп. 2:3). Насгьы иара егьырҭ иреимҳәаша аинформациа шидыруа дирбалаӡом. Ҳара аԥагьара ҳаламзар, Абиблиа иадҳәалоу азҵаарақәа ҳанрылацәажәо, Абиблиаҿы, ма ҳпубликациақәа рҿы урҭ ирызкны акгьы анымзар, ҳхы иҭҳәааны акгьы ҳҳәаӡом.
14. Ишԥаҳацхраауеи агәеилых бзиа узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалара?
14 Агәеилых бзиа ақьырсиан ицхраауеит аҿымҭра ианаамҭоу, насгьы ацәажәара ианаамҭоу аилкаара (Еккл. 3:7). Абызшәақәа жәпакы рҿы иҟоуп ажәаԥҟа «Ажәа — раӡнуп, аҿымҭра — хьуп». Иџьашьатәӡам, Ажәамаанақәа 11:12 аҿы абас ахьану: «Иҟәыӷаҵәҟьоу ауаҩ иакәзар, ҿиҭӡом». Абар аԥышәа ду змоу аизара аиҳабы иҿырԥшы. Иара лассы-лассы и́ҳәоит иуадаҩу азҵаарақәа рҿы егьырҭ аизарақәа дрыцхрааларц. Иазгәашәҭ аизара аиҳабацәа рхеилак аҿы амаҵ ицызуа иашьак уи изы ииҳәо: «Иара егьырҭ аизарақәа ирызку, џьаргьы иҳәатәым аинформациа ахаан иҳәаӡом». Уи аизара аиҳабы иааирԥшуа агәеилых бзиа абзоурала иеизараҿы амаҵ ицызуа егьырҭ аизара аиҳабацәа пату иқәырҵоит. Дара игәра ргоит, насгьы ирдыруеит аизара аиҳабацәа рхеилак аҿы излацәажәо азҵаарақәа џьаргьы ишимҳәо.
15. Избан ҳагәра ргаларц азы аиаша ҳҳәалар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥшы.
15 Ҳагәра ргаларц азы аиаша ҳҳәалароуп. Ҳара аиаша зҳәо ауаҩы игәра ҳгоит, избанзар, иара ахаан амц шимҳәо ҳдыруеит (Еф. 4:25; Аур. 13:18). Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа. Шәара аизараҿы шәықәгыларц адҵа шәырҭеит. Шәыдҵа шәҽаназыҟашәҵа ашьҭахь, еиӷьышәтәыр шәылшо аӡәы ишәыҵеиҳәар шәҭахуп. Шәзыҳәода ацхырааразы? Ишәаҳарц ишәҭаху шәазҳәо иакәу, хаала аиаша шәазҳәо иакәу? Ҳәарада, аиаша шәазҳәо. Абиблиаҿы иануп: «Иаартны уандыриашо еиҳа еиӷьуп, гәаныла бзиа уанырбо аасҭа. Аҩыза бзиа дулабжьоит, уи угәы иамыхәар ауеит ҳәа игәы иаанагозаргьы» (Ажәам. 27:5, 6). Уҩыза аиаша ануеиҳәо раԥхьа уи угәы иамыхәар ауеит, аха уи ахәарҭа узаанагоит.
16. Ишԥаҳнарбо Ажәамаанақәа 10:19 иану аҽынкылара ҳамазар шхадоу?
16 Ауаа ҳагәра ргаларц азы аҽынкылара ҳамазароуп. Уи аӡәы имаӡа ааҳартырц агәаҳәара анҳазцәырҵуа аҿымҭра иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 10:19.) Аҽынкылара еиҳараӡак иаҳҭахуп асоциалтә каҭақәа ҳхы ианаҳархәо. Ҳгәаҳҽанымзар џьаргьы иҳәатәым аинформациа ауаарацәа ирылаҳҵар ауеит. Аинформациа знык аинтернет ианҭаҳгалалак, уи ауаа рхы ишадырхәало аконтроль ҳзаҭаӡом. Уи аӡәы аԥырхага инаҭаргьы алшоит. Ианбаҳахәҭоу иҵегьы аҿымҭра? Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирԥырхагахар алшо аинформациа ҳаӷацәа иҳаҵырдыраар анырҭаху. Иаҳҳәап, ҳара ҳанхоит ажәабжьҳәаратә ус мап ахьацәку атәылаҿы, насгьы аполициа аусуҩцәа ҳҿахәы ҳҿырхуеит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы аԥсаломшәаҳәаҩ ҳаиҿыԥшлар ауп. Иара иҳәеит: «Ҿысҭлаӡом» (Аԥсал. 39:1). Алкаа ҟаҳҵозар, ҳара есымша уҳақәгәыӷыртә ҳаҟазароуп: ҳҭаацәа рҿы, ҳҩызцәа рҿы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы, ажәакала, зехьынџьара. Аха узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны ҳҟаларц азы, аҽынкылара ҳамазароуп.
17. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи аизараҿы агәреибагара ыҟазарц азы?
17 Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, имаҵзуҩцәа рыла ишьақәгылоу иҭаацәарахь ҳахьааиԥхьаз. Уаҟа абзиабареи агәреибагареи ыҟоуп. Ҳара зегьы есымша ҳхы аус адаҳулалароуп, узықәгәыӷыртә иҟоу уааны ҳҟаларц азы. Ҳара зегьы абзиабара ааҳарԥшлар, ҳԥагьамзар, агәеилых бзиа ҳалазар, амц ҳамҳәозар, насгьы аҽынкылара ааҳарԥшуазар, аизараҿы агәреибагара ҟалоит. Убри аҟынтә шәааи Иегова ҳаиҿыԥшлап, насгьы агәрагара ҳшаԥсоу ҳаԥсҭазаашьа ала иааҳарԥшлап.
АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит
a Ауаа ҳагәра ргаларц азы, уи ҳаԥсахароуп. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны ҳаҟазар зхадоу, насгьы уи аҿы иҳацхраауа аҟазшьақәа.
b Аизараҿы аӡәы гха ӷәӷәак шыҟаиҵаз еилаҳкаазар, уи ауаҩы игәазҭаҳҵароуп аизара аиҳабацәа ацхырааразы дрыҳәарц. Аха даҳзымӡырҩыр, Иеговеи ақьырсиантә еизареи гәыкала ҳахьырзыҟоу азы, аизара аиҳабацәа уи ҳхаҭа ираҳҳәар ҳахәҭоуп.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аизара аиҳабы аӡәы иаҳәара ззин имам аинформациа иҭаацәара иреиҳәаӡом.