АШӘА 129
Ахачҳара ааҳарԥшлап
- 1. Ауадаҩрақәа! - Иҳалшарыма рыхгара? - Цәгьа дышгәаҟуазгьы, - Иисус ибон агәырӷьара. - Идыруан — Иаб диашан! - Имч иацымлоз иара. - АХАПА - Зегьы ҳара ҳариааиуеит, - Ҳхаҵара ҳахьчалоит. - Ахачҳара ду ҳаурц, - Игәы шаҳзыбылуа Ҳаб иаҳирбоит! 
- 2. Уаҳа ԥсрак ҟалом, - Зегь ҳалаӷырӡқәа Ҳаб ирбап. - Наҟ ажәытәра цап. - Џьанаҭахь ҳаблақәа ҳархап. - Иҳауп ахақәиҭра! - Ҳашзахәо иҳачҳап! - АХАПА - Зегьы ҳара ҳариааиуеит, - Ҳхаҵара ҳахьчалоит. - Ахачҳара ду ҳаурц, - Игәы шаҳзыбылуа Ҳаб иаҳирбоит! 
- 3. Ҳшәартә еиԥш ҳаҟаӡам. - Ҳарҭ иаҳҳәо ҳҿамшәо ҳнымхалап. - Имаҵ ҳуроуп Ҳаб, - Уи иахь ҳхаҵарагь ҳарӷәӷәалап. - Иааигәами уи аамҭа! - Нас, хьаҵрак ҟаҳамҵап! - АХАПА - Зегьы ҳара ҳариааиуеит, - Ҳхаҵара ҳахьчалоит. - Ахачҳара ду ҳаурц, - Игәы шаҳзыбылуа Ҳаб иаҳирбоит! 
(Уахәаԥш иара убас Аус. 20:19, 20; Иак. 1:12; 1 Пиотр 4:12—14.)