АШӘА 65
Уеихала, нас, ԥхьаҟа!
- 1. Уеихала, нас, ԥхьаҟа, аизҳарахь уеиха! - Уҿырԥшыгаз еснагь, ҵабырг улаз, улаша. - Уеизҳала, еиҳа иеиӷьтәла умаҵзура, - Унцәа ду дузыразхап. - Анцәа имоуп адҵа зегьы рзы, - Угәра шиго удыруаз бзанҵы. - Инапы уҽанҵа, қәҿиара уоуп лассы, - Ухаҵарагьы ӷәӷәахап! 
- 2. Уеихала, нас, ԥхьаҟа, ӷьеҩла ажәабжь ҳәа! - Жәлар еиҭа урызнеи, ажәабжь ҿыцла идырҳа. - Анцәа ихьӡ ҳаракла, Аҳ ду иоуп Иара! - Зынӡа ҿааихак ҟаумҵан! - Ҳаӷацәа ирҭахызаргь ҳдыршәарц, - Мап, ирылҳаршом хьаҵрак ҟаҳҵарц, - Анцәа Иаҳра ҳшаргәырӷьо ҳазхиоуп иаҳҳәарц, - Ҳаб иҵабырггьы дҳарҵарц. 
- 3. Уеихала, нас, ԥхьаҟа, дуцзаауеит Анцәа. - Ԥышәак уоуп уџьаҿы, иузыԥшуп аус рацәа! - Нас иԥшьоу адоуҳа ҳацхраалап ҳара,— - Ҳгәаҿы гәырӷьарак иилартә. - Гәык-ԥсыкала ауаа идырҵа, - Аҵара ргәы-рыхшыҩ азцалартә. - Урҭ аҵабырг лаша рылаҵан иааӡа, - Ҳара ҳаиԥш ԥхьаҟа ицартә! 
(Уахәаԥш иара убас Флп. 1:27; 3:16; Аур. 10:39.)