АҴАРАЗЫ АСТАТИА 44
АШӘА 138 Ашлара — аԥшӡара агәыргьын
Зықәрахь инеихьоу, агәырӷьара шәмырӡлан
«Урҭ анажәлакгьы аҽаҩра ааргалоит» (АԤСАЛ. 92:14).
ЕИЛАҲКААУА
Зықәрахь инеихьоу агәырӷьара дмырӡларц зрыхәҭоу, насгьы уи аҿы ирыцхраауа.
1, 2. Дышԥарзыҟоу Иегова зықәрахь инеихьоу изиашоу имаҵзуҩцәа? (Аԥсалом 92:12—14). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
ИШӘГӘАЛАШӘОМА шәыхцәы ашлара ианалага шәхы шыжәбаз? Иҟалап ишәцәымыӷхазар, насгьы аӡәы ибаанӡа уи шәҵәахырц шәҭаххазар. Адунеи аҿы ауаа ажәра ишазыҟоу еиԥшӡам. Шьоукы рышықәсқәа шцо аӡәгьы имбарц азы иҟарымҵо ҳәа ак ыҟам. Аха ашықәсқәа аӡәгьы изаанкылаӡом, урҭ нықәҳа ицоит.
2 Дышԥазыҟоу Иегова ажәра? (Ажәам. 16:31). Иара зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа идуу аҵла ԥшӡақәа ирыҿирԥшуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 92:12—14.) Избан уи аиҿырԥшра бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Аҵла дуқәа жәпакы ажәашықәсақәа рхыҵуеит. Иаҳҳәап, иҟоуп зқьышықәса инареиҳаны инызҵуа асакура хкык. Уи шықәсык ахь знык иԥшӡаны ишәҭуеит. Абас еиԥш иҟоу аҵлақәа ҳанрыхәаԥшуа даараӡа ҳгәырӷьоит. Убасҵәҟьоуп Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа дышрыхәаԥшуа. Иара урҭ даараӡа рыхә ҳаракны ишьоит. Иегова дызхәаԥшуа рышлара акәӡам, ирылоу аҟазшьа бзиақәа роуп. Иара игәы ҟанаҵоит урҭ акыршықәса рыҩныҵҟа гәыкала имаҵ ахьыруа, иуадаҩу аамҭақәа раангьы изиашаны иахьаанхо.
Анцәа изиашоу зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа ажәашықәсақәа зхыҵуа аҵла ԥшӡақәа ирҿырԥшуп. (Шәахәаԥш абзац 2.)
3. Иаажәга Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа ихадоу адҵақәа шрыдиҵоз узырбо аҿырԥштәы.
3 Ауаҩы иқәрахь днеит ҳәа Иегова уи бзиа ибара даҟәыҵӡомa. Иара зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракны ишьоит. Лассы-лассы ихадоу адҵақәагьы риҭоит. Иаҳҳәап, Иегова Сарра аԥа дышлоуа, лԥа ажәлар ду шихылҵуа, Мессиагьы ишьҭраҿы дшиуа анлеиҳәаз лықәрахь днеихьан (Алаг. 17:15—19). Иегова Моисеи израильаа Египетынтәи иалигарц аниеиҳәаз иқәрахь днеихьан (Ақәҵ. 7:6, 7). Иоанн иакәзар, Абиблиа иахәҭакхаз хә-шәҟәык иҩырц азы Анцәа иԥшьоу адоуҳа анииҭа, дбыргхахьан.
4. Ирыцхраауазеи зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ауадаҩрақәа риааира? (Ажәамаанақәа 15:15). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 Зықәрахь инеихьоу иаҳәшьак ус лҳәеит: «Уажәра уаԥыларц азы агәымшәара улазар ауп». Аиашазы, ауаҩы иқәрахь даннеиуа ирацәаны ауадаҩрақәа изцәырҵуеит. Аха агәырӷьараb умырӡлар, урҭ риааира еиҳа имариахоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 15:15.) Ари астатиаҿы еилҳаргоит зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы акамыжьра ирыцхраауа алабжьарақәа. Иара убас еилҳаргоит зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы дасу иҟаҳҵалар ҳалшо. Аха раԥхьа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәырӷьара рымызхыр алшо ауадаҩрақәа ҳрылацәажәоит.
Агәырӷьара зықәрахь инеихьоу ауаа ауадаҩрақәа рыхгара ирыцхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 4.)
ЗЫҚӘРАХЬ ИНЕИХЬОУ АГӘЫРӶЬАРА РЫМЫЗХЫР АЛШО
5. Ирымызхыр алшози зықәрахь инеихьоу агәырӷьара?
5 Ишәымызхыр алшози агәырӷьара шәықәрахь шәнеихьазар? Иҟалап уаанӡа иҟашәҵоз уажәы ишәзыҟамҵозар. Мамзаргьы иҟалап шәанқәыԥшыз, амчгьы аншәымаз аамҭақәа гәхьааганы ишәгәалашәыршәозар (Еккл. 7:10). Абар Ру́би зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «Убриаҟара ахьаа сымоуп, сыбӷаҵәҟьагьы сзыларҟәӡом. Ақалԥад ашьаҵара даара исцәыуадаҩуп. Аҽеилаҳәара атәы зынӡа исҳәом! Уи адагьы, артрит сымоуп снацәкьарақәа сыхәаӡом. Аҩнусқәа рыҟаҵара даараӡа исцәыуадаҩуп». Вефиль аҿы амаҵ зуаз Ха́ролд иҳәоит: «Бзиа избоз аусқәа ахьысзынамыгӡо зны-зынла сгәы ԥжәоит. Уаанӡа амчқәа сыман. Беисболгьы бзиа избон. Шьоукгьы ус рҳәон: „Ҳаиааирц шәҭахызар, Харолд ампыл ишәҭ“. Уажәы ахәмарра акәым, ампылгьы сзыршәуам».
6. а) Ргәы казыжьыр алшои иҵегьы зықәрахь инеихьоу? б) Ирыцхраауазеи зықәрахь инеихьоу амашьына аныҟәцара рылшоу-ирылымшоу аилкаара? (Шәахәаԥш ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу астатиа «Саҟәыҵроума амашьына аныҟәцара?».)
6 Шәара лассы-лассы аӡәы ицхыраара ахьышәҭаху шәгәы канажьуазар алшоит. Шьоукы рхәыҷқәа рахь нхара ииасыр акәхеит, даҽа шьоукы ацхыраара роурц азы дара рахь аӡәы дааилароуп. Шьоукы ргәамбзиара, мамзаргьы рыла ибзианы иамбо иахьыҟалаз иахҟьаны амашьына рызныҟәцаӡом, аӡәы ицхыраарадагьы аҩны издәылҵӡом. Ари зегьы угәы канамыжьыр залшом. Ҳаҭыр зқәу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, Иеговеи шәгәакьацәеи уаанӡа еиԥш шәыхә ҳаракны ишыршьо шәхашәмыршҭлан. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәшеиликаауа. Иара изы ихадоу шәгәаҭа зеиԥшроу ауп. Иегова ибоит иара иӷәӷәаны бзиа дшәыжәбо, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишыжәбо (1 Сам. 16:7).
7. Шәзызхәыцлар шәылшози Армагеддон шааиуа шәымбар ҳәа шәшәозар?
7 Иҟалап Иегова ари адунеи цәгьа аҵәыхәтәа шԥиҵәо шәымбар ҳәа шәхәыцуазар, насгьы уи шәгәы канажьуазар. Шәгәы зырҭынчыр алшози ус акәзар? Анцәа ари адунеи ақәгара дзахымыццакуа шәазхәыцла (Ис. 30:18). Иара миллионҩыла ауаа деилыркаарц, насгьы иҩызцәахарц алшара роурц азы ачҳара ааирԥшуеит. (2 Пиотр 3:9). Убри аҟынтә шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар, Армагеддон алагаанӡа шаҟаҩы Иегова иҩызцәахар рылшо шәазхәыцла. Иҟалап урҭ рыбжьара шәара шәгәакьацәагьы ҟалар.
8. Рхы мҩаԥыргар шԥалшо зықәрахь инеихьоу ргәамбзиара иахҟьаны?
8 Шаҟа ҳхыҵуазаалакгьы, ҳгәы аныбзиам анаҩс ҳзыхьхәуа ак ҳҳәар ма ак ҟаҳҵар ауеит (Еккл. 7:7; Иак. 3:2). Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп Анцәа изиашаз Иов агәаҟрақәа анихигоз, дымхәыцӡакәа ацәажәара дшалагаз (Иов 6:1—3). Зықәрахь инеихьоу ауаҩы ичымазара ма иижәуа ахәшәқәа ирыхҟьаны уаанӡа иимҳәарыз иҳәар ма иҟаимҵарыз ҟаиҵар алшоит. Ҳәараҭахума, ақьырсиан иқәра ма игәамбзиара ҽыӡгас иҟаҵаны егьырҭ иџьбараны драцәажәалаӡом, мамзаргьы зегьы игәы ҟарҵалароуп ҳәа дхәыцлаӡом. Шәара ишакәым аӡәы шәышиацәажәаз еилышәкаауазар, иаразнак аҭамзаара шьҭашәҵа (Матф. 5:23, 24).
АГӘЫРӶЬАРА ҲМЫРӠЫРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
Ишԥамырӡлатәу агәырӷьара, ақәра шумоугьы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—13.)
9. Избан ацхыраара аҳәара изацәыԥхашьалатәым? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
9 Егьырҭ ацхырааразы шәрыҳәала (Гал. 6:2). Раԥхьа уи мариамзар алшоит. Гре́тел зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Зны-зынла аӡәы ацхырааразы иҳәара сцәыцәгьоуп. Аӡәгьы дсыргәаҟыр сҭахӡам. Ахынраалара аарԥшны цхыраарада ԥсыхәа шсымам еилыскаарц азы аамҭа сҭаххеит». Егьырҭ шәыцхрааларц азы алшара анрышәҭо, уи агәырӷьара рзаанагоит (Аус. 20:35). Убри аҟынтә уи аҩыза алшара рышәҭала. Уи шаҟа бзиа шәырбо шәнарбоит.
(Шәахәаԥш абзац 9.)
10. Избан иаҳзыҟарҵо азы ҭабуп аҳәара заҭаху? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьа.)
10 Ишәзыҟарҵо ахә шәшьала (Кол. 3:15; 1 Фес. 5:18). Бзиарак анаҳзыҟарҵо уи ахә ҳшьоит, аха уи азы ҭабуп аҳәара зны-зынла иаҳхашҭуеит. «Ҭабуп» ҳәа ҳҳәар, насгьы ҳхааӡа ҳарҿаччар, бзиа ишаҳбо, иҟарҵогьы ахә ҳаракны ишаҳшьо дҳарбоит. Вефиль аҿы амаҵ зуа зықәрахь инеихьоу ауаа ирхылаԥшуа Ли́а илҳәоит: «Сызхылаԥшуа иаҳәшьак илзыҟасҵо ахә шылшьо слырбарц азы абӷьыц хәыҷқәа рҿы жәақәак анҵаны исзаанлыжьуеит. Сара урҭ рыԥхьара сгәаԥхоит. Илзыҟасҵо ахә ахьылшьо даараӡа сгәы ҟанаҵоит».
(Шәахәаԥш абзац 10.)
11. Ишԥарылшо зықәрахь инеихьоу ауаа егьырҭ ирыцхраалар? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьа.)
11 Егьырҭ шәрыцхраала. Ҳара егьырҭ ҳанрызхәыцуа, насгьы рыцхраара ҳҽаназаҳшәо ҳауадаҩрақәа уиаҟара ҳхы рзаҳашьҭӡом. Африкатә жәаԥҟак аҿы зықәрахь инеихьоу ауаа иҟәыӷоу алабжьарақәа рацәаны изну ашәҟәқәа ирҿырԥшуп. Аха ашәҟәқәа ус баша џьара иқәзар, акгьы удырҵаӡом. Иқәыԥшу аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы ихадоу аурокқәа роуӡом шәара шәырмацәажәалар, насгьы ижәдыруа акы рзеиҭашәымҳәалар. Убри аҟынтә азҵаарақәа рышәҭала, нас ирҳәо шәазыӡырҩла. Уи ашьҭахь Иегова дышшәыцхраауаз рзеиҭашәҳәала. Иегова иԥҟарақәа рыла инхалар, агәырӷьараҵәҟьа шрымазаало агәра дшәыргала. Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭышәхлар, шәхаҭагьы еиҳа агәырӷьара шәымазаауеит (Аԥсал. 71:18).
(Шәахәаԥш абзац 11.)
12. Зыгәра диргозеи Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа? (Исаиа 46:4). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьа.)
12 Иегова амч шәиҭарц шәиҳәала. Шәара шәымчқәа маҷхазар, мамзаргьы шәгәы каҳазар, ишәхашәмыршҭын, Иегова «дааԥсом, дкарахом» (Ис. 40:28). Иара имч ҳәаак амам, насгьы иара уи ихы иаирхәоит гәыкала изыҟоу зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа дрыцхрааларц азы (Ис. 40:29—31). Иегова дшышәхылаԥшуа ажәа шәиҭеит. (Шәаԥхьа Исаиа 46:4.) Иара иажәа наимыгӡар иуӡом (Иис. Н. 23:14; Ис. 55:10, 11). Анцәа шәиҳәала, иара дышәмыцхраар залшом. Убас шәара ижәбоит иара бзиа шәшибо, уи еиҳагьы агәырӷьара шәнаҭоит.
(Шәахәаԥш абзац 12.)
13. Ирхадмыршҭлар акәзеи зықәрахь инеихьоу ауаа? (2 Коринфаа 4:16—18). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьа.)
13 Ишәхашәмыршҭын ҿыц шәанқәыԥшхо, насгьы агәабзиара аншәоуа аамҭа шааиуа. Ауадаҩрақәа шаамҭалатәиу анудыруа, урҭ рыхгара еиҳа иузымариоуп. Абиблиа агәра ҳнаргоит аԥхьаҟа аӡәгьы дшамажәло, насгьы зегьы агәабзиара шрымазаауа (Иов 33:25; Ис. 33:24). Шәара насыԥ шәымазар шәылшоит, избанзар ижәдыруеит шәаԥхьаҟа агәабзиареи амчи шшәоуа, даараӡагьы шәшыԥшӡахо. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 4:16—18.) Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәрахь инеихьоу ауаа ирыцхраалар шрылшо.
(Шәахәаԥш абзац 13.)
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ЗЫҚӘРАХЬ ИНЕИХЬОУ ИРЫЦХРААЛАР ШРЫЛШО
14. Избан зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь анеиреи аҭел рзасреи заҭаху?
14 Иааиԥмырҟьаӡакәа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәнеила, насгьы аҭел шәырзасла (Аур. 13:16). Зықәрахь инеихьоу ауаа рхы заҵәны ирбалар алшоит. Абар аиашьа Ками́лл ииҳәо: «Сара шьыжьы инаркны хәлаанӡа аҩны стәоуп, ҟаҵатәысҳәагьы акгьы сымам. Уи иахҟьаны зны-зынла сгәы ԥжәоит, агәҭынчымрагьы сызцәырҵуеит». Ҳара зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ҳаннеиуа дара бзиа ишаҳбо рбоит. Иҟалахьоума зықәрахь инеихьоу аиашьа иахь шәнеирц, мамзаргьы аҭел шәизасырц анышәҭахыз, аха уи анышәзыҟамҵаз? Уи аҩыза шәыхьхьазар, уи џьашьатәӡам, избанзар ҳара зегьы ҳусқәа рацәоуп. Ишәыцхраауазеи еиҳа ихадоу алхра, зықәрахь инеихьоу рҭаара уахь иналаҵаны? (Флп. 1:10). Иаҳҳәап, амзар аҿы ианышәҵар шәылшоит зықәрахь инеихьоу рҟынтә СМС-аацҳарақәа ззыжәҩырц шәҭаху ма аҭел шәыззасырц шәҭаху, насгьы уи ианизыжәҩыша ма шәанизасша. Иара убас урҭ рахь шәаннеиша аамҭа алышәхыр шәылшоит. Убасҟан иҟашәҵарц ишәҭаху шәхашҭӡом.
15. Еицыҟарҵалар рылшози зықәрахь инеихьоуи иқәыԥшуи аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
15 Иҟалап зықәрахь инеихьоу аиашьеи ма аиаҳәшьеи сареи ҳазлацәажәари ма еицыҟаҳҵари ҳәа шәхәыцуазар. Аха уи мыцхәы хьаас аҟаҵара аҭахӡам. Урҭ ҩызак иеиԥш шәырзыҟаз (Ажәам. 17:17). Аизара алагаанӡа ма ианынҵәалак ашьҭахь зықәрахь инеихьоу рҟынтә аӡә иахь шәнеи. Шәразҵаа иарбан библиатә жәеинраалоу зегь раасҭа бзиа ижәбо ҳәа, ма рхәыҷра иадҳәалоу узырччо хҭыск еиҭарҳәарц шәрыҳәа. JW Broadcasting® аҭыжьымҭа шәеицахәаԥшырц ааԥхьара рышәҭ. Иара убас шәызларыцхрааша шәазхәыц. Иаҳҳәап, рҭел ахь ма рыпланшет ахь апрограммақәа аҵыхәтәантәи рверсиақәа ма ҳпубликациа ҿыцқәа рызҭажәгал. Ке́рол зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Зықәрахь инеихьоу шәхаҭа ишәгәаԥхо акы еицыҟашәҵарц рыдыжәгал. Сара сықәра шмаҷымгьы, аԥсҭазаара салагәырӷьоит. Адәқьанқәа рахь аныҟәареи аԥсабараҿы аԥсшьареи сгәаԥхоит, сҩызцәеи сареи акранеицаҳфогьы бзиа избоит». Ма́ира зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сҩызцәа руаӡәк 90 шықәса лхыҵуеит, сара 33 шықәса роуп исхыҵуа. Аха уи зынӡа исԥырхагаӡам. Ҳара аамҭа бзианы имҩаԥаҳгоит, алаф ҳҳәоит, ҳаччоит, афильмқәа ҳаицрыхәаԥшуеит. Уадаҩрак анҳамоу ма алабжьара анаҳҭаху аӡәи-аӡәи ҳаизҵаауеит».
16. Избан зықәрахь инеихьоу аҳақьымцәа рахь ҳрыццар зыбзиоу?
16 Зықәрахь инеихьоу аҳақьым иахь ианцо шәрыццала. Зықәрахь инеихьоу ахәышәтәырҭахь ма аполиклинакахь машьынала ижәгар, уи даараӡа ргәы ҟанаҵоит. Ишәылшома аҳақьым ма амедиаҳәшьа зықәрахь инеихьоу иахәҭоу ацхыраара рырҭоу-ирырымҭоу еилышәкаарц азы шәрацәажәар? (Ис. 1:17). Ибзиахоит аҳақьым ииҳәо џьара ианышәҵар. Зықәрахь инеихьоу Рут зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Аполиклиникахь схала саннеиуа аҳақьымцәа ак шсыхьуа агәра ргаӡом. Зны-зынлагьы ус сарҳәоит: „Акгьы шәыхьӡом, шәкәаԥӡа шәыҟоуп“. Аха аӡәы дсыцны саннеиуа еиҳа ацхыраара сырҭоит. Сара аполиклиникахь исыццарц азы заамҭа иамеигӡо аишьцәеи аиҳәшьцәеи идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит».
17. Иарбан маҵзура хкқәоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳҽалаҳархәыр ахьҳалшо?
17 Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәара шәрыццала. Зықәрахь инеихьоу шьоукы ргәамбзиара иахҟьаны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара рцәыцәгьоуп. Ишәылшома зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьеи шәареи астенд ала ажәабжьҳәара шәеиццар? Лара дтәаны ажәабжь лҳәаларц азы аҟәардә шьҭышәхыр шәылшоит. Мамзаргьы ишәылшома зықәрахь инеихьоу аиашьа Абиблиа аҵарахьы ааԥхьара ишәҭар? Иҟалап иҩныҟа шәцаны Абиблиа аҵара уа амҩаԥгара шәылшаргьы. Аизара ахылаԥшыҩцәа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа мҩаԥыргалар рылшоит. Усҟан урҭ ажәабжьҳәара аҽалархәра еиҳа ирзымариахоит. Иегова даара игәы ҟанаҵоит зықәрахь инеихьоу пату анрықәаҳҵо, насгьы ҳанырхылаԥшуа (Ажәам. 3:27; Рим. 12:10).
18. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
18 Ари астатиа иаҳгәаланаршәеит Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракны ишишьо, аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы урҭ даараӡа бзиа ишырбо. Бзиа иаҳбо зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәара имаҷымкәа ауадаҩрақәа шәымоуп, аха агәра ганы ҳаҟоуп Иегова агәырӷьара амырӡра дышшәыцхраауа (Аԥсал. 37:25). Ишәхашәмыршҭлан аԥхьаҟа зеиԥшыҟам аԥсҭазаара шышәзыԥшу. Анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит зықәрахь инеихьоу рыуацәа, рхәыҷы, мамзаргьы ӷәӷәала ичмазаҩу рҩыза ихылаԥшуа ргәы акамыжьра ирыцхраауа.
АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза
a Шәахәаԥш асаит jw.org, мамзаргьы апрограмма JW Library® аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Пожилые, ваша роль очень важна».