Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lv ад. 209—ад. 211, абз. 2
  • Ианбахәҭоу, насгьы избан изахәҭоу ахы ахҩара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианбахәҭоу, насгьы избан изахәҭоу ахы ахҩара?
  • «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Иарбан мчроу аизара аиҳабацәа ирымоу?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
«Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
lv ад. 209—ад. 211, абз. 2

АЦҴА

Ианбахәҭоу, насгьы избан изахәҭоу ахы ахҩара?

Ианба, насгьы избан Анцәа имҵахырхәараҿ ақьырсиан ԥҳәыс лхы хылҩалар захәҭоу? Уааи ҳахәаԥшып Анцәа идоуҳа злоу уи атема иазкны апостол Павел ииҳәаз. Иара иҳаиҭоит иахәҭоу анапхгара, ҳара Анцәа дҳаразкуа ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц (1 Коринфаа 11:3—16). Павел иаҵишьит изызхәыцтәу х-факторк: 1) иарбан усу аԥҳәыс имҩаԥылго, лхы хылҩалар анахәҭоу; 2) иарбан ҭагылазаашьақәоу иҟоу ус аҟаҵара анлыхәҭоу, насгьы 3) лгәазҭазҵозеи лара ари абжьагара ақәныҟәара.

Христианка, покрыв голову, проводит изучение Библии в присутствии мужа

Аус. Павел ҩ-усхкык дрылацәажәоит: анцәаиҳәареи аԥааимбаражәаҳәареи (ажәеинраалақәа 4, 5). Анцәаиҳәара — ари ҳаҭырқәҵарала Иегова иахь ахы архара ауп. Аԥааимбаражәаҳәарахь иахьа иаҵанакуеит ақьырсианцәа имҩаԥырго иарбанзаалак Абиблиа шьаҭас измоу арҵара. Илабжьеигома Павел аԥҳәыс лхы хылҩаларц ианакәзаалакгьы Анцәа даниҳәо, ма абиблиатә ҵабырг егьырҭ ианыдлырҵо? Мап. Араҟа аҵакы змоу иарбан ҭагылазаашьоу аԥҳәыс илымоу Анцәа даниҳәо, ма егьырҭ ианыдлырҵо ауп.

Аҭагылазаашьақәа. Павел дрыхцәажәоит ҩ-ҭагылазаашьак, ма ҩ-ԥсҭазааратә ганқәак: аҭаацәеи аизареи. Иара иҳәоит: «Дарбан хаҵазаалакь хыс-хадас Христос дышимоу, аԥҳәыс лакәзар — лхаҵа... ...Зхы хтны иныҳәауа, мамзаргьы иԥааимбаруа дарбан ԥҳәысзаалакь лхы лырԥхашьоит» (ажәеинраалақәа 3, 5). Иегова аҭаацәара хадас ахаҵа деиҭеит. Аԥҳәыс лхаҵа ахьымӡӷ илыргоит ишахәҭоу еиԥш имчра пату ақәымҵо, иара аҭаацәараҿы Иегова идиҵаз аус лара иналыгӡозар. Иаҳҳәап, лхаҵа ишиаҳауа лара Абиблиа аҵара мҩаԥылгар акәзар, лхы хҩо имчра пату шақәылҵо аалырԥшуеит. Лара ус ҟалҵалароуп лхаҵа дӡааху дӡаахыму, избанзар иара аҭаацәара хадас дамоупa. Лара зықәра наӡам иӡааху лԥа ишиаҳауа Анцәа диҳәозар, ма Абиблиа аҵара мҩаԥылгозар, лара убасҵәҟьа лхы хылҩароуп иара аҭаацәара хадас дамоуп ҳәа акәым, аха иӡааху ахацәа ақьырсиан еизараҿы амчра ахьрыҭоу азы.

Аизара иазкны Павел иҩуеит: «Абарҭқәа ирымазкуа аӡәыр дыҟазар, исҳәар сҭахуп, ҳара ҳҿы аума, Анцәа иуахәамаҿ аума, аимак-аиҿакқәа рыҽрылагалара ҵасны ишаԥым» (ажәеинраала 16). Ақьырсиантә еизараҿ хадара зуа иӡааху ахацәа роуп (1 Тимофеи 2:11—14; Ауриацәа 13:17). Ахацәа мацара роуп аизара еиҳабацәаны, насгьы маҵзуратә цхырааҩцәаны иҟалар зылшо, Анцәа урҭ иԥсаса ахылаԥшрагьы рыдиҵоит (Аусқәа 20:28). Аха зны-зынла иҟалоит аҭагылазаашьақәа, абжьааԥны иӡааху аиашьа иду адҵақәа ақьырсианԥҳәыс ианлыдырҵо. Иҟалап лара ажәабжьҳәара иазку аиқәшәара амҩаԥгара лықәшәар, избанзар уи ианаало иӡааху аиашьа дыҟам. Ма иҟалап, лара заа иахьеиқәшаҳаҭхахьоу аҩнтәи Абиблиа аҵара мҩаԥылгозар, иӡааху аиашьа дышлыцуb. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ақьырсиан ԥҳәыс аизараҿ дыҟоушәа лхы мҩаԥылгалароуп: лара лхы хылҩалароуп, абжьааԥны аишьцәа ирыду адҵақәа шыналыгӡо еилкаауа.

Аха Анцәа имҵахырхәараҿ иҟоуп аҭагылазаашьақәа аиаҳәшьа лхы хылҩар анаҭахым. Иаҳҳәап, лхы хылҩаӡом ақьырсиантә еиԥыларақәа рҿы аҭакқәа аналҭо, ҩнаҭацыԥхьаӡа лхаҵа, ма иӡааху аиашьа длыцны ажәабжь анылҳәо, Абиблиа аҵара иӡаахым лхәыҷқәа рҿы ианымҩаԥылго, ма Анцәа данрыциҳәо. Ҳәарада, ицәырҵыр ауеит егьырҭ азҵаарақәа, аха аиаҳәшьа ишыҟалҵаша анылзымдыруа, лара уи азҵаара ибзианы иҭылҵаар лылшоитc. Уи ашьҭахьгьы лара агәра ганы дыҟамзар ишыҟалҵаша, насгьы лыламыс илыҵанаҳәозар лхы шхылҩаша, ара ииашам ҳәа акгьы ыҟам, иаагоу асахьаҿы ишаабо еиԥш.

Агәазҭаҵарақәа. 10-тәи ажәеинраалаҿы иаагоуп ҩ-мзызк ақьырсиан ԥҳәыс ари аҭахра анагӡара злыхәҭоу: «Убри аҟнытә Амаалықьцәа рҿаԥхьа [«аԥҳәыс лхаҿы илымазароуп амчра адырга», АдҾ]» аԥҳәыс дзыхьчауа дышлымоу иадыргоу ак аҳасабала лхы хҩазароуп». Раԥхьаӡа иргыланы, урыхәаԥш ажәақәа «амчра адырга». Аԥҳәыс лхы хылҩозар, Иегова иӡааху ахацәа ирыдиҵаз амчра аизараҿы пату шақәылҵо аалырԥшуеит. Абасала лара Анцәа Иегова иахь абзиабареи изиашареи аалырԥшуеит. Аҩбатәи амзыз рныԥшуеит ажәақәа «амаалықьцәа рҿаԥхьа». Дышԥарныруеи зхы хызҩо аԥҳәыс амч ду змоу адоуҳатә шамҭақәа?

Амаалықьцәа даараӡа аинтерес шьҭыхны иахәаԥшуеит Анцәа Иегова иорганизациа аҿы имчра дгьыли-жәҩани рҿы азхаҵара ишаҿу. Даргьы инаӡам ауаа ирҿыԥшлар ауеит. Урҭгьы Иегова иорганизациаҿы иҟоу аиҿкаара иацныҟәалароуп, избанзар ажәытәан имаҷымкәа амаалықьцәа аԥышәара рызхымгеит (Иуда 6). Ҭагылазаашьақәак рҿы амаалықьцәа ирбоит ақьырсиан ԥҳәыс аҟәышреи аԥышәеи шлымоу аизараҿы иӡааху аиашьа иаасҭа, аха иара имчра ацныҟәара дазхиоуп. Егьырҭ аҭагылазаашьақәа рҿы ақьырсиан ԥҳәыс иалху лакәзар ауеит, ԥыҭраамҭак ашьҭахь Христос анапхгара ицзуло. Аҵыхәтәаны ари лҩыза ақьырсиан ԥҳәыс амаалықьцәа раасҭа еиҳау аҭыԥ аанылкылоит, Христос ажәҩанаҿы анапхгара ицуа. Закәытә ҿырԥш бзиоузеи амаалықьцәа рзы! Ишаҳбо еиԥш, аиҳәшьцәа зегьы рахь иалкаау аҳаҭырқәҵара аарԥшуп, насгьы хынрааларала азыӡырҩра аарԥшра рылшоит зиашаралеи ҳәатәхымԥаралеи миллионҩыла ииашоу амаалықьцәа рҿаԥхьа!

a Ақьырсиан ԥҳәыс илыхәҭаӡам лхаҵара лыцеиҩызшо лхаҵа дахьыҟоу Анцәа иҳәара. Лара зны-зынла ус ҟалҵалар ауеит, иаҳҳәап ачымазара иахҟьаны иара зынӡаск дзымцәажәозар.

b Аиаҳәшьа иӡаахым аиашьа дышлыцу заа иахьеиқәшаҳаҭхахьоу аҩнтәи Абиблиа аҵара мҩаԥылгозар, уи лхаҵа иакәымзар лхы ахҩара лыхәҭам.

c Еиҳаны аинформациа ари атема иазкны иуԥшаарц улшоит аброшиура «Иумоу аусура бзиа ишбатәу» (bp155), адаҟьа 31, «Ахьчаратә Бааш» 2002 шықәса ииуль 15, адаҟьақәа 26—27, насгьы 1977 шықәса февраль 15, адаҟьақәа 125—128, англ. рҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра