Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 25
  • Изишазеи Анцәа ауаа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Изишазеи Анцәа ауаа?
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Дызусҭада Анцәа?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ишԥалагеи аԥсҭазаара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 25
Аурок 25. Акосмос аҟынтә Адгьыл зеиԥшроу.

АУРОК 25

Изишазеи Анцәа ауаа?

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Абиблиа ауаҩы иԥсҭазаара зеиԥшраҵәҟьоу аҳәоит: ҳаԥсҭазаара кьаҿуп, гәаҟралагьы иҭәуп (Иов 14:1). Иҭахызма Анцәа ус ҳанхаларц? Иҭахымызҭгьы, гәҭакыс имоузеи, нас, уи ҳара ҳзы? Иҟалома игәы иҭеикыз? Абиблиа ҳгәы шьҭызхуа аҭак ҳнаҭоит.

1. Иарбан ԥсҭазаароу Иегова ҳара ҳзы ииҭаху?

Иегова аԥсҭазаара бзиа ҳамазарц иҭахуп. Иара раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, аниша, Едем захьӡыз абаҳча ԥшӡаҿы инирхеит. Анаҩс Анцәа урҭ дрықәныҳәеит, иагьреиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟазаара 1:28). Иегова иҭахын урҭ ахәыҷқәа рымазарц, адгьыл зегь џьанаҭны иҟаларц, насгьы ауаа аԥстәқәа ирхылаԥшларц. Иара иҭахын ауаа зегь агәабзиара рыманы, наӡаӡа инхаларц.

Иахьатәи аԥсҭазаара Анцәа игәы ишҭеикыз еиԥш ишыҟамгьы, Иегова игәҭакы аҽамԥсахӡеит (Исаиа 46:10, 11)a. Иара уажәгьы иҭахуп иҳәатәы хазҵо ауаа аԥсҭазаара бзиа рыманы, наӡаӡа инхаларц. (Шәаԥхьа Аатра 21:3, 4.)

2. Иҟаҳҵалар акәзеи, ҳаԥсҭазаара аҵакы аиурц азы?

Ҳара Иегова даҳдырлароуп, насгьы имаҵ ҳаулароуп. Уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам, избанзар ус ҳшоуп. (Шәаԥхьа Матфеи 5:3—6.) Иара иҭахуп ҳаиҩызахарц, имҩақәа ҳрықәныҟәаларц, бзиа даҳбаларц, насгьы гәыкала имаҵ ҳауларц (Ҩынтәзакәан 10:12; Аԥсалом 25:14). Убасҟан, ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳаур ҳалшоит. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит, избанзар иара ишиҭаху еиԥш ҳанхоит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова адгьыл шаҟа абзиабара аҵаҵаны ишаз, насгьы аԥсҭазаара ҵакыс иамоу иазкны Иажәа иаҳәо.

Adam and Eve looking at their beautiful garden home filled with lush vegetation and animals.

3. Иегова ауаа рзы аԥеиԥш бзиа игәы иҭеикит

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Изишазеи Анцәа адгьыл?» (ацыԥҵәаха) (1:41)

  • Изишазеи Анцәа ҳапланета ԥшӡа?

Шәаԥхьа Екклезиаст 3:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәеилнаркаазеи ари ажәеинраала Иегова изкны?

4. Иегова игәҭакы аҽамԥсахӡеит

Шәаԥхьа Аԥсалом 37:11, 29, насгьы Исаиа 55:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иабантәиҳдыруеи Иегова ауаа рзы игәы иҭеикыз шимԥсахыз?

1: Анапы згу аҩны: ахыб аилабгара иаҿуп, аԥенџьыр ԥҽуп, аҩны акәша-мыкәша агәам кажьуп. Адами Евеи рынхарҭа ԥшӡа иахәаԥшуеит — иблахкыгоу, еиуеиԥшым шәаԥыџьаԥлеи, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рыла иҭәу абаҳча.

Анапы згу аҩны еиҭашьақәургылар ауеит. Убасҵәҟьагьы ауаа ишабалак изызныҟәоз Адгьыл Анцәа бзиа дызбо рзы ҿыц еиҭашьақәыргылахоит

5. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит

Аԥсҭазаара ҵакыс иамоу анеилукаауа, уи уԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахуеит, насыԥ умангьы уҟалоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Аԥсҭазаара ҵакыс иамоу еилыскааит» (5:03)

  • Аҽшԥаԥсахи Теруми лыԥсҭазаара, аԥсҭазаара ҵакыс иамоу анеилылкаа?

Шәаԥхьа Екклезиаст 12:13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иегова иаҳзыҟаиҵаз даараӡа ирацәоуп. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәар шԥаҳалшо уи азы?

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова иҭахуп аԥсҭазаара бзиа ҳаманы, наӡаӡа адгьыл аҿы ҳанхаларц. Гәыкала имаҵ ҳуазар, ҳаԥсҭазаара уажәнатә аҵакы аиуеит.

Аиҭахысра

  • Иарбан ԥсҭазаароу Иегова Адами Евеи рзы игәы иҭеикыз?

  • Иабантәиҳдыруеи Анцәа ауаа рзы игәы иҭеикыз шимԥсахыз?

  • Иҟашәҵалар шәылшозеи, шәыԥсҭазаара аҵакы аиурц азы?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Шәрыхәаԥш Едемтәи абаҳча шыҟаҵәҟьаз ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

«Эдемский сад. Просто легенда?» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2011, аурыс)

Шәрыхәаԥш Адгьыл наӡаӡа ишыҟазаауа ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

«Иқәгахома Адгьыл?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа аԥсҭазаара аҵакы азҭо иазкны Абиблиа иаҳәо.

«Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа зегь змаз ауаҩы изымхаҵәҟьоз шиԥшааз.

«Уажәшьҭа сыԥсҭазаара аҵакы амоуп» (3:55)

a Анаҩстәи аурок аҿы еилышәкаауеит иахьа ҳаԥсҭазаара Анцәа игәы ишҭеикыз еиԥш изыҟам.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра