Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/12 ад. 3
  • Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иузеилкаартә иҟоу ашәҟәы
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Ҳрыцхраауеит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала аҵара иазхиам
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Ишәҭахума Абиблиа еиҕьны еилышәкаарц?
    Ишәҭахума Абиблиа еиӷьны еилышәкаарц?
  • Изаҭахузеи Абиблиа аҵара?
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/12 ад. 3

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ШӘАРА АБИБЛИА ЕИЛЫШӘКААР ШӘЫЛШОИТ

Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?

«Абиблиа — ари ибзианы еицырдыруа динхаҵаратә шәҟәуп, аха акитаицәа рзы уи ҳәаанырцәтәи шәҟәуп. Ҳара ҳзы уи ҵакы амам» (ЛИН, КИТАИ).

«Сара исзеилкаауам сдинхаҵара аиндуизм иатәу иԥшьоу ашәҟәқәа. Нас Абиблиа азы исҳәараны сыҟоузеи!» (АМИТ, ИНДИА).

«Сара Абиблиа ҳаҭыр ақәысҵоит, избанзар ари даараӡа ижәытәу шәҟәуп. Исаҳахьеит иара зегь раасҭа ирыларҵәоу шәҟәуп ҳәа. Аха схаҭа уи ахаан исымбац» (ИУМИКО, ИАПОНИА).

Адунеи ахьынӡа-наӡааӡо Абиблиа пату ақәызҵо ауаа рацәоуп. Аха дара уа иану рацәак ирыздырӡом. Убас рзуҳәар алшоит Азиа инхо миллионҩыла ауаа мацара ракәымкәа, ари ашәҟәы ибзианы иахьрыларҵәоу атәылақәа рҿы инхо ауаагьы.

Аха шәара шәҵаар ауеит: «Изысҭахузеи сара Абиблиа аилкаара?» Иԥшьоу ари ашәҟәы еиҳа еиӷьны ианыжәдырлак, еилышәкаауеит:

  • Аԥсҭазаараҿы анасыԥи агәахәареи шыԥшаатәу

  • Аҭаацәаратә уадаҩрақәа шыӡбалатәу

  • Агәҭынчымрақәа ишыриааилатәу

  • Ауаа ҳшырзыҟоу шеиӷьаҳтәыша

  • Ҟәыӷарыла аԥара ҳхы ишаҳархәалаша

Дааҳгап ҿырԥштәыс Иапониа инхо Иосико. Лара Абиблиа иану аилкаара аинтерес лызцәырҵит, насгьы уи даԥхьарц лыӡбеит. Ишԥалныри уи? «Сара Абиблиа сыцхрааит аԥсҭазаара ҵакыс иамоу аԥшаара,— лҳәоит лара, насгьы иацылҵоит: — Уажәшьҭа сгәы ҭынчуп». Хыхь зажәақәа аагаз Амит ихала Абиблиа ҭиҵаарц иӡбеит. Иара иҳәоит: «Сара даара иџьасшьеит, уи шаҟа ахәарҭа алоу анызба!»

Абиблиа миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахит. Изалхтәузеи аамҭа ари ашәҟәы аҭҵааразы? Шәара уи шшәыцхраауа агәра жәгар ауеит.

Абиблиа хәарҭас иалоу иазкны инарҭбаау аинформациа ануп Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз «Аԥсҭазаараҿы агәахәара злаԥшаатәу» захьӡу аброшиураҿы (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра