Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • wp16 № 1 ад. 4—5
  • Аиашамра шаҳныруа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аиашамра шаҳныруа
  • Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АИАШАМРА АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА БЖЬНАХУЕИТ
  • АИАШАМРА АИАШАМРА АРҾИОИТ
  • Иашарыла анхара заԥсоу
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
wp16 № 1 ад. 4—5
Ҩыџьа аҳәса еицәажәоит

АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАԤСОУМА ИАШАРЫЛА АНХАРА?

Аиашамра шаҳныруа

«Аԥсҭазаараҿы имариам аҭагылазаашьақәа ҟалар алшоит, урҭ рыӡбараҿы зны-зынла амцҳәара уцхраауеит» (Саманта, Аладатәи Африка).

Шәрықәшаҳаҭума шәара арҭ ажәақәа? Саманта леиԥш, ҳаргьы аамҭа-аамҭала имариам аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәоит. Убасҟан ҳхы шымҩаԥаҳго иаанарԥшуеит ҳаԥсҭазаараҿы еиҳа зыхә ҳшьо. Иаҳҳәап, ҳрепутациа ахьчара ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадазар, усҟан ҳгәы иаанагар алшоит уи анагӡараҿы амцҳәара ҳацхраауеит ҳәа. Аха аиаша анаатлак, уи алҵшәа бааԥсқәа аанагар алшоит.

АИАШАМРА АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА БЖЬНАХУЕИТ

Ауаа реизыҟазаашьақәа рҿы агәреибагара даара ихадоуп. Ҩыџьа ауаа агәреибагара анрыбжьо, усҟан дара реиҩызара абаагәара еиԥшхоит. Аха агәреибагара иаразнак ицәырҵуам. Ауаа агәреибагара рыбжьалоит аамҭа анеицырхырго, аиаша анеибырҳәо, насгьы рхатә феида ианашьҭам. Аха мцык азы рџьабаа зегь аӡы иагар алшоит. Агәреибагара анырцәыӡлак, уи аиҭашьақәыргылара даара иуадаҩхоит.

Шәижьахьома шәара зныкыр аҩыза гәакьа ҳәа ишәыԥхьаӡоз ауаҩы? Ааи акәзар, иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнагаз? Ҳәарада, уи шәгәы шәнархьит, насгьы шәырҭиизшәа шәхы жәбон. Шәцәаныррақәа еилкаауп. Ииашаҵәҟьаны, уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы иуцәыӡыр алшоит ибзиоу аизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо агәреибагара.

АИАШАМРА АИАШАМРА АРҾИОИТ

Калифорниатәи ауниверситет аҿы аус зуа аекономика апрофессор Роберт Иннес имҩаԥигаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит «аиашамра аҿкы ишаҩызоу». Уи иаҿурԥшыр ҟалоит авирус — амц зҳәо ауаа заҟа лассы-лассы урацәажәо, убриаҟара еиҳахоит уи «авирус акра» ашәарҭара.

Иҟаҵатәузеи, ари ацәҟьа ҳаҿамшәарц азы? Уи аҿы иҳацхраауеит Абиблиа. Шәааи ҳарзааҭгылап абиблиатә принципқәак.

Аиашамра ахкқәа

Амцҳәара

Ахаҵа иеимдахьа мацәаз имӷихуеит

ИЗАКӘЫЗЕИ УИ? Аиаша адырра азин змоу аӡәы ииашам аинформациа изнагара. Амцҳәарахь иаҵанакуеит аӡәы ирҩашьаразы афактқәа реицакра, егьырҭ ржьаразы ихадоу аинформациа аҵәахра, насгьы ауаа агәаанагара бзиа рзынхарц азы аҵабырг иҟам-иным ала арԥшӡара.

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА? «Иегова ауаҩы гьангьаш дицәымӷуп, зыламыс цқьоу рыгәра игоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 3:32). «Убри аҟнытә амцҳәара мап ацәкны доусы иуԥну, иузааигәоу иаша-ҵабыргла уиацәажәа» (Ефесаа рахь 4:25).

Аӡәы ацәгьа изҳәара

Ҩыџьа ахацәа еибархәыҭхәыҭуеит, даҽа хаҵак ауада даныҩнало

ИЗАКӘЫЗЕИ УИ? Ишымцу дырны, аӡәы ихьӡ зырцәгьо аинформациа аларҵәара ауп.

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА? «Ацәгьаршҩы аҳәоуеиқәымшәара ааигоит, аӡәы ацәгьа изызҳәо аҩызцәа гәакьақәа еилихуеит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 16:28). «Амҿы ахьыҟам амца ыцәоит, аӡәы ацәгьа изызҳәо даныҟам, аимак аангылоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 26:20).

Мцҳәарала аӡәы иитәу ицәгара

Ахаҵа ишәҵатәы аҩныҵҟа иҵәахәу асааҭқәа иҭиуеит

ИЗАКӘЫЗЕИ УИ? Аӡәы иԥара, ма имал мцҳәарала ицәгара.

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА? «Думжьан зҭагылазаашьа цәгьоу, игәаҟу, қьырала аус зуа ауаҩы» (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 24:14, 15). «Иӷару дызжьо уи ауаҩы Дызшаз дирџьоит, игәаҟу ауаҩы изыразу Иара дҳареикуеит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 14:31).

Аӷьычра

Ауаҩы ашәыра аҟынтә аԥараҭра иӷьычуеит

ИЗАКӘЫЗЕИ УИ? Аӡәы атәым мал анитәитәуа.

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА? «Аӷьычра иаҿу — узҿу уаҟәыҵ, ухатә џьабаала ухы ныҟәгала, агәаҟцәа, ананамгацәа урыцхраала» (Ефесаа рахь 4:28). «Шәгәышәҽаныз, шәхы шәымжьаразы... Убас аӷьычцәа, аԥсы қым-қымцәа — аҵарҭышагацәа, аҩыжәцәа, абызхәаԥсақәа, амҵарсцәа — Анцәа Иԥсҳара роураны иҟам» (1 Коринфаа рахь 6:9, 10).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра