Агәырӷьара аарԥшуа, анаҩсгьы Иегова имаҵ жәула
ИШӘГӘАЛАШӘЫРШӘА шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа шәзыргәырӷьаз амш. Иҟалап уи шәчара амш акәзар, ма ахшара даншәоуз амш. Мамзаргьы ишәгәалашәазар ауеит Иегова шәҽизкны аӡы шәҽанӡаашәхыз. Шәыԥсҭазаараҿы ари ахҭыс зегь раасҭа ихадаз, насгьы еиҳа агәырӷьара шәзаазгаз акәзар ауеит. Хымԥада, шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи даара ргәы иахәеит Анцәа шәгәынаӡала, шәыԥсынаӡала, шәдырра наӡала, шәылшара наӡала бзиа дшыжәбо ахьаашәырԥшыз! (Марк 12:30).
Иҟалап шәара аӡы шәҽанӡаашәх инаркны Иегова имаҵ аураҿы агәырӷьара шәзаазгоз рацәазҭгьы. Аха Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы игәарҭеит аамҭа цацыԥхьаӡа агәырӷьара еиҳа ишырцәыӡуа. Избан уи аҩыза ҟалар залшо? Иарбан мзызқәоу иҳамоу агәырӷьара аарԥшуа Иегова имаҵ анаҩсгьы ауразы?
АГӘЫРӶЬАРА ЗАҲЦӘЫӠЫР АЛШО
Аҳра иазку ажәабжь ахаҭа имаҷымкәа агәырӷьара ҳзаанагоит, избанзар иаҳдыруеит иаарласны Иегова ацәгьара шықәиго, насгьы зеиԥшыҟам адунеи ҿыц шыҟаиҵо. Уи адагьы, Софониа (Софония) 1:14 иану ҳақәнаргәыӷуеит: «Иегова имш ду ааигәоуп. Иааигәоуп, иццакны ааирагьы иаҿуп». Аха ҳара ҳшақәгәыӷуаз акәымкәа еиҳа аԥшра ҳақәшәозар, агәырӷьара ҳцәыӡыр, насгьы Анцәа имаҵ аураҿы иааҳарԥшуа агәацԥыҳәара ԥсыҽхар алшоит (2 Пиотр 3:9, 15).
Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыҿцәажәара ҳгәы шьҭнахуеит, насгьы гәык-ԥсык ала Анцәа имаҵ аура иҳацхраауеит. Иҟалап ҳара ииашоу амҵахырхәара ҳгәазырԥхаз, насгьы Иегова имаҵ аура ҳгәазҭазҵаз Анцәа имаҵзуҩцәа рхымҩаԥгашьа бзиа акәзар (1 Пиотр 2:12). Аха иаҳҳәар ҳалшозеи аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа ахьыҟаиҵаз азы, дахьырхәны ариашара иҭазҭгьы? Џьоукы уи ргәы канажьыр, насгьы агәырӷьара рымнахыр алшоит.
Иара убас ҳара агәырӷьара ҳцәыӡыр алшоит ари адунеи иалаҵәоу амал арҳара агәаҳәара иахҟьаны. Аӡыргара абзоурала Аҩсҭаа агәра ҳиргоит уиаҟара иаҳҭахым амаҭәарқәа рыда ԥсыхәа ҳамамшәа. Аха даара ихадоуп Иисус иажәақәа ҳхаҳмыршҭлар: «Ҩыџьа аҳцәа рымаҵ аура аӡәгьы илшом: уи аҩыза ԥеиԥшс измоу иаҳцәа руаӡә дицәымӷуп, егьи еиҳа бзиа дибоит; аӡәы изы хыс-хысра игирхом, егьи дицәаашьоит. Анцәагьы амазарагьы узеицбом» (Матф. 6:24). Агәырӷьара аарԥшуа Иегова имаҵ ауреи уи аамҭазы ари адунеи иҳаднагало зегьы аиура ашьҭалареи залшом.
ҲАИҚӘЫРХАҨ АНЦӘА ҲИЛАГӘЫРӶЬОИТ
Иегова бзиа дызбо имаҵ аура рцәыцәгьаӡам (1 Иоанн 5:3). Иисус иҳәон: «Шәааи Сара сахь, игәаҟуа, аидара хьанҭа иаҵоу — Сара шәсырраҳаҭуеит; Ишәықәышәҵа Сара суӷә, сыҿҵаа шәықәныҟәа, избанзар сразуп-сызҩыдоуп, сгәы ԥсаҳәоуп, шәыԥсы раҳаҭыстәуеит; Аханатә Сара суӷә бзабаахәуп, сеидарагьы ласуп» (Матф. 11:28—30). Христос иуӷә анҳақәаҳҵо, уи ҳарраҳаҭуеит, насгьы агәырӷьара ҳнаҭоит. Ҳәарада, ҳара Иегова имаҵ аура агәырӷьара ҳзаанагаларц амзызқәа зегь ҳамоуп. Шәааи еилҳаргап ҳаиқәырхаҩ Анцәа ҳилагәырӷьалар зҳалшо акрызҵазкуа х-мзызк (Авв. [Авв.] 3:18).
Ҳара насыԥшара змоу, аԥсҭазаара ҳазҭаз Анцәа имаҵ ҳуеит (Аус. 17:28; 1 Тим. 1:11). Ҳара еилаҳкаауеит аԥсҭазаара ахьҳамоу зыбзоуроу Ҳазшаз шиакәу. Убри аҟынтә аӡы ҳаҽӡааҳхижьҭеи акыр шықәса ҵхьазаргьы, Анцәа имаҵ аураҿы агәырӷьара ҳцәыӡӡом.
Хектор агәырӷьара ирӡӡом, Аҳра инаҭо агәыӷра ихамыршҭуа, насгьы амаҵзура активла иҽалархәуа
Ҿырԥшыс дааҳгап 40 шықәса раионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз Хектор зыхьӡу аиашьа. Иқәрахь дышнеихьоугьы, иара Иегова имаҵ аураҿы агәырӷьара ирӡӡом (Аԥсал. 91:13—15 [92:12—14, АдҾ]). Иԥҳәыс лчымазара иахҟьаны, Хектор Анцәа имаҵ аураҿы шаҟа иҭаху изыҟаҵом, аха игәы каижьуам. Иара иҳәоит: «Сыԥҳәыс лгәабзиара аицәахара ишаҿу анызбо, даара сгәы сыхьуеит. Уи лбарагьы амч рацәаны исымнахуеит. Аха уи иахҟьаны Анцәа имаҵ аураҿы агәырӷьара сцәыӡыр алсыршом. Сара еилыскаауеит аԥсҭазаара баша изымшаз Иегова ибзоурала сшынхо. Уи иара бзиа ибареи гәык-ԥсык ала имаҵ ауреи рзы ихадоу мзызуп. Сара сҽазысшәоит амаҵзура активла аҽалархәра, насгьы Аҳра иадҳәалоу сгәыӷрақәа рхамышҭра. Уи агәырӷьара ахьчара исыцхраауеит».
Иегова иаҳзыҟаиҵаз аҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала ииашаҵәҟьаны насыԥ ҳамазар ҳалшоит. Абиблиаҿы иануп: «Избан акәзар Анцәа Ихшаазаҵә даиҭаратәы аԥсабара бзиа ибеит,— Иара дхазҵауа дарбанзаалакь дҭамхаразы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иауразы» (Иоанн 3:16). Ииашаҵәҟьаны Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵарахьы иааҳарԥшуа агәрахаҵара иабзоураны, ҳара иҳалшоит ҳагәнаҳақәа ҳанажьзар, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаур. Нас Иегова иахь аџьшьара аарԥшразы имзызӡами ари? Аҿыхразы иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит агәырӷьара мырӡкәа Анцәа имаҵ аура.
Хесус иԥсҭазаара ирмариеит, насгьы акыр шықәса агәырӷьара мырӡкәа Иегова имаҵ иуеит
Мексика инхо Хесус зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Сара сусура сатәнатәны саман, зны-зынла еиқәырццакны хә-сменак аус анызуаз ыҟан, уи шаҭахымызгьы. Сара аԥара рацәаны арҳара акәын исҭахыз. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Иегова иӡбахә саҳаит, насгьы ҳҿыхразы бзиа иибоз иԥа дшааишьҭыз еилыскааит. Сара Иегова имаҵ аура даара исҭаххеит. Убри аҟынтә сыԥсҭазаара изыскит. 28 шықәса ззыскыз сусура ааныжьра сыӡбеит, анаҩс саамҭа зегьы амаҵзура иазыскит». Хесус шықәсы рацәала агәырӷьара аарԥшуа Иегова имаҵ иуеит.
Имҩаԥаҳго аԥсҭазаара агәырӷьара ҳзаанагоит. Изеиԥшрази шәыԥсҭазаара аҵабырг еилышәкаанӡа? Апостол Павел Рим инхоз ақьырсианцәа ирзиҩуан «агәнаҳара тәцәас» иаман, аха «иашала аҟазаара тәцәас» иазыҟалеит ҳәа. Павел иҳәеит урҭ уажәы ишаадырԥшуаз наӡаӡатәи аԥсҭазаара лҵшәас иаазго «аԥшьара-ацқьара» (Рим. 6:17—22). Ҳаргьы иԥшьоу аԥсҭазаара амҩа алҳхит, убри аҟынтә игәаԥхашәадоу, ҽынкылашьа змам ахымҩаԥгашьа иаанаго алҵшәа бааԥсқәа рҟынтә ҳахьчоуп. Ари иссиру мзызуп агәырӷьара аарԥшразы!
«Иегова имаҵ аура иазыскыз ашықәсқәа сыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа агәырӷьара сзаазгоз ракәхеит» (Хайми)
Иааҳгап Хаими иҿырԥшы. Уи датеистын, аеволиуциа дадгылан, дбоқсиорын. Хаими ақьырсиантә еизарақәа дырҭаауа далагеит, иара даара иџьеишьеит уа иаадырԥшуаз абзиабара. Хаими иҽиԥсахыр иҭаххеит, насгьы Иегова диҳәеит агәрахаҵара иоурц азы. «Еиҳа-еиҳа сара агәра згон бзиа ҳазбо, агәшаҭара аазырԥшуа Аб Анцәа дшыҟоу,— еиҭеиҳәоит Хаими.— Анцәа ииашоу инормақәа срыхьчон. Усҟан сыԥсҭазаара смыԥсахызҭгьы, сҩызцәа-абоқсиорцәа шьоук реиԥш, иахьа сыԥсы ҭамзар ауан. Иегова имаҵ аура иазыскыз ашықәсқәа сыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа агәырӷьара сзаазгоз ракәхеит».
ШӘГӘЫ КАШӘМЫЖЬЫН!
Иарбан гәазыҟашьоу иҳамазар акәу, ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа ҳазыԥшнаҵы? Ишәхашәмыршҭлан, «здоуҳа азыҳәа ажәла зҟьо — ҽаҩрас наӡаӡатәи аԥсҭазаара изыԥҵәоуп». Убас иагьыҟаҳҵоит. Убри аҟынтә «абзиара аҟаҵара гәырҩа ҳзацмыз; аамҭа анааилакь, ҳамчыдамхар, ҳҽаҩра ҭаҳгалоит» (Гал. 6:8, 9). Шәааи Иегова ҳиқәгәыӷуа, ахачҳара ааҳарԥшлап, «алахьеиқәра ду» ҳхаҳгарц азы иахәҭоу аҟазшьақәа ааҳарԥшлап, насгьы аԥышәарақәа ҳрықәшәозаргьы агәырӷьара аарԥшуа Иегова имаҵ ҳаулап (Аат. 7:9, 13, 14; Иак. 1:2—4).
Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ахачҳара ааҳарԥшлар, азылԥхарақәа шҳауа. Анцәа иҟаҳҵо, насгьы ихьӡи иареи рахь иааҳарԥшуа абзиабара ибзианы идыруеит. Агәырӷьара аарԥшуа Иегова анаҩсгьы имаҵ анаҳуа, аԥсаломшәаҳәаҩ Давид иеиԥш иаҳҳәар ҳалшоит: «Нцәа Ҳазшаз есқьынагьы сыбла дыхгылоуп, сара, Иара сара сарӷьара дыҟоуп, бзынҵы сицәхьаҵуам. Уи ауп ара сгәы зыргәырӷьаз, ашәа сзырҳәазгьы, Уара уқәгәыӷрала сцәеи-жьы раҳаҭхеит ара» (Аԥсал. 15:8, 9 [16:8, 9, АдҾ]).