Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара аӡбахә ауаа ирылашәҳәала
«Анцәа иажәабжь, ажәабжь бзиа — Аевангелие ауаа ирыларҵәауа» (АУСҚӘА 20:24).
1, 2. Ишԥааирԥшуаз апостол Павел аџьшьара Анцәа иара иахь иааирԥшыз дзыԥсам ақьиаразы?
АПОСТОЛ Павел зны иҳәеит: «Анцәа илыԥха... сара сахь... иааирԥшыз... баша ибжьамӡит». (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:9, 10.) Павел ибзианы идыруан Анцәа иара иахь иааирԥшыз агәшаҭара ду дшаԥсамыз, избанзар уаанӡа ақьырсианцәа ӷәӷәала иԥхаирсуан.
2 Павел иԥсра маҷк шагыз, амаҵзураҿы цхырааҩс имаз Тимофеи изиҩит: «Мчы-лшарас иҟоу зегьы сызҭауа, Иҳақәиҭу Христос Иисус иҭабуп ҳәа иасҳәоит ииаша-ҵабыргу аӡәы ҳәа сыԥхьаӡаны, имаҵ аура ахьсаҭәеишьаз» (1 Тимофеи иахь 1:12—14). Иарбан маҵзуроу зыӡбахә иҳәоз? Павел ефестәи аизара аиҳабацәа иреиҳәеит: «Схы-сыԥсҭазаара среигӡом, сзызхьуа — Иҳақәиҭу Иисус снапы ианиҵаз аус — Анцәа иажәабжь, ажәабжь бзиа — Аевангелие ауаа ирыларҵәауа сымҩа анысра ауп» (Аусқәа 20:24).
3. Иарбан иҷыдоу маҵзуроу Павел идыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
3 Иарбан Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара зныԥшуа жәабжь бзиоу Павел ауаа ирылеиҳәоз? Иара Ефес инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит: «Шәара... ишәаҳахьеит Анцәа илыԥха-игәаԥха иртәу, шәара шәзыҳәан снапы ианҵоу» (Ефесаа рахь 3:1, 2). Павел ауриацәа иреиуамыз ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара дҵас идын, уи абзоурала дара Амессиантә Аҳраҿы Христос напхгара ицҟазҵало рхыԥхьаӡара ирыҵанакыр алшон. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 3:5—8.) Идыз амаҵзура гәацԥыҳәарала инагӡо, Павел иахьатәи ақьырсианцәа аҿырԥш бзиа рзаанижьит, насгьы иара иахь иаарԥшыз дзыԥсам ақьиара баша ишыбжьамӡыз ҳирбеит.
ШӘГӘЫ ЗЫЗҬАНАҴОЗЕИ АНЦӘА ИААИРԤШУА ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА?
4, 5. Избан иаҳҳәар зҳалшо Аҳра иазку ажәабжь бзиеи Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәабжь бзиеи акоуп ҳәа?
4 Аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан Иегова имаҵзуҩцәа Аҳра иазку ажәабжь адунеи ахьынӡа-наӡааӡо «ажәларқәа зегьы азышаҳаҭхаразы» ирыларҳәаларц адҵа рыдуп (Матфеи 24:14). Уи ажәабжь иара убас Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәабжь ҳәа азуҳәар алшоит, избанзар Аҳра анапхгара аҵаҟа иҳауа азылԥхарақәа зыбзоурахо Иегова Христос ила иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара ауп (Ефесаа рахь 1:3). Ҳаиҿыԥшуама ҳара Павел, насгьы иаҳҭома Иегова аџьшьара иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы, гәацԥыҳәарала амаҵзура ҳҽалархәуа? (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:14—16.)
5 Ари аԥхьа иҟаз астатиаҿы еилырган Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала ҳара, агәнаҳа иаҵоу ауаа, иҳауа азылԥхарақәа. Убри аҟынтә уалс иҳадуп ҳхы ҳамеигӡакәа ауаа зегьы Иегова абзиабара шааирԥшуа, насгьы уи дара ирнырыр шрылшо атәы рзеиҭаҳәара. Ишԥаҳалшо Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара егьырҭ ахә ршьаларц азы ҳрыцхраар?
ХРИСТОС ИҾЫХРАТӘ ԤСХҬЫНҴАРА ИАЗКУ АЖӘАБЖЬ ЕИҬАШӘҲӘАЛА
6, 7. Избан ауаа аҿыхратә ԥсхҭынҵара атәы анырзеиҭаҳҳәо, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит ҳҳәар зҳалшо?
6 Ауаа иаарҭаху аҟаҵара иахьақәиҭу ари адунеи аҿы гәнаҳак аныҟарҵо, ак рхароуп ҳәа рыԥхьаӡаӡом, убри аҟынтә аҿыхратә ԥсхҭынҵара шырҭаху рзеилкаауам. Убри аамҭазгьы аԥсҭазаараҿы иаарҭаху ҟазҵо, аха уи анасыԥ шырзаанамго еилызкаауа ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Иегова ишаҳаҭцәа ирацәажәаанӡа аӡәырҩы агәнаҳа закәу, уи шаҳныруа, насгьы агәнаҳа атәра ҳаҽшаҳамҭаша рзеилкаауамызт. Гәыкала иҟоу ауаа Иегова Ихшаазаҵәу Иԥа адгьыл ахь даашьҭны агәнаҳаи аԥсреи рҟынтәи ҳашҿихыз анеилыркаауа, агәҭынчра ду роуеит. Иегова уи аҟаҵара игәазҭазҵаз ибзиабара дуи ҳара ҳахь иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи роуп (1 Иоанн 4:9, 10).
7 Иегова даараӡа бзиа иибо Иԥа изкны Павел иҩит: «Ҳара Уи ила, Иара Ишьала ҳҿыххеит, ҳагәнаҳақәа ҳанажьхеит, игәыҳалалра, иразра ирыбзоураны» (Ефесаа рахь 1:7). Христос иҿыхра Анцәа ибзиабара злааирԥшыз зеиԥшыҟам знеишьоуп, уи иқьиара ҵҩа шамам шьақәнарӷәӷәоит. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ҳгозар, ҳагәнаҳақәа шҳанажьхо, насгьы ҳаламыс шыцқьахо ахьаҳдыруа! (Ауриацәа рахь 9:14). Ииашаҵәҟьаны ари егьырҭ ирзеиҭаҳәатәу жәабжь бзиоуп.
АУАА АНЦӘА ИҨЫЗАХАРЦ ШӘРЫЦХРААЛА
8. Избан агәнаҳа иаҵоу ауаа Анцәа инышәар зрыхәҭоу?
8 Ҳара аҭакԥхықәра ҳадуп ауаа Ҳазшаз иҩызахар шрылшо рзеиҭаҳәара. Ауаҩы Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра агара далагаанӡа, Анцәа диаӷоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Апостол Иоанн иҩит: «Аԥа дхазҵауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара имоуп; Аԥа дазхазымҵаз бзазара имам, Анцәа ила лахь имоуп» (Иоанн 3:36). Насыԥны, Христос иԥсхҭынҵара абзоурала ҳара Анцәа ҳаинышәар ҳалшоит. Павел иҳәеит: «Шәарҭ, зны иҟашәҵоз аус бааԥсқәа шәырхырҟьаны, мап шәыцәкын, аӷацәа реиԥш шәыԥхьаӡаны; уажәы ицәеижь ала, иԥсрала шәеиниршәеит, иҿаԥхьа ацқьацәа шәреиԥшны, хара змам шәакәны шәцәыригаразы» (Кәаласаа рахь 1:21, 22).
9, 10. а) Иарбан ҭакԥхықәроу Христос Анцәа идоуҳала иалху иашьцәа ирыдиҵаз? б) Ишԥарыцхраауеи «егьырҭ ауасақәа» Анцәа идоуҳала иалху рашьцәа?
9 Христос адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху иашьцәа «аиныршәага ажәа» раҭәеишьеит. Павел иҳәеит: «Абарҭқәа зегьы илшеит Анцәа, Уи Христос ила Иареи ҳареи ҳаиниршәеит, иҳадиҵеит абри аинышәаратә мҩа ҳанызаарацы. Анцәа Христос илшарала ари адунеии Иареи еинышәеит, ауаа ируаз агәнаҳарақәа, иҟарҵоз ацәгьарақәа дрықәмыӡбеит, иранаижьит, абри аиныршәага ажәа ҳарҭгьы иҳаҭәеишьеит. Абасала, ҳарҭ Христос ҳаихаҭарнакцәоуп, ҳара ҳала Анцәеи ауааи еицәажәоит, еимадоуп; убри аҟнытә Христос ихьӡала ҳшәыҳәоит: Анцәеи шәареи шәеинышәа» (2 Коринфаа рахь 5:18—20).
10 «Егьырҭ ауасақәа» Анцәа идоуҳала иалху рашьцәа ари амаҵзура анагӡаразы рыцхраара алшара ахьрымоу ахә ҳаракны иршьоит (Иоанн 10:16). Христос ихаҭарнакцәа реиԥш, дара ауаа абиблиатә ҵабырг ддырҵарц, насгьы Иегова иҩызахарц азы, ихадоу аус нарыгӡоит. Ари аус Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәабжь бзиа ауаа рыларҵәаразы иҳаду адҵа иахәҭакуп.
АНЦӘА АҲӘАРАҚӘА ШИАҲАУА ИАЗКУ АЖӘАБЖЬ БЗИА ЕИҬАШӘҲӘАЛА
11, 12. Избан ауаа Иегова иҳәара шрылшо иазку ажәабжь жәабжь бзиоуп ҳҳәар залшо?
11 Аӡәырҩы ауаа Анцәа иҳәоит баша ргәы дырҭынчырц азы, аха рыҳәарақәа шиаҳауа агәра ргаӡом. Ҳара Иегова аҳәарақәа шиаҳауа ауаа ирзеиҭаҳҳәалар ауп. Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид иҩуан: «Уара иуаҳауеит аматанеира; ԥсы зхоу зегьы Уара уахь рхы кыдуп. Азалымдарақәа сгәы дырҭынчуам, уара иурыцқьап ҳацәгьаурақәа зегьы» (Аԥсалом 64:3, 4 [65:2, 3, АдҾ]).
12 Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Сара сыхьӡала шәызҳәауазаалакь насыгӡоит» (Иоанн 14:14). Ҳәарада, уи зыӡбахә иҳәоз Иегова игәаԥхара иақәшәо аҳәарақәа роуп. Иоанн агәра ҳиргоит: «Иара игәаҳәара иатәу акы ҳаҳәар, ҳазҳәо шиаҳауа аадыруеит» (1 Иоанн 5:14). Шаҟа ҳаигәырӷьозеи анцәаиҳәара — ари баша шгәырҭынчгам, аха «лыԥха ҳазҭо итәарҭа», Иегова, изааигәахара алшара шакәу ауаа рзеиҭаҳәара! (Ауриацәа рахь 4:16). Ауаа иандҳарҵо ишахәҭоу Анцәа иҳәара, изыхәҭоу иахь рыҳәарақәа рырхара, насгьы изыхәҭоу а́ҳәара, Иегова изааигәахареи ауадаҩрақәа раан агәҭынчра аԥшаареи ҳрыцхраауеит (Аԥсалом 4:2 [4:1, АдҾ]; 144:18 [145:18, АдҾ]).
ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА АДУНЕИ ҾЫЦ АҾЫ ИШААРԤШХО
13, 14. а) Иарбан ҳаҭыру Анцәа идоуҳала иалху ирыҭахо? б) Иарбан иџьашьахәу усқәоу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ауаа рзы иҟарҵало?
13 Иегова ҳзыԥсам ақьиара ицқьам ари асистема анықәигалак ашьҭахьгьы иааирԥшлоит. Анцәа 144 000-ҩык доуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи Аҳраҿы Христос напхгара ицҟаҵаразы аҳаҭыр риҭеит. Уи иазкны Павел иҩуан: «Гәыҭбаарала иҟоу Анцәа ибзиабара ду ҳазкны, ҳарҭ зыгәнаҳарақәа ирылаԥсны, ирылаханы иҟаз Иисус Христос иҿы ԥсҭазаара ҳаиҭеит, шәара зегьы лыԥхала шәеиқәырханы,— уи аԥсцәа рахьтә даниргылоз аамҭазы, ҳаргьы ҳициргылт, ажәҩан аҟны, Христос Иисус иҿы аҟазаара ҳаҭәеишьеит. Абри ала Уи иҭахын Иисус Христос иҟны наунагӡа иаҳзыҟаиҵо алыԥха-агәыԥха ҳалаирԥшразы» (Ефесаа рахь 2:4—7).
14 Ҳхаҿгьы иаҳзаагом Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан аҿы Христос Иаҳра ҭыԥ аҿы аҳра ицруларц азы ианидтәалалак ирзыԥшу азылԥхарақәа (Лука 22:28—30; Филиппаа рахь 3:20, 21; 1 Иоанн 3:2). Дара роуп Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ҵҩа змам иқьиара ҷыдала изирбо. Дара Христос иҭаца, «Иерусалим ҿыц», ракәхоит (Аатра 3:12; 17:14; 21:2, 9, 10). Иисуси дареи ауааԥсыра рхәышәтәлоит, агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭреи анаӡареи риура ирыцхраалоит. (Шәаԥхьа Аатра 22:1, 2, 17.)
15, 16. Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳаԥхьаҟа «егьырҭ ауасақәа» рахь изыԥсам иқьиара?
15 Ефесаа рахь 2:7 аҿы иануп Анцәа наунагӡа илыԥха шҳаиҭало. Ҳәарада, Иегова идунеи ҿыц аҟны адгьыл аҿы инхало зегьы иааирԥшуа ҳзыԥсам ҵҩа змам иқьиара рзыԥшуп (Лука 18:29, 30). Ишԥааԥшуеи уи? Иаҳҳәап, «адамрақәа ирҭоу» рыԥсы ҭалоит, уи, хымԥада, Анцәа ибзиабара злааԥшуа зеиԥшыҟам знеишьоуп! (Иов 14:13—15; Иоанн 5:28, 29). Иисус иԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵаанӡа иԥсыз Анцәа изиашаз аҳәсеи ахацәеи, иара убас аҵыхәтәантәи амшқәа раан иԥсаанӡа Анцәа изиашаны иаанхаз «егьырҭ ауасақәа» ирыҵанакуаз ауаа рыԥсы ҭаҵахоит. Урҭ зегьы ҿыц Иегова имаҵ рулоит.
16 Иара убас рыԥсы ҭалоит Анцәа иеилкаара иахьымӡакәа иԥсыз миллионҩыла ауаа. Дара Иегова имчра ишадгыло аарԥшразы алшара роуеит. Иоанн иҩуан: «Избеит иԥсхьоу, ихәыҷқәаз, идуқәаз — урҭ Анцәа иҿаԥхьа игылан, уаҟа иаартыз ашәҟәқәа ықәын, иубон иаартыз даҽа шәҟәыкгьы — аԥсҭазааратә шәҟәы; иԥсхьаз рус рыӡбуан... ашәҟәқәа рҿы ишарбаз аиԥш ала. Иԥсны амшын иамаз арахь ирнаҭеит, аԥсра иахәхахьаз, иампыҵакыз, џьаҳаным зҭыԥхахьаз зегьы аԥсреи џьаҳаными арахь идыргьежьит; абраҟа дарбанзаалакь иус рыӡбуан» (Аатра 20:12, 13). Ҳәарада, зыԥсы ҭало Абиблиа иану Анцәа ипринципқәа рхархәашьа рҵароуп. Уи адагьы, дара «ашәҟәқәа» ирну адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара иадҳәалоу Иегова иҭахрақәа зныԥшуа амҩақәҵара ҿыцқәа ирықәныҟәалар акәхоит. Урҭ ашәҟәқәа ирну аҵакы ахьааиртуа алагьы Иегова ҳзыԥсам иқьиара еиҭах иааирԥшуеит.
АЖӘАБЖЬ БЗИА АНАҨСГЬЫ ИРЫЛАШӘҲӘАЛА
17. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи, ажәабжь анаҳҳәо?
17 Аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа, Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәаразы ҳара иҳаду адҵа еиҳа ихадахоит (Марк 13:10). Ҳәарада, уи ажәабжь бзиа Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам иқьиара аныԥшуеит, убри аҟынтә ажәабжь анышәҳәо уи шәхашәмыршҭлан. Ҳара Иегова ихьӡ арҳаракра хықәкыс иҳамазар ауп. Ауаа ирзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит адунеи ҿыц аҿы иҳауа азылԥхарақәа зегьы зыбзоурахо Иегова иааирԥшуа ақьиара ду шакәу.
Гәацԥыҳәарала «Анцәа иахьтә ишәаҭәашьоу ҵҩа змам доуҳатә беиарала, баҩхатәрала» амаҵ жәула (1 Пиотр 4:10) (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17—19.)
18, 19. Ишԥаҳараҳкуеи Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара?
18 Ажәабжьҳәара ҳаналахәу, ауаа ирзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит Христос Иаҳра анапхгара аҵаҟа ауаа аҿыхратә ԥсхҭынҵара иаанаго азылԥхарақәа зегь шроуа, насгьы хәыҷы-хәыҷла анаӡарахь ишнеиуа. Абиблиаҿы иануп: «Абаара-аиаӡаара иацәыхьчахаразы, Анцәа ихәыҷқәа ирымоу ахьӡ-аԥша даргьы аԥсахаразы» (Римаа рахь 8:21). Уи алыршахоит Иегова иааирԥшуа ҵҩа змам ақьиара абзоурала.
19 Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Аатра 21:4, 5 иану угәы шьҭызхуа ажәабжь ауаа рзеиҭаҳәара ахьҳалшо: «Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом, избан акәзар ԥаса иҟаз мҩасит». Анаҩс иаагоуп атәарҭа ҳарак иқәтәоу Иегова иажәақәа: «Иаԥысҵо зегьы ҿыцуп». Нас иациҵоит: «Ианҵа; избан акәзар арҭ ажәақәа — ииаша-ҵабыргу ажәақәоуп». Ҳара ауаа гәацԥыҳәарала ари ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәалар, Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳараҳкуеит.