Алхра ахақәиҭра ахә шәшьала
«Иҳақәиҭу Идоуҳа ахьыҟоу — иҟоуп ахақәиҭра» (2 КОР. 3:17).
1, 2. а) Иарбан гәаанагарақәоу иҟоу алхра ахақәиҭра аганахь ала? б) Еилаҳкаауазеи Абиблиа аҟынтә алхра ахақәиҭра иазкны, насгьы иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
«АКГЬЫ сазхәыцыр сҭахӡам. Иҟасҵаша уара исаҳәа. Ус еиҳа исзымариоуп». Абарҭ ажәақәа ԥҳәыск лҩыза иалҳәеит аӡбара лыдылкылар анаҭахыз. Ҳазшаз иҳаиҭаз алхра ахақәиҭра ахархәара аҭыԥан, лара лзы аӡбара егьырҭ ирыдыркылар еиӷьылшьеит. Иаҳҳәар ҳалшозеи шәара ишәызкны? Ишәгәаԥхома шәара аӡбарақәа рыдкылара, мамзаргьы егьырҭ шәара шәзы зегь анырыӡбо еиҳа еиӷьашәшьоу? Иаанагозеи шәара шәзы алхра ахақәиҭра?
2 Ари азҵаара иазкны аимак-аиҿакқәа шәышықәсала ицоит. Шьоукы алхра ахақәиҭра ыҟаӡам, избанзар ҳусқәа зегьы Анцәа заа иӡбахьеит ҳәа ргәы иаанагоит. Егьырҭ ирыԥхьаӡоит ауаҩы ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра иоурц азы, инагӡоу ахақәиҭра имазар ауп ҳәа. Ари азҵаара еилҳаргарц азы ҳара Анцәа Иажәа, Абиблиа, ҳазхьаԥшыр ауп. Избан? Абиблиа ишаҳәо ала, Иегова ауаҩы даниша алхра ахақәиҭра ииҭеит, ус анакәха ауаҩы ихала аӡбара идикылалар илшон. (Уаԥхьа Иисус Навин [Иисус Навин] 24:15.) Абиблиаҿы абарҭ азҵаарақәа рҭак ануп: ишԥаҳалшо алхра ахақәиҭра ҳхы иаҳархәалар? Иамоума уи аҳәаақәа? Ишԥааҳарԥшуеи Иегова иахь абзиабара, алхра ахақәиҭра ҳхы ианаҳархәо? Насгьы ишԥаҳалшо егьырҭ ралхра пату шақәаҳҵо ааҳарԥшыр?
ИАҲДЫРҴОЗЕИ ИЕГОВЕИ ИИСУСИ РҾЫРԤШТӘҚӘА?
3. Иарбан ҿырԥшу Иегова иҳаиҭаз алхра ахақәиҭра ахархәара аганахь ала?
3 Инагӡоу ахақәиҭра змоу Иегова заҵәык иоуп, аха уи иара ихы ишаирхәо иаҳнарҵо рацәоуп. Иаҳҳәап, иара иалихит израильтәи ажәлар, дара ихьӡ ныҟәыргалар рыхәҭан, насгьы «ҷыдала иара иитәу» ракәхар акәын (Ҩынтә. [Втор.] 7:6—8). Ари алхра машәыршақә иҟамлеит. Иегова иҩыза Авраам ашәышықәсақәа раԥхьа дзықәиргәыӷыз наигӡеит (Аҟаз. [Быт.] 22:15—18). Уи адагьы, Иегова алхра ахақәиҭра ихы ианаирхәо, еснагь абзиабареи аиашареи ааирԥшуеит. Уи ибзианы иубарҭоуп Анцәа израильаа шахьирхәуаз ала, дара зныкымкәа ииашаҵәҟьоу Анцәа дырҭиуан. Урҭ гәык-ԥсыкала ианахьхәуаз, Иегова иаразнак абзиабареи агәрыцҳашьареи ааирԥшуан. Абас, Осиа (Осия) 14:4 аҟны иара ииҳәаз ажәақәа ануп: «Сара урҭ риашамра аҟынтәи исхәышәтәуеит. Сара схатә гәаԥхарала урҭ бзиа избалоит». Анцәа егьырҭ дрыцхрааларц азы алхра ахақәиҭра ихы иаирхәоит. Изакәытә ҿырԥштә бзиоузеи уи ҳара ҳзы!
4, 5. а) Изиҭада Иегова раԥхьаӡа акәны алхра ахақәиҭра, насгьы ихы ишԥаирхәеи уи? б) Иарбан зҵаароу дасу ҳхы иаҳҭар акәу?
4 Иегова ахшыҩ змоу ашамҭақәа ршара даналага, абзиабара игәазҭанаҵеит урҭ ашамҭақәа алхра ахақәиҭра риҭарц. Раԥхьаӡа акәны ари алшара зиҭаз ихшаазаҵәу Иԥа иакәын, уи «уаҩԥсы ибарҭам Анцәа» дихаҿран (Кәал. 1:15). Иисус адгьыл ахь даанӡа Иаб дизиашазарц иӡбеит, убри аҟынтә Анцәа иҿагылаз Аҩсҭаа дидымгылаӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, иара алхра ахақәиҭра ииашаны ихы иаирхәон, насгьы Анцәа иаӷа хада, Аҿагылаҩ, ихыхрақәа мап рцәикит (Матф. 4:10). Дыршьыр анакәыз аухазы Иисус гәы цаҳә-цаҳәла Анцәа диҳәон, усҟан иара еиҭах иааирԥшит Анцәа игәаԥхара анагӡара шиҭаху. Иара иҳәеит: «Саб! ееҳ, угәаҳәарала иҟало акәзар, абри аҿа саҩга! аха уи Сара исҭаху ала акәымкәа, Уара угәаԥхарала иӡбахааит» (Лука 22:42). Шәааи Иисус ҳаиҿыԥшуа алхра ахақәиҭра ҳхы иаҳархәалап Иегова дҳараҳкларц, насгьы игәаԥхара наҳагӡаларц азы! Аха иҳалшома уи ҳара?
5 Ааи, ҳара уи ҳалшоит, избанзар Иисус иеиԥш ҳаргьы Анцәа илоу аҟазшьақәа ҳалаҵаны ҳшоуп (Аҟаз. [Быт.] 1:26). Аха ҳара Иегова имоу инагӡоу ахақәиҭра ҳамаӡам. Анцәа Иажәаҿы иануп алхра ахақәиҭра аҳәаақәа шамоу, насгьы Иегова ишьақәиргылаз урҭ аҳәаақәа ҳархымԥалар шакәу. Уи адагьы, аҳәса рхацәа ирзыӡырҩлароуп, ахәыҷқәа — рҭаацәа (Еф. 5:22; 6:1). Ишԥаныруеи арҭ аҳәаақәа алхра ахақәиҭра ҳхы ишаҳархәо? Ари азҵаара аҭак наӡаӡатәи ҳаԥсҭазаара ахьыԥшызар ауеит.
АЛХРА АХАҚӘИҬРА ИИАШАНЫ ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
6. Иаажәга ҳхақәиҭра аҳәаақәа амазар захәҭоу ҳзырбо аҿырԥштәы.
6 Ахақәиҭра аҳәаа амазар, иаҳҳәар ҳалшома уи ииашаҵәҟьоу хақәиҭроуп ҳәа? Ҳәарада! Аха избан? Ҳара ҳхақәиҭра аҳәаа амазар, уи ҳахьчар алшоит. Иаҳҳәап, машьынала қалақьк ахь ацара шәыӡбеит. Шәхы шԥажәбарыз шәызну амҩаду аҿы зегьы амашьынаныҟәцаратә ԥҟарақәа еиларгозҭгьы, насгьы дасу ишиҭаху, ииҭаху амҩа алхны дныҟәалозҭгьы? Ҳәарада, уи агәҭынчымра шәызцәырнагон. Ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра зегьы агәырӷьара рзаанагаларц азы, аҳәаақәа амазар ауп. Шәааи ҳрыхәаԥшып арҭ аҳәаақәа иаҳзаарго алҵшәақәа ҳзырбо абиблиатә ҿырԥштәқәа.
7. а) Дышԥарылнакаауаз Адам алхра ахақәиҭра Едем иҟаз егьырҭ Анцәа ишамҭақәа? б) Иаҳзеиҭашәҳәа Адам алхра ахақәиҭра ихы ишаирхәаз.
7 Анцәа раԥхьатәи ауаҩы Адам данишоз, ажәҩан аҿы инхо ахшыҩ змоу ашамҭақәа реиԥш алхра ахақәиҭра ииҭеит. Уи ала Адам аинстинкт злоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи дреиԥшмызт. Шәааи ҳахәаԥшып Адам алхра ахақәиҭра ииашаны ихы ишаирхәаз. Анцәа ауаҩы дишаанӡа аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ишахьан. Аха урҭ ихала ахьӡ рыҭара даламгаӡеит, уи алшара Адам ииҭеит. Адам уи агәырӷьара ду изаанагеит. Анцәа «урҭ ауаҩ иахь инеиго далагеит, ириҭо ахьӡқәа ибарц азы». Адам раԥхьа аԥстәқәа дрыцклаԥшуан, анаҩс ирнаало ахьӡқәа риҭон, иара уи даналга ашьҭахь, Иегова аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыхьӡқәа рыԥсахра даламгеит. Абиблиаҿы иануп: «Ауаҩы ԥсы зхоу зегьы ириҭоз ахьӡқәа акәын ирымаз» (Аҟаз. [Быт.] 2:19).
8. Ииашамкәа ихы ишԥаирхәеи Адам алхра ахақәиҭра, насгьы иарбан лҵшәақәоу уи иаанагаз?
8 Анцәа Адам идиҵеит џьанаҭ дгьыл ахылаԥшра, насгьы аиҷаҳара. Иара раԥхьатәи ауаа иреиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала, напхгара рышәҭала амшын иҭоу аԥсыӡқәа, ажәҩан аҟны иԥыруа ашамҭақәа, адгьыл иқәу зыԥсы ҭоу зегьы» (Аҟаз. [Быт.] 1:28). Илахьеиқәҵагоуп, аха Адам уи маҷишьеит, ари адҵа анагӡаразы иоуз алхра ахақәиҭра изымхеит. Зыфара ҟамлоз ашәыр анифа, иара Анцәа ишьақәиргылаз аҳәаақәа дырхысит. Уи ала иара алхра ахақәиҭра цәгьашақә ихы иаирхәеит, уи иахҟьаны Адам ихылҵшьҭра гәаҟуеижьҭеи зқьышықәсақәа ҵуеит (Рим. 5:12). Ҳара Адам иҟаиҵаз алхра иалҵшәахаз ибзианы иаҳдыруеит, уи алхра ахақәиҭра ииашаны ахархәареи, Иегова ишьақәиргылаз аҳәаақәа рхымсреи ҳгәазҭанаҵоит.
9. Иарбан алхроу Иегова израильаа ирыдигалаз, насгьы иалырхзеи дара?
9 Адами Евеи рхәыҷқәа азымӡырҩра аазырԥшыз рҭаацәа рҟынтә агәнаҳаи аԥсреи рҭынхеит. Аха уеизгьы дара алхра ахақәиҭра ахархәаразы алшара рыман. Уи Анцәа израильтәи ажәлар дышрызныҟәоз аҟынтә иубарҭоуп. Иегова имаҵзуҩы Моисеи ила урҭ алхра ҟарҵартә алшара риҭеит. Дара ирылшон ҷыдала Анцәа иитәу ракәны иҟалар, мамзаргьы уи алшара мап ацәыркыр (Ақәҵ. [Исх.] 19:3—6). Иарбан алхроу урҭ иҟарҵаз? Израильаа хатәгәаԥхарала Анцәа ихьӡ ныҟәызго жәларны иҟаларц, насгьы уи ирыднаҵоз аҭакԥхықәрақәа нарыгӡаларц рыӡбеит. Урҭ зегь аӡәк иеиԥш ирҳәеит: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит» (Ақәҵ. [Исх.] 19:8). Илахьеиқәҵагоуп, аха ԥыҭрак ашьҭахь израильаа алхра ахақәиҭра ииашамкәа рхы иадырхәо иалагеит, насгьы Анцәа ирҭаз ажәа нармыгӡеит. Шәааи ҳгәаҳҽанызҵо ари аҿырԥштәы ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлап, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рӷәӷәо, иара убас ииашоу инормақәа ҳрықәныҟәо алхра ахақәиҭра ахә ҳшьалап (1 Кор. 10:11).
10. Иаажәга инаӡам ауаа алхра ахақәиҭра Анцәа ирҳаракразы рхы иадырхәалар шрылшо узырбо аҿырԥштәқәа. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
10 Ауриацәа рахь 11-тәи ахаҿы 16-ҩык Анцәа имаҵзуҩцәа рыхьӡ ануп, урҭ Анцәа ишьақәиргылаз аҳәаақәа ирхымсӡакәа алхра ахақәиҭра ииашаны рхы иадырхәон. Уи азы дара ирацәаны азылԥхарақәеи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку агәыӷра ӷәӷәеи роуит. Иаҳҳәап, Нои агәрахаҵара ӷәӷәа ааирԥшит, насгьы аковчег иргыларц азы Анцәа ииҭаз адҵа дазхианы инаигӡеит, иҭаацәеи ауаатәыҩсеи зегь еиқәирхарц азы (Аур. 11:7). Авраами Сарреи Анцәа изыӡырҩит, насгьы Иегова изықәиргәыӷыз адгьыл ахь идәықәлеит. Акыраамҭатәи рныҟәара аан еизҳазыӷьоз ақалақь Ур ахь «ихынҳәыргьы рылшон». Аха дара «изқәыргәыӷыз» иазхьаԥшуан, насгьы «еиҳа иреиӷьыз» иашьҭан (Аур. 11:8, 13, 15, 16). Моисеи мысратәи амазара мап ацәикит, уи «еиҳа иеиӷьишьеит иҿырҟьаса ирымаз Анцәа ижәлар иаргьы дрылазарц, рлахьынҵа илахьынҵазарц, дрыцгәаҟларц, агәнаҳа змаз, аамҭалатәи агәаҳәарақәа изҭоз аԥсҭазаара-гәахәа» аасҭа (Аур. 11:24—26). Шәааи агәрахаҵара аазырԥшуаз абарҭ амаҵзуҩцәа ҳарҿыԥшуа иҳаҭәашьоу ахақәиҭра ҳаҭыр ақәаҳҵалап, насгьы уи Анцәа игәаԥхара анагӡараҿы ҳхы иаҳархәалап.
11. а) Иарбан лшароу иаҳнаҭо алхра ахақәиҭра? б) Шәгәы азҭазҵозеи алхра ахақәиҭра ииашаны ахархәара?
11 Аӡбарақәа ҳара ҳзы егьырҭ ианрыдыркыло, аԥсҭазаара еиҳа имариоушәа ҳгәы иаанагар алшоит. Аха усҟан Ҩынтәзакәан (Второзаконие) 30:19, 20 (уаԥхьа) иану инақәыршәаны, алхра ахақәиҭра иаҳнаҭо алшара мап ацәаҳкуеит. 19-тәи ажәеинраалаҿы иаҳәоит израильаа Анцәа ирыдигалаз алхра аӡбахә. 20-тәи ажәеинраалаҿы ҳара еилаҳкаауеит Иегова урҭ ргәы иҭаз аадырԥшыртә алшара шриҭаз. Ҳаргьы Иегова имаҵ аура алхразы алшара ҳамоуп. Раԥхьаӡа иргыланы алхра ахақәиҭра ииашаны ахархәара ҳгәазҭазҵо Иегова иахь иҳамоу абзиабара аарԥшра, насгьы хьӡи-ԥшеи иҭара ахьаҳҭаху ауп.
АЛХРА АХАҚӘИҬРА ЦӘГЬАШАҚӘ ШӘХЫ ИАШӘМЫРХӘАЛАН
12. Ишԥаиашам алхра ахақәиҭра ахархәара?
12 Шәхаҿы иаажәг шәҩыза зыхә ҳараку аҳамҭа ишәҭазшәа. Шәгәы иалсрызма уи аҳамҭа ширшәыз, ма аӡәы ацәгьара изиурц азы ихы ишаирхәаз еилышәкаазҭгьы? Уажәшьҭа шәазхәыц, иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа ауаа алхра ахақәиҭра ииашамкәа рхы ишадырхәо, насгьы ауаа ацәгьара шырзыруа анибо. Ааи, Абиблиа ишаҳәахьаз еиԥш, «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҭабуп аҳәара рхадыршҭит (2 Тим. 3:1, 2). Шәааи Иегова иҳаиҭаз аҳамҭа ду — алхра ахақәиҭра — ахаангьы цәгьашақә ҳхы иаҳмырхәалап, насгьы иаԥу ак еиԥш иаҳмыԥхьаӡалап. Аха ишԥаҟаҵатәу уи?
13. Ишԥаҳалшо ақьырсиантә хақәиҭра ииашаны ахархәара?
13 Ҳара зегьы ҳзацәажәаша, иаҳшәаҳҵаша, ҳҭеиҭыԥш зеиԥшрахаша, насгьы ҳгәы злаҳарҿыхаша ҳхала иалҳхлар ҳалшоит. Аха ҳцәеижь агәазыҳәарақәа наҳагӡо, насгьы Анцәа ицәымӷу адунеи иалаҵәоу агәырҿыхагақәеи ахықәкқәеи ҳхы рзаҳашьҭуа ҳалагар, алхра ахақәиҭра «ацәгьа-мыцәгьақәа рыхҩаразы» ҳхы иаҳархәалоит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 2:16.) Алхра ахақәиҭра ацәеижь агәаҳәарақәа рынагӡаразы ахархәара аҭыԥан, ҳара абри ааԥхьара ақәныҟәара иҳацхраауа аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳҭахуп: «Иҟашәҵозаалакь... зегьы Анцәа изгәдура, Уи ихьӡ-иԥша рыҳаракра иазкызароуп» (Гал. 5:13; 1 Кор. 10:31).
14. Ишԥеидҳәалоу Иегова иахь иҳамоу агәрагареи алхра ахақәиҭреи?
14 Иҳацхраауазеи еиҭа алхра ахақәиҭра ииашаны ахархәара? Ҳара Иегова игәра ҳгалароуп, насгьы ишьақәиргылаз аҳәаақәа ҳархымслароуп, избанзар урҭ ҳрыхьчоит. Иара ихәарҭоу ҳирҵоит, насгьы ҳазлацаша амҩала ҳаигоит (Ис. [Ис.] 48:17). Ҳара ахынраалара аарԥшны Анцәа идоуҳала иҩу абарҭ ажәақәа шиашоу еилаҳкаалар ауп: «Ауаҩы имҩа имчраҿы иҟам. Илшом инеиуа ишьаҿақәа ахырхарҭа рыҭара» (Иер. [Иер.] 10:23). Адам, насгьы аҿагылара аазырԥшыз израильаа зҿашәаз акаҭа ҳаҿамшәарц азы, ҳхатә еилкаара ҳақәымгәыӷлар ауп. Ҳара Иегова гәыкала ҳиқәгәыӷлар ауп (Ажәам. [Прит.] 3:5).
ЕГЬЫРҬ РАЛХРА ПАТУ АҚӘЫШӘҴАЛА
15. Иаҳнарҵозеи Галаҭаа рахь 6:5 иану апринцип?
15 Ауаа зегьы рыԥсҭазаараҿы аӡбарақәа рыдкылара азин рымоуп, ҳара урҭ ралхра пату ақәаҳҵалар ауп. Избан? Алхра ахақәиҭра зегьы ирымоуп аҟынтә, ақьырсианцәа еиуеиԥшым аусқәа рҿы еснагь еиԥшу аӡбарақәа рыдыркылаӡом. Урҭ аганқәа ҳхымҩаԥгашьеи ҳмаҵзуреи ирыдҳәалазаргьы алшоит. Галаҭаа рахь 6:5 (уаԥхьа) иану апринцип шәхашәмыршҭлан. Дасу иеидара хьанҭа дшаҵоу еилаҳкаауазар, ҳара егьырҭ ақьырсианцәа ралхра пату ақәаҳҵалоит.
Ҳара ҳхатә ӡбарақәа ҳадаҳкылалар, аха уи аамҭазгьы егьырҭ рыӡбарақәа пату рықәаҳҵалар ҳалшоит (Шәахәаԥш абзац 15.)
16, 17. а) Ишԥацәырҵи Коринф ақалақь аҿы алхра ахақәиҭра иадҳәалоу азҵаара? б) Дышԥарыцхрааи Павел уи азҵаара аӡбара, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара егьырҭ ирымоу азин аганахь ала?
16 Шәааи Абиблиаҿы иану ҿырԥштәык ҳахәаԥшып. Уи иаҳнарбоит аламыс иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы ҳашьцәа ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәаҳҵалар зҳахәҭоу. Коринф инхоз ақьырсианцәа рыбжьара аимак-аиҿак ҟалеит, урҭ аџьармыкьаҿы ирҭиуаз акәац афара ҟалозу-иҟамлозу ҳәа азҵаара рызцәырҵит, избанзар уи акәац амурҭаҭ ныхақәа ирызнаргоз акәзар ауан. Шьоукы ргәы иаанагон «амурҭаҭ ныхақәа ак рыҵанакуа иҟам, акгьы иаԥсам аҟынтә, уи акәац афара ҟалоит» ҳәа. Аха уаанӡа амурҭаҭ ныхақәа ирымҵахырхәоз уи акәац афара аныхақәа рымҵахырхәара иаҩызоуп ҳәа рыԥхьаӡон (1 Кор. 8:4, 7). Ари азҵаара даара иуадаҩын, избанзар аизараҿы акзаара еиланагар алшон. Дышԥарыцхрааи Павел Коринф инхоз ақьырсианцәа ари азҵаара Анцәа дшахәаԥшуа аилкаара?
17 Актәи, Павел ақьырсианцәа иргәалаиршәеит афатә Анцәа ушизааигәанамтәуа (1 Кор. 8:8). Аҩбатәи, аӡбара адкыларазы ирымоу алшара, ма азин, «ауаа ԥсыҽқәа шьақәнамҟьаразы» ргәырҽаниҵон (1 Кор. 8:9). Иара убас еиҳа зыламыс ԥсыҽу ақьырсианцәа уи аҩыза акәац афара зыӡбаз ирықәмыӡбаларц рабжьеигеит (1 Кор. 10:25, 29, 30). Ус анакәха, Анцәа имаҵ аура иадҳәалаз ихадоу ари азҵаараҿы ақьырсианцәа зегьы рыламыс рхы иархәаны рхатә ӡбара рыдыркылар акәын. Нас иҳахәҭаӡами еиҳа имариоу азҵаарақәа рганахь ала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәаҳҵалар? (1 Кор. 10:32, 33).
18. Ишԥашәылшо алхра ахақәиҭра пату шақәышәҵо аашәырԥшыр?
18 Иегова алхра ахақәиҭра ҳаиҭеит, уи инацҵаны ииашаҵәҟьоу ахақәиҭрагьы (2 Кор. 3:17). Ҳара ари аҳамҭа ахә ҳаракны иаҳшьоит, избанзар уи абзоурала Анцәа иахь иҳамоу абзиабара зныԥшуа аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳалшоит. Шәааи анаҩсгьы ари аҳамҭазы аџьшьара аарԥшуа Анцәа дҳараҳкларц азы ҳхы иаҳархәалап, насгьы егьырҭ иҟарҵо алхра пату ақәаҳҵалап.