АБИОГРАФИА
Сара аҟәыӷацәа срыцын аҟынтә, аҟәыӷара соуит
АРИ ашьыжь Брукингс ақалақь аҿы (Аладатәи аштат Дакота, Еиду Аштатқәа) даара ихьҭан. Аҳауа хьшәашәа аӡын шааигәахо унардыруан. Исыцызи сареи аҟәараҳәа ҳаиҵасуа ахьҭа ахьыҩназ аказармаҿы арахә аӡы ахьынтәиржәуаз ачан ҳадгылан. Уи аӡы хьшәашәа ҭан. Иҟаҳҵози ҳара уа? Ишәзеиҭасҳәап сҭоурых.
СХӘЫҶРЕИ СҚӘЫԤШРА АШЫҚӘСҚӘЕИ
Саби иашьа Алфреди
Сара сиит март 7, 1936 шықәсазы, насгьы ԥшьҩык ахәыҷқәа среиҵбын. Ҳара Аладатәи Дакота амрагыларатәи ахәҭаҿы иҟаз уамак идумыз афермаҿы ҳанхон. Афермаҿы ҳҭаацәа ирацәаны аус руан, аха уи ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадаз акәмызт. 1934 шықәсазы сҭаацәа аӡы рыҽӡаархын, Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит. Дара жәҩантәи Ҳаб Иегова рҽизыркит, убри аҟынтә урҭ рзы зегь раасҭа ихадаз Анцәа игәаԥхара анагӡара акәын. Сабду Кларенс, насгьы саб иашьа Алфред ақалақь Конд (аштат Аладатәи Дакота) иҟаз аизара хәыҷ аҿы аилазаара маҵзуҩцәас амаҵ руан (усҟан аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор убас ишьҭан).
Ҳҭаацәараҿы зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа ҳарҭаауан, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкны Абиблиа иану агәыӷра бзиа ауаа рзеиҭаҳәаразы ҩнаҭацыԥхьаӡа ҳцон. Ҳҭаацәа аҿырԥш бзиа ҳарҭон, насгьы ибзианы ҳазыҟарҵон, уи ҳаԥсҭазаара зегьы ианырит. Саҳәшьа Доротии сареи фышықәса анҳхыҵуаз Аҳра ажәабжьҳәаҩцәаны ҳҟалеит. 1943 шықәсазы аизарақәа рҿы иҿыцу лагаланы иҟалаз атеократиатә маҵзура ашкол сҽанысҵеит.
Пионерс амаҵ зуеит. 1952 шықәса
Аконгрессқәа рҭаара ҳара ҳзы даара ихадан. 1949 шықәсазы Су-Фолс ақалақь аҿы (аштат Аладатәи Дакота) иҟаз аконгресс аҿы «Уже позднее, чем вы думаете!» захьӡыз ажәахә иманы дықәгылеит ааԥхьара змаз ажәахәҟаҵаҩ, аиашьа Грант Сиутер. Сара иахьагьы уи ажәахә сгәалашәоит. Иара ҷыдала иазгәеиҭеит Анцәа зҽизызкыз ақьырсианцәа зегьы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәаразы ирылшо зегь ҟарҵалар шрыхәҭоу. Уи Иегова иҽизкра сгәазҭанаҵеит. Уи ашықәсан, ноиабр 12 рзы Брукингс иҟаз араионтә конгресс аҿы аӡы сыҽӡаасхит — хыхь зыӡбахә сҳәаз ахьҭа ахьыҩназ аказармаҿы. Аџыр иалхыз ачан аҿы ԥшьҩык ҳаҽӡааҳхит.
Аӡы сҽанӡаасх ашьҭахь, пионерс аҟалара ахықәкы ықәсыргылеит. Сара пионерс амаҵ аура салагеит ианвар 1, 1952 шықәсазы. Усҟан 15 шықәса схыҵуан. Абиблиаҿы иануп: «Аҟәыӷацәа ирыцу дҟәыӷахоит», сҭаацәараҿы аҟәыӷацәа рацәаҩын, урҭ иҟасҵаз аӡбара иақәшаҳаҭхеит (Ажәам. [Прит.] 13:20). Саб иашьа Џьулиус апионертә маҵзураҿы ҩызас дсыман. Уи 60шықәса ихыҵуан, уи қәрала акыр дышсеиҳабызгьы, ҳара амаҵ ахьеицаҳуаз даара иаҳгәаԥхон. Иара даара дҟәыӷан, насгьы имаз аԥышәа иснарҵаз рацәоуп. Иаарласны Доротигьы пионерс амаҵ аура далагеит.
АРАИОНТӘ ХЫЛАԤШЫҨЦӘА РЫЦХЫРААРА
Схы здыруеижьҭеи, сҭаацәа еснагь араионтә хылаԥшыҩцәеи урҭ рыҳәсақәеи аҩныҟа иаарыԥхьон. Џьесс ихатә ҩыза Линн Кантуелли иареи ацхыраара ду сырҭеит. Апионертә маҵзура алагара дара роуп сгәазҭазҵаз сҳәар алшоит. Дара хаҭала сара сахь аинтерес аадырԥшуан, уи сыцхрааит адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара. Ҳааигәара иҟаз аизарақәа ианырҭаауаз, зны-зынла амаҵзура сыргон. Закәытә аамҭа бзиази уи!
Кантуеллаа рышьҭахь раионтә хылаԥшҩыс ҳаизарахь иааит Бад Миллер иԥҳәыс Џьоани иареи. Сара 18 шықәса схыҵхьан аҟынтә, арра ааԥхьара сзыԥшын. Раԥхьа аҭыԥантәи ааԥхьаратә комиссиа ирҭахын сара сгәанала Иисус ишьҭанеицәа анеитралитет ахьчаразы ириҭаз адҵа еилазгоз аус насыгӡаларц. Сара исҭахыз Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара акәын (Иоанн 15:19). Адин маҵзуҩыс срыԥхьаӡарц азы, ааԥхьаратә комиссиа иҟанаҵаз аӡбара сазашшырц сыӡбеит.
Даара сгәы иахәеит аиашьа Миллер ааԥхьаратә комиссиа аилатәарахь дсыццарц аниӡба. Ацәажәара иазҟазаз ари аиашьа акы иацәшәоз иакәмызт. Убас еиԥш иҟаз ауаҩы дахьсывагылаз даара сгәы арӷәӷәеит. Аҵыхәтәаны, 1954 шықәсазы ааԥхьаратә комиссиа адин маҵзуҩыс срыԥхьаӡеит. Уи ашьҭахь даҽа теократиатә хықәкы анагӡара алшара соуит.
Смаҵзура алагамҭазы вефильтәи афермаҿы амашьына ду садгылоуп
Хара имгакәа Вефиль амаҵ аура ааԥхьара сырҭеит, Ниу-Иорк Статен-Аиленд араион аҿы Ахьчаратә Бааш аилазаара аферма ҳәа усҟан хьӡыс измаз аҿы. Сара уа хышықәса раҟара амаҵ зуан. Уи аамҭа гәахәарыла исгәаласыршәоит, избанзар даара иҟәыӷаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵ рыцура алшара сыман.
ВЕФИЛЬ АМАҴ АУРА
Аиашьа Френци сареи WBBR арадиодырраҭараҿы
Ҳфермаҿы иара убас иҟан арадиодырраҭара WBBR. Иегова ишаҳаҭцәа уи рхы иадырхәон 1924 шықәса инаркны 1957 шықәсанӡа. Афермаҿы 15—20-ҩык ҳакәын амаҵ зуаз. Ҳаиҳарак зегь қәыԥшцәан, насгьы аԥышәа ҳамамызт. Аха ҳара Анцәа идоуҳала иалхыз аиашьа Елдон Вудуорт амаҵ ҳациуан, уи акыр шықәса дҳаиҳабын. Иара даара иҟәыӷаз иашьан, насгьы абык иеиԥш даҳхылаԥшуан. Уи иҿцәажәара абзоурала ҳара доуҳала ҳаизҳауан. Ҳанамӡара иахҟьаны ауадаҩрақәа анцәырҵуаз, аиашьа Вудуорт иҳәон: «Иааџьоушьартә иҟоуп Иҳақәиҭу ихы иаирхәо шынаӡамгьы, закәытә усқәоу иҟаиҵо».
Ҳарри Петерсон агәацԥыҳәара аазырԥшуаз жәабжьҳәаҩын
Ҳара ҳзы ҳаҭыр дуун аиашьа Фредерик Френц амаҵ ицура. Ҳара иҟәыӷара, насгьы Абиблиа шаҟа идыруаз даара ҳаршанхон. Иара еснагь ҳара зегь ҳзы хаҭала аамҭа иԥшаауан. Иара убас амаҵ ҳациуан Ҳарри Петерсон, уи фатәҟаҵаҩыс дҳаман. Ижәлаҵәҟьа Папаргиропулос акәын, аха Петерсон аҳәара еиҳа имариан! Уигьы Анцәа идоуҳала далхын, насгьы амаҵзураҿы даара агәацԥыҳәара ааирԥшуан. Аиашьа Петерсон вефильтәи амаҵзураҿы аџьабаа рацәаны ибон, аха ажәабжьҳәаратә ус ахаангьы игәыгәҭаижьуамызт. Есымза иара шәкы-шәкыла ажурналқәа ишон. Иаргьы Абиблиа даара ибзианы идыруан, насгьы инымҵәаӡоз ҳазҵаарақәа рҭак ҟаиҵон.
ИҞӘЫӶАЗ АИАҲӘШЬЦӘА ИРҾЫСҴААУЕИТ
Афермаҿы иааҳрыхуаз ауҭраҭыхқәеи ашәырқәеи ирылхны аӡынразы аркрақәа ҟаҳҵон. Есышықәса вефильтәи аҭаацәаразы 45-ҟа нызқь банка ҳаркуан. Сара сзы насыԥын иҟәыӷаз аиаҳәшьа Етта Ҳут амаҵ лыцура. Лара афатә хкқәа лхәыцуан. Аркрақәа раамҭазы ҳара аҭыԥантәи аиаҳәшьцәа ҳацхраауан, Етта досу иҟарҵашаз адҵақәа рылҭон. Етта лус даараӡа ибзианы ишылдыруазгьы, лара афермаҿы хылаԥшыҩцәас иҟаз аишьцәа пату шрықәҵалатәу аганахь ала аҿырԥшы ҳалҭон. Сара сзы Етта атеократиатә хадара ишазыӡырҩтәу аганахь ала дҿырԥш дуун.
Анджелеи Етта Ҳути сареи
Афермахь аусура иаауаз иқәыԥшыз аиаҳәшьцәа дрыцын Анджела Роумено. Етта лоуп Анджела аҵабырг аилкаараҿы илыцхраауаз. Убас, Вефиль амаҵ анызуаз аҟәыӷара аазырԥшуаз даҽа иаҳәшьак слабадырит, лареи сареи уажәшьҭа 58 шықәса ҵуеит гәырӷьарыла Иегова имаҵ еицаҳуеижьҭеи. Ҳара апрель, 1958 шықәсазы ҳаибагеит, насгьы еиуеиԥшым амаҵзуратә хкқәа ҳрылахәын. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Анджи Иегова иахь гәык-ԥсык ала иаалырԥшуаз азиашара ҳҭаацәалазаара арӷәӷәон. Иарбан уадаҩроу ҳзықәшәозаалакгьы, сара еснагь лара слықәгәыӷлар сылшоит.
АМИССИОНЕРТӘ, НАСГЬЫ АРАИОНТӘ МАҴЗУРА
1957 шықәсазы Статен-Аиленд ҳара ҳрадиодырраҭара анаҳҭии, вефильтәи смаҵзура иацысҵеит. Ҳчара ашьҭахь Вефиль аансыжьит, насгьы хышықәса раҟара Анджии сареи Статен-Аиленд пионерс амаҵ ҳуан. Ԥыҭраамҭак ҳрадиодырраҭара аазхәаз рҿгьы аус зуан. Уи уажәшьҭа WPOW ахьӡын.
Анджии сареи имариаз аԥсҭазаара аныҟәгара ҳҽазаҳшәон, ацхыраара ахьаҭаххо аҭыԥқәа рҿы амаҵ аура ҳазхиазарц азы. Абар, 1961 шықәса алагамҭазы Фолс-Сити ақалақь аҿы (аштат Небраска) иҷыдоу пионерс амаҵ ауразы ааԥхьара ҳауит. Уахь ҳашнеизҵәҟьа, Иԥшьоу амаҵзура ашкол аҿы аҵара ҳҵарц азы ааԥхьара ҳарҭеит. Усҟан мызкы ицоз аҵара Саут-Лансинг ақалақь аҿы (аштат Ниу-Иорк) имҩаԥыргон. Даара иаҳгәаԥхон аҵара, ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшын Небраскаҟа ҳхынҳәны иҳауз адыррақәа ҳхы ианаҳархәо аамҭа. Шаҟа иџьаҳшьазеи адҵа ҿыц анҳау — Камбоджа миссионерцәас амаҵ аура! Ҳара ҳцеит Алада-Мрагыларатәи Азиа иҟаз атәыла ԥшӡахьы. Уа иҟаз аԥсабара, абжьқәа, афҩықәа ҳара ҳзы иҿыцыз, ҳзышьцыламыз акәын. Ҳара даара иаҳҭахын уа инхоз ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара.
Аха аполитикатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахит аҟынтә, Аҩадатәи Виетнамҟа ҳцар акәхеит. Аха ҩышықәса рышьҭахь сгәабзиара ԥсыҽхеит аҟынтә, ауадаҩрақәа сыман, убри аҟынтә аҩныҟа ҳхынҳәит. Сгәабзиара шааиӷьхаҵәҟьаз, ҳаамҭа зегь еиҭа амаҵзура иазаҳкит.
Анджелеи сареи ателехәаԥшраҿы аинтервиу ҳамырхаанӡа. 1975 шықәса
Март, 1965 шықәсазы аизарақәа ирҭаауа хылаԥшыҩцәас амаҵ аура ҳадырҵеит. 33 шықәса рыҩныҵҟа сара раионтә, насгьы аобласттә хылаԥшҩыс амаҵ зуан, иара убас аконгрессқәа ирыдҳәалаз аус аамҭа рацәаны иазыскуан. Сара сзы аконгрессқәа еснагь даара акраҵанакуан, убри аҟынтә урҭ реиҿкаареи рымҩаԥгареи рҿы гәахәарыла ацхыраара ҟасҵон. Шықәсқәак рыҩныҵҟа ҳара Ниу-Иорк амаҵ ҳуан, уа зныкымкәа «Янки» астадион аҿы аконгрессқәа мҩаԥысуан.
ВЕФИЛЬИ АТЕОКРАТИАТӘ ШКОЛҚӘЕИ РАХЬ ҲХЫНҲӘУЕИТ
Аамҭа зегь зызку амаҵзура иалахәу зегь реиԥш, Анджии сареи аинтерес зҵоу, имариам адҵақәа ҳауан. Иаҳҳәап, 1995 шықәсазы сара Амаҵзура аиӷьтәра иазку ашкол аҿы рҵаҩыс сҟарҵеит. Хышықәса рышьҭахь Вефильҟа ааԥхьара ҳарҭеит. Шаҟа инасыԥ дуузи ҩынҩажәа шықәса инареиҳаны раԥхьа аамҭа зегь зызку амаҵзура сахьалагаз аҭыԥ ахь ахынҳәра. Сара амаҵзуратә ҟәшаҿы амаҵ зуан, насгьы еиуеиԥшым ашколқәа мҩаԥызгон. 2007 шықәсазы Анапхгаратә хеилак ишаӡбаз еиԥш, еиҿыркааит аҟәша ҿыц — атеократиатә рҵара аҟәша. Уи Вефиль имҩаԥысуа ашколқәа напхгара рызнауан. Шықәсқәак рыҩныҵҟа сара уи аҟәша хылаԥшҩыс саман.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа атеократиатә рҵараҿы имаҷымкәа аԥсахрақәа ҟалеит. 2008 шықәсазы еиҿкаан ашкол ҿыц — Аизара аиҳабацәа рзы ашкол. Анаҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа уи ашкол аҿы аҵара рҵеит 12 нызқьҩык инареиҳаны аизара аиҳабацәа. Аҵара мҩаԥысуан Паттерсон, насгьы Бруклин. Уажәы уи ашкол егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы имҩаԥыргоит. 2010 шықәсазы Амаҵзура аиӷьтәра иазку ашкол Аҭаацәара иалам аишьцәа рзы абиблиатә школ ҳәа ахьӡҵахеит. Уи адагьы, еиҿкаан ашкол ҿыц — Аҭаацәара иалоу рзы абиблиатә школ.
2015 шықәсазы арҭ аҩ-школк еидҵаны школк алырхит — Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол. Уажәшьҭа уа аҵара иахысыр рылшон аҭаацәара иалоугьы, иаламгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Шаҟа гәырӷьара дуузи зегьы рзы ари ашкол афилиалқәа жәпакы рҿы амҩаԥгара иахьалагаз! Даара угәы иахәоит атеократиатә рҵара зауа ақьырсианцәа рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа. Даара исгәаԥхоит ари аҩыза арҵара ахысра иазхиоу астудентцәа рабадырра.
Сыԥсҭазаара саназхәыцуа — аӡы сҽанӡаасх инаркны иахьа уажәраанӡа,— аҵабырг амҩала ацара исыцхраауаз аҟәыӷара злаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рзы сааҟәымҵӡакәа Иегова иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Урҭ рахьтә шьоукы сара саасҭа еиҵбын, егьырҭ еиҳабын. Иҟан даҽа милаҭк иатәызгьы. Аха дара зегьы доуҳала иӷәӷәан. Русқәеи ргәазыҟашьеи иаадырԥшуан Иегова ӷәӷәала бзиа дшырбоз. Иегова иорганизациаҿы аҟәыӷара злоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рацәоуп, урҭ ҳарҿыԥшуазар, ҳаргьы аҟәыӷара ҳаур ҳалшоит! Убас ауп сара ишыҟасҵоз.
Сара исгәаԥхоит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи астудентцәа рабадырра