Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ииун ад. 27
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус аныҳәарҭа ирыцқьоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иисус аныҳәарҭа ирыцқьоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Ижәдыруама шәара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ииун ад. 27

Ижәдыруама шәара?

Ииашаҵәҟьаны ирзуҳәар ауазма иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи зҭиуаз абрагьцәа ракәын ҳәа?

МАТФЕИ иҟынтә Аевангелие аҿы иануп: «Иисус Анцәа иныҳәарҭа дыҩналт, аныҳәарҭаҿ ак зҭиуази ак аазхәози ԥхаирст, иҭицеит, аԥара ԥыргаҩцәа реишәақәеи аҳәыҳәқәа зҭиуаз ррымӡқәеи хиршәҭит, иреиҳәоит: „иануп: Сара сыҩны аныҳәарҭа ҩны ахьӡхоит»,— шәара уи абрагь ҭыԥс иҟашәҵеит“» (Матф. 21:12, 13).

Аиудеиатәи аҭоурыхтә документқәа ишаадырԥшуа ала, аныҳәарҭаҿы аус зуаз ахәаахәҭцәа аахәаҩцәа жьаны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыхә цәгьаны иддыраахәон. Убас, Мишна аҿы иҳәоуп I ашәышықәсазы иҟан аамҭа, амҭанагаразы ҩ-ҳәыҳәк ахьтәы динари ианаԥсаз ҳәа (Керитот 1:7). Аԥышәа змамыз аусуҩ уи ахә ирҳарц азы 25 мшы ицәагон. Иӷарыз ауаа ракәын аҳәыҳәқәеи аҟәарасақәеи амҭас иназгар зылшоз, аха иӷарыз ауаҩы изы урҭгьы рыхә цәгьан (Алев. 1:14; 5:7; 12:6—8). Гамалиил иԥа раввин Симон ари зегь агәынамӡара изцәырнагон аҟынтә, ихымԥадатәииз амҭақәа рхыԥхьаӡара ирмаҷит, уи инадҳәаланы ҩ-ҳәыҳәк рыхә иаразнак шәынтә еиҵахеит.

Еилҳаргаз инақәыршәаны алкаа ҟаҳҵар ҟалоит: Иисус ииашаны зыԥсы цәгьаз, насгьы амц зҳәоз ахәаахәҭцәа абрагьцәа ҳәа рзиҳәеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра