Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 август ад. 3—8
  • Шәазхиоума шәара ачҳара аарԥшны аԥшра?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәазхиоума шәара ачҳара аарԥшны аԥшра?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗАКӘЫЗЕИ АЧҲАРА?
  • АЧҲАРА ААЗЫРԤШУАЗ РҾЫРԤШТӘҚӘА
  • ИҲАЦХРААУАЗЕИ ҲАРА АԤШРА?
  • Ачҳара анаҩсгьы шәарԥшӡалааит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Шәазхиоума шәара Иегова изыԥшра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • «Иагхаӡом»
    Гәырӷьарыла Иегова ашәа изышәҳәала
  • Ачҳара аарԥшны, насгьы агәырӷьара мырӡкәа Иегова шәизыԥшыз
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 август ад. 3—8

Шәазхиоума шәара ачҳара аарԥшны аԥшра?

«Шәаргьы убас ахачҳара аарԥшны шәыԥшыз» (ИАК. 5:8).

АШӘАҚӘА: 114, 79

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи ачҳара аарԥшра?

  • Ирыцхраауази ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа Иегова изыԥшра?

  • Излоубарҭоузеи Иеговеи Иисуси ачҳара аарԥшра ишазхиаз?

1, 2. а) Избан изҳазцәырҵуа азҵаара «ианбанӡа?» б) Избан ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа ахьықәдыргылоз ҳгәы арҭынчыр залшо?

«ИАНБАНӠА?» Ари азҵаара ықәиргылеит Анцәа изиашаз аԥааимбар Аввакум. Убас еиԥш иҟаз азҵаара ықәиргылеит аԥааимбар Исаиа (Ис. 6:11; Авв. 1:2). Аҳ Давид ииҩыз 13-тәи Аԥсалом аҿы азҵаара «ианбанӡа?» ԥшьынтә иуԥылоит (Аԥсал. 13:1, 2, АдҾ). Иисус Христосгьы агәрахаҵара ззымхоз ауаа убри азҵаара риҭеит (Матф. 17:17). Убри аҟынтә иџьашьатәӡам зны-зынла ҳҵаауазар: «Ианбанӡа?»

2 Ҳгәазҭазҵар алшозеи убас еиԥш иҟоу азҵаара ақәыргылара? Иҟалап иашамрак ҳақәшәазар. Мамзаргьы ҳачмазаҩхазар ма ҳақәрахь ҳнеизар. Иҟалап ҳгәы каҳазар «ихьанҭоу» аамҭақәа раан ҳахьынхо (2 Тим. 3:1). Мамзаргьы егьырҭ ауаа ииашам рхымҩаԥгашьа иахҟьаны ҳгәы каҳауазар ауеит. Уи мзызс иамазаалакгьы, ҳара ҳгәы арҭынчуеит ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа убас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ахьықәдыргылоз азы дахьрықәмыӡбоз.

3. Иҳацхраар алшозеи ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо?

3 Иҳацхраар алшозеи ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо? Иисус иҵаҩцәа ируаӡәкыз иашьа гәакьа Иаков иԥшьоу адоуҳа аҵхыраарала иҩит: «Сашьцәа, ахачҳара аашәырԥшы Иҳақәиҭу дылбаанӡа» (Иак. 5:7). Ааи, ҳара зегьы ачҳара ҳҭахуп. Аха изакәызеи ачҳара, насгьы ишԥаҳалшо зеиԥшыҟам уи аҟазшьа аарԥшра?

ИЗАКӘЫЗЕИ АЧҲАРА?

4, 5. а) Иаанагозеи ачҳара аарԥшра? б) Ишԥаҳаилиркааи Иаков ачҳара иаҵанакуа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

4 Абиблиа инақәыршәаны, ачҳара — ари иԥшьоу адоуҳа анырра алҵшәа ауп. Анцәа ицхыраарада инаӡам ауаа ишахәҭоу еиԥш ачҳара рзаарԥшуам. Ачҳара Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп. Уи аҟазшьа анааҳарԥшуа, ҳара Иеговеи егьырҭ ауааи бзиа ишаҳбо шьақәҳарӷәӷәоит. Ачҳара анааҳмырԥшуа, егьырҭи ҳареи ҳабжьара абзиабара ԥсыҽхоит (1 Кор. 13:4; Гал. 5:22). Ачҳара егьырҭ ихадоу ақьырсиантә ҟазшьақәа ирыдҳәалоуп. Ахачҳара урҭ ируакуп. Уи аҟазшьа ацхыраарала ҳара ииашоу агәазыҟашьа аарԥшны ауадаҩрақәа ҳхаҳгоит (Кәал. 1:11; Иак. 1:3, 4). Иара убас ачҳара ҳацхраауеит Иегова ҳизиашаны аанхара, ҳауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы. Уи ашьоура аҽацәыхьчара иҳацхраауеит. Уи инеиҳангьы, Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ачҳара аарԥшны ҳаԥшларц. Уи шаҟа ихадоу аанарԥшуеит Иаков 5:7, 8 (уаԥхьа) аҿы иану.

5 Избан ачҳара аарԥшны Иегова ҳаизыԥшызар захәҭоу? Иаков адгьылқәаарыхҩы ҿырԥштәыс дааигеит. Адгьылқәаарыхҩы аҽаҩра иоурц азы игәы ақәкны аџьабаа ибоит, аха иара анырра изаҭом амш зеиԥшрахо ма аҵиаа шеизҳауа, насгьы аамҭа арццакра илшом. Иара ачҳара аарԥшны «акыр изаԥсоу аҽаҩра дазыԥшуп». Убас еиԥш ҳаргьы Иегова иқәыргәыӷрақәа рынаӡара ҳазыԥшуп, аха иҟоуп зыԥсахра ҳалымшо аҭагылазаашьақәа (Марк 13:32, 33; Аус. 1:7). Ҳаргьы уи адгьылқәаарыхҩы иеиԥш, ачҳара аарԥшны ҳаԥшлароуп.

6. Иаҳнарҵар алшозеи аԥааимбар Михеи иҿырԥштәы?

6 Иахьа ҳахьынхо адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа аԥааимбар Михеи данынхоз иҟаз аҭагылазаашьа иеиԥшуп. Иара дынхон Анцәа изиашамыз аҳ Ахаз ихаан. Уи аамҭазы Анцәа ижәлар еиуеиԥшым агәнаҳақәа ҟарҵон. Абиблиаҿы израильаа ирызкны иануп: «Ацәгьа аҟаҵара иазҟазаны иҟалеит». (Уаԥхьа Михеи 7:1—3.) Михеи аҭагылазаашьа аԥсахра ихала ишилымшоз еиликаауан. Иҟаиҵар илшози иара? Уи иҩит: «Сара Иегова сицклаԥшлоит, ачҳара аарԥшны сеиқәырхаҩ Сынцәа сизыԥшызаауеит. Сынцәа сыбжьы иаҳауеит» (Мих. 7:7). Михеи иеиԥш, ҳаргьы «ачҳара аарԥшны» ҳаԥшлароуп.

7. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара, Иегова иқәыргәыӷрақәа анынаӡо ҳәа аԥшра адагьы?

7 Ҳара Михеи иеиԥш агәрахаҵара ҳамазар, Иегова изыԥшра ҳазхиазаауеит. Ҳара абахҭа иҭаку иршьраны иҟоу абаандаҩы ҳиеиԥшым. Иара даныршьуа амш дазымԥшыр ада ԥсыхәа имам, ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит изакәытә цәаныррақәоу уи имоу. Аха ҳара ҳҭагылазаашьа зынӡа даҽакуп. Ҳара Иегова изыԥшра ҳазхиоуп, избанзар агәра ганы ҳаҟоуп: иара ҳзықәиргәыӷыз наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаиҭоит, насгьы уи ианахәҭоу иҟаиҵоит. Убри аҟынтә ачҳара аарԥшны гәырӷьарыла аҵыхәтәанынӡа зегь ҳхаҳгар ҳалшоит (Кәал. 1:11, 12). Иегова аамҭа игоит ҳәа ҳашшуазар, уи ала Ҳанцәа игәы иҳархьуеит (Кәал. 3:12).

АЧҲАРА ААЗЫРԤШУАЗ РҾЫРԤШТӘҚӘА

8. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳалшо, Анцәа изиашаз ахацәеи аҳәсеи рҿырԥштәқәа ҳанрызхәыцуа?

8 Ажәытәан инхоз ачҳара аарԥшны Анцәа иқәыргәыӷрақәа ирзыԥшыз иара изиашаз ахацәеи аҳәсеи рҿырԥштәы ҳазхәыцуазар, Иегова изыԥшра ҳзымариахоит (Рим. 15:4). Ҳара ҳазхәыцыр ҳалшоит урҭ шаҟа иԥшыз, насгьы ачҳара аарԥшны аԥшра изазхиаз, иара убас уи азы ҳамҭас ироуз.

Авраам имаҭацәа Исави Иакови риира акыршықәса дазыԥшын (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)

9, 10. Шаҟа аамҭа изыԥшызи Иегова Авраами Сарреи?

9 Шәааи ҳазхәыцып Авраами Сарреи рҿырԥштәы. Дара «зыгәрахаҵареи зычҳареи рыла изқәыргәыӷыз аиура заҭәашьахо ауаа» ирхыԥхьаӡалоуп. Абиблиаҿы иануп «Авраам ахачҳара аарԥшуа дыԥшын, аҵыхәтәан дызқәыргәыӷыз иоуит» ҳәа (Аур. 6:12, 15). Избан Авраам ачҳара аарԥшра зихәҭаз? Избанзар уи ақәыргәыӷра наӡарц азы аамҭа аҭахын. Иеговеи Авраами ирыбжьаҵаз аиқәшаҳаҭра аус аура иалагеит нисан 14, 1943 шықәсазы ҳ. ҟ. Усҟан Авраами Сарреи рҭынхацәа рыманы аӡиас Евфрат ирны Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеит. Аха Авраам иԥа Исаак диаанӡа 25 шықәса дыԥшыр акәхеит, анаҩс имаҭацәа Исави Иакови иаанӡа 60 шықәса (Аур. 11:9).

10 Шаҟа дгьыл иоузеи Авраам? Абиблиаҿы иануп: «Анцәа абраҟа уи ишьапҭыԥ иааннакылашаз аҟарагьы дгьыл иимҭеит. Аха дақәиргәыӷит ихылҵраны иҟаз џьынџьла абри атәыла шраҭәахоз ала, убасҟантәи аамҭазы Авраам хҭылҵ дышимамызгьы» (Аус. 7:5). Уи адгьыл зоураны иҟаз Авраам ихылҵшьҭра жәларык раҳасабала Изқәыргәыӷыз адгьыл роуит Авраам аӡиас Евфрат даныр 430 шықәса рышьҭахь (Ақәҵ. 12:40—42; Гал. 3:17).

11. Избан Авраам Иегова изыԥшра дзазхиаз, насгьы иарбан ҳамҭоу уи азы иоуа?

11 Авраам ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшра дазхиан, избанзар уи игәра игон. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:8—12.) Авраам иԥсы ҭанаҵы Анцәа дзықәиргәыӷыз аҵыхәтәанынӡа инамӡаӡеит, аха уи агәырӷьара аарԥшны дыԥшын. Аха шәхаҿы иаажәг Авраам џьанаҭ дгьыл аҿы иԥсы анҭаҵахо изакәытә цәаныррақәоу иоуа. Шаҟа иџьеишьозеи иара Абиблиаҿы ихылҵшьҭреи иареи рҭоурых шаҳәо анеиликаалак!a Шаҟа даршанхозеи изқәыргәыӷыз ахылҵ идҳәалоу Анцәа игәҭакы анагӡараҿы ихадоу ароль шимаз раԥхьаӡа ианеиликаалак! Ҳәарада, иара еиликаауеит уи азыԥшра ишаԥсаз.

12, 13. Избан Иосиф ачҳара аарԥшра зихәҭаз, насгьы иарбан гәазыҟашьоу уи имаз?

12 Авраам имаҭа иԥа Иосифгьы ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшра дазхиан. Иара изныкымкәа аиашамра дақәшәахьан. Иосиф 17 шықәса анихыҵуаз иашьцәа дырҭиит. Анаҩс иеиҳабы иԥҳәыс лцәа ԥиҽит ҳәа ахара идҵаны абахҭа дҭаркит (Аҟаз. 39:11—20; Аԥсал. 104:17, 18 [105:17, 18, АдҾ]). Угәы иаанагар алшон Иосиф изиашаразы азылԥхара иҭара ацымхәрас дахьырхәын ҳәа. Аха 13 шықәса анҵы зегь аҽаԥсахит. Уи абахҭа аҟынтә доурышьҭит, насгьы Мысра афараон ишьҭахь аҭыԥ ду ааникылеит (Аҟаз. 41:14, 37–43; Аус. 7:9, 10).

13 Дгәымбылџьбарахама Иосиф урҭ ауадаҩрақәа ирыхҟьаны? Ицәыӡма уи Инцәа Иегова иахь агәрагара? Мап. Аха ицхраазеи иара ачҳара аарԥшны аԥшра? Иосиф Иегова игәра игон, насгьы зегь рҿы ицхыраара ибон. Иазгәашәҭ уи иашьцәа иреиҳәаз: «Шәымшәан, сара сынцәоума? Шәара ацәгьара ззыҟашәҵарц шәашьҭан, аха Анцәа уи абзиарахь ирхарц иӡбеит уажәы ижәбо ҟаларц азы: аӡәырҩы ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы» (Аҟаз. 50:19, 20). Аҵыхәтәаны Иосиф баша дшыԥшымыз еиликааит.

14, 15. а) Ишәгәаԥхозеи шәара Давид ачҳара шааирԥшуаз аҟынтә? б) Ицхраауази Давид ачҳара аарԥшны аԥшра?

14 Аҳ Давидгьы аиашамра дақәшәон. Иара данқәыԥшыз Израиль аҳас дазыҟаларц азы Иегова далихит, аха иара 15 шықәса дыԥшыр акәхеит, убасҟан ауп иара иеимшьҭра аҳас данырзыҟала (2 Сам. 2:3, 4). Урҭ аамҭақәа рзы Анцәа изиашамыз аҳ Саул Давид дишьырц дишьҭашәарыцонb. Давид уи дицәыбналаны атәымтәылаҿы аҳаԥқәеи ацәҳәырақәеи рҿы иҽиҵәахлар акәхеит. Аибашьраҿы Саул даныршьгьы, Давид Израиль аҳас дазыҟалаанӡа еиҭа быжьшықәса дыԥшыр акәын (2 Сам. 5:4, 5).

15 Избан Давид ачҳара аарԥшны аԥшра дзазхиаз? Уи аҭак ануп Давид ԥшьынтә «ианбанӡа?» ҳәа дахьҵаауа аԥсалом аҿы. Абар иара ииҳәо: «Сара, Уара... [азиашара зныԥшуа убзиабара] сақәгәыӷуеит; сеигәырӷьоит Уара иҳаҭәоушьаз аҿыхра. Згәаԥхара схалашаз Нцәа Ҳазшаз, ашәа узысҳәауеит» (Аԥсал. 13:5, 6, АдҾ, албаага). Давид еснагь Иегова иааирԥшуа азиашара зныԥшуа абзиабара дақәгәыӷуан. Агәырӷьара ицәымӡкәа, иара Иегова иаӷацәа рҟынтә ихы данақәиҭитәуа дазыԥшын, насгьы уажәраанӡа Иегова дшизылԥхахьаз дазхәыцуан. Ааи, Давид аԥшра ишаԥсаз еиликаауан.

Иегова ихаҭа иҟаимҵарыз аусқәа ҳирҟаҵаӡом

16, 17. Иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥштәу ачҳара аарԥшны ишыԥштәу аганахь ала Иеговеи Иисуси иҳарҭо?

16 Иегова ихаҭа иҟаимҵарыз аусқәа ҳирҟаҵаӡом. Иара ачҳара аарԥшны ишыԥштәу аганахь ала аҿырԥштә бзиа ҳаиҭоит. (Уаԥхьа 2 Пиотр 3:9.) Иегова зқьышықәсала дыԥшуп Едемтәи абаҳчаҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа аҵыхәтәанынӡа иӡбахаанӡа, насгьы ихьӡ ҳаракхаанӡа. Уи аныҟало «иара изыԥшу зегьы» дара зықәгәыӷуа аасҭа еиҳау аҳамҭа роуеит (Ис. 30:18).

17 Иисусгьы аԥшра дазхиоуп. Адгьыл аҿы данынхоз иара Анцәа дизиашаны даанхеит, насгьы 33 шәықәсазы ҳ. ҳ. иԥсхҭынҵара ахә Анцәа изнеигеит, аха уи ашьҭахь иара 1914 шықәсанӡа дыԥшыр акәхеит, убасҟан ауп иара напхгара аура даналага (Аус. 2:33—35; Аур. 10:12, 13). Уи адагьы, Иисус иаӷацәа зегьы зқьышықәсатәи инапхгара анхыркәшахалак ауп ианықәгахо (1 Кор. 15:25). Уи аамҭа рацәаны иаҭахуп, аха баша аԥшра ҳақәшәаӡом.

ИҲАЦХРААУАЗЕИ ҲАРА АԤШРА?

18, 19. Иҳацхраауазеи ачҳара аарԥшны аԥшра?

18 Ишаҳбаз еиԥш, ҳара зегьы ачҳара аарԥшреи Анцәа изыԥшреи ҳазхиазароуп. Аха иҳацхраауазеи ҳара уи аҿы? Анцәа иԥшьоу адоуҳа шәиҭаларц шәиҳәала. Ишәхашәмыршҭлан ачҳара иԥшьоу адоуҳа алҵшәақәа ишыруаку (Еф. 3:16; 6:18; 1 Фес. 5:17—19). Убри аҟынтә Иегова ахачҳара аарԥшреи иара изыԥшреи дшәыцхраарц шәиҳәала.

19 Ишәхашәмыршҭлан Авраами, Иосифи, Давиди ачҳара аарԥшны Иегова иқәыргәыӷрақәа рынагӡара азыԥшра ирыцхраауаз. Дара Иегова игәра ргон, насгьы иқәгәыӷуан. Дара рхи рхатә маншәалареи мацара акәмызт рхы ззырышьҭуаз. Ҳара урҭ аҵыхәтәаны изакәытә ҳамҭоу ироуз ҳазхәыцлар, уи ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшра иҳацхраауеит.

20. Ҳзызхиоузеи ҳара?

20 Еиуеиԥшым аԥышәарақәа ҳашрықәшәогьы, ҳара ҳазхиоуп «ачҳара аарԥшны» Иегова изыԥшра. Ҳәарада, зны-зынла ҳара ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа ҳиҳәоит: «Ианбанӡа, Иегова?» (Ис. 6:11). Аха Анцәа иԥшьоу идоуҳа ацхыраара ӷәӷәа анаҳнырлак, Иеремиа иеиԥш иаҳҳәар ҳалшоит: «Иегова сара сыхәҭаа иоуп... Убри аҟынтә уи изыԥшра сҽазысшәоит» (Аҵә. 3:21, 24).

a Авраам иԥсҭазаара иазкны иануп ашәҟәы Аҟазаара 15-хык рҟны. Уи адагьы, Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа зыҩуаз Авраам иӡбахә 70-нтә ирҳәон.

b Саул ҩышықәса инареиҳаны аҳра аниу ашьҭахь Иегова уи мап ицәикит, аха иара уи дыԥсаанӡа еиҭа 38 шықәса рыҩныҵҟа аҳра аура алшара ииҭеит (1 Сам. 13:1; Аус. 13:21).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра