«Ҳанцәа иажәа наӡаӡа иҟазаалоит»
«Аҳаскьын иаҵәа ҩеит, ашәҭ канӡеит, аха Ҳанцәа иажәа наӡаӡа иҟазаалоит» (ИС. 40:8).
1, 2. а) Изеиԥшрахози ҳаԥсҭазаара, Абиблиа ыҟамызҭгьы? б) Ианбаҳзаанагар алшо Абиблиа еиҳаны ахәарҭа?
ШӘХАҾЫ иаажәг ҳаԥсҭазаара зеиԥшрахоз Абиблиа ҳамамызҭгьы. Усҟан узықәгәыӷыртә иҟоу иҟәыӷоу алабжьара ҳауамызт. Анцәеи, аԥсҭазаареи, ҳԥеиԥши ирызкны ҳазҵаарақәа рҭак ҳзыԥшаауамызт. Иара убас Иегова ажәытәан ауаа дышрызныҟәоз ҳаздырломызт.
2 Аха ҳара ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ҳамам. Иегова Иажәа, Абиблиа, ҳаиҭеит, насгьы иара иажәа наӡаӡа ишыҟазаауа ҳақәиргәыӷуеит. Апостол Пиотр раԥхьатәи исаламшәҟәаҿы иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала дахцәажәеит ари астатиа шьаҭас иамоу Исаиа 40:8 аҿы иаагоу ажәеинраала. Иара «Анцәа Иажәа» иалкааны далацәажәомызт, аха Пиотр ииҳәаз абиблиатә жәабжь иаҵанакуан. (Уаԥхьа 1 Пиотр 1:24, 25.) Ҳәарада, Абиблиа еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагоит, уи ибзианы еилаҳкаауа абызшәала иҳамазар. Анцәа Иажәа бзиа избо ауаа уи еилыркааижьҭеи акрааҵуеит. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа згәы аарту ауаа Абиблиа аиҭагареи уи аларҵәареи рзы имаҷымкәа аџьабаа рбеит, уи аҟаҵара шымариамызгьы. Дара Анцәа игәаԥхара инақәыршәаны рхы мҩаԥыргон, иара иҭахуп «ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша-ҵабырг рҭаарц» (1 Тим. 2:3, 4).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
3 Ари астатиаҿы ҳара ҳазааҭгылоит Анцәа Иажәа шеиқәхаз 1) абызшәаҿы аԥсахрақәа шыҟазгьы, 2) аполитикатә ҭагылазаашьа аҽшаԥсахуазгьы, насгьы 3) уи аиҭагара ишаҿагылозгьы. Уи ҳацхраауеит Анцәа Иажәа еиҳа пату ақәҵара, насгьы уи Автор еиҳагьы бзиа ибара (Мих. 4:2; Рим. 15:4).
АБЫЗШӘАҾЫ АԤСАХРАҚӘА
4. а) Рыҽшԥарыԥсахуеи абызшәақәа аамҭа цацыԥхьаӡа? б) Излоубарҭоузеи Анцәа амилаҭқәа шеилимхуа, насгьы иарбан цәаныррақәоу уи иҳазцәырнаго?
4 Аамҭа цацыԥхьаӡа абызшәақәа рҽырыԥсахуеит. Ажәақәеи аҳәамҭақәеи даҽа ҵакык роур рылшоит. Иҟалап шәхатәы бызшәа аҽшаԥсахыз жәбахьазар. Убас еиԥш рҽырыԥсахит Абиблиа аиҳарак злаҩыз ауриатә, насгьы абырзен бызшәақәа. Иахьа ауриацәеи абырзенцәеи злацәажәо абызшәа абиблиатә аамҭақәа раан иҟаз ауриатә, насгьы абырзен бызшәақәа иреиԥшым. Убри аҟынтә Анцәа Иажәа аилкаара зҭаху зегьы уи аиҭага иаԥхьалароуп, иахьатәи ауриатә, насгьы абырзен бызшәақәа здыруагьы уахь иналаҵаны. Шьоукы ажәытәан излацәажәоз абырзен бызшәеи ауриатә бызшәеи рҵар рҭахуп, Абиблиа аоригинал ҩырақәа ирыԥхьарц азы. Аха уи дара ирҭаху алҵшәа рзаанагомa. Иахьа Абиблиа ма уи иахәҭаку ашәҟәқәа 3 200 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭагоуп. Ишаҳбо еиԥш, Иегова иҭахуп Иажәа «абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, бызшәақәас, жәларқәас иҟоу зегьы» ахәарҭа рзаанагарц. (Уаԥхьа Аатра 14:6.) Уи еилых-еилаҵа ҟазымҵо, абзиабара злоу Анцәа еиҳагьы изааигәахара ҳгәазҭанаҵоит (Аус. 10:34).
5. Изларылукаауазеи акрал Иаков еиҭеигаз Абиблиа?
5 Абиблиа злеиҭагаз абызшәақәагьы рҽырыԥсахуеит, убри аҟынтә аиҭагақәа аамҭақәак рышьҭахь иажәыр рылшоит. Ҿырԥштәыс иааҳгап англыз бызшәала иҟоу Абиблиа аиҭага. Акрал Иаков иеиҭага ҭыҵит 1611 шықәсазы. Уи англыз бызшәала иҟаз зегь раҵкыс еицырдыруа Абиблиа аиҭага акәхеит, насгьы уи абызшәа анырра ӷәӷәа анаҭеит. Иазгәаҭатәуп акрал Иаков ибиблиаҿы Анцәа ихьӡ ахьуԥыло шмаҷу. Аиҭагаҩцәа ахьӡ «Иегова» Ажәытә Уасиаҭ аҿы ҭыԥқәак рҿы ауп рхы иахьадырхәо. Аоригинал аҿы Анцәа ихьӡ ахьану Ауриатә Ҩырақәа рҿы дара Анцәа ихьӡ рыԥсахит нбан дула иҩу ажәа «ИҲАҚӘИҬУ» ала. Аамҭақәак рышьҭахь иҭыжьыз аиҭагақәа рҟны уи ажәа Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа жәеинраалақәак рҿы иуԥылоит. Убасала акрал Иаков ибиблиа ҭзыжьыз ақәшаҳаҭхеит Анцәа ихьӡ Ауасиаҭ Ҿыц аҿы иуԥылалар шакәу.
6. Избан ҳара «Адунеи ҿыц аиҭага» ахә заҳшьо?
6 Акрал Иаков ибиблиа шәышықәсала ишыҟазгьы, уа иуԥылоз ажәақәа ажәит. Убас еиԥш азуҳәар алшоит Абиблиа раԥхьатәи егьырҭ аиҭагақәа. Шаҟа аџьшьара ааҳарԥшуазеи иахьатәи абызшәала еиҭагоу Абиблиа — «Адунеи ҿыц аиҭага» ахьҳамоу! Ари аиҭага шеибго ма хәҭа-хәҭала еиҭагоуп 150 бызшәа инареиҳаны рыла, убри аҟынтә уи Адунеи зегь иқәынхо ауаа реиҳараҩык аԥхьара рылшоит. Еилыкка иҟоу, зеилкаара мариоу ари аиҭага абзоурала, Анцәа Иажәа иану ажәабжь ҳгәаҵанӡа инеиуеит (Аԥсал. 118:97, [119:97, АдҾ]). Аха «Адунеи ҿыц аиҭага» зегь раҵкыс изларылукаауа, Анцәа ихьӡ иахьахәҭоу иахьгылоу ауп.
ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АБЫЗШӘА
7, 8. а) Избан III ашәышықәсазы ҳ. ҟ. ауриацәа аӡәырҩы Ауриатә Ҩырақәа зырзеилымкаауаз? б) Изакәызеи Асептуагинта?
7 Зны-зынла адунеизегьтәи аполитикатә ԥсахрақәа анырра арҭон жәларбжьаратәи бызшәаны иҟало. Дышԥеиҷаҳаи Анцәа урҭ аԥсахрақәа ауаа Абиблиа аилкаара ирԥырхагамхарц? Иаҳҳәап, раԥхьатәи 39 библиатә шәҟәы зҩыз израильаа, ма ауриацәа, роуп. Зегь раԥхьаӡа «Анцәа иажәа гәрагарала изаҭәашьахаз» дара ракәын (Рим. 3:1, 2). Аха III ашәышықәсазы ҳ. ҟ. ауриацәа аӡәырҩы рбызшәа рхашҭит. Избан? Уи зыхҟьаз Александр Македонтәи ихаан Бырзентәыла аҳәаақәа рҽахьдырҭбааз ауп (Дан. 8:5—7, 20, 21). Уи аимпериа ду аҿы инхоз аӡәырҩы, ауриацәагьы уахь иналаҵаны, абырзен бызшәала ацәажәара иалагеит. Убри аҟынтә урҭ реиҳараҩык Ауриатә Ҩырақәа реилкаара еиҳа-еиҳа ирцәыцәгьахон. Ӡбашьас иамази уи?
8 III ашәышықәса азбжазы ҳ. ҟ. Абиблиа аҟынтә раԥхьатәи хә-шәҟәык ауриа бызшәа аҟынтә абырзен бызшәахьы еиҭаган. Егьырҭ Ауриатә Ҩырақәа реиҭагара хыркәшан II ашәышықәсазы ҳ. ҟ. Бырзен бызшәала иҟаз арҭ абиблиатә шәҟәқәа реиҭагақәа реизга Асептуагинта ҳәа ахьӡҵахеит.
9. а) Ишԥарыцхрааи ауаа Асептуагинта, насгьы егьырҭ Абиблиа аиҭагақәа Анцәа Иажәа аилкаара? б) Иарбан цыԥҵәахоу Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә шәара зегь раасҭа ишәгәаԥхо?
9 Абырзен бызшәала ицәажәоз ауриацәа, насгьы егьырҭ ауаа Асептуагинта рыцхрааит Ауриатә Ҩырақәа реилкаара. Шәхаҿы иаажәг изакәытә цәаныррақәоу урҭ ирымаз ирызгәакьахаз абызшәала Анцәа Иажәа анраҳауаз, насгьы ианаԥхьоз! Аамҭақәак рышьҭахь Абиблиа ахәҭақәа еицырдыруаз егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭаган, иаҳҳәап, ассириатәи, готтәи, насгьы алаҭын бызшәақәа. Ауаа зеилкаара мариаз абызшәала Иԥшьоу Аҩыра ианаԥхьоз, урҭ, ҳәарада, ҳара ҳаиԥш иргәаԥхоз алыркаауан. (Уаԥхьа Аԥсалом 118:162—165, [119:162—165, АдҾ].) Ишаҳбаз еиԥш, Анцәа Иажәа еиқәхеит жәларбжьаратәи абызшәа аҽшаԥсахуазгьы.
АБИБЛИА АИҬАГАРАЗЫ АҼАЗЫШӘАРАҚӘА ИШЫРҾАГЫЛОЗ
10. Избан Џьон Уиклиф ихаан ауаа Абиблиа аԥхьара зрылымшоз?
10 Лассы-лассы амчра змаз ауаа егьырҭ Абиблиа аԥхьара ирԥырхагахон. Аха иҟан згәы аартыз ауаа урҭ ииашамыз рҽазышәарақәа ирҿагылоз. Урҭ дыруаӡәкын XIV ашәышықәсазы инхоз англыз динҭҵааҩ Џьон Уиклиф. Уи агәра ганы дыҟан ауаа зегьы Анцәа Иажәа аԥхьара алшара шрымазар акәу. Аха усҟантәи аамҭақәа раан Англиа инхоз ауаа реиҳараҩык уи ашәҟәы аԥхьара алшара рымамызт. Избан? Актәи, ауаа реиҳараҩык Абиблиа рзаахәомызт, избанзар уи напыла ихырҩылаауан, урҭ ахҩылаақәа даара рыхә цәгьан. Аҩбатәи, ауаа реиҳараҩык аԥхьашьа рыздыруамызт. Дара ауахәамақәа рҿы Абиблиа ишаԥхьоз анраҳауазгьы уи рзеилкаауамызт, избанзар ауахәамаҿы рхы иадырхәоз аиҭага (Вульгата) лаҭын бызшәала акәын ишыҟаз. Уи абызшәа абжьаратәи ашәышықәсақәа раан уаҳа рхы иадырхәомызт, насгьы ауаа уи зынӡа ирзеилкаауамызт. Ишԥарылшеи нас дара зыхә ҳараку абиблиатә ҵабыргқәа рыԥшаара? (Ажәам. 2:1—5).
Џьон Уиклифи егьырҭ ауааи ирылшоз зегь ҟарҵон Анцәа Иажәа ауаа зегьы ирымазарц азы. Ишәымоума шәара уи аҩыза агәаҳәара? (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. Иарбан лҵшәақәоу Уиклиф ибиблиа иаанагаз?
11 1382 шықәсазы иҭыҵит англыз бызшәала еиҭагаз Абиблиа, уи Уиклиф ибиблиа ҳәа еицырдыруа иҟалеит. Џьон Уиклиф ишьҭанеицәа уи Абиблиа даара иргәаԥхеит. Анцәа Иажәа ауаа ргәаҵанӡа анагара зҭахыз Уиклиф ишьҭанеицәа қыҭак аҟынтә даҽа қыҭак ахь шьапыла Англиа зегь иакәшеит. Дара лассы-лассы ауаа Уиклиф ибиблиа аҟынтә ацыԥҵәахақәа ирзаԥхьон, насгьы напыла иҩыз ахҩылаақәа рзынрыжьуан. Урҭ ажәабжьҳәаҩцәа иҟарҵоз аҽазышәарақәа рыбзоурала ауаа еиҭа Анцәа Иажәахь аинтерес рызцәырҵит.
12. Ишԥазнеи адиннапхгаҩцәа Уиклиф ибиблиа, насгьы уи ишьҭанеицәа иҟарҵоз аҽазышәарақәа?
12 Ишԥазнеи адиннапхгаҩцәа ари зегьы? Дара Уиклиф ибиблиеи иареи даараӡа ирцәымыӷхеит. Адиннапхгаҩцәа рыԥсахы еибакны Уиклиф ишьҭанеицәа рышьҭашәарыцара иалагеит. Дара ирыԥшаауаз Уиклиф ибиблиақәа зегьы ықәырхуан. Уиклиф данԥсы ашьҭахьгьы, уи аеретик ҳәа изырҳәеит. Аха иалшома иԥсхьоу иахьырхәра? Уеизгьы, адиннапхгаҩцәа адҵа ҟарҵеит Уиклиф ибаҩқәа анышә иҵхны, ибылны аӡиас Свифт иарҭарц. Аха адиннапхгаҩцәа ирылшомызт Абиблиа аԥхьареи аилкаареи зҭахыз ауаа ирԥырхагахар. Анаҩстәи ашәышықәсақәа рзы Европа, иара убас егьырҭ атәылақәа рҿы ауаа еилыркаауаз абызшәахьы Абиблиа аиҭагареи акьыԥхьреи иалагеит.
«ИХӘАРҬОУ УЗЫРҴО» АНЦӘА
13. Зыгәра ганы ҳаҟоузеи ҳара, насгьы ишԥарӷәӷәо уи ҳагәрахаҵара?
13 Асептуагинта, Уиклиф ибиблиа, акрал Иаков ибиблиа, насгьы егьырҭ аиҭагақәа иԥшьоу адоуҳа рыҵан ҳәа иԥхьаӡатәым. Аха Абиблиа аиҭагаратә ус аҭоурых ҳаназхәыцуа, ҳара еилыкка иаҳбоит Иегова ишиҳәахьаз еиԥш Иажәа шиихьчаз. Иамырӷәӷәаӡои уи ҳагәрахаҵара Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегьы шынаигӡо? (Иис. Н. 23:14).
14. Ҳгәашԥазҭанаҵо Анцәа Иажәа Анцәа еиҳаны бзиа ибара?
14 Абиблиа ҳаамҭақәа рҟынӡа ишааиз ҳаназхәыцуа, уи Иегова еиҳагьы бзиа ибара иҳацхраауеитb. Избан уи Иажәа зҳаиҭаз, насгьы уи ихьчоит ҳәа ҳзақәиргәыӷыз? Избанзар иара бзиа ҳаибоит, насгьы хәарҭа ҳзаазго ҳирҵар иҭахуп. (Уаԥхьа Исаиа 48:17, 18.) Ҳара уи бзиа даҳбалар, насгьы изакәанқәа наҳагӡалар, ибзиабаразы аџьшьара иаҳҭалоит (1 Иоанн 4:19; 5:3).
15. Ҳазлацәажәозеи анаҩстәи астатиаҿы?
15 Ҳара Абиблиа ахә ҳаракны иаҳшьозар, уи баша асаба аақәҳауа иқәзаалаӡом. Ишԥаҳалшо Анцәа Иажәа аԥхьара еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагалартә аҟаҵара? Иҟаҳҵар ҳалшозеи ажәабжь заҳҳәо ауаа Абиблиа иазхьаҳарԥшырц азы? Ишԥарылшо аишьцәа аизараҿы асцена аҟынтә иддырҵо Абиблиа шьаҭас ишамоу агәра агара? Арҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.
a Шәахәаԥш ноиабр 1, 2009 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы иаагоу астатиа «Нужно ли учить еврейский и греческий?».
b Шәахәаԥш арамка «Ари ахәаԥшра иаԥсоуп».