Ухы иархәа амаҵзураҿы асаит jw.org
Ҳара ҳсаит jw.org «адгьыл зегьы аҟны» ажәабжь бзиа рыларҵәаразы мыруга бзиоуп (Аус. 1:8). Абжьааԥны ауаа ҳсаит аӡбахә еилыркаауеит ажәабжьҳәаҩ уи ианазхьаирԥшлак.
Раионтә хылаԥшҩык иҭел иҭаиҩит авидеоролик «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?», нас аҭагылазаашьа аниоулак, иаирхәаԥшуеит. Иаҳҳәап, ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аниҳәо, иара ус далагоит: «Сара иааркьаҿны ауаа срацәажәоит, насгьы акрызҵазкуа хызҵаарак рҭак аԥшаараҿы срыцхраауеит: „Избан адунеи аҿы ауадаҩрақәа зырацәоу? Ишԥаиӡбо урҭ Анцәа? Ишԥаҳалшо ҳара иахьа урҭ риааира?“ Ари авидеоролик иааркьаҿны арҭ азҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит». Иара ауаҩы ахәаԥшра уҭахума ҳәа диазҵааӡом, аха иаразнак иаҿакны, уи шидикыло дацклаԥшуеит. Ари авидеоролик убриаҟара интересуп, ауаа реиҳараҩык рылаԥш аҟәымгаӡакәа аҵыхәтәанынӡа иахәаԥшуеит. Анаҩс араионтә хылаԥшҩы иҳәоит: «Шәара аролик аҟны ишәаҳаит ҳара ҳсаит аҿы абиблиатә ҵара уаҳәар шалшо. Сара ара сахьынӡаҟоу, иааркьаҿны ишәсырбар сылшоит уи шымҩаԥысуа». Ауаҩы дақәшаҳаҭзар, иара аҵара далагоит аброшиура «Ажәабжь бзиа» ала. Аха дзацәажәо деилахазар, уи даҽазны данааиуа иеиҳәоит. Иара аԥсшьара аамҭазы акаҳуажәырҭахь данцо, иааигәа итәоу аӡәы диацәажәоит, убрагьы ихы иаирхәоит уи азнеишьа. Ухы иаурхәома уара амаҵзураҿы асаит jw.org?