АҴАРАЗЫ АСТАТИА 8
Иҳацхраауазеи аԥышәарақәа раан агәырӷьара ахьчара?
«Сашьцәа, еиуеиԥшым аԥышәарақәа шәанрықәшәо шәгәырӷьала» (ИАК. 1:2, АдҾ).
АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа
АХҲӘААa
1, 2. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу аԥышәарақәа, Матфеи 5:11 иану инақәыршәаны?
ИИСУС иҳәеит иҵаҩцәа анасыԥҵәҟьа шроуа. Аха уи адагьы, иара иҳәеит дара аԥышәарақәа ишрықәшәало (Матф. 10:22, 23; Лука 6:20—23). Ҳәарада, ҳара Иисус иҵаҩцәа ахьҳакәу ҳаигәырӷьоит. Аха ҳхы шԥаҳбо уи азы ҳҭаацәара аҟынтә аӡәы данаҳҿагыло, аҳәынҭқарцәа анҳашьҭашәарыцо, мамзаргьы аҵара зцаҳҵо ма аус зцаҳуа иҽеим ак ҟаҳҵарц азы ианҳақәыӷәӷәо? Ҳәарада, арҭ аҭагылазаашьақәа агәҭынчымра ҳазцәыррымгар залшом.
2 Ауаа аԥышәарақәа ианрықәшәо игәырӷьаӡом. Аха Анцәа Иажәа ҳара ҳгәырӷьаларц ҳаанаԥхьоит. Иаҳҳәап, Иаков иҩуан аԥышәарақәа ҳанрықәшәо ҳгәырӷьалар шҳахәҭоу (Иак. 1:2, 12). Иисусгьы иҵаҩцәа иреиҳәоз уи акәын. (Шәаԥхьа Матфеи 5:11.) Аха иҳацхраауазеи уи аҟаҵара? Шәааи Иаков актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ирзиҩыз зхәыцрақәак еилҳаргап. Аха раԥхьа ҳрылацәажәап урҭ зықәшәоз уадаҩрақәак.
АКТӘИ АШӘЫШЫҚӘСАЗЫ ИНХОЗ АҚЬЫРСИАНЦӘА ЗЫҚӘШӘОЗ АԤЫШӘАРАҚӘА
3. Иҟалазеи Иаков ақьырсианра анидикыла ашьҭахь дук мырҵыкәа?
3 Иисус иашьа Иаков ақьырсианра анидикыла ашьҭахь дук мырҵыкәа Иерусалим ақьырсианцәа ирышьҭашәарыцо иалагеит (Аус. 1:14; 5:17, 18). Стефан даныршь ашьҭахь ақьырсианцәа аӡәырҩы Иудеиеи Самариеи ирыҵанакуаз егьырҭ ақалақьқәа рахь ииасит. Иҟан ихараз Кипри Антиохиеи рҟынӡа ицазгьы (Аус. 7:58—8:1; 11:19). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит уи ақьырсианцәа шаҟа уадаҩра рызцәырнагаз. Ус шакәызгьы, дара ахьцалакгьы ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәон. Уи абзоурала Римтәи аимпериа зегь аҿы аизарақәа ҟалеит (1 Пиотр 1:1). Аха урҭ ақьырсианцәа раԥхьаҟа еиҳагьы иӷәӷәаз аԥышәарақәа рзыԥшын.
4. Иарбан уадаҩрақәоу еиҭа актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа зықәшәоз?
4 Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәон. Иаҳҳәап, 50 шықәса ҳ. ҳ. аҟара азы римтәи аимператор Клавди Рим инхоз аиудеиаа зегьы ақалақь иалҵырц реиҳәеит. Убри аҟынтә иауриаз ақьырсианцәа рыҩнқәа ааныжьны даҽаџьара ииасыр акәхеит (Аус. 18:1—3). 61 шықәса аҟара аныҟаз апостол Павел иҩуан ақьырсианцәа шыладырҟәуаз, абахҭа ишҭаркуаз, насгьы ирымаз зегь шрымырхуаз (Аур. 10:32—34). Уи адагьы, ауаа зегь реиԥш, дара амамзаареи ачымазарақәеи идыргәаҟуан (Рим. 15:26; Флп. 2:25—27).
5. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?
5 Иаков исаламшәҟәы 62 шықәса ҳ. ҳ. алагаанӡа иҩхьан. Ус анакәха, иара иашьцәеи иаҳәшьцәеи зықәшәоз ауадаҩрақәа бзиаӡаны идыруан. Иегова Иаков игәазҭеиҵеит аԥышәарақәа ирықәшәоз ақьырсианцәа агәырӷьара ахьчара ирыцхраауаз алабжьарақәа рзиҩырц. Шәааи уажәы Иаков исаламшәҟәы еилҳаргап, насгьы абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵап: иарбан гәырӷьароу Иаков дызлацәажәоз? Иҳамызхыр алшозеи ҳара агәырӷьара? Ишԥаҳацхраауеи аҟәыӷареи, агәрахаҵареи, агәымшәареи агәырӷьара ахьчара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы?
ИРЗААЗГОЗЕИ АҚЬЫРСИАНЦӘА АГӘЫРӶЬАРА?
Акәаҷаб аҩныҵҟа иаку амца шмыцәо еиԥш Иегова иҳаиҭо агәырӷьара ду ҳгәаҿы ахаангьы ицәаӡом. (Шәахәаԥш абзац 6.)
6. Избан ақьырсиан аԥышәарақәа данрықәшәогьы дгәырӷьалар зилшо, Лука 6:22, 23 иану инақәыршәаны?
6 Ауаа изларҳәо ала анасыԥ змоу згәабзиара бзиоу, аԥара змоу, насгьы зҭаацәараҿы уадаҩра ыҟам иоуп. Аха Иаков дызлацәажәоз иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу агәырӷьара ауп. Уи ҳҭагылазаашьақәа ирхьыԥшӡам (Гал. 5:22). Ақьырсиан Иегова дыширгәырӷьо, насгьы Христос дшиҿыԥшуа анидыруа ауп агәырӷьара анимоу. (Шәаԥхьа Лука 6:22, 23; Кәал. 1:10, 11.) Акәаҷаб аҩныҵҟа иаку амца аԥшеи ақәеи шаԥырхагам еиԥш ақьырсиан игәы иҭоу агәырӷьара акгьы изарцәом. Иара игәырӷьара ыӡӡом агәамбзиара ма амамзаара даргәаҟуазаргьы, иҭынхацәа ма егьырҭ ауаа иҿагылозаргьы, ихыччозаргьы. Аҿагыларақәа еиҳа иӷәӷәахозаргьы, игәырӷьара еиҳагьы еизҳауеит. Ҳагәрахаҵаразы иахьҳашьҭашәарыцо Христос иҵаҩцәа шҳакәҵәҟьоу шьақәнарӷәӷәоит (Матф. 10:22; 24:9; Иоанн 15:20). Убри азоуп Иаков изиҩуаз: «Сашьцәа, еиуеиԥшым аԥышәарақәа шәанрықәшәо шәгәырӷьала» (Иак. 1:2).
Избан аԥышәарақәа аџыр аӡрыжәразы рхы иадырхәо амца изаҿырԥшу? (Шәахәаԥш абзац 7.)b
7, 8. Ишԥаныруеи аԥышәарақәа ҳагәрахаҵара?
7 Иаков аԥышәарақәа ҳанрықәшәо ҳгәырӷьалар зҳалшо узырбо даҽа мзызкгьы ааигеит. Иара иҳәеит: «Шәара ижәдыруеит ахаҵаратә ԥышәара ачҳара шахылҵуа» (Иак. 1:3). Аџыр дыӡрыжәырц азы зны амцаҿы идыршуеит, нас аӡы хьшәашәа иҭыршьуеит. Убас еиԥшҵәҟьа аԥышәарақәа ҳагәрахаҵара дырӷәӷәоит. Убри азоуп Иаков изиҳәаз: «Ахачҳара акәзар, инагӡаны иааԥшааит, ак згым, гра змам шәакәны шәыҟазарц азы» (Иак. 1:4, АдҾ). Аԥышәарақәа ҳагәрахаҵара шдырӷәӷәо анаҳбо, урҭ агәырӷьара мырӡкәа иаҳхаҳгоит.
8 Иаков ииҩыз асаламшәҟәаҿы агәырӷьара ҳамызхыр алшо ауадаҩрақәагьы рыӡбахә иҩуан. Иарбанқәоу урҭ, насгьы иҳацхраауазеи урҭ рыхгара?
АГӘЫРӶЬАРА ҲАМЫЗХУА АУАДАҨРАҚӘА ҲАРИААИУЕИТ
9. Избан аҟәыӷара заҳҭаху?
9 Ауадаҩра: иҟаҳҵара ҳаздырам. Аԥышәарақәа ҳанрықәшәо ҳара Иегова дзыргәырӷьо, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирыхәо, насгьы Анцәа изиашаны аанхара иҳацхраауа аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳҭахуп. Аха Анцәа ицхыраарада уи ҳалшом (Иер. 10:23). Ҳара иҟаҳҵаша, насгьы иаҳҿагыло ҳашрацәажәаша ҳдыруазарц азы аҟәыӷара ҳҭахуп. Иҟаҳҵаша ҳзымдыруазар, зхы изамыхәо аӡә иеиԥш ҳхы ҳбар, насгьы агәырӷьара ҳцәыӡыр алшоит.
10. Иҟаҳҵалар акәзеи аҟәыӷара ҳаурц ҳҭахызар, Иаков 1:5 иану инақәыршәаны?
10 Иҟаҳҵар ҳалшо: Иегова аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. Аԥышәарақәа ирыхҟьаны агәырӷьара ҳцәымӡырц ҳҭахызар Иегова ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауа аҟәыӷара ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. (Шәаԥхьа Иаков 1:5.) Аха иҟаҳҵарызеи иара ҳаҳәарақәа рҭак иаразнак иҟаимҵошәа ҳбозар? Анаҩсгьы ҳиҳәалароуп. Иегова аҟәыӷара ҳаиҭарц азы ҳааҟәымҵӡакәа ҳахьиҳәо игәы ԥнаҵәаӡом. Иара уи азы дҳақәыӡбаӡом. Ауадаҩрақәа рыхгаразы жәҩантәи Ҳаб аҟәыӷара ҳаиҭарц ҳиҳәозар, иара уи гәыҭбаарала иҳаиҭоит (Аԥсал. 25:12, 13). Иара ибоит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа, ҳрыцҳаишьоит, дҳацхраарцгьы иҭахуп. Уи ҳамыргәырӷьар залшом. Аха ишԥаҳаиҭо Анцәа аҟәыӷара?
11. Иҟаҳҵалар акәзеи иҵегьы, аҟәыӷара ҳаурц азы?
11 Иегова Иажәа ала аҟәыӷара ҳаиҭоит (Ажәам. 2:6). Убри аҟынтә ҳара Анцәа Иажәеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи ҭаҳҵаалароуп. Аха адыррақәа реизырҳара мацара азхаӡом. Иҳауа адыррақәа ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәалароуп. Иаков иҩуан: «Ажәа азыӡырҩра мацара азхом, иаҭахуп иҳәоу анагӡара» (Иак. 1:22). Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа ҳхы иаҳархәозар, аҭынчра ҳашьҭазаауеит, аҟәыӷареи, агәшаҭареи ааҳарԥшлоит (Иак. 3:17). Арҭ аҟазшьақәа аԥышәарақәа раан агәырӷьара ахьчара иҳацхраауеит.
12. Избан Абиблиа ҭаҳҵаалар зҳахәҭоу?
12 Анцәа Иажәа асаркьа еиԥшуп. Уи иҳагу ҳнарбоит (Иак. 1:23—25). Иаҳҳәап, Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо ҳара игәаҳҭар ҳалшоит иаразнак ҳаԥсахы шеибакуа, насгьы аҽынкылара шаҳзымхо. Аха Иегова ицхыраарала ҳара аӡәы ҳгәы анԥижәо ма ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо аҽынкылара аарԥшышьа ҳҵар ҳалшоит. Аҽынкылара ҳацхраауеит агәҭынчра ахьчара, насгьы ауадаҩра ииашаны аӡбара (Иак. 3:13). Излаҳбо ала Анцәа Иажәа ахьҭаҳҵаауа ахәарҭа ду ҳзаанагоит!
13. Избан Абиблиаҿы зыӡбахә ану Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа ҳрызхәыцлар зҳахәҭоу?
13 Зны-зынла гхак аныҟаҳҵалак ашьҭахь ауп ак анеилаҳкаауа. Аха егьырҭ рҿырԥштәқәа ҳрызхәыцлар, насгьы рыгхақәа ҟаҳамҵалар еиҳа еиӷьуп. Убри азоуп Иаков Абиблиаҿы зыӡбахә ану Авраами, Раави, Иови, Илиеи, егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәеи ҳарҿыԥшларц зҳаиҳәоз (Иак. 2:21—26; 5:10, 11, 17, 18). Анцәа изиашаз урҭ ауаа агәырӷьара рымызхыр алшоз аԥышәарақәа ириааит. Урҭ рҿырштәы иаҳнарбоит Иегова ицхыраарала ҳаргьы уи шҳалшо.
14, 15. Избан иҳазцәырҵуа алакҩакрақәа ҳаӡбалар закәу?
14 Ауадаҩра: алакҩакрақәа ҭаха ҳарҭом. Ҳара Анцәа Иажәа иану акы аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилымкаауазар ҟалоит, мамзаргьы Анцәа ҳаҳәарақәа рҭак ҳшазыԥшыз еиԥш иҟаимҵозар ауеит. Уи иахҟьаны алакҩакрақәа ҳазцәырҵыр алшоит. Урҭ хьаас иҳамкыр ҳагәрахаҵара ԥсыҽхоит, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызарагьы бжьысуеит (Иак. 1:7, 8). Аҵыхәтәаны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы иҳамоу агәырӷьара ҳцәыӡыргьы алшоит.
15 Апостол Павел иҳамоу агәыӷра аԥырсал иаҿирԥшит (Аур. 6:19). Амшын аҿы афырҭын бааԥс анышьҭыҵуа аӷба иахьахәҭам иамгарц азы аԥырсал ларышьҭуеит. Аха аԥырсал аӷба ннакыларц азы уи аӷба изладҳәало азынџьыр еибгазароуп. Ажьакца азынџьыр шафо еиԥш, иҳазцәырҵуа алакҩакрақәа ҳмыӡбалар, ҳагәрахаҵара рфар ауеит. Иҳазцәырҵуа алакҩакрақәа хьаас иҳамкуазар, аԥышәарақәа ҳанрықәшәалак Иегова ҳазқәиргәыӷыз шынаигӡо агәра агара ҳцәыцәгьахар алшоит. Ҳагәрахаҵара ҳцәыӡыр, агәыӷрагьы ҳцәыӡуеит. Иаков иҳәеит: «Лакҩакрала... иҟоу ауаҩы аԥша иԥыххааса иқәнаҵо амшын цәқәырԥа даҩызоуп» (Иак. 1:6). Усҟан агәырӷьаха ҳауам.
16. Иҟаҳҵар акәзеи алакҩакрақәа ҳазцәырҵзар?
16 Иҟаҳҵар ҳалшо: ишәызцәырҵыз алакҩакрақәа шәыӡба, шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала. Аԥааимбар Илиа ихаан Иегова ижәлар зыгәра ргалар рыхәҭаз еилкааны ирымаӡамызт. Убри аҟынтә Илиа иреиҳәеит: «Шаҟаамҭа шәцыркьлозеи шәыҩшьапык рыла? Иегова иакәзар иҵабыргу Анцәа, иара имаҵ жәула, Ваал иакәзар, уи имаҵ жәула» (1 Аҳ. 18:21). Алакҩакрақәа шәызцәырҵзар аамҭа мгакәа аҭҵаара мҩаԥыжәга. Ишәыԥшаа Иегова Дшынцәоу, Абиблиа Иажәа шакәу, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа ижәлар шракәу агәра шәзырго ашьақәырӷәӷәарақәа (1 Фес. 5:21). Усҟан шәлакҩакрақәа шәыриааиуеит, шәыгәрахаҵарагьы шәырӷәӷәоит. Аха ишәызцәырҵыз алакҩакрақәа шәхала ишәзымыӡбозар, аизара аиҳабацәа рыцхыраара шәаҳәа. Иегова имаҵ аура иаҳзаанаго агәырӷьара ҳцәымӡырц ҳҭахызар, алакҩакрақәа анҳазцәырҵуа аамҭа ҳамгалароуп!
17. Иҟалар алшозеи агәымшәара ҳцәыӡыр?
17 Ауадаҩра: ҳгәы каҳаит. Анцәа Иажәа иануп: «Угәы каҳама арыцҳара амш азы? Ус анакәха умч кәадахоит» (Ажәам. 24:10). Ари ажәеинраалаҿы «згәы каҳаз» ҳәа еиҭагоу ауриатә жәақәа иара убасгьы «агәымшәара зцәыӡыз» ҳәа еиҭоугар алшоит. Ҳара агәымшәара ҳцәыӡыр, агәырӷьарагьы ҳцәыӡуеит.
18. Иаанагозеи ахачҳара аарԥшра?
18 Иҟаҳҵар ҳалшо: Иегова шәиқәгәыӷ, агәымшәара шшәиҭо агәра ганы шәыҟаз. Ҳзықәшәо аԥышәарақәа зегьы ахачҳара аарԥшны иаҳхаҳгарц азы агәымшәара ҳҭахуп (Иак. 5:11). Иаков ихы иаирхәаз «ахачҳара» ҳәа еиҭагоу ажәа џьарак игылоу, еиҭамҵуа ауаҩы идҳәалоуп. Уи даҳгәаланаршәоит аӷа иҿагылоу, насгьы шьҭахьҟа ихьамҵуа аруаҩ.
19. Иаҳнарҵозеи апостол Павел иҿырԥшы?
19 Апостол Павел агәымшәареи ахачҳареи раарԥшра аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Зны-зынла иара акгьы илымшошәа ибон. Ус шакәызгьы, ауадаҩрақәа зегьы рыхгара илшеит. Избанзар амч изҭоз Иегова диқәгәыӷуан (2 Кор. 12:8—10; Флп. 4:13). Ҳаргьы Иегова ицхыраара шаҳҭаху еилаҳкаауазар, иара амчи агәымшәареи ҳаиҭоит (Иак. 4:10).
АНЦӘА ШӘИЗААИГӘАХАЛА, АГӘЫРӶЬАРАГЬЫ ШӘЫХЬЧАЛА
20, 21. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?
20 Ҳара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа Анцәа иаҳзааишьҭуеит ҳәа ҳамхәыцлароуп. Иаков иҩуан: «Аԥышәараан аӡәгьы имҳәааит „сара Анцәа сԥишәоит“ ҳәа. Избанзар Анцәа дузԥышәаӡом, иаргьы ацәгьара ала аӡәгьы дԥишәаӡом» (Иак. 1:13, АдҾ). Ари аҵабырг ибзианы еилкааны иҳамазар, бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб еиҳагьы ҳаизааигәахоит (Иак. 4:8).
21 Иегова иҽиԥсахӡом (Иак. 1:17). Иара актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аԥышәарақәа рыхгара дрыцхраауан. Шәаргьы дшәыцхраауеит. Убри аҟынтә Иегова аҟәыӷареи, агәрахаҵареи, агәымшәареи шәиҭарц азы шәиҳәала. Иара хымԥада шәыҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит. Усҟан шәзықәшәозаалакгьы агәырӷьара шышәцәымӡуа агәра ганы шәыҟазар шәылшоит!
АШӘА 128 Аҵыхәтәанынӡа ачҳара
a Иаков ииҩыз асаламшәҟәаҿы аԥышәарақәа рыхгара иҳацхраауа алабжьарақәа ануп. Ари астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәоит аԥышәарақәа раан агәырӷьара мырӡкәа Иегова имаҵ аура иҳацхраауа лабжьарақәак.
b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аиашьа абахҭахь дыргарц азы иҩныҟа иаауеит, иԥҳәыси ихәыҷи рыла ишабо дрыманы ицоит. Иара дҭакнаҵы аизараҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи дара рахь иаауеит аҭаацәаратә мҵахырхәара еицымҩаԥыргаларц азы. Ани аԥҳаи ргәы ҭыӷьӷьаа Иегова иҳәоит ари аԥышәара ахгара дрыцхраарц азы. Иегова дара агәҭынчреи агәымшәареи риҭоит. Дара рыгәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Уи абзоурала аԥышәара иахьақәшәаз иахҟьаны агәырӷьара рцәыӡӡом.