Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 март ад. 14—19
  • Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аԥышәарақәа рыхгара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аԥышәарақәа рыхгара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАҲНАРҴОЗЕИ АҲ ДАВИД ИҾЫРԤШТӘЫ?
  • ИАҲНАРҴОЗЕИ ПАВЕЛ ИҾЫРԤШТӘЫ?
  • ИАҲДЫРҴОЗЕИ АБИБЛИАҾЫ ЗЫӠБАХӘ АНУ ЕГЬЫРҬ АУАА РҾЫРԤШТӘҚӘА?
  • «Санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иқәыԥшу аишьцәа, иҟашәҵар шәылшозеи шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәыгәра ргаларц азы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Шәрызхәыцла Иегова ишамҭақәеи иара Иажәеи
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 март ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 11

Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аԥышәарақәа рыхгара?

«Аханатә аахыс ирыҩуаз зырҩуазгьы ҳара иҳалабжьарц акәын, ахачҳара аарԥшуа, урҭ Аҩырақәа ирҳәоз азхаҵаны, гәыӷрала ҳаҟазааразы» (РИМ. 15:4).

АШӘА 94 Аџьшьара ааҳарԥшуеит Анцәа Иажәазы

АХҲӘААa

1. Иарбан уадаҩрақәоу Иегова имаҵзуҩцәа зықәшәо?

ШӘҬАГЫЛОУМА шәара уажәы уадаҩрак? Иҟалап аизараҟынтә аӡәы шәгәы шәирхьзар (Иак. 3:2). Мамзаргьы аус шәыцызуа ма аҵара шәыцызҵо Иегова имаҵ ахьыжәуа азы ишәхыччозар (1 Пиотр 4:3, 4). Иара убас Иегова имаҵ зымуа шәҭынхацәа аизарақәа рахь аныҟәареи ажәабжьҳәареи шәаҟәырхырц иашьҭазар ауеит (Матф. 10:35, 36). Иҟалап шәара уаҳа шәылымшошәа жәбозар, насгьы Иегова имаҵ аура шәаҟәыҵыр еиҳа еиӷьхоит ҳәа шәгәы иаанагозар. Аха шәызҭагыло ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы, Иегова уи ахгаразы аҟәыӷареи амчи шәиҭар илшоит.

Иҟашәҵар шәылшозеи ҭагылазаашьак аҿы иҟашәҵаша шәзымдыруазар?

  1. 1. АНЦӘА ШӘИҲӘАЛА

    Абиблиа аԥхьара шәалагаанӡа шәиҳәа Иегова ҷыдала шәара ишәыхәо апринципқәа рыԥшаара дшәыцхраарц азы. (Шәахәаԥш абзац 3.)

  2. 2. ШӘЗЫԤХЬО ШӘХАҾЫ ИААЖӘГАЛА

    Шәзыԥхьо ацыԥҵәахаҿы зыӡбахә цо Анцәа имаҵзуҩы иҭыԥаҿы шәхы шәыргыл. (Шәахәаԥш абзац 4.)

  3. 3. ШӘЗЫԤХЬО ШӘАЗХӘЫЦЛА

    Шәзыԥхьо шәхы азышәышьҭ, насгьы уи шәара ишшәыҵанакуа шәазхәыц. (Шәахәаԥш абзац 5.)

  4. 4. ЕИЛЫШӘКААУА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА

    Еилышәкаауа шәхы иархәаны ииашоу аӡбара шәыдышәкыл, усҟан агәҭынчра шәоуеит, шәыгәрахаҵарагьы ӷәӷәахоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)

2. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Анцәа Иажәа ҳахьаԥхьо, Римаа рахь 15:4 иану инақәыршәаны?

2 Анцәа Иажәаҿы инаӡам ауаа ауадаҩрақәа шырхыргоз атәы ануп. Избан Анцәа Иажәа урҭ аҭоурыхқәа анызарц зиҭаххаз? Избанзар урҭ рыла ак ҳирҵарц иҭахуп. Убри ауп апостол Павел Римаа рахь 15:4 (шәаԥхьа) аҿы ииҳәазгьы. Анцәа Иажәа иану аҭоурыхқәа ҳанрыԥхьо ҳара агәҭынчреи агәыӷреи ҳауеит. Аха аԥхьара мацара азхаӡом. Ҳзыԥхьо ҳгәаҵанӡа инеиуазароуп, насгьы ҳхәыцшьа аԥсахлароуп. Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҭагылазаашьак аҿы иҟаҳҵаша ҳзымдыруазар? Ҳара иҳалшоит: 1) Анцәа ҳиҳәалар, 2) ҳзыԥхьо ҳхаҿы иааҳгалар, 3) ҳазхәыцлар, 4) еилаҳкааз ҳхы иаҳархәалар. Шәааи уажәы арҭ ԥшь-шьаҿак инарҭбааны еилҳаргапb, анаҩс урҭ ҳхы иархәаны аҳ Давиди апостол Павели рҿырԥштәқәа ҳрызхәыцып.

1. АНЦӘА ШӘИҲӘАЛА

Абиблиа аԥхьара шәалагаанӡа шәиҳәа Иегова ҷыдала шәара ишәыхәо апринципқәа рыԥшаара дшәыцхраарц азы. (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Иҟашәҵалар акәзеи Абиблиа аԥхьара шәалагаанӡа, насгьы избан?

3 1. Анцәа шәиҳәала. Абиблиа аԥхьара шәалагаанӡа шәиҳәа Иегова шәзыԥхьо ахәарҭа алхра дшәыцхраарц азы. Иаҳҳәап, уадаҩрак шәҭагылазар, шәиҳәа уи аӡбара ишәыцхраауа апринцип шәирбарц азы (Флп. 4:6, 7; Иак. 1:5).

2. ШӘЗЫԤХЬО ШӘХАҾЫ ИААЖӘГАЛА

Шәзыԥхьо ацыԥҵәахаҿы зыӡбахә цо Анцәа имаҵзуҩы иҭыԥаҿы шәхы шәыргыл. (Шәахәаԥш абзац 4.)

4. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ҳгәаҵанӡа инеиларц азы?

4 2. Шәзыԥхьо шәхаҿы иаажәгала. Иегова зеиԥшыҟам алшара ҳалеиҵеит — ҳара ҳзыԥхьо ахҭысқәа ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшоит. Абиблиа иану шәгәаҵанӡа инеиларц азы шәзыԥхьо шәхаҿы иаажәгалароуп. Уа зыӡбахә ану ауаа рҭыԥан шәхы шәыргылала. Шәазхәыц дара рҭыԥаҿы шәыҟазҭгьы шәхы шыжәбарыз, насгьы иҟашәҵарыз.

3. ШӘЗЫԤХЬО ШӘАЗХӘЫЦЛА

Шәзыԥхьо шәхы азышәышьҭ, насгьы уи шәара ишшәыҵанакуа шәазхәыц. (Шәахәаԥш абзац 5.)

5. Иаанагозеи ҳзыԥхьо азхәыцра, насгьы иҳацхраауазеи уи аҟаҵара?

5 3. Шәзыԥхьо шәазхәыцла. Азхәыцра иаанагоит ҳзыԥхьо ҳхы азышьҭра, насгьы уи ҳара ишҳаҵанакуа азхәыцра. Уи ҳацхраауеит азхәыцрақәа реидҳәалара, насгьы ҳзыԥхьо еиӷьны аилкаара. Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ҳазымхәыцуазар, ҳара апазлқәа баша астол иқәыԥсаны, еизымгаӡакәа ирыхәаԥшуа ауаҩы ҳиеиԥшуп. Ҳзыԥхьо ҳаназхәыцуа апазлқәа еизганы ирну асахьа иахәаԥшуа ҳиеиԥшуп. Ҳзыԥхьо азхәыцра еиҳа иаҳзымариахарц азы абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар ҳалшоит: ишԥеиӡбеи ара зыӡбахә цо ауаҩы имаз ауадаҩра? Дышԥаицхрааи уи Иегова? Схы иасырхәар шԥасылшо уажәы еилыскааз, насгьы ишԥасыцхраауеи уи сзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара?

4. ЕИЛЫШӘКААУА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА

Еилышәкаауа шәхы иархәаны ииашоу аӡбара шәыдышәкыл, усҟан агәҭынчра шәоуеит, шәыгәрахаҵарагьы ӷәӷәахоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)

6. Избан еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалар зҳахәҭоу?

6 4. Еилышәкаауа шәхы иашәырхәала. Иисус иҳәеит ҳара еилаҳкаауа ҳхы иаҳмырхәалар, аԥслымӡ аҿы аҩны зыргылаз ауаҩы ҳашиеиԥшхо. Иара уи аҩны иргыларц азы аџьабаа ибеит, аха имчқәа баша инихит. Избан? Избанзар аԥшацәгьеи аӡи иҩны ианажәла, уи еилабгеит (Матф. 7:24—27). Убас еиԥшҵәҟьа ҳара Анцәа ҳиҳәозар, ҳзыԥхьо ҳхаҿы иааҳгозар, ҳазхәыцуазар, аха ҳхы иаҳмырхәозар, уи ҳагәрахаҵара арӷәӷәалаӡом. Ҳамч баша инаҳхлоит. Усҟан ауадаҩрақәа ма ашьҭашәарыцарақәа ҳрықәшәар, Анцәа ҳизиашаны ҳзаанхаӡом. Аха еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалар, ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалоит, агәҭынчра ҳауеит, ҳагәрахаҵарагьы ӷәӷәахоит (Ис. 48:17, 18). Уажәы шәааи еилҳаргаз ԥшь-шьаҿак ҳхы иархәаны аҳ Давид дзықәшәоз ҭагылазаашьақәак еилҳаргап, насгьы урҭ ҳара иаҳдырҵар алшо ҳазхәыцып.

ИАҲНАРҴОЗЕИ АҲ ДАВИД ИҾЫРԤШТӘЫ?

7. Иарбан ҭоурыху ҳара уажәы еилҳарго?

7 Шәиҭихьома шәара зыгәра жәгоз ауаҩы? Ааи акәзар, аҳ Давид дзықәшәаз ишәнарҵар алшо рацәоуп. Иара иԥа гәакьа диҭиит, аҳра имихырцгьы дашьҭалеит (2 Сам. 15:5—14, 31; 18:6—14).

8. Иҟашәҵар акәзеи Иегова дшәыцхраарц азы?

8 1. Анцәа шәиҳәала. Ари аҭоурых аԥхьара шәалагаанӡа изеиҭашәҳәа Иегова шәахьырҭииз иахҟьаны шәхы шыжәбо, насгьы иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнаго (Аԥсал. 6:6—9). Анаҩс уи ауадаҩра ахгара ишәыцхраауа апринципқәа рыԥшаара дшәыцхраарц шәиҳәа.

9. Иаҳзеиҭашәҳәа Давиди Авессаломи рыбжьара иҟалаз.

9 2. Шәзыԥхьо шәхаҿы иаажәгала. Ари аҭоурых шәанаԥхьало аҳ Давид иҭыԥаҿы шәхы шәыргыл. Шәазхәыц иара ихы шибоз. Шықәсқәак рыҩныҵҟа Авессалом ҩысҭаарала израильтәи ажәлар ихы бзиа идирбарц дашьҭан (2 Сам. 15:7). Аамҭа ааит ҳәа аниԥхьаӡа, иара ақалақьқәа зегь рахь маӡала ауаа ишьҭит, ажәлар аҳ ҿыц иеиԥш дрыдыркыларц реиҳәарц азы. Уи инеиҳангьы, иара Давид ҩыза гәакьас, насгьы абжьагаҩыс имаз Ахитофел иганахь диаигеит. Убасала Авессалом аҳас иҽыҟаиҵеит, иаб дишьырцгьы дашьҭалеит. Иҟалап уи аамҭазы Давид уи ауадаҩра адагьы, ачымазара ӷәӷәагьы даргәаҟуазҭгьы (Аԥсал. 41:1—9). Давид иԥа дышишьҭоу анеиликаа Иерусалим аҟынтә дыбналеит. Аҵыхәтәаны Давид ируааи Авессалом ируааи анеиҿагыла, Авессалом ир аҵахеит, иара ихаҭа дыршьит.

10. Ихы мҩаԥигар шԥалшоз Давид дзықәшәаз ауадаҩраҿы?

10 Уажәшьҭа шәхаҿы иаажәг Давид ари аҭагылазаашьаҿы ихы шибоз. Иара Авессалом бзиа дибон, Ахитофел игәра игон. Аха дара рҩыџьагьы Давид дырҭиит, уимоу дыршьырцгьы иашьҭалеит. Ҳәарада, уи Давид игәы даараӡа инархьит. Иара егьырҭ иҩызцәагьы рыгәра агара даҟәыҵыр ауан. Уаҳа дзықәгәыӷша, зыгәра игаша дыҟам ҳәа дхәыцны ихала дыбналар ауан. Мамзаргьы игәы ҟаижьӡар ҟалон. Аха Давид уи ауадаҩра ихигеит. Ицхраазеи иара?

11. Ихы шԥамҩаԥигеи Давид ауадаҩра данҭагыла?

11 3. Шәзыԥхьо шәазхәыцла. Шәазхәыц ари ахҭыс шәара ишәнарҵо. Шәхы шәазҵаа: «Ишԥеиӡбеи Давид дзықәшәаз ауадаҩра?» Иара дшәаҟьаны, дымхәыцӡакәа иҟәыӷам аӡбарақәа идимкылаӡеит. Ашәара дҿанаҳәартә, насгьы аӡбарақәа рыдкылара иԥырхагахартәгьы алимыршаӡеит. Иара Иеговеи иҩызцәеи ацхырааразы дрыҳәон. Уи адагьы, аамҭа мгакәа илшоз ҟаиҵон. Давид игәы ихьны, игәы каҳаны дшыҟазгьы, ауаа дырцәымгәааӡеит, рыгәра агарагьы даҟәымҵӡеит. Иара анаҩсгьы Иеговеи изиашаз иҩызцәеи рыгәра игон.

12. Дышԥаицхрааи Иегова Давид?

12 Дышԥаицхрааи Иегова Давид? Ари ахҭыс инарҵауланы иҭышәҵаар ижәбоит Иегова Давид амч шииҭоз (Аԥсал. 3:1—8). Иара убас Иегова Давид идикылаз аӡбарақәа дырзылԥхеит. Уи адагьы, Давид изиашаз ауаа анеибашьуаз Иегова урҭ аиааира агара дрыцхрааит.

13. Шәиҿыԥшлар шԥашәылшо Давид аӡәы иӷәӷәаны шәгәы анышәирхьуа?

13 4. Еилышәкаауа шәхы иашәырхәала. Шәхы шәазҵаа: «Сиҿыԥшлар шԥасылшо Давид?» Аамҭа мгакәа ауадаҩра шәыӡба. Матфеи 18:15—17 (шәаԥхьа) иану апринцип аҟынтә шәҭагылазаашьа ианаало ашьаҿақәа ҟашәҵа. Аха шәгәы ԥжәаны шәаныҟоу шәымхәыцӡакәа аӡбарақәа шәыдшәымкылалан. Шәиҳәала Иегова агәҭынчреи аҟәыӷареи шәиҭарц азы. Шәҩызцәа рыгәра жәгала, насгьы ишәырҭо ацхыраара шәыдышәкылала (Ажәам. 17:17). Аха зегь раасҭа ихадоу — Иегова Иажәа ала ишәиҭо алабжьарақәа шәыдышәкылала (Ажәам. 3:5, 6).

ИАҲНАРҴОЗЕИ ПАВЕЛ ИҾЫРԤШТӘЫ?

14. Шәгәы шьҭырхыр анбалшо 2 Тимофеи иахь 1:12—16, насгьы 4:6—11, 17—22 рҿы иану ажәақәа?

14 Ишәԥырхагоума шәҭынхацәа Иегова имаҵ аура? Шәынхома Иегова ишаҳаҭцәа рдинхаҵара закәанла иахьышьақәырӷәӷәам, мамзаргьы мап ахьацәку атәылаҿы? Ааи акәзар, 2 Тимофеи иахь 1:12—16, насгьы 4:6—11, 17—22 рҿы иану ажәақәа шәгәы дырӷәӷәар алшоитc. Урҭ ажәақәа аниҩуаз апостол Павел абахҭа дҭакын.

15. Шәзызиҳәалар шәылшозеи шәара Иегова?

15 1. Анцәа шәиҳәала. Абиблиатә цыԥҵәахақәа рыԥхьара шәалагаанӡа Иегова уадаҩрас ишәымоу изеиҭашәҳәа, насгьы уи иахҟьаны шәхы шыжәбо иашәҳәа. Анаҩс шәиҳәа Павел иажәақәа рҿы ишәыцхраар алшо, насгьы шәхы шымҩаԥыжәгаша шәзырбо апринцип аԥшаара дшәыцхраарц азы.

16. Иарбан уадаҩроу Павел дызҭагылаз?

16 2. Шәзыԥхьо шәхаҿы иаажәгала. Апостол Павел иҭыԥаҿы шәхы шәыргыл. Иара ашьамҭлаҳәқәа ишьаҵаны римтәи абахҭа дҭаркит. Павел уаанӡагьы абахҭа дҭашәахьан, аха уажәы аԥсра дышзахымԥоз ибон. Иашьцәа шьоукы даанрыжьит, имчқәагьы илӡааны дыҟан (2 Тим. 1:15).

17. Ихы мҩаԥигар шԥаилшоз Павел?

17 Павел егьырҭ аӡбарақәа сыдыскылазҭгьы абахҭа сҭашәомызт ҳәа дхәыцлар ҟалон. Мамзаргьы Азиа даанзыжьыз иҩызцәа дрызгәааны егьырҭ иҩызцәагьы рыгәра агара даҟәыҵыр ауан. Аха Павел ус ҟаимҵаӡеит. Ицхраазеи иара иҩызцәа рыгәра агара, насгьы Иегова иқәгәыӷра?

18. Иҟаиҵози Павел ауадаҩра данҭагылаз?

18 3. Шәзыԥхьо шәазхәыцла. Шәхы шәазҵаа: «Ишԥеиӡбеи Павел дзықәшәаз ауадаҩра?» Павел аԥсра абла дышҭаԥшуазгьы ихамышҭӡеит зегь раасҭа ихадоу Иегова ихьӡ арҳаракра шакәу. Уи адагьы, иара дзызхәыцуаз иашьцәеи иаҳәшьцәеи дызларыцхраашаз акәын. Иара убас Павел дааҟәымҵӡакәа Иегова диҳәон (2 Тим. 1:3). Азиа даанзыжьыз аишьцәа рызгәаара аҭыԥан, изиашаз, ицхраауаз иҩызцәа изыҟарҵоз азы аџьшьара ааирԥшуан. Уи адагьы, Павел еснагь ишыҟаиҵоз еиԥш Анцәа Иажәа ҭиҵаауан (2 Тим. 3:16, 17; 4:13). Иара Иеговеи Иисуси бзиа дшырбоз, дшаанырмыжьуаз, насгьы ишизылԥхоз агәра ганы дыҟан.

19. Дышԥаицхраауаз Иегова Павел?

19 Иегова Павел ашьҭашәарыцарақәа дышрықәшәоз заа иеиҳәеит (Аус. 21:11—13). Аха дышԥаицхраауаз иара? Иегова Павел иҳәарақәа рҭак ҟаиҵон, насгьы ауадаҩрақәа рыхгаразы еснагь амч ииҭон (2 Тим. 4:17). Уи адагьы, Иегова Павел игәы хыҭ-хыҭуа дыззыԥшыз аҳамҭа шиоуаз агәра ииргеит. Иара убасгьы иҩызцәа ицхрааларц ргәазҭеиҵон.

20. Ҳаҿыԥшлар шԥаҳалшо Римаа рахь 8:38, 39 иану Павел игәазыҟашьа?

20 4. Еилышәкааз шәхы иашәырхәала. Шәхы шәазҵаа: «Сиҿыԥшлар шԥасылшо апостол Павел? Павел иеиԥш ҳаргьы ҳагәрахаҵаразы иҳашьҭашәарыцалоит (Марк 10:29, 30). Иегова ҳизиашаны ҳаанхарц азы ҳара иара ҳиқәгәыӷлароуп, ҳиҳәалароуп, насгьы Иажәа ҭаҳҵаалароуп. Ҳара ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлароуп зегь раасҭа ихадоу Иегова ихьыӡ арҳаракра шакәу. Иегова ахаан ҳашнимыжьуа, насгьы ҳара ҳахь ибзиабара ахаан ишымыхьшәашәо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Шәаԥхьа Римаа рахь 8:38, 39; Аур. 13:5, 6.)

ИАҲДЫРҴОЗЕИ АБИБЛИАҾЫ ЗЫӠБАХӘ АНУ ЕГЬЫРҬ АУАА РҾЫРԤШТӘҚӘА?

21. Ирыцхраазеи Аиеи Хектори ирымаз ауадаҩрақәа риааира?

21 Ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, Абиблиаҿы зыӡбахә ану Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа иаҳдырҵар алшо рацәоуп. Иаҳҳәап, Иапониа пионерс амаҵ зуа Аиа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь аҳәара дшәон. Аха Иона иҿырԥштәы уи ашәара аиааира илыцхрааит. Индонезиа инхо иқәыԥшу аиашьа Хектор иҭаацәа Иегова имаҵ руӡом. Аха Руфь лҿырԥштәы иара Иегова изааигәахареи, имаҵ ауреи игәазҭанаҵоит.

22. Иҟашәҵалар шәылшозеи иҳамоу авидеонҵамҭақәеи арубрика «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» еиҳаны ахәарҭа шәзааргаларц азы?

22 Иабашәыԥшаар шәылшо шәара ишәыцхраар алшо абиблиатә ҿырԥштәқәа? Ҳаудионҵамҭақәеи, ҳвидеонҵамҭақәеи рҿы, иара убас арубрика «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара»d аҿы. Хәы змам урҭ амыругақәа Абиблиа иану аҭысқәа аԥсы рхаҵара ишәыцхраауеит. Аха урҭ рыхәаԥшреи рыԥхьареи шәалагаанӡа Иегова ҷыдала шәара ишәыхәо апринципқәа рыԥшаара дшәыцхраарц шәиҳәала. Зыӡбахә цо Анцәа имаҵзуҩцәа рҭыԥаҿы шәхы шәыргылала. Шәазхәыцла Анцәа изиашаз урҭ ауаа рхы шымҩаԥыргоз, насгьы Иегова дышрыцхраауаз. Анаҩс еилышәкааз шәхы иашәырхәала. Иегова ишәзыҟаиҵахьо азы аџьшьара аашәырԥшла, насгьы егьырҭ рыцхраара шәҽазышәшәала. Убас ала Иегова ишәзыҟаиҵо ахә шышәшьо аашәырԥшуеит.

23. Ҳазқәиргәыӷуазеи Иегова, Исаиа 41:10, 13 иану инақәыршәаны?

23 Аҩсҭаа дызхагылоу адунеи аҿы аԥсҭазаара еицәамхозар, еиӷьхом. Аха ҳара ашәареи агәҭынчымреи ҳаҽраҳамҭароуп (2 Тим. 3:1). Иегова ҳзықәшәо зегь ибоит. Иара дышҳацхраауа, насгьы ҳнапы шоуимышьҭуа агәра ҳиргоит. (Шәаԥхьа Исаиа 41:10, 13.) Убри аҟынтә Иегова дышҳацхраало, насгьы Иажәа ала амч шҳаиҭало агәра ганы ҳаҟоуп.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иҟаҳҵалар акәзеи Абиблиа ҳахьаԥхьо еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы?

  • Иаҳдырҵозеи аҳ Давиди апостол Павели рҿырԥштәқәа?

  • Абиблиаҿы зыӡбахә ану ауаа рҟынтә еиҳаны зыӡбахә еилышәкаар шәҭахыда?

АШӘА 96 Анцәа Иажәа хазыноуп

a Абиблиа Иегова имаҵзуҩцәа бзиа ишибо, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара дышрыцхраауа ҳзырбо аҿырԥштәқәа ануп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Абиблиа ҳахьаԥхьо еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.

b Ари Абиблиа аҭҵааразы иҟоу аметодқәа руак ауп. Егьырҭ аметодқәа ирызкны еилышәкаар шәылшоит «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы», атема «Библия», ахеиҵа «Чтение и понимание Библии» аҟынтә.

c Астатиа аилыргараан арҭ ажәеинраалақәа рыԥхьара аҭахӡам.

d Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы арубрика «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахацәеи аҳәсеи». (Иаашәырты агәылаҵа АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА > АНЦӘА ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА.)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра