Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 март ад. 31
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ишәгәалашәома шәара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иисус Христос инапхгара ҳацныҟәаны аџьабаа ҳбоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Шәҽазышәшәома шәара Христос иеиԥш доуҳала ашәра?
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 март ад. 31

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Избан ақьырсианцәа амессенџьерқәа рхы ианадырхәо ргәырҽанызар зрыхәҭоу?

Ақьырсианцәа шьоукы рҭынхацәа, насгьы рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо рҩызцәа ирацәажәаларц азы атехнологиақәа рхы иадырхәоит. Аха доуҳала ишәу ақьырсиан Ажәамаанақәа 27:12 иану апринцип ихеиршҭӡом: «Аԥхьаҟа ихәыцуа, арыцҳара анибалак, иҽиҵәахуеит, аԥышәа змам ԥхьаҟа дцоит, уи иахҟьангьы агәаҟрақәа дрықәшәоит».

Ҳара еилаҳкаауеит Иегова ҳихьчарц шиҭаху. Убри аҟынтә аимак-аиҿак цәырызго, аизара иалцо, насгьы аҵабырг иаҿагыло ак агәра ҳзыргарц иашьҭо ҳрацәажәаӡом (Рим. 16:17; 1 Кор. 5:11; 2 Иоанн 10, 11). Уи адагьы, иаҳхаҳмыршҭлароуп аизарахь иныҟәо шьоукгьы ииашамкәа рхы мҩаԥыргалар шалшо (2 Тим. 2:20, 21). Убри аҟынтә аҩызцәа аналҳхуа аҟәыӷара ааҳарԥшлароуп. Аха ауаҩы ҳазлаиацәажәо амессенџьер мацарала акәзар, дзеиԥш уаҩу аилкаара ҳцәыцәгьахар ҟалоит.

Еиҳараӡак агәҽанызаара аарԥшра хадоуп аицәажәаразы еиҿыркааз агәыԥ ду ҳалазар. Ақьырсианцәа шьоукы ус еиԥш иҟоу агәыԥ дуқәа рҿы аицәажәара иахьалагаз иахҟьаны арыцҳара иақәшәеит. Иаҳҳәар ҳалшома агәҽанызаара ааҳарԥшуеит ҳәа шәҩыла ма зықьҩыла ауаа ахьыҟоу агәыԥ аҿы ҳцәажәозар? Иаҳдыруама уи агәыԥ иалахәу зегьы зусҭцәоу, насгьы рдоуҳатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу? Аԥсалом 26:4 иануп: «Сара амц зҳәоз ауаа срыдтәаламызт, зхаҭара зҵәахуаз срыцмызт». Ари ажәеинраала иану апринцип иаҳнарбоит амессенџьерқәа рыла ҳзацәажәо иаҳдыруа мацара ракәзар аҟәыӷара шааҳарԥшуа.

Ҳахьцәажәо агәыԥ думзаргьы, ҳара уи заҟаамҭа ақәҳарӡуа, насгьы ҳазлацәажәо ҳацклаԥшлароуп. Уи адагьы, ҳара ҳгәы иаанамгозароуп аацҳарақәа зегьы рҭак ҟаҳҵалароуп ҳәа, изыхцәажәо закәызаалакгьы, насгьы уи шаҟаамҭа ҳцәагозаалакгьы. Павел Тимофеи изиҩуан ақьырсианцәа шьоукы уҳәан-сҳәан аҳәареи ирусым алацәажәареи ишалагаз (1 Тим. 5:13). Иахьагьы шьоукы амессенџьерқәа рхы ианадырхәо уҳәан-сҳәан рҳәоит, насгьы ирусым иалацәажәоит.

Доуҳала ишәу ақьырсиан егьырҭ акритика рзиуӡом, насгьы дара ирызку имаӡоу аинформациа иҳәаӡом. Даҽаӡәы уи ҟаиҵозаргьы дизыӡырҩӡом (Аԥсал. 15:3; Ажәам. 20:19). Уи адагьы, иара еихаргыла-еиҵаргыла иҟоу, насгьы зыгәра ганы дыҟам ажәабжьқәа дагьырзыӡырҩӡом, егьырҭгьы ирзеиҭеиҳәаӡом (Еф. 4:25). Асаит jw.org, насгьы есымза иҭыҵуа JW Broadcasting® апрограмма ала ҳара ирацәаны адоуҳатә фатә ҳауеит, насгьы узықәгәыӷыртә иҟоу ажәабжьқәа ҳаҳауеит.

Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы амессенџьерқәа рыцхыраарала ак аархәоит, ак рҭиуеит, ареклама ҟарҵоит, насгьы ауаа аусура рыдыргалоит. Уи Иегова имҵахырхәара акәымкәа, аусура иадҳәалоу зҵаарақәоуп. Аԥара бзиа избарц зҭахым ақьырсиан аԥара ҟаиҵарц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ихы иаирхәалаӡом (Аур. 13:5).

Аха иаҳҳәар ҳалшозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәаҟрак иақәшәазар, иаҳҳәап, иахьынхо аҭыԥаҿы аԥсабаратә рыцҳара ҟалазар? Иҳалшома урҭ ҳрыцхраарц азы амессенџьерқәа ҳхы иархәаны аԥара еизаҳгар? Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит. Урҭ ак рыгымзарц ҳҭахуп, убри аҟынтә рыцхраара ҳазхиоуп (Иак. 2:15, 16). Аха агәыԥ дуқәа ҳхы иархәаны аԥара аизгара ҳалагар, афилиали аизара аиҳабацәеи еиҿыркаауа аус ҳаԥырхагахар ауеит (1 Тим. 5:3, 4, 9, 10, 16). Уи адагьы, ҳара Анцәа иԥсаса ҳаиҷаҳаларц азы иҷыдоу ҭакԥхықәрак ҳадушәа ааҳарԥшыр ҳҭахӡам.

Ҳара иҟаҳҵозаалакгьы, Анцәа ихьӡ ҳараҳкларц ҳҭахуп (1 Кор. 10:31). Убри аҟынтә амессенџьерқәа шәхы ианашәырхәо уи иацу ашәарҭарақәа шәрызхәыцла, агәҽанызаарагьы аашәырԥшла.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра