АҴАРАЗЫ АСТАТИА 24
Аҩсҭаа ишьацҳәақәа рҟынтә шәхы шәақәиҭхар шәылшоит!
«Аҩысҭаа игәаҳәарала изҭашәаз акаҭа» аҟынтә рхы иақәиҭхоит (2 ТИМ. 2:26).
АШӘА 36 «Ихьчала угәы»
АХҲӘААa
1. Дызлаиеиԥшузеи Аҩсҭаа ашәарыцаҩ?
АШӘАРЫЦАҨ хықәкыс имоу ашәарах икырц, ма ишьырц ауп. Ихықәкы наигӡарц азы иара еиуеиԥшым азнеишьақәа ихы иаирхәоит. Знеишьақәак рыӡбахә Абиблиаҿгьы иануп (Иов 18:8—10). Аха иҟаиҵозеи ашәарыцаҩ ашәарах ашьацҳәа иакырц азы? Иара аԥстәы дашьклаԥшуеит. Иахьныҟәо, бзиа иабо, насгьы ашьацҳәа иаҿеиҵаша дазхәыцуеит. Убас ауп Аҩсҭаагьы. Иара ҳахьныҟәо, бзиа иаҳбо дацклаԥшуеит, нас игәаанагарала ҳазҿашәар алшо ашьацҳәақәа иргылоит. Аха Абиблиа агәра ҳнаргоит ашьацҳәа ҳаҿашәазаргьы ҳхы ҳақәиҭхар шҳалшо. Иара убас уи иаҳгәаланаршәоит Аҩсҭаа иргыло ашьацҳәақәа зынӡагьы ҳарҿамшәар шҳалшо.
Аԥагьареи аԥсыцәгьареи Аҩсҭаа зегь раасҭа ихы иаирхәо шьацҳәақәоуп. (Шәахәаԥш абзац 2.)c
2. Иарбан ҟазшьақәоу Аҩсҭаа ауаа ирызцәыриго?
2 Аҩсҭаа бзиа иибо ашьацҳәақәа иреиуоуп аԥагьареи аԥсыцәгьареиb. Зқьышықәсала Аҩсҭаа урҭ аҟазшьақәа ауаа ирызцәырганы ииҭаху дирҟаҵоит. Аҵарақәа зкуа иеиԥш иара акаҭақәа иргылоит (Аԥсал. 91:3). Аха уи иаанагаӡом ҳара урҭ ҳарҿашәароуп ҳәа. Избан? Избанзар Иегова заа иҳаиҳәоит Аҩсҭаа ихы иаирхәо ашьацҳәақәа рыӡбахә (2 Кор. 2:11).
Абиблиаҿы иану ҳгәаҳҽанызҵо аҿырԥштәқәа Аҩсҭаа ишьацҳәақәа рҿамшәара, ма урҭ рыцәцара иҳацхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 3.)d
3. Избан Иегова Абиблиа изаниҵаз ҳгәаҳҽанызҵо аҿырԥштәқәа?
3 Аԥагьареи аԥсыцәгьареи шаҟа алҵшәа бааԥсқәа аарго еилаҳкаарц азы Иегова ҳгәазҭеиҵоит урҭ аҟазшьақәа еиззырҳаз рҿырԥштәқәа ҳрызхәыцларц. Ари астатиаҿы еилаҳкаауеит аԥышәа змаз Иегова имаҵзуҩцәагьы Аҩсҭаа ишьацҳәақәа ишырҿашәаз. Аха иаанагома уи Аҩсҭаа ишьацҳәақәа ҳазрыцәцаӡом ҳәа? Мап. Иегова урҭ аҿырԥштәқәа Абиблиа изаниҵаз ҳгәаҳҽаниҵарц азы ауп (1 Кор. 10:11). Иара агәра ганы дыҟоуп ҳара урҭ ахәарҭа шрылаҳго, насгьы Аҩсҭаа ишьацҳәақәа ҳҽырцәаҳахьчар, ма ҳрыцәцар шҳалшо.
АКТӘИ АШЬАЦҲӘА: АԤАГЬАРА
Шәахәаԥш абзац 4
4. Изыԥшузеи иԥагьоу ауаҩы?
4 Аҩсҭаа ҳԥагьазарц иҭахуп. Иара идыруеит ҳԥагьахар иара ҳашиеиԥшхо, наӡаӡа анхарагьы алшара шаҳцәыӡуа (Ажәам. 16:18). Апостол Павел ақьырсианцәа ргәырҽаниҵон иԥагьахаз ауаҩы «Аҩысҭаа излаиқәыӡбо ала иаргьы [ишиқәыӡбахо]» (1 Тим. 3:6, 7). Дарбанзаалак ауаҩы дԥагьахар илшоит: уи Иегова иҽанизикыз ааигәа акәзаргьы, ма имаҵ иуеижьҭеи акыр шықәса ҵуазаргьы.
5. Ихы шԥамҩаԥиго иԥагьоу ауаҩы, Екклезиаст 7:16, 20 иану инақәыршәаны?
5 Иԥагьоу ауаҩы ихы мацара дазхәыцуеит. Аҩсҭаа иҭахуп ҳаԥсҭазаараҿы ауадаҩра ҳанақәшәо Иегова иакәымкәа ҳхы ҳазхәыцларц. Иҟалап, шәызлаҟам шәзырҳәазар, ма ииашамкәа ишәызныҟәазар. Шәхы шԥамҩаԥыжәгарыз? Аҩсҭаа игәы иахәоит зегь зхароу Иегова, ма иорганизациа ауп ҳәа шәыԥхьаӡалар. Аҩсҭаа иҭахуп Анцәа Иажәаҿы иаагоу Иегова имҩақәҵарақәа ҳармыхәаԥшӡакәа, уи ауадаҩра ҳхала аӡбара ҳалагарц. (Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, 20).
6. Иаҳнарҵозеи Нидерландқәа рҿы инхо аиаҳәшьа лҿырԥшы?
6 Ҳазхәыцып Нидерландқәа рҿы инхо ҳаҳәшьак лҿырԥшы. Лара егьырҭ рыгхақәа мыцхәы лхы рзылышьҭуан. Аамҭак азы уаҳа налылымшо аҟынӡагьы днеит. Лара еиҭалҳәоит: «Сара схы заҵәны избон, иҟасҵарагьы сыздыруамызт. Убри аҟынтәдаҽа еизарак ахь ҳаиасыроуп ҳәа схаҵа иасҳәеит». Аха нас лара 2016 шықәса март мзатәи бродкастинг аҭыжьымҭа дахәаԥшит. Уа изыхцәажәоз алабжьарақәа егьырҭ рынамӡара ҳазыҟазар шҳахәҭоу леилнаркааит. Анаҩс илҳәоит: «Сара еилыскааит аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыԥсахра аҭыԥан, ахынраалара аарԥшны схатә гхақәа гәасҭалар шсыхәҭоу. Уи аҭыжьымҭа зегь раԥхьаӡа иргыланы Иеговеи иара имчреи рызхәыцра исыцхрааит». Иаҳнарҵозеи аиаҳәшьа лҿырԥшы? Ауадаҩрақәа шәанрықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дшырзыҟоу еиԥш шәырзыҟазарц азы шәиҳәала. Жәҩантәи Ҳаб урҭ рыгхақәа ибоит ранажьрагьы дазхиоуп. Уи ауп ҳара ҳҟынтәгьы дыззыԥшу (1 Иоанн 4:20).
Шәахәаԥш абзац 7
7. Ихьзеи аҳ Озиа?
7 Аԥагьара иахҟьаны иудатәи аҳ Озиа ихы дақәгәыӷцәо далагеит, алабжьарагьы идимкылаӡеит. Озиа днапхгаҩ бзиан. Иара ақәҿиара иман аибашьрақәа рҿы, аргыларақәа рҿы, насгьы анхамҩатә усқәа рҿы. Абиблиа излаҳәо ала иҵабыргу Анцәа зегь рыла дирманшәалон (2 Аш. 26:3—7, 10). Аха уи адагьы уа иануп, иара даныӷәӷәаха дышԥагьахаз, насгьы уи дышҭанархаз. Аҳ Озиа Иегова иныҳәарҭаҿы иҟаз амҭанагарҭаҿы афимиам иблырц иӡбеит, закәанла уи аҟаҵара азин змаз аԥшьаҩцәа мацара шракәызгьы. Иегова Озиа иааирԥшыз аԥагьаразы дахьирхәыр акәхеит: уи ацәеилабаара иирхьит. Озиа иԥсы ахьынӡаҭаз ацәеилабаара иман (2 Аш. 26:16—21).
8. Ишԥаҳацхраауеи 1 Коринфаа рахь 4:6, 7 иану аԥагьара аҽацәыхьчара?
8 Илшома иахьагьы ақьырсиан Озиа дызҿашәаз ашьацҳәа даҿашәар? Ҳахәаԥшып Хосе ихьыз. Иара ихатә бизнес иман, аизара аиҳабыс дыҟан, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи пату иқәырҵон. Хосе аконгрессқәа рҿы ажәахәқәа иманы дықәгылон, иара убас араионтә хылаԥшыҩцәа зҵаарақәак анырыӡбоз игәаанагара иазҵаауан. Иара еиҭеиҳәоит: «Иегова иакәымкәа исылаз аҟазареи схатә ԥышәа мацареи срықәгәыӷуа салагеит. Иегова исиҭоз агәҽанҵарақәа хьаас исымамызт, избанзар сыӷәӷәаны сгылоуп ҳәа сгәы иаанагон». Хосе агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит, аизарагьы далырцеит. Шықәсқәак раԥхьа иара аизарахь дхынҳәит. Абар уажәшьҭа ииҳәо: «Иегова исеилиркааит иара изыӡырҩра зегь раасҭа ишхадоу иҳамоу аҭакԥхықәрақәа ракәымкәа». Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап, иҳалоу аҟазара, ма аизараҿы иҳаду аҭакԥхықәрақәа ҳазҭо Иегова шиакәу. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 4:6, 7.) Аԥагьара злоу ауаа Иегова изы акгьы иаԥсаӡам.
АҨБАТӘИ АШЬАЦҲӘА: АԤСЫЦӘГЬАРА
Шәахәаԥш абзац 9
9. Иабананагеи аԥсыцәгьара Аҩсҭааи Евеи?
9 Ажәа «аԥсыцәгьара» анҳаҳауа ҳхахьы дааиуеит Аҩсҭаа Аџьныш иакәны иҟалаз амаалықь. Раԥхьа иара Иегова имаҵ аураҿы аҭакԥхықәрақәа рацәаны имазҭгьы ҟаларын. Аха уи изымхаӡеит. Иара иҭаххеит егьырҭ иара имҵахырхәаларц, уи иаԥсоу Иегова заҵәык шиакәугьы. Аҩсҭаа иҭахуп ҳаргьы иара ҳиеиԥшхарц. Уи ауаа агәра диргарц иҭахуп ирымоу маҷушәа. Убас ауп Евагьы ишылзиуз. Ишаҳдыруа еиԥш Иегова Ева лхаҵеи лареи меигӡарахда афатә ахьыҟаз абаҳча ԥшӡаҿы инирхеит. Дара «абаҳчаҿы иҟоу аҵлақәа зегь рҟынтә» рызхара рфалар рылшон, ҵла заҵәык аҟынтә ада (Аҟаз. 2:16). Ус шакәызгьы Аҩсҭаа Ева дижьеит. Анасыԥ лоурц азы уи аҵла аҟынтә ашәыр лфар акәушәа. Евагьы ус акәыз џьылшьан илымаз еиҳа лҭаххеит. Уи иалҵшәахаз зегьы ибзианы иаҳдыруеит. Ева агәнаҳа ҟалҵеит аҵыхәтәангьы дыԥсит (Аҟаз. 3:6, 19).
Шәахәаԥш абзац 10
10. Дышԥаҿашәеи аҳ Давид аԥсыцәгьара ашьацҳәа?
10 Аҳ Давидгьы аԥсыцәгьара ааирԥшит. Иегова уи изыҟаиҵахьаз рацәан. Иара ииҭеит амал, ахьӡ-аԥша, аибашьрақәа рҿы аиааира. Давид уи зегь ахә ҳаракны ишьон, уи адагьы иара иҳәеит урҭ аҳамҭақәа зегь реиқәыԥхьаӡара шилымшо (Аԥсал. 40:5). Аха аамҭак азы Давид зегь ихашҭит, насгьы имаз аасҭа еиҳаны иҭаххеит. Давид аҳәса шимазгьы хаҵа ирымаз аԥҳәыс Вирсавиа ихазы диҭаххеит. Давид уи длыцышьҭалан лцәалтәымкәа дҟалеит. Аха иара уи аҿы даанымгылаӡеит, лхаҵа Уриа аибашьраҿы дыршьыртә ҟаиҵеит (2 Сам. 11:2—15). Дзызхәыцуази Давид? Игәы иаанагозма Иегова ибаӡом ҳәа? Давид Иегова дизиашаны акыршықәса имаҵ шиуазгьы аԥсыцәгьара иҽеиҭеит. Уи ахә ҳаракны ишәеит. Аамҭак ашьҭахь Давид игха еиликаан дахьхәит. Иара даара деигәырӷьон Иегова игәнаҳа ахьианаижьыз (2 Сам. 12:7—13).
11. Иҳацхраауазеи аԥсыцәгьара аҽацәыхьчара, Ефесаа рахь 5:3, 4 иану инақәыршәаны?
11 Иаҳнарҵозеи Давид ихҭыс? Иегова иаҳзыҟаиҵо зегь ахә ҳшьозар аԥсыцәгьара ҳазцәырҵӡом. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:3, 4.) Ҳара иҳамоу ҳазҳархалароуп. Абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго ауаа Иегова хаҭала дара рзы иҟаиҵо есыҽны иазхәыцлац, насгьы ахә ршьаларц ргәазҭаҳҵоит. Абиблиа зҵо есыҽны ус ҟаиҵалар мчыбжьык аҩныҵҟа бжь-зылԥхарак рзы Иегова иҭабуп ҳәа иеиҳәоит (1 Фес. 5:18). Иҟашәҵома ус шәара? Иегова хаҭала шәара шәзы иҟаиҵо шәаназхәыцуа аџьшьара аарԥшра шәзымариахоит. Аџьшьара аарԥшра ишәымоу шәзырхара ишәыцхраауеит. Уи аԥсыцәгьара аҟынтә шәахьчоит.
Шәахәаԥш абзац 12
12. Инарҟаҵазеи аԥсыцәгьара Иуда Искариот?
12 Аԥсыцәгьара иахҟьаны Иуда Искариот Иисус диҭиит. Иисус Иуда апостолс далихит, уи иаанарԥшуан иара раԥхьа дышуаҩыцәгьамыз (Лука 6:13, 16). Иара узықәгәыӷыртә иҟаз аҟазара злаз уаҩызҭгьы ҟаларын. Иџьашьатәӡам аԥара зҭаз аиашьыкь Иуда инапы иахьанырҵаз. Уа иҭаз аԥара Иисус иапостолцәеи иареи амаҵзураҿы ирымаз ахарџь ахҩара иазкын. Уи иахьа адунеизегьтәи аус азы хатәгәаԥхарала иҟаҳҵо аҭара иаҿҳарԥшыр ауеит. Аха аамҭак ашьҭахь Иуда хәыҷы-хәыҷла аӷьычра далагеит, аԥсыцәгьара ашәарҭара шаҵоу Иисус изныкымкәа ишиҳәахьазгьы (Марк 7:22, 23; Лука 11:39; 12:15). Иуда урҭ агәҽанҵарақәа хьаас имкӡеит.
13. Иарбан ҭагылазаашьоу Иуда иԥсыцәгьара аазырԥшыз?
13 Иуда иԥсы шыцәгьаз Иисус иԥсра маҷк шагыз иҟалаз ахҭыс иаанарԥшит. Иисус иҵаҩцәеи иареи, Мариеи Марфеигьы уахь инарылаҵаны, уаанӡа ацәеилабаара зыхьуаз Симон иахь уаххьафара инеит. Уи ахәылԥаз азы Мариа зыхә цәгьаз зыфҩы хааз ахәша аашьҭылхын Иисус ихы ақәҭәара далагеит. Иудеи егьырҭ аҵаҩцәеи уи ргәамԥхеит. Дара ргәы иаанагон ахәша ҭины аԥара арыцҳацәа ирзыршар еиҳа еиӷьхоит ҳәа. Аха Иуда игәы иҭаз даҽакын. Иара дӷьычҩын, урҭ аԥарақәагьы иӷьычырц иҭахын. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥсыцәгьара злаз Иуда атәы ихә ала Иисус ҩажәижәаба раӡны ҳәа диҭиуеит (Матф. 26:6—16; Лука 22:3—6; Иоанн 12:2—6).
14. Рхы ишԥадырхәеи хаҵеи-ԥҳәыси Лука 16:13 иану ажәақәа?
14 Иисус иҵаҩцәа ихадоу ҵабыргык ргәалаиршәеит: «Анцәагьы амазарагьы рымаҵ шәзеицбауам». (Шәаԥхьа Лука 16:13.) Иахьагьы убас ауп ишыҟоу. Абар Румыниа инхо хаҵеи-ԥҳәыси урҭ ажәақәа рхы ишадырхәаз, еизҳазыӷьоз тәылак аҿы аамҭала аусура анрыдыргала. Урҭ еиҭарҳәоит: «Абанк аҿы ауал ду ҳақәын аҟынтә Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит ҳәа ҳгәы иаанагеит». Ус убар алшон, аха уи аусура адоуҳатә усқәа рынагӡара ирԥырхагахон. Иҟәыӷоу аӡбара адкылара ирыцхрааит 2008 шықәса, август 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» ианыз «Пусть твоё сердце будет полностью предано Иегове» захьӡыз астатиа. Дара ирҳәоит: «Аԥара арҳаразы даҽа тәылак ахь ҳаиасызҭгьы Иегова ҳара ҳзы уиаҟара дышхадам ааҳарԥшуан. Уи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуан». Убри аҟынтә дара уи аусура мап ацәыркит. Иҟалазеи анаҩс? Ҳашьа иҭаацәа ирызхаша аԥара ахьизыршәоз аусурҭа ҭыԥ Румыниа иԥшааит. Иԥҳәыс илҳәоит: «Иегова цхыраарада уаанижьӡом». Урҭ даара еигәырӷьоит аԥара Иегова иҭыԥ ааннакылартә ахьалдмыршаз.
АҨСҬАА ИШЬАЦҲӘАҚӘА ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
15. Избан агәра ганы ҳзыҟоу Аҩсҭаа ишьацҳәақәа ҳрыцәцар шҳалшо?
15 Иҟаҳҵар ҳалшозеи аԥагьареи аԥсыцәгьареи ршьацҳәа ҳаҿашәазар? Уи ҳацәцар ауеит. Павел иҩуан Аҩсҭаа ишьацҳәа иаҿашәаз рхы иақәиҭхар шрылшо (2 Тим. 2:26). Давидгьы убас ҟаиҵеит. Нафан Давид агәнаҳа шыҟаиҵаз аниеиҳәа иара дахьхәит, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәагьы еиҭашьақәиргылеит. Шәааи иаҳхаҳмышҭлап Иегова Аҩсҭаа иаасҭа дшыӷәӷәо. Иегова ицхыраара ҳадаҳкылозар Аҩсҭаа иргыло ашьацҳәақәа зегьы ҳрыцәцоит.
16. Иҳацхраауазеи Аҩсҭаа ишьацҳәақәа рҿамшәара?
16 Аҩсҭаа ишьацҳәақәа ҳарҿашәаргьы ҳхы ҳақәиҭхар ауеит, аха еиӷьуп урҭ зынӡа ҳарҿамшәар. Уи Анцәа ицхыраара мацаралоуп излаҳалшо. Аԥагьареи аԥсыцәгьареи ахаан иҳазцәырҵӡом ҳәа ахәыцра шәарҭоуп. Акыршықәса Иегова имаҵ зуазгьы урҭ ашьацҳәақәа ирҿашәеит. Убри аҟынтә есыҽны Анцәа шәиҳәала арҭ аҟазшьа бааԥсқәа шәхәыцшьеи шәусқәеи ирнубаало иалагахьазар уи шәирбарц азы (Аԥсал. 139:23, 24). Ишәылшо зегь ҟашәҵала аԥагьареи аԥсыцәгьареи шәыриааирц азы.
17. Изыԥшузеи Аҩсҭаа иаарласны?
17 Зқьышықәсақәа ҵуеит Аҩсҭаа дшәарыцоижьҭеи, аха иаарласны иара ихаҭа дықәгахоит (Аат. 20:1—3, 10). Шаҟа ҳазыԥшузеи уи амш! Аха уаанӡа шәааи, Аҩсҭаа ашьацҳәақәа ширгыло ҳхаҳмыршҭлап. Шәгәаҿы аԥагьареи аԥсыцәгьареи еизҳалартә алшәмыршалан. Аҩсҭаа иҿагылара шәазхиаз, «усҟан уи дышәԥырҟьаны дцоит» (Иак. 4:7).
АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу
a Аҩсҭаа аԥышәа змоу шәарыцаҩуп. Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыр ҵуазаргьы иара дҳаишәарыцоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьихырц азы Аҩсҭаа ихы иаирхәо ҩ-шьацҳәак: аԥагьареи аԥсыцәгьареи. Уи адагьы ҳара еилҳаргоит урҭ ашьацҳәақәа ирҿашәаз ауаа рыхҭысқәа, насгьы ҳаргьы убас ҳмыхьырц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ари астатиаҿы аԥагьара ҳәа ҳазлацәажәо аҟазшьа уи ауаҩы зегь раасҭа деиӷьушәа ихы аниԥхьаӡо ауп. Иара убас аԥсыцәгьара ҳәа зыӡбахә ҳәоу ауаҩы аԥареи, амчреи, ацәеижьтә еизааигәахареи, ма даҽакы изхара аныҟамло ауп.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аԥагьара злоу аиашьа алабжьара идикылаӡом. Аиаҳәшьа амаҭәақәа рацәаны ишаалхәахьогьы лызхара ҟалом.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Анцәа жәҩантәи иԥацәа руаӡәк дԥагьахеит, убас еиԥш Озиагьы. Аԥсыцәгьара иахҟьаны Ева Анцәа дизымӡырҩӡеит, Давид даҽаӡә иԥҳәыс ихазы диҭаххеит, Иуда Искариот дӷьычыҩхеит.