Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 сентиабр ад. 2—7
  • Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә шәшьала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә шәшьала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЗЫҚӘРАХЬ ИНЕИХЬОУ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ИЕГОВА ИЗЫ РЫХӘ ЗЫҲАРАКУ
  • ЗЫҚӘРАХЬ ИНЕИХЬОУ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИАҾЫ ИХАДОУ АҬЫԤ РЗАЛИХИТ
  • АХАЗЫНАҚӘА ШӘРЫВСНЫ ШӘЫМЦАЛАН!
  • Аҿар рыхә шәшьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Азиашара аазырԥшуа аишьцәа еиҳаны аҭакԥхықәрақәа рышәҭала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • «Иегова убзиабара ихашҭӡом»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 сентиабр ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 35

Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә шәшьала

«Ашлара аԥшӡара иагәыргьынуп» (АЖӘАМ. 16:31).

АШӘА 138 Ашлара — аԥшӡара агәыргьын

АХҲӘААa

1, 2. а) Ҳашԥарзыҟазар ахәҭоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, Ажәамаанақәа 16:31 иану инақәыршәаны? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

АРКАНЗАС (Еиду Аштатқәа) иҟоу амилаҭтә паркқәа руак иаҭаауа ауаа алмазқәа рбар рылшоит. Зыхә цәгьоу урҭ ахаҳәқәа адгьыл ианықәԥсоу ыҟоуп. Аха урҭ аиувелир аус рыдимулаӡац аҟынтә алмазқәа шракәу иаразнак иузеилымкаар алшоит. Убри аҟынтә аӡәырҩы авсны ицоит!

2 Анцәа гәыкала имаҵ зуа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи алмаз еиԥш рыхә ҳаракуп! Анцәа Иажәаҿы урҭ рышлара агәыргьын ԥшӡа иаҿырԥшуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 16:31; 20:29.) Аха зны-зынла ауаа урҭ зыԥсоу рзеилкааӡом. Аха ҳара уи еилаҳкаауазар, зегь иреиҳаӡоу амал ҳауеит. Шәааи, уажәы х-зҵаарак еилҳаргап: 1) Избан Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракны изишьо? 2) Иарбан ҭыԥу урҭ иорганизациаҿы ирзалихыз? 3) Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара урҭ ирымоу аԥышәа ак ҳнарҵарц азы?

ЗЫҚӘРАХЬ ИНЕИХЬОУ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ИЕГОВА ИЗЫ РЫХӘ ЗЫҲАРАКУ

Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала Анцәа имаҵ зуа зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа рыхә ҳаракны иршьоит. (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Избан Иегова гәыкала имаҵ зуа зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракны изишьо? (Аԥсалом 92:12—15).

3 Иегова гәыкала имаҵ зуа зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа даараӡа рыхә ишьоит. Иара урҭ бзианы идыруеит, насгьы аҟазшьа бзиақәа ахьаадырԥшуа азы бзиа ибоит. Зыԥсҭазаара зегь Иегова имаҵ аура иазызкыз зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи иқәыԥшу ианрыцхраауа, иара уи игәаԥхоит (Иов 12:12; Ажәам. 1:1—4). Урҭ иаадырԥшуа ахачҳара игәы ҟанаҵоит (Мал. 3:16). Дара ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы рыгәрахаҵара мԥсыҽхаӡеит, урҭ ргәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахеит. Уи адагьы, дара рықәрахь ишнеихьоугьы Иегова иӡбахә егьырҭ иахьырзеиҭарҳәо азы иара даараӡа бзиа ибоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 92:12—15.)

4. Ргәы шьҭызхыр алшозеи зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

4 Шәара шәықәрахь шәнеихьазар, агәра ганы шәыҟаз Иегова изы иҟашәҵоз зегьы шихамышҭыз! (Аур. 6:10). Ажәабжьҳәаратә ус шәгәы ақәкны шәҽахьалашәырхәуа азы Иегова даараӡа бзиа шәибоит. Шәыԥсҭазаараҿы аԥышәарақәа шәышрықәшәозгьы, урҭ рыбжьара даараӡа ицәгьаз шыҟазгьы, урҭ шәхыжәгеит. Акыршықәса рыҩныҵҟа шәара абиблиатә принципқәа рыла шәынхон, аизараҿы аҭакԥхықәрақәа нашәыгӡон, насгьы егьырҭ Иегова имаҵ аура шәрыцхраауан. Иара убас Иегова иорганизациаҿы аԥсахрақәа аныҟалоз урҭ шәыҽрықәшәыршәон, иара убас заамҭа зегь амаҵзура иазызкуаз шәрывагылан. Иегова гәыкала шәахьизыҟоу азы даараӡа бзиа шәибоит, насгьы ахаан шәшаанимыжьуа агәра шәиргоит! (Аԥсал. 37:28). Абар Иегова шәзықәиргәыӷуа: «Шәышларгьы — сшәыцхраалоит» (Ис. 46:4). Убри аҟынтә шәықәрахь шәахьнеихьоу азы акгьы шәаԥсаӡам ҳәа шәымхәыцлан. Иегова иорганизациаҿы даараӡа шәыхә ҳаракуп!

ЗЫҚӘРАХЬ ИНЕИХЬОУ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИАҾЫ ИХАДОУ АҬЫԤ РЗАЛИХИТ

5. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

5 Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова имаҵзураҿы иҟарҵар рылшо рацәоуп. Дара анқәыԥшыз ирылшоз рылымшозаргьы аԥышәа ду рымоуп. Ажәытәан инхоз, насгьы ҳаамҭазы инхо Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа ишьақәдырӷәӷәоит Иегова зықәрахь инеихьоу еиуеиԥшым адҵақәа шриҭо.

6, 7. Иаажәга Абиблиаҿы иану Иегова гәыкала изыҟаз зықәрахь инеихьаз имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа, насгьы Иегова урҭ дышрықәныҳәаз еиҭашәҳәа.

6 Абиблиаҿы иануп гәыкала Иегова имаҵ зуаз имаҵзуҩцәа рацәаҩны рықәрахь ианнеигьы еиуеиԥшым адҵақәа шынарыгӡоз. Иаҳҳәап, Иегова Моисеи ԥааимбарс, насгьы израильтәи ажәлар раԥхьагылаҩыс даныҟаиҵа, уи 80 шықәса раҟара ихыҵуан. Аԥааимбар Даниил 90 шықәса дшырҭысхьазгьы, Иегова игәҭакы ауаа ирзааиртырц азы ихы даирхәон. Апостол Иоаннгьы Иегова ашәҟәы Аатра иҩырц игәаназҭеиҵаз 90 шықәса дырҭысхьазҭгьы ҟаларын.

7 Аӡәырҩы егьырҭ гәыкала Иегова имаҵ зуаз имаҵзуҩцәа Абиблиаҿы уиаҟара рыӡбахә анӡам. Убри аҟынтә Абиблиа иаԥхьо урҭ рызгәамҭаргьы ауеит. Аха Иегова урҭ гәеиҭеит, дагьрықәныҳәеит. Иаҳҳәап, «иуаҩ иашаз, аиаша хаҵарагьы змаз» Симеон, Абиблиаҿы знык ауп иӡбахә ахьаҳәо. Аха Иегова уи ибзианы дидыруан, аҳаҭыр дугьы иаҭәеишьеит — Иисус хәыҷ дибеит, насгьы иани иареи ирызкны аԥааимбаражәа иҳәеит (Лука 2:22, 25—35). Даҳгәалаҳаршәап иара убас, аԥааимбарԥҳәыс Анна. Лара деибан, насгьы 84 шықәса шылхыҵуазгьы «аныҳәарҭа даԥырымшәацызт». Даҽакала иуҳәозар, Анна еизаракгьы бжьалыжьуамызт. Иегова уи длықәныҳәеит — лара Иисус хәыҷ дылбеит. Ҳәарада, Симеони Аннеи Иегова изы даараӡа рыхә ҳаракын (Лука 2:36—38).

80 шықәса ирҭысхьоу аиаҳәшьа Лоис Дидур анаҩсгьы гәыкала Анцәа имаҵ аура даҿуп. (Шәахәаԥш абзац 8.)

8, 9. Иарбан ҿырԥшу аибацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирырҭо?

8 Ҳаамҭазы инхо зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы аҿарацәа аҿырԥш бзиа рырҭоит. Абар Лоис Дидур лҭоурых. 21 шықәса анылхыҵуаз лара Канада иҷыдоу пионерс амаҵ аура далагеит. Анаҩс лхаҵа Џьони лареи акыршықәса араионтә маҵзура нарыгӡон, нас 20 шықәса инареиҳаны Канадатәи афилиал аҿы амаҵ руан. Лоис 58 шықәса анылхыҵуаз лхаҵеи лареи Украинаҟа ииасырц ирыҳәеит. Иҟарҵазеи дара? Рықәразы даҽа тәылак ахь аиасра шымариамызгьы дара гәырӷьаҵәа уи иақәшаҳаҭхеит. Џьон афилиал акомитет аҿы амаҵ аура далагеит. Быжьшықәса рышьҭахь Џьон дыԥсит, аха Лоис уажәраанӡагьы Украинатәи афилиал аҿы амаҵ луеит. Уажәы лара 81 шықәса лхыҵуеит, аха Иегова изы иҟалҵо рацәоуп, вефильтәи аҭаацәарагьы даараӡа бзиа дырбоит.

9 Лоис леиԥш еибахаз аиҳәшьцәа рхацәа рыԥсы анҭаз еиԥш улаԥш иҵамшәозар ауеит, аха уи иаанагаӡом дара уажәшьҭа акгьы иаԥсаӡам ҳәа. Иегова урҭ ҭабуп ҳәа реиҳәоит акыршықәса рхацәа иахьрывагылаз, иахьа уажәраанӡагьы гәыкала иахьизыҟоу (1 Тим. 5:3). Уи адагьы, дара аҿарацәа ргәы шьҭырхуеит.

10. Иарбан ҿырԥшу Тони иҳаиҭо?

10 Ҳара даараӡа рыхә ҳаракны иаҳшьоит абыргцәа ахьырбо аҩнқәа рҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы. Ҳазхәыцып Еиду Аштатқәа рҿы инхо Тони зыхьӡу аиашьа иҿырԥшы. Уажәы иара абыргцәа ахьырбо аҩнаҿы дынхоит. Тони 1942 шықәса, август мзазы аӡы иҽӡааихит. Усҟан иара 20 шықәса ихыҵуан. Хара имгакәа ҩышықәсеи бжаки иҭаны абахҭа дҭаркит, анеитралитет ахьихьчоз азы. Тони иԥҳәыс Хильдеи иареи рыҷкәыни рыӡӷаби аҵабырг рыларааӡеит. Урҭ ашықәсқәа раан Тони х-еизарак рҿы аизара ахылаԥшҩы ихаҭарнак иеиԥш амаҵ иуан (усҟан ус акәын ишрышьҭаз аизара аиҳабацәа рхеилак акоординаторцәа). Уи адагьы, иара афилиал иаҵанакуаз атерриториаҿы имҩаԥысуаз аконгрессқәа рҿы хылаԥшҩыс дыҟан. Иара убас, абахҭақәа руак аҿы аизарақәа мҩаԥигон, насгьы уа иҭакыз Абиблиа дирҵон. Уажәы Тони 98 шықәса шихыҵуагьы аԥсшьара игәы иҭаӡам. Иара уажәраанӡагьы Иегова имаҵ аураҿы илшо зегь ҟаиҵоит, иеизарагьы дацхраауеит.

11. Пату рықәаҳҵалар шԥаҳалшо есымша ахылаԥшра зҭаху зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

11 Пату рықәаҳҵалар шԥаҳалшо есымша ахылаԥшра зҭаху зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Аизара аиҳабацәа урҭ ирыцхраауеит ажәабжь аҳәара, аизарақәа рҭаара, ма апрограмма азыӡырҩра. Ҳаргьы урҭ рбара ҳцалар, ма авидеоконференциала ҳрацәажәалар ҳалшоит. Еиҳараӡак азҿлымҳара ааҳарԥшлароуп зеизара атерриториаҿы инымхо рахь, иаҳҳәап Иегова ишаҳаҭым рҭынхацәа рҿы инхо, ма абыргцәа иахьырхылаԥшуа аҩнқәа рҿы иҟоу. Ус ҟаҳамҵалар урҭ ҳцәыӡыр алшоит. Зықәрахь инеихьоу шьоукы ирцәыцәгьазар ауеит рыԥсҭазаара атәы аиҭаҳәара, аха ҳаамҭа ҳамеигӡакәа рацәажәаразы аамҭа алаҳхуазар, насгьы Иегова имаҵ шыруаз ҳзеиҭарҳәарц ҳрыҳәозар, ахәарҭа ҳзаазго рацәаны еилаҳкаауеит.

12. Еилышәкаауазеи шәеизараҿы иҟоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны шәрабадырыр?

12 Шәеизараҿы иҟоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны шәрабадырыр рыԥсҭазаараҿы иаадырԥшуаз агәрахаҵара шәаршанхоит. 1920-тәи ашықәсқәа рзы аӡы зыҽӡаазхыз аиаҳәшьа Харриетт Ниу-Џьерси иҟоу леизараҿы акыршықәса амаҵ луан, аха нас лара лыԥҳа лахь нхара диасит. Леизара ҿыц аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиӷьны илабадырырц азы аамҭа аналырх еилыркааит Харриетт ахьы дшаҩызоу. Лара аӡы лҽанӡаалх ашьҭахь дзықәшәаз ахҭысқәа идыршанхеит. Харриетт ажәабжьҳәара данцоз есымша ахаԥыцрыцқьага лыцын, дҭаркыр уи лҭаххоит ҳәа. 1933 шықәсазы убас иагьыҟалеит. Лара ҩынтә дҭаркит. Раԥхьа мчыбжьык ҳәа дҭаркит, аҩынтәраангьы мчыбжьык ҳәа. Лхаҵа Иегова ишаҳаҭ иакәӡамызт, аха есымша длывагылан, насгьы лара данҭакыз хҩык рхәыҷқәа иара дырхылаԥшуан. Ҳәара аҭахума, Харриетт леиԥш гәыкала Анцәа имаҵ зуа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә ҳаракны иаҳшьалароуп!

13. Иарбан рольу Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа ирзалихыз?

13 Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа ақьырсиантә еизараҿы ихадоу ароль рзалихит. Дара зныкымкәа иԥыршәахьеит Иегова иорганизациа дшацхраауа, даргьы хаҭала дышрыцхраауа. Дара агхақәа шыҟарҵозгьы, ирҵоз рацәан. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирымоу аҟәыӷареи аԥышәареи рҿышәҵаала (Ажәам. 18:4). Рабадырра аамҭа азалышәхуазар шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәоит, аԥышәагьы шәоуеит.

АХАЗЫНАҚӘА ШӘРЫВСНЫ ШӘЫМЦАЛАН!

Елисеи аԥааимбар Ильиа иҿиҵааз шырацәаз еиԥш, зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа рмаҵзура аӡбахә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ианырзеиҭарҳәо, урҭ ирҿырҵаар рылшо рацәоуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)

14. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Ҩынтәзакәан 32:7 иану ажәақәа?

14 Зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа рацәажәара шәхаҭа шәалагала. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:7.) Иҟалап уажәшьҭа дара рыла цқьа иамбозар, ирласны изымныҟәозар, насгьы ҭынч ицәажәозар. Аха урҭ гәыла иажәӡом, насгьы Иегова иҿаԥхьа ахьӡ бзиа рымоуп (Еккл. 7:1). Ишәхашәмыршҭлан Иегова урҭ рыхә ҳаракны изишьо, насгьы пату рықәышәҵала. Елисеи иеиԥш шәхәыцла. Аԥааимбар Ильиеи иареи аҵыхәтәантәи амш азы амаҵ анеицыруазгьы иааныжьра мап ацәикит. Елисеи хынтә иҳәеит: «Сара уаансыжьӡом» (2 Аҳ. 2:2, 4, 6).

15. Иарбан зҵаарақәоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ираҳҭар ҳалшо?

15 Ақьиареи апатуқәҵареи аарԥшны шәрыҳәала рыԥсҭазааратә ҭоурых шәзеиҭарҳәарц (Ажәам. 1:5; 20:5; 1 Тим. 5:1, 2). Шәара шәҵаар шәылшоит: «Агәра узыргазеи аҵабырг шыуԥшааз? Иуцхраазеи Иегова иҩызахара? Иуцхраауазеи амаҵзураҿы агәырӷьара аарԥшра?» (1 Тим. 6:6—8). Анаҩс ибзиан шәырзыӡырҩла.

16. Иарбан хәарҭоу абыргцәеи аҿарацәеи анеицәажәо ироуа?

16 Абыргцәеи аҿарацәеи анеицәажәо арҭгьы егьырҭгьы ахәарҭа роуеит (Рим. 1:12). Аҿар Иегова гәыкала имаҵ зуа дышрыцхраауа еиҳагьы агәра ргоит, абыргцәагьы бзиа ишырбо, насгьы рыхә ҳаракны ишыршьо еилыркаауеит. Уи адагьы, аҿарацәагьы зықәрахь инеихьоугьы Иегова имаҵзураҿы гәыкала аџьабаа ахьырбо азы Иегова дышрықәныҳәо атәы аиҭаҳәара ргәаԥхоит.

17. Избан зықәрахь инеихьоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рықәра цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа изыԥшӡахо?

17 Ауаҩы иқәра цацыԥхьаӡа иҭеиҭыԥш аҽаԥсахуеит. Аха Иегова гәыкала изыҟоу иара иҿаԥхьа еиҳа-еиҳа иԥшӡахоит (1 Фес. 1:2, 3). Избан? Избанзар дара акыршықәса рыҩныҵҟа Иегова иԥшьоу идоуҳа иаԥсахлартә, насгьы аҟазшьа бзиақәа раарԥшра ирыцхраалартә алдыршон. Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны ҳрабадырлар, насгьы ҳарҿыԥшлар урҭ рыхә шыҳараку, насгьы апатуқәҵара ишаԥсоу еилаҳкаауеит.

18. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

18 Аизара доуҳала еизҳаларц азы аҿарацәа зықәрахь инеихьоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыхә ҳаракны иршьалароуп. Аха зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәагьы аҿар рыхә ршьалароуп. Уи ҟарҵалар шрылшо анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан Иегова гәыкала изыҟоу зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракуп ҳәа зииԥхьаӡо?

  • Иарбан рольу аизараҿы инарыгӡо зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

  • Иарбан хәарҭоу иқәыԥшу ақьырсианцәа ироуа, зықәрахь инеихьоу ианрыҿцәажәо?

АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!

a Зықәрахь инеихьоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи даара рыхә ҳаракуп. Ари астатиа ҳгәазҭанаҵоит еиҳагьы урҭ рыхә ашьара, насгьы ирымоу аԥышәа ахәарҭа алаҳхырц азы иҟаҳҵалар акәу ҳаилнаркаауеит. Иара убас, ари астатиа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәра днаргоит Иегова иорганизациаҿы урҭ рыхә шыршьо.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра