АҴАРАЗЫ АСТАТИА 51
«Иара шәизыӡырҩла»
«Абри иоуп бзиа избо, сгәахәара злоу сара сԥа. Иара шәизыӡырҩла» (МАТФ. 17:5).
АШӘА 54 «Абар, амҩа»
АХҲӘААa
1, 2. а) Иреиҳәазеи Иегова хҩык Иисус иапостолцәа, насгьы ишԥарыдыркылеи ираҳаз? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
32 ШЫҚӘСА ҳ. ҳ. азы Амшаԥы ашьҭахь Иисус апостолцәа Пиотри, Иакови, Иоанни ашьха ҳарак ахь игеит (иҟалап уи ашьха Ермон акәызҭгьы). Уа дара зеиԥшыҟамыз абара рбеит! Иисус «рҿаԥхьагьы иҽеиҭеикит: ихы-иҿы амра аиԥш икаҷҷеит, ицәашәҵатә, алашара аиԥш, ишкәакәахеит» (Матф. 17:1—4). Уи абара анҵәамҭазы апостолцәа Анцәа ибжьы раҳаит: «Абри иоуп бзиа избо, сгәахәара злоу Сара Сԥа. Иара шәизыӡырҩла» (Матф. 17:5). Урҭ хҩык апостолцәа рыԥсҭазаара ишьақәнарӷәӷәеит дара Иисус ишизыӡырҩуаз. Ҳара урҭ ҳарҿыԥшлар ҳҭахуп.
2 Арҭ ҩ-статиак рҿы Иисус изыӡырҩра иаанаго атәы аҳәоит. Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ҳара иҟаҳамҵалар акәу еилаҳкааит. Ари астатиаҿы иҟаҳҵалар акәу ҳаилзыркаауа Иисус иҳаиҭаз ҩ-мҩақәҵарак ҳрылацәажәоит.
«АГӘАШӘ ҬШӘАҚӘА РЫЛА ШӘҬАЛАЛА»
3. Ииҳәазеи Иисус Матфеи 7:13, 14 аҿы?
3 Шәаԥхьа Матфеи 7:13, 14. Иазгәашәҭ, Иисус иҳәеит ҩ-мҩа заҵәык шакәу иҟоу: иҭбаау агәашәқәа иҭбаау амҩахь унаргоит, иҭшәоу агәашәқәа — иҭшәоу амҩахь. Даҽа мҩак ыҟаӡам. Ҳазныло амҩа ҳхаҭа иалаҳхроуп. Уи аасҭа ихадоу аӡбара ыҟаӡам. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауоу-иаҳмоуоу зхьыԥшу иҳадаҳкыло аӡбара ауп.
4. Изеиԥшроузеи иҭбаау амҩа?
4 Арҭ ҩ-мҩак злеиԥшым аилкаара даара ихадоуп. Иҭбаау амҩала ацара мариоуп, убри аҟынтә ирацәаҩны ауаа уи амҩа иануп. Илахьеиқәҵагоуп, аха аӡәырҩы уи амҩа ааныжьра аҭыԥан, аиҳараҩык ирышьҭаланы ицоит. Дара ирзеилкааӡом уи амҩа ылзхыз Аҩсҭаа шиакәу, насгьы аԥсрахьы ушнанаго (1 Кор. 6:9, 10; 1 Иоанн 5:19).
5. Иҟарҵазеи шьоукы иҭшәоу амҩа ԥшааны уи ианыларц азы?
5 Аҩбатәи амҩа ҭшәоуп. Иисус иҳәеит уи зыԥшаауа шырацәам. Аха избан? Иазгәашәҭ анаҩстәи ажәеинраалаҿы Иисус иҵаҩцәа ишреиҳәаз амцԥааимбарцәа рҽырцәырыхьчаларц (Матф. 7:15). Ҭҵаарақәак инарықәыршәаны иахьа зқьыла адинхаҵарақәа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ауаа аҵабырг дҳарҵоит ҳәа рҳәоит, аха ирҳәо еиқәшәаӡом. Уи иахҟьаны миллионҩыла ауаа ргәы каҳан, аԥсҭазаарахь уназго амҩа аԥшаара иаҟәыҵит. Аха уи амҩа уԥшаар улшоит. Иисус иҳәеит: «Сара сажәаҿ шәҟалар, Сара сҵаҩцәа иашақәа шәакәхоит, убасҟан аҵабырг закәу шәзаатуеит, уи аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:31, 32). Шәара аиҳараҩык шәахьрышьҭамлаз арҽхәара шәаԥсоуп. Шәара аҵабырг шәашьҭан. Анцәа шәара шәҟынтә дыззыԥшу еилышәкаарц азы Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭышәҵаарц шәыӡбеит, насгьы Иисус имҩақәҵарақәа шәырзыӡырҩит. Шәара еилышәкааит Иегова ишиҭаху амцдинхаҵара ааншәыжьырц, насгьы уи иадҳәалоу аныҳәақәеи аҵасқәеи шәыҽрылашәмырхәларц. Шәара ижәдыруеит уи шымариам (Матф. 10:34—36). Ԥсахрақәак рыҟаҵара еиҳа ишәцәыцәгьан. Аха уи шәылшеит, избанзар жәҩантәи Шәаб бзиа дыжәбоит, игәы аҟаҵарагьы шәҭахуп. Иегова даараӡа дшәыргәырӷьоит! (Ажәам. 27:11).
АМҨА ҬШӘА ҲАНЫМҴЫРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
Анцәа изакәанқәа амҩа ҭшәа ҳанымҵырц иҳацхраауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—8.)d
6. Иҳацхраауазеи иҭшәоу амҩала ацара? (Аԥсалом 119:9, 10, 45, 133).
6 Иҟаҳҵалар акәзеи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ҭшәа ҳанымҵырц азы? Шәааи ҿырԥштәык еилҳаргап. Аҿҟьарсҭақәа ахьырацәоу ишәарҭоу амҩақәа рҿы аанда ҟарҵоит. Уи зыҟарҵо амашьына аҿҟьарсҭа иазааигәамхарц азы ауп. Ажәакала, аанда ауаа рыԥсҭазаара ахьчоит. Ҳәарада, уи аанда сԥырхагоуп ҳәа аӡәгьы иҳәаӡом. Абиблиа иану Иегова инормақәа аанда иаҿурԥшыр алшоит. Урҭ иҭшәоу амҩала ацара иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:9, 10, 45, 133.)
7. Ирцәыӡуама ахақәиҭра иҭшәоу амҩа иану аҿар? Иҳаилшәыркаа.
7 Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, Иегова инормақәа ахақәиҭра шәымырхуеит ҳәа шәгәы ианаанаго ҟалалома? Аҩсҭаа убас шәхәыцларц иҭахуп. Иара иҭбаау амҩа иану ауаа зҿу бзиоушәа ааирԥшуеит, насгьы урҭ аамҭа бзианы ирхыргоит, шәара агәҿыӷь шәагоит ҳәа шәхәыцларц иҭахуп. Уи азы иара аинтернет, ма аҵара шәыцызҵо ихы иаирхәоит. Аҩсҭаа илшо зегь ҟаиҵоит Иегова инормақәа рыла шәынхалар ахаан агәырӷьара шәоуӡом, шәыԥсҭазаарагьы аҵакы аиуӡом ҳәа шәгәы иаанагаларц азыb. Аха ишәхашәмыршҭлан: Аҩсҭаа иҭбаау амҩа иану иреиҳәаӡом раԥхьаҟа ирзыԥшу. Иегова иакәзар, иҭшәоу амҩа иану рыԥсҭазаара шаҟа ибзиахо рдыруазарц иҭахуп (Аԥсал. 37:29; Ис. 35:5, 6; 65:21—23).
8. Ишԥарылшо аҿар Олаф иҿыԥшлар?
8 Олаф зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа аҿырԥш бзиа ҳаиҭоитc. Аҵара ицызҵоз аӡӷабцәа цәеижьла аизааигәахара идыргалон. Олаф урҭ мап рцәикуан, насгьы абиблиатә нормақәа рыла дынхалар шиҭаху иҳәон. Аӡӷабцәа шьоукы уи ашьҭахь еиҳагьы ҭаха ирҭаӡомызт. Аха иара игәаанагара иԥсахуамызт. Олаф даҽа ԥышәаракгьы дақәшәеит: «Сырҵаҩцәа иааҟәымҵӡакәа исарҳәон, пату сықәырҵаларц азы аҵара ду сҵароуп ҳәа. Дара ирҳәон уи ада аԥсҭазаараҿы ақәҿиара соуӡом ҳәа». Ицхраазеи Олаф урҭ аԥышәарақәа рҿагылара? Абар иара ииҳәо: «Сара аизараҿы аҩызцәа бзиақәа сыԥшааит. Иара убас еиҳа инарҵауланы Абиблиа аҭҵаара салагеит. Уи еиҳа еиӷьны иҭысҵаацыԥхьаӡа, аҵабырг шысыԥшааз еиҳа-еиҳа агәра згон. Убри аҟынтә Иегова ишаҳаҭ иеиԥш аӡы сыҽӡаасхит».
9. Иҟаҳҵалар акәзеи иҭшәоу амҩа ҳанымҵырц азы?
9 Аҩсҭаа иҭахуп ҳара аԥсҭазаарахь уназго амҩа ҳаныҵырц. Уи хықәкыс имоу еиҳараҩык ауаа реиԥш ҳаргьы аԥсрахьы уназго иҭбаау амҩа ҳаныларц ауп (Матф. 7:13). Ҳара Иисус ҳаизыӡырҩуазар, насгьы иҭшәоу амҩа ирацәаны ашәарҭарақәа рҟынтә ҳшахьчо еилаҳкаауазар, ҳазну амҩа ахаан ҳацәыхҟьаӡом. Уажәшьҭа шәааи, иҟаҳҵалар акәу ҳзырбо, Иисус иҳаиҭаз даҽа мҩақәҵарак ҳалацәажәап.
«УАШЬА... УИНЫШӘА»
10. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара, Матфеи 5:23, 24 иану Иисус иажәақәа инарықәыршәаны?
10 Шәаԥхьа Матфеи 5:23, 24. Иисус изыӡырҩуаз аиудеиаа ибзианы ирдыруаз ҭагылазаашьак дахцәажәеит. Шәхаҿы иаажәг: ауриак Иегова амҭа изнеигарц азы аԥстәы иманы аныҳәарҭахь дааит. Аԥстәы аԥшьаҩы ииҭараны дыҟан еиԥш, игәыла иара дицәгәааны дшыҟаз игәалашәеит. Уажәшьҭа иааигаз аԥстәы ааныжьны дхынҳәыр ауп. Избан? Анцәа амҭа изнагара аасҭа ихадоу акыр ыҟоума? Ааи. Иисус иҳәеит: «Уашьа иҿы унеи, заа иара уинышәа».
Аӡәы дшәыцәгәааны дыҟазар, ишәылшома Иаков иеиԥш аԥагьара аамырԥшӡакәа аинышәаразы раԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)e
11. Иҟаиҵазеи Иаков Исав динышәарц азы?
11 Иаков иԥсҭазаараҿы иҟалаз хҭыск аҟынтә аинышәара иазкны еилаҳкаауа рацәоуп. Шәааи уи ҳгәалаҳаршәап. Иаков 20 шықәса тәымџьара ианихига ашьҭахь, Анцәа амаалықь ила иеиҳәеит идгьыл ахь дхынҳәырц (Аҟаз. 31:11, 13, 38). Аха уи агәаӷьра мариамызт. Иашьеиҳаб Исав иара дишьыр иҭахын (Аҟаз. 27:41). Урҭ иаарласны еиқәшәараны ишыҟоу анеиликаа Иаков даараӡа дшәеит (Аҟаз. 32:7). Иаков дшәон Исав уажәгьы игәаӷ имазар ҳәа. Иҟаиҵазеи Иаков иашьа динышәарц азы? Раԥхьа иара дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа диҳәеит, нас иашьа аҳамҭа ду изишьҭит (Аҟаз. 32:9—15). Ианеиқәшәа, Иаков Исав иахь апатуқәҵара ду аарԥшны знык акәымкәа, бжьынтә диеихырхәеит. Иаков аԥагьара ахьиламыз, насгьы апатуқәҵара ахьааирԥшыз абзоурала иашьа динышәеит (Аҟаз. 33:3, 4).
12. Иаҳнарҵозеи Иаков иҿырԥшы?
12 Иаков иашьеи иареи реибабара иҽшазыҟаиҵоз, насгьы ианеибаба ихы шымҩаԥигоз иаҳнарҵо рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы Иаков аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова ацхырааразы диҳәеит. Анаҩс иара иҳәара инақәыршәаны ихы мҩаԥигон, насгьы иашьа игәы ҟаиҵарц азы аҳамҭақәа изишьҭит. Дара анеибаба Иаков акгьы шихарам аҳәара даламгаӡеит. Иара хықәкыс имаз иашьа инышәара акәын. Ишԥаҳалшо Иаков ҳаиҿыԥшлар?
АИАШЬА ИШИНЫШӘАТӘУ
13, 14. Иҟаҳҵар акәзеи ҳашьа, ма ҳаҳәшьа дҳаргәаазар?
13 Аԥсҭазаарахь узго амҩа ҳанымҵырц азы уи амҩа ҳара ҳаиԥш ианыланы ицои ҳареи аҭынчра ҳабжьазароуп (Рим. 12:18). Аха иҟаҵатәузеи ҳашьа, ма ҳаҳәшьа дҳаргәаазар? Иаков иеиԥш, зегь раԥхьаӡа Анцәа гәыкала ҳиҳәароуп ауаҩы инышәара дҳацхраарц азы.
14 Иара убас аамҭа алхны абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭароуп: «Сазхиоума сара аԥагьара аамырԥшӡакәа аинышәаразы аҭамзаара ашьҭаҵара? Ишԥазыҟоу Иеговеи Иисуси сашьа, ма саҳәшьа сырнышәарц азы актәи ашьаҿа ҟасҵар?» Арҭ азҵаарақәа ҳрызхәыцлар, Иисус ишиҳәаз еиԥш аԥагьара аамырԥшӡакәа ҳашьа инышәара ҳалшоит. Иаков уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит.
15. Ишԥаҳацхраауеи Ефесаа рахь 4:2, 3 иану апринцип ҳашьа инышәара?
15 Шәхаҿы иаажәг Иаков Исав даниба «уара уиашаӡамызт, сара соуп ииашаз» ҳәа ажәа имакра далагазҭгьы иҟалоз. Аус даҽакала еилгар алшон. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳашьа инышәара ҳҭахызар, аԥагьара ҳҽацәыҳахьчалароуп. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:2, 3.) Ажәамаанақәа 18:19 аҿы иануп: «Ақалақь ӷәӷәа агара еиҳа имариоуп, игәааз аҩыза игәы аҟаҵара аасҭа. Иҟоуп абааш агәашәқәа зладыркуа алыкә аасҭа иӷәӷәоу аимак-аиҿакқәагьы». Гәыкала иаҳҳәо ажәа «Саҭамыз!» абааш аҩналара иҳацхраауа ацаԥха иаҿурԥшыр алшоит.
16. Ҳзызхәыцыр акәзеи, насгьы избан?
16 Иара убас ҳара иаҳҳәашеи ҳхы шымҩаԥаҳгашеи ибзианы ҳазхәыцроуп. Убри ашьҭахь ауп иҳацәгәааз ҳашьа иахь ацара анҳахәҭоу. Избан? Избанзар усҟан ауп игәы иалоу ихаҳаршҭыр анҳалшо. Иҟалап иаҳгәамԥхо ак ҳаиҳәаргьы. Аха ҳгәаар, ма ҳхы ариашара ҳалагар, ҳзеинышәома? Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап: ҳашьа инышәара еиҳа ихадоуп, иҟалаз зхароу аилкаара аасҭа (1 Кор. 6:7).
17. Иаҳнарҵозеи Жильбер иҿырԥшы?
17 Жильбер зыхьӡу ҳашьа аҭынчра арҿиара иҽазишәоит. Абар иара ииҳәо: «Сыԥҳаи сареи ҳаизыҟазаашьақәа уиаҟара иҽеимызт. Уи сыриашарц азы ҩышықәса инареиҳаны сҽазысшәон ҭынч лацәажәара». Иҟаиҵози иҵегьы Жильбер? «Сыԥҳа лацәажәара салагаанӡа сара есымша Иегова сиҳәон, насгьы сгәы сзырхьуа ак салҳәар шалшоз еилыскаауан. Сара анажьшьа сҵар акәын. Сара еилыскааит сышиашоу ашьақәырӷәӷәара аҭыԥан, сҭаацәараҿы аҭынчра сырҿиалар шсыхәҭоу». Иалҵшәахазеи уи? Жильбер иҳәоит: «Уажәы сара агәҭынчра сымоуп, избанзар ҳҭаацәараҿы ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп».
18, 19. Иҟаҵатәузеи аӡәы дҳаргәаазар, насгьы избан?
18 Уажәшьҭа ари астатиа анеилҳарга ашьҭахь, шәхы шԥамҩаԥыжәго аизара аҟынтә аӡәы дышшәыргәааз гәашәҭазар? «Уашьа... уинышәа» ҳәа Иисус ииҳәаз шәықәныҟәала. Иегова шәиҳәала, насгьы агәра ганы шәыҟаз аҭынчра шәырҿиаларц азы иԥшьоу адоуҳа шшәиҭо. Усҟан шәара анасыԥ шәоуеит, избанзар Иисус шәизыӡырҩуеит (Матф. 5:9).
19 Аизара хадас иамоу Иисус Христос ила Иегова бзиабарала анапхгара ахьҳаиҭо ахә ҳаракны иаҳшьоит (Еф. 5:23). Шәааи еснагь апостолцәа Пиотри, Иакови, Иоанни реиԥш Иисус ҳаизыӡырҩлап (Матф. 17:5). Ари астатиа иаҳгәаланаршәеит аизара аҟынтә аӡәы дҳаргәаазар, ҳаинышәар шҳахәҭоу. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыбжьара аҭынчра ҳарҿиозар, насгьы аԥсҭазаарахь уназго иҭшәоу амҩа ҳанымҵуазар, иахьагьы ҳаԥхьаҟагьы анасыԥ ҳамазаауеит.
АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла
a Иисус иҳәеит иҭшәоу агәашәқәа ҳарҭаланы аԥсҭазаарахь уназго иҭшәоу амҩала ҳцаларц. Иара убас иара ҳгәазҭеиҵон аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳабжьара аҭынчра ыҟазарц. Ҳара илабжьарақәа рықәныҟәара ҳҽазаҳшәоит, аха уи анымариамгьы ыҟоуп. Иарбан уадаҩрақәоу ҳзықәшәар алшо, насгьы ишԥаҳалшо урҭ риааира?
b Шәахәаԥш аброшиура «Аҿар ирызцәырҵуа 10 зҵаарак рҭак», азҵаара 6 «Ишԥасылшо иҽеим анырра аҿагылара?», иара убас асаит www.jw.org аҿы иҟоу афломастертә анимациа «Уқәлацәа рықәыӷәӷәара уаҿагыл!» (АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА >АХБЫЏҚӘА).
c Хьыӡқәак ԥсахуп.
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Анцәа изакәанқәа амҩа аҿҟьарсҭақәа рҿы иарҭо аанда иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Урҭ иҭшәоу амҩаҿы аанхара иҳацхраауеит, насгьы аҿҟьарсҭа ҳалҟьаны ҳкамҳарц азы ҳрыхьчоит. Урҭ рыбзоурала апорнографиеи иламысдоу ахымҩаԥгашьеи ҳҽацәыҳахьчоит, насгьы аҵара ду аиура зегь раасҭа ихадоушәа аӡәы ҳаижьартә илҳаршаӡом.
e АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Иаков иашьеиҳаб Исав динышәарц азы зныкымкәа диеихырхәеит.