АШӘА 130
Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла
(Аԥсалом 86:5)
- 1. Ҳаб Иисус дҳахҭниҵеит,— - Иааирԥшит агәыбылра. - Гәнаҳа иаҵаз Уи дырнышәеит, - Иагьацәихьчеит урҭ аԥсра. - Гәыла-ԥсыла ҳа ҳахьхәуазар, - Ҭынчрак ҳаимҭои Ҳанцәа, - Иисус ихьӡала иаҳмоури - Ҳамҭас анажьра ҳара. 
- 2. Ҳрыцҳаишьоит Иегова, - Уаҩы ианажьра ҳҵалар, - Аимак-аиҿак ҳацәцалозар, - Гәаартылагьы ҳҟалар, - Еизҳалар ҳабзиабара,— - Иалшоит амҽхак ҭбаахалар, - Пату рықәаҳҵалар ҳашьцәа, - Ачҳарагьы ааҳарԥшлар. 
- 3. Ҳарҭ Анцәа ҳаиҿыԥшроуп, - Уи игәшаҭара ҳирбеит. - Аԥсахеибакрагь аанҳажьроуп, - Гәыла анажьра ҳаӡбеит. - Ҳааннакылап гәрыцҳашьара, - Жәала ргәы ҳамхәырц ауаа. - Анцәа иеиԥш иранаҳажьлап, - Ахынраалара аарԥшуа. 
(Уахәаԥш иара убас Матф. 6:12; Еф. 4:32; Кәал. 3:13.)