Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ақьырсиан Абиблиа ала амзыз имамкәа иԥҳәыс длылҵзар, насгьы даҽаӡәы ԥҳәысс дигазар, ишԥарыхәҭоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уаанӡатәии уажәтәии иҭаацәалазаара ахәаԥшра?
Ақьырсиан аҩынтәраан ԥҳәыс дааигазар, раԥхьатәи иҭаацәалазаара уаҳа иҟаӡам, уажәшьҭа аҭаацәалазаара ҿыц ауп иҟоу. Шьаҭас иамоузеи ари аҩыза алкаа? Ари азҵаара еилҳаргарц азы шәааи, аилыҵреи ҿыц аҭаацәара алалареи ирызкны Иисус ииҳәаз ажәақәа ҳгәалаҳаршәап.
Иисус иҳәеит, Анцәа ихәаԥшышьала аилыҵразы мзыз заҵәык шакәу иҟоу. Уи ануп Матфеи 19:9: «Лкалҭбааԥсра дахырҟьаны акәымкәа, зыԥҳәыс илылҵны даҽаӡә даазгаз, уи дкалҭшьҭаныҟәоуп». Арҭ ажәақәа инарықәыршәаны: 1) аилыҵразы Абиблиа ала мзызс иҟоу — акалҭбааԥсра ауп, 2) даҽа мзызк шьаҭас иҟаҵаны зыԥҳәыс илылҵуа ахаҵа дкалҭшьҭаныҟәоитa.
Иаанагома уи зыԥҳәыс дзыԥсахыз, насгьы уи илылҵыз ахаҵа ҿыц аҭаацәара алалара Абиблиа азин инаҭоит ҳәа? Ахаҵа иԥҳәыс диԥсахзар, акгьы зхарам аԥҳәыс лхаҵа ианалыжьру-ианалмыжьру лыӡбоит. Ианажьра мап ацәылкуазар, насгьы еилыҵуазар, аилыҵратә процесс ашьҭахь рҩыџьагьы ҿыц аҭаацәара алалара азин рымоуп.
Аха зны-зынла аԥҳәыс аҭаацәара еиқәлырхарц азы лхаҵа ианажьра лыӡбоит, насгьы уи иалҳәоит. Аха уеизгьы лхаҵа длылҵзар? Иԥҳәыс ианажьра дазхиазар, насгьы рҭаацәара еиқәлырхарц лҭахызар, ахаҵа ҿыц аҭаацәара алаларазы Абиблиа ала амзыз имаӡам. Аха Абиблиа иаҳәо хьаас имкыкәа ҿыц аҭаацәара уеизгьы далалазар, дырҩегь иԥҳәыс диԥсахуеит ауп иаанаго. Убри аҟынтә, аизара аиҳабацәа ҿыц аусӡбаратә комитет еиҿыркаароуп (1 Кор. 5:1, 2; 6:9, 10).
Ақьырсиан Абиблиа ала амзыз имамкәа иԥҳәыс длылҵзар, насгьы даҽаӡәы ԥҳәысс дигазар, ишԥарыхәҭоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уаанӡатәии уажәтәии иҭаацәалазаара ахәаԥшра? Абиблиа иану инақәыршәаны, еидҳәалоума уаанӡа еиԥш уи ахаҵа раԥхьатәи иԥҳәыси иареи? Иҟаиҵаз ианажьра дазхиазар, илылшома убас лҭаацәара аиқәырхара? Иԥхьаӡалатәума калҭбааԥсраны уи ахаҵеи ҿыц ԥҳәысс иигази реизыҟазаашьақәа?
Ҳашԥарыхәаԥшуаз уаанӡа ус еиԥш иҟоу аҭаацәалазаарақәа? Ҳара абас ҳгәы иаанагон: зыԥҳәыс дзыԥсахыз ахаҵеи уи ҿыц иигаз иԥҳәыси реизыҟазаашьақәа калҭбааԥсраны иԥхьаӡахоит, акгьы зхарамыз иԥҳәыс дыԥсаанӡа, ҿыц хаҵа дцаанӡа, мамзаргьы лара лхаҭагьы акалҭбааԥсра лхарахаанӡа. Аха шәааи Матфеи 19:9 аҿы иану Иисус иажәақәа рахь ҳхынҳәып. Уаҟа акгьы зхарам аԥҳәыс, ма ахаҵа ирызкны акгьы анӡам. Иисус ииҳәаз, ахаҵа Абиблиа ала амзыз имамкәа иԥҳәыс длылҵны даҽаӡә ԥҳәысс дигазар, иԥҳәыс диԥсахуеит ҳәа ауп. Убри аҟынтә аилыҵреи ҿыц аҭаацәара алалареи, раԥхьатәи аҭаацәалазаара аҵыхәтәа ԥнаҵәоит.
«Лкалҭбааԥсра дахырҟьаны акәымкәа, зыԥҳәыс илылҵны даҽаӡә даазгаз, уи дкалҭшьҭаныҟәоуп» (Матф. 19:9).
Ахаҵа иԥҳәыс длылҵны ҿыц ԥҳәыс дааигазар, уи нахыс акгьы зхарамыз иԥҳәыс аҭаацәара аиқәырхара лылшаӡом, уи ашьаҿа аҟаҵара дазхиазаргьы. Уаанӡатәи аҭаацәалазаара хыбгалеит, убри аҟынтә азҵаара — лхаҵа ианалыжьру-ианалмыжьру — уажәшьҭа лҿаԥхьа иқәгылаӡам. Уи адагьы, ахаҵа ҿыц иигаз иԥҳәыси иареи реизыҟазаашьақәа аизараҿы калҭбааԥсраны ирыԥхьаӡалаӡомb.
Ҳара ҳалацәажәеит ахаҵа иԥҳәыс даниԥсахуа, насгьы ианеилыҵуа аҭагылазаашьа. Аха абасгьы иҟалар алшоит: ахаҵа иԥҳәыс димԥсахӡеит, аха уеизгьы длылҵны даҽаӡәы ԥҳәысс дигеит. Мамзаргьы абас: ахаҵа иԥҳәыс диԥсахӡомызт, аха длылҵит, уи ашьҭахь акалҭбааԥсра ихарахеит. Дызлыҵыз иԥҳәыс ианажьра дшазхиазгьы, даҽаӡә ԥҳәысс дааигоит. Арҭ аҭагылазаашьақәа зегь рҿы аилыҵреи ҿыц аҭаацәара алалареи, раԥхьатәи аҭаацәалазаара аҵыхәтәа ԥнаҵәоит. Уажәшьҭа закәанла иԥхьаӡоу аҭаацәалазаара ҿыц ауп. Абар уи иазкны 2006 шықәса, сентиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» 30-тәи адаҟьаҿы иану: «Уажәы иара аҭаацәара ҿыц имоуп, убри аҟынтә уи кажьны уаанӡатәи иҭаацәарахь ахынҳәра илшаӡом. Уи аҭаацәалазаара аилыҵреи, акалҭбааԥсреи, ҿыц аҭаацәара алалареи рыла ихыркәшан».
Еиҭарҿыцу ари аилкаара аҭаацәалазаара аҳаҭыр ланарҟәӡом, насгьы ахатә ҩыза иԥсахра цәгьарак аҵамшәа аанарԥшӡом. Аиашьа Абиблиа ала амзыз имамкәа иԥҳәыс длылҵзар, анаҩс Абиблиа иаҳәо хьаас имкыкәа ҿыц аҭаацәара далалазар, иара ихатә ҩыза лыԥсахра ихароуп. Уи иус аусӡбаратә комитет еилдыргоит. (Ҿыц иигаз иԥҳәыс Иегова ишаҳаҭ лакәзар, лара лус азгьы аусӡбаратә комитет еизоит, ахатә ҩыза иԥсахра ахара шьаҭас иҟаҵаны.) Аиашьа ҿыц иигаз иԥҳәыси иареи реизыҟазаашьақәа калҭшьҭаныҟәараӡам ҳәа ишыԥхьаӡахогьы, уи аиашьа акыршықәса рыҩныҵҟа аизараҿы иҷыдоу адҵақәа ирҭалаӡом. Иара ҿыц ахьӡ бзиа ирҳароуп, насгьы иҟаиҵаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирхашҭырц азы аамҭа цароуп. Ус еиԥш зхы мҩаԥызгаз аиашьа аизараҿы дҵақәак ирҭаанӡа аизара аиҳабацәа азхәыцроуп иԥҳәыс лкажьразы мзызк дашьҭазу-дашьҭамзу, зықәра наӡамыз ихәыҷқәа каижьу-икаимыжьу. Икаижьзар, уажәы урҭ рҭагылазаашьа зеиԥшроу иахәаԥшроуп (Мал. 2:14—16).
Ауаҩы Абиблиа ала амзыз имамкәа иԥҳәыс длылҵны даҽаӡә ԥҳәысс дааигазар, ихгьы даԥырхагахоит, егьырҭгьы аԥырхага рзааигоит. Убри аҟынтә ақьырсианцәа аҭаацәалазаара иԥшьоу ак еиԥш иахәаԥшлароуп, избанзар Иегова убасҵәҟьоуп уи шиԥхьаӡо (Еккл. 5:4, 5; Аур. 13:4).
a Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит ахаҵа иԥҳәыс даниԥсахуа, аԥҳәыс акгьы анылхарам аҭагылазаашьа. Аха иаарҳәны иҟаларгьы алшоит. Уи Марк 10:11, 12 аҿы иану Иисус иажәақәа иҳаилдыркаауеит.
b Ари еиҭарҿыцу еилкаароуп. Уаанӡа уи аҩыза аҭаацәалазаара калҭбааԥсраны иҳаԥхьаӡон, акгьы зхарамыз аԥҳәыс дыԥсаанӡа, ҿыц хаҵа дцаанӡа, мамзаргьы лара лхаҭагьы акалҭбааԥсра лхарахаанӡа.