«Ақьиара иазку азакәан» ала шәынхала
«УРҬ рқьиара амра ашәахәақәа реиԥш сдырԥхеит!» — лҳәоит Лаизаa, Иегова ишаҳаҭцәа дышрабадырыз лгәаларшәо. Аннагьы уи длықәшаҳаҭуп: «Сара абиблиатә ҵарақәа раасҭагьы еиҳараӡак сгәаҵанӡа инеиз ақьырсианцәа иаадырԥшуа ақьиара ауп». Ҳәарада, арҭ аиҳәшьцәа уажәы Абиблиа аԥхьареи азхәыцреи даараӡа бзиа ирбоит. Аха раԥхьа аҵабырг аилкаара ргәазырԥхаз дара рахь иаадырԥшыз ақьиара ауп.
Ҳара иаҳҭахуп иааҳарԥшуа ақьиара ауаа ргәы ҟанаҵалар. Шәааи уи ажәалеи услеи иҟаҳҵалар шҳалшо еилаҳкаап. Уи ашьҭахь ҳалацәажәап ақьиара захь иааҳарԥшлар ҳахәҭоу.
«АҚЬИАРА ИАЗКУ АЗАКӘАН» ШӘАЖӘАҚӘА ИРНЫԤШЛААИТ
Ажәамаанақәа 31:26 аҿы аԥҳәыс бзиа илызкны абас ануп: «Лыбз иалырҳәо ақьиара иазку азакәан иаҵанакуа ауп». Уи азакәан илҳәо, насгьы уи шылҳәо ианыԥшуеит. Ҳәарада, абацәагьы рыбз «ақьиара иазку азакәан» адырҳәалароуп. Аҭаацәа аӡәырҩы ибзианы ирдыруеит рхәыҷқәа иаӷьны ианрацәажәо уи аԥырхага шырзаанаго. Ани аби рхәыҷқәа ихжәаны, ма хаарак рыҵамкәа ирацәажәалар, урҭ рзыӡырҩлаӡом. Ахәыҷқәа еиҳа ирзымариоуп, насгьы иргәаԥхоит рҭаацәа ҭынч ихааны ианрацәажәо.
Ҳара ахәыҷқәа ҳамазаргьы иҳамамзаргьы ҳажәақәа ақьиара рыҵазароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Иазгәашәҭ Ажәамаанақәа 31:26 злалаго ажәақәа: «Лара лажәақәа ҟәышуп». Ус анакәха, ҳара ҳажәақәа ҳрызхәыцлароуп, насгьы ҳашцәажәо ҳацклаԥшлароуп. Иаҳҳәап, ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Уажәы исҳәарц исҭаху аҭагылазаашьа еиӷьнатәуоу, еиҳагьы еицәанатәуоу?» (Ажәам. 15:1). Ааи, ак ҳҳәаанӡа уи ибзианы ҳазхәыцроуп.
Даҽа жәамаанак иаҳәоит: «Аӡәы дымхәыцӡакәа данцәажәо, а́ҳәа уахәызшәа уихәуеит» (Ажәам. 12:18). Ҳажәақәа, насгьы ҳҳәашьа егьырҭ ишырныруа ҳазхәыцуазар, ҳажәақәа рыцклаԥшра ҳзымариахоит. Ииашаҵәҟьаны, «ақьиара иазку азакәан» ҳҿазар, угәы узырхьуа ажәақәа ҳхы иаҳархәалаӡом, насгьы иџьбараны ҳцәажәалаӡом (Еф. 4:31, 32). Шәааи есымша угәы шьҭызхуа ҳҳәалап, насгьы ихааны ҳцәажәалап. Араҟа Иегова иҿырԥшы ҳацхраауеит. Иаҳгәалаҳаршәап ишәаны иҟаз аԥааимбар Илиа игәы шышьҭихыз. Иегова имаалықь уи ҭынч диацәажәон (1 Аҳ. 19:12). Аха ақьиара злаҵәҟьоу ауаҩы иажәақәа рыдагьы, иусқәагьы ақьиара рныԥшуеит.
АУС ҚЬИАҚӘА АМЧ ӶӘӶӘА РЫМОУП
Ҳара Иегова ҳаиҿыԥшуазар, ҳажәақәа рыдагьы, ҳусқәагьы ақьиара рныԥшлоит (Еф. 4:32; 5:1, 2). Лаиза илгәалалыршәоит: «Сҭаацәареи сареи иаалырҟьаны даҽаџьара нхара аиасра анҳақәшәа, аизара аҟынтә ҩ-ҭаацәарак русураҿы иоурышьҭырц ирыҳәаны ҳамаҭәақәа реизгара иҳацхраарц иааит. Усҟан сара Абиблиа аҵарагьы саламгаӡацызт!» Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшыз ақьиара Лаиза Абиблиа даҽакала ахәаԥшра илыцхрааит.
Аннагьы Иегова ишаҳаҭцәа лара лахь иаадырԥшыз ақьиара лгәаҵанӡа инеит. Лара илҳәоит: «Ари адунеи аҿы ауаа рыгәра агара цәгьоуп. Убри аҟынтә Иегова ишаҳаҭцәа ансацәажәоз сгәысҽанын. Сара схәыцуан: ирҭахузеи урҭ сара сҟынтә? Аха Абиблиа сзырҵоз аиаҳәшьа гәыкала дысзыҟан, дқьиан, убри аҟынтә лыгәра зго салагеит». Иҟалазеи анаҩс? Анна илҳәоит: «Ԥыҭрак ашьҭахь сара Абиблиа аҟынтә еилыскаауаз еиҳа сазхәыцуа салагеит».
Игәашәҭама Лаизеи Аннеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рус қьиақәа ргәаҵанӡа ишнеиз? Убри ауп Абиблиа аҵара ргәазырԥхазгьы. Урҭ Лаизеи Аннеи рахь ақьиара ахьаадырԥшыз азы, дара Иеговеи имаҵзуҩцәеи рыгәра рго иалагеит.
АҚЬИАРА ААРԤШРАҾЫ АНЦӘА ШӘИҾЫԤШЛА
Шьоукы ауаа қьиақәоуп, насгьы есымша иҿаԥха-ҿаччоит. Ҳәарада, ауаҩы иҟазшьа бзиазар, мамзаргьы ус дааӡазар, уи угәы иамыхәар ауӡом. Аха ақьиара аарԥшраҿы Анцәа ҳаиҿыԥшларц азы аҟазшьа бзиа ҳамазар мацара азхаӡом. (Иаҿшәырԥш Аусқәа 28:2.)
Ақьиараҵәҟьа иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоуп (Гал. 5:22, 23). Ус анакәха, уи аҟазшьа еизҳарҳарц азы Анцәа идоуҳа ҳхәыцрақәеи ҳусқәеи ирнырлартә алҳаршалароуп. Ус еиԥш иҟоу ақьиара анааҳарԥшуа Иеговеи Иисуси ҳарҿыԥшуеит, избанзар Анцәа бзиа даҳбоит, насгьы Иисус иеиԥш ауаа хьаас иҳамоуп. Убас иҳалоу ақьиара ауаа реиҷаҳара иҳацхраауеит.
ЗАХЬ ИААРԤШЛАТӘЫДА АҚЬИАРА?
Ҳҩызцәа ма ҳара бзиарак ҳзыҟазҵаз рахь ақьиара аарԥшра ҳзымариоуп (2 Сам. 2:6). Иаҳҳәап, урҭ иҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭаххоит (Кәал. 3:15). Аха ауаҩы абзиара изыҟаҵара даԥсаӡам ҳәа ҳгәы иаанагозар?
Шәааи абри ҳазхәыцып: Иегова ҳзыԥсам ақьиара аарԥшраҿы зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭоит. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы ҳзыԥсам ақьиара аӡбахә акырынтә иҳәоуп. Ишԥааирԥшуеи уи Анцәа ҳара ҳахь?
Шәрызхәыц Иегова қьиарала дыззыҟоу, насгьы аԥсҭазааразы иаҭаху зегь зиҭо миллиардҩыла ауаа (Матф. 5:45). Аиаша ҳҳәозар, деилаҳкаанӡагьы иара ҳара ҳахь ақьиара ааирԥшуан (Еф. 2:4, 5, 8). Иаҳҳәап, иара ауаатәыҩса рзы иара изы зегь раасҭа зыхә ҳаракыз Иԥазаҵә иԥсҭазаара дамеигӡаӡеит. Апостол Павел иҩит Иегова «игәыҳалалра, иразра ирыбзоураны» ҳашҿихыз (Еф. 1:7). Уи адагьы, ҳара агәнаҳақәа шыҟаҳҵогьы, насгьы жәҩантәи Ҳаб игәы шиҳархьуагьы, иара ҳаанижьӡом, анаҩсгьы ҳамҩақәиҵоит. Иара имҩақәҵарақәа «ақәа хаа» иаҩызоуп (Ҩынтә. 32:2). Иҳазшәома ҳара знымзар-зны Иегова ҳара ҳахь иааирԥшуа ақьиара ахә? Ҳара ибзианы иаҳдыруеит Иегова ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааимырԥшуазҭгьы, ҳара ахаан агәыӷра шаҳмоуаз. (Иаҿшәырԥш 1 Пиотр 1:13.)
Ҳәара аҭахума Иегова иқьиара ҳгәаҵанӡа инеиуеит, насгьы ҳаргьы егьырҭ рахь ақьиара аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит. Убри аҟынтә ақьиара захь иаарԥшлатәу-иаарԥшлатәым ҳәа ауаа еилаҳхӡом. Ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп, насгьы уи аҟазшьа бзиа ҳцәаҩахарц даара иаҳҭахуп (1 Фес. 5:15). Ҳара ҳуаҩ қьиазар, ауаа ҳааигәара аҟазаара рызгьамахоит, ахьҭа аныҟоу ауаџьаҟ иҽҳәатәаны рҽандырԥхо еиԥш. Убас ҳҭынхацәеи, аизара аҟынтә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, аус зцаҳуеи, аҵара зцаҳҵои, ҳгәылацәеи ргәы ҳарԥхалоит.
Шәазхәыц шәажәақәеи шәусқәеи рыла згәы шьҭышәхыр шәылшо. Иҟалап шәҭынха, ма аизара аҟынтә иашьак аҩны, ма абаҳчаҿы акы изыҟаҵатәызар. Мамзаргьы иаҳәшьак адәқьан аҟынтә ак лзаагатәызар. Ажәабжьҳәараҿы ацхыраара зҭаху аӡәы дшәықәшәазар, ак изыҟашәҵар шәылшома?
Шәааи Иегова ҳаиҿыԥшлап, насгьы ҳажәақәеи ҳусқәеи «ақьиара иазку азакәан» рныԥшларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап.
a Хьыӡқәак ԥсахуп.