Избан ҳара аибашьрақәа ҳхы зрылаҳмырхәуа, ажәытәан израильаа еибашьуазҭгьы?
«ФРАНЦИА ма Англиа ирҿагыланы шәара шәҟынтә аӡәы идамзаргьы дмеибашьыр, шәыззегьы шәынҳарҵәоит!» — анацисттә аофицер иҭакыз Иегова ишаҳаҭцәа днарықәыҳәҳәеит. Иааигәа есесаа бџьарла еиқәных ишгылазгьы, ҳашьцәа рҟынтә аӡәызаҵәыкгьы дымқәацеит. Изакә гәымшәароузеи! Ари аҿырԥштәы иунарбоит, Иегова ишаҳаҭцәа ауаа имҩаԥырго аибашьрақәа ишырзыҟоу. Ҳара урҭ ҳаҽрылаҳархәӡом. Шәаҳшьуеит ҳәа иҳақәмақаруазаргьы, ари адунеи аҿы иҟоу аиҿагыларақәа рҿы аӡәгьы иган аанаҳкылаӡом.
Аха ҳқьырсианцәоуп ҳәа зыԥхьаӡо рыбжьара уи аҩыза агәаанагара иақәшаҳаҭымгьы ыҟоуп. Аӡәырҩы ргәы иаанагоит, Анцәа дхазҵо ауаҩы деибашьлар илшоит, уимоу, иԥсадгьыл ахьчара уалсгьы идуп ҳәа. Дара ргәы иаанагозар ауеит: «Ажәытәан ауриацәа Анцәа ижәлар ракәын, аха еибашьуан. Избан нас иахьа ақьырсианцәа зымеибашьуа?» Аҭак шԥарышәҭарыз? Ус еиԥш иҟоу ауаа иреилшәыркаар шәылшоит, ажәытәан инхоз израильааи иахьа инхо Анцәа ижәлари рҭагылазаашьақәа зынӡа ишеиԥшым. Шәааи хә-еиԥшымрак ҳрылацәажәап.
1. АНЦӘА ИМАҴЗУҨЦӘА ЗЕГЬЫ ЖӘЛАРК РАКӘЫН
Ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа ракәны иҟаларц жәларк алихит — Израиль. Иара израильаа егьырҭ ажәларқәа ирылкааны, сара истәу иҷыдоу ажәлар ҳәа рзиҳәеит (Ақәҵ. 19:5). Уи адагьы, Анцәа урҭ ахьынхалаша ҭыԥк алкааны ириҭеит. Убри аҟынтә Иегова израильаа егьырҭ ажәларқәа ирабашьырц ианишьҭуаз, дара рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз ирҿагылаӡомызт, иагьыршьӡомызтa.
Иахьа Анцәа ижәлар «абшьҭрас, хылҵшьҭрас, жәларыс» иҟоу зегь иреиуоуп (Аат. 7:9). Иегова имаҵзуҩцәа аибашьра ицар, рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо рашьцәа ирабашьлар, иагьыршьлар акәхоит. Уи ҳхаҿы аагарагьы ҳзыгәаӷьуам!
2. ИЗРАИЛЬАА ЕИБАШЬЛАРЦ РАЗҲӘОЗ ИЕГОВА ИОУП
Ажәытәан Иегова иакәын изыӡбоз, израильаа аибашьрахь ианцашаз, насгьы изцашаз. Иаҳҳәап, ханаантәи ажәларқәа адемонцәа ирымҵахырхәон, ламысдарала рхы мҩаԥыргон, насгьы рхәыҷқәа амцнцәахәқәа амҭас ирызнаргон. Убри аҟынтә Иегова урҭ дрықәыӡбеит, насгьы израильаа рабашьырц реиҳәеит. Иегова израильаа урҭ ажәларқәа ықәырхырц реиҳәеит, рхымҩаԥгашьа рҿырымҵаарц азы (Алев. 18:24, 25). Анцәа имаҵзуҩцәа Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы анхара ианалага, Иегова зны-зынла иреиҳәон, Израиль аӷацәа рҟынтә ирыхьчаларц (2 Сам. 5:17—25). Аха Иегова иуӡомызт израильаа аибашьра ицару-имцару рхала ирыӡбалар. Дара изымӡырҩӡакәа абџьар анышьҭырхуаз, уи алҵшәа бааԥсқәа аанагон (Ахыԥхь. 14:41—45; 2 Аш. 35:20—24).
Иахьа Иегова ауаа еибашьларц реиҳәаӡом. Ажәларқәа зеибашьуа, рхатә интересқәа рыхьчарц азы ауп, Анцәа иинтересқәа ракәымкәа. Лассы-лассы дара зеибашьуа, адгьылқәа рхазы иргарц азы ауп. Уи адагьы, рекономикатә, ма рполитикатә интересқәа ирызхәыцуеит. Иҟоуп Анцәа ихьӡ ала ҳаибашьуеит ҳәа зҳәогьы. Дара ирҳәоит, Анцәа иаӷацәа ҳшьуеит ҳәа, ма ҳагәрахаҵара ҳахьчоит ҳәа. Аха Иегова ихаҭа иаӷацәа нирҵәоит, ииашоу имаҵзуҩцәагьы ихьчоит. Уи аԥхьаҟа иҟало аибашьра, Армагеддон, аҿы иҟаиҵоит (Аат. 16:14, 16). Уи аибашьраҿы еибашьло жәҩантәи ашамҭақәа мацара роуп, ауаа ракәымкәа (Аат. 19:11—15).
3. ИЗРАИЛЬАА АГӘРАХАҴАРА ААЗЫРԤШУАЗ РШЬӠОМЫЗТ
Ирыцҳаршьома иахьа аибашьрақәа рҿы Анцәа гәыкала изыҟоу ауаа, Иерихон иҟаз Иегова иеибашьраҿы Раав лҭаацәеи лареи шрыцҳаршьаз еиԥш?
Ажәытәан израильаа иршьуаз Иегова аԥсра зқәиҵаз мацара ракәын, аха Анцәа иахь агәрахаҵара аазырԥшуаз лассы-лассы ирыцҳаршьон. Абар ҩ-ҿырԥштәык. Иегова израильаа Иерихон ықәыргарц шреиҳәазгьы, дара Раави лҭынхацәеи рыцҳаршьеит, избанзар лара агәрахаҵара ӷәӷәа аалырԥшит (Иис. Н. 2:9—16; 6:16, 17). Ԥыҭрак ашьҭахь ақалақь Гаваон инхоз зегьы рхы еиқәдырхеит, избанзар Анцәа иахь аҳаҭырқәҵара аадырԥшит (Иис. Н. 9:3—9, 17—19).
Иахьа аибашьрақәа рҿы аӡәгьы дрыцҳаршьаӡом: Анцәа дхазҵогьы дхазымҵогьы. Лассы-лассы урҭ аибашьрақәа рҿы акгьы зхарам ауаа ԥсуеит.
4. ИЗРАИЛЬАА АИБАШЬРА ИАЗКЫЗ АНЦӘА ИМҨАҚӘҴАРАҚӘА ИРЫҚӘНЫҞӘАЛАР РЫХӘҬАН
Ажәытәан Иегова ижәлар анеибашьуаз имҩақәҵарақәа ирықәныҟәалар иҭахын. Иаҳҳәап, израильаа ақалақь ианақәлоз, изықәлоз ажәлар ирмабашьырц азы иҟарҵар рыхәҭаз рарҳәон (Ҩынтә. 20:10). Уи адагьы, Иегова иҭахын, израильтәи аруаа рлагерь аҿы ацқьара рыхьчаларц, насгьы ацәеижьтә еизааигәахара иазкыз инормақәа еиларымгаларц (Ҩынтә. 23:9—14). Егьырҭ ажәларқәа изеибашьуаз ақалақьқәа аныргалак ашьҭахь, уа инхоз аҳәса рцәа ԥырҽуан. Аха Иегова имаҵзуҩцәа ус ҟарҵалар иуӡомызт. Уи адагьы, израильтәи ахаҵа аԥҳәыс дытҟәаны дигозҭгьы, мызкы ашьҭахь акәын ԥҳәысс дигар анилшоз (Ҩынтә. 21:10—13).
Иахьа атәылақәа реиҳарак аибашьрақәа шымҩаԥгалатәу иазку аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарҩит. Урҭ аиқәшаҳаҭрақәа хықәкыс ирымоу ауаа рыхьчара ауп. Аха лассы-лассы урҭ ирықәныҟәаӡом.
5. АНЦӘА ИХАҬА ИЖӘЛАР РЗЫ ДЕИБАШЬУАН
Деибашьуама иахьа Иегова жәларк азы, Иерихон аҿы израильаа рзы дшеибашьуаз еиԥш?
Ажәытәан Иегова израильаа рзы деибашьуан, лассы-лассы урҭ аиааира ргарц азы аџьашьахәқәа ҟаиҵон. Иаҳҳәап, дышԥарыцхрааи Иегова ижәлар Иерихон агара? Иегова идҵала аибашьцәа аибашьра ишдәықәлоз еилукаартә рыбжьы дыргеит. Усҟан ақалақь аҭӡамц ыҟаӡамызшәа еилыбгеит. Уи џьабаада ақалақь агара ирыцхрааит (Иис. Н. 6:20). Ишԥарылшеи израильтәи ар амореиаа риааира? «Иегова урҭ ҭаирхарц азы ажәҩан аҟынтә акырцх ду лаишьҭит. Акырцх иашьыз еиҳа ирацәан, израильаа раҳәақәа рыла иршьыз раасҭа» (Иис. Н. 10:6—11).
Иахьа Иегова аӡәгьы изы деибашьӡом. Иисус Христос инапаҿы иҟоу Анцәа Иаҳра «ари адунеи аҳрақәа иреиԥшӡам» (Иоанн 18:36, АдҾ). Ари адунеи аҿы иҟоу ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа зегьы напхгара рзызуа Аҩсҭаа иоуп. Иахьа иҟоу аибашьра бааԥсқәа иара ихаҭара аадырԥшыҵәҟьоит (Лука 4:5, 6; 1 Иоанн 5:19).
ИИАШАҴӘҞЬОУ АҚЬЫРСИАНЦӘА — АҬЫНЧРА ҞАЗҴО РОУП
Ишаҳбаз еиԥш, иахьатәи ҳҭагылазаашьеи ажәытәан израильаа ирымаз аҭагылазаашьеи еиԥшӡам. Аха уи мацаразы акәӡам ҳзымеибашьуа. Иҟоуп егьырҭ амзызқәагьы. Иаҳҳәап, Анцәа заа иҳәахьан, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аибашьышьа шырымҵало, урҭ рыҽрылархәра акәым (Ис. 2:2—4). Уи адагьы, Христос иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ари адунеи иатәу ауаа шәреиԥшӡам» (Иоанн 15:19, АдҾ). Убри аҟынтә дара ари адунеи аҿы иҟоу аибашьрақәа рҿы аӡәгьы иган ааныркылаӡом.
Уи адагьы, Христос ишьҭанеицәа еиҳау ак аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Иара иреиҳәон агәаара, аԥсахеибакра, ма аӡә игәаӷ акра реиԥш иҟоу ацәаныррақәа узцәырызго ахәыцрақәа рҽырцәырыхьчаларц (Матф. 5:21, 22). Иара убас иҵаҩцәа аҭынчра иашьҭазароуп, насгьы раӷацәа бзиа ирбалароуп (Матф. 5:9, 44).
Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо ари? Ҳәарада, ҳара аибашьра ҳцаӡом. Аха аизараҿы аӡә даҳцәымӷзар? Шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап уи иҽеим ацәанырра ҳаиааирц азы! (Иак. 4:1, 11).
Ажәларқәа рыбжьара иҟоу аилибамкаарақәа рҿы аӡә иган аанкылара аҭыԥан, ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыбжьара аҭынчреи абзиабареи ҳахьчоит (Иоанн 13:34, 35). Шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап, анеитралитет ҳахьчаларц азы, Иегова наӡаӡа аибашьрақәа зегьы ааникылаанӡа (Аԥсал. 46:9).
a Зны-зынла израильаа дара-дара еиҿагыланы еибашьуан. Уи азы Иегова игәы рзыԥжәон (1 Аҳ. 12:24). Аха Иегова ус еиԥш иҟаз аиҿагыларақәа данрықәшаҳаҭызгьы ыҟан, избанзар еимшьҭрақәак Рынцәа Иегова даанрыжьуан, ма ихәымгаз егьырҭ агәнаҳақәа ҟарҵон (Аӡб. 20:3—35; 2 Аш. 13:3—18; 25:14—22; 28:1—8).