Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 октиабр ад. 24—28
  • Шәқьырсиантә гәыӷра шәмырӡын!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәқьырсиантә гәыӷра шәмырӡын!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲГӘЫӶРА АԤЫРСАЛ ИАҨЫЗОУП
  • ҲГӘЫӶРА АКӘЫЛӠХЫЛԤА ИАҨЫЗОУП
  • ШӘГӘЫӶРА ШӘМЫРӠЫН!
  • «АГӘЫӶРА АГӘЫРӶЬАРА ШӘЗААНАГАЛААИТ»
  • Шәгәыӷра намӡар ауӡом!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 октиабр ад. 24—28

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 44

Шәқьырсиантә гәыӷра шәмырӡын!

«Иегова уиқәгәыӷла» (АԤСАЛ. 27:14).

АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!

АХҲӘААa

1. Иарбан гәыӷроу Иегова ҳамҭас иҳаиҭаз?

ИЕГОВА наӡаӡатәи аԥсҭазаара иазку зеиԥшыҟам агәыӷра ҳамҭас иҳаиҭеит. Шьоукы наӡаӡа ажәҩан аҿы анхаразы агәыӷра рымоуп (1 Кор. 15:50, 53). Аха еиҳараҩык ауаа агәабзиареи анасыԥи ахьрымазаауа адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра рымоуп (Аат. 21:3, 4). Ҳгәыӷра зеиԥшразаалакгьы — ажәҩан аҿы анхаразы акәзаргьы, адгьыл аҿы анхаразы акәзаргьы, — ҳара уи ахә ҳаракны иаҳшьоит.

2. Шьаҭас иамоузеи ҳгәыӷра, насгьы избан ус ҳҳәар зҳалшо?

2 Абиблиаҿы ажәа «агәыӷра» бзиарак уаназыԥшу аанарԥшуеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иҳамоу агәыӷра шынаӡо, избанзар уи Иегова иоуп иҳазҭаз (Рим. 15:13). Ҳара иаҳдыруеит Анцәа еснагь иажәа шынаигӡо (Ахыԥхь. 23:19). Иара убас агәра ганы ҳаҟоуп Иегова агәаҳәарагьы алшарагьы шимоу ҳзықәиргәыӷыз зегь анагӡаразы. Убри аҟынтә иҳамоу агәыӷра шьаҭас иамоу афантазиақәа, ма ахаан имнаӡо агәыхәтәқәа ракәымкәа, ашьақәырӷәӷәарақәеи афактқәеи роуп.

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Аԥсалом 27:14).

3 Жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳаибоит, насгьы игәра ҳгалар иҭахуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 27:14.) Иегова иахь иҳамоу агәыӷра ӷәӷәа ауадаҩрақәа рыхгареи, агәырӷьара мырӡкәа ԥхьаҟа аԥшреи иҳацхраауеит. Убри аҟынтә шәааи ҳахәаԥшып агәыӷра ҳшахьчо. Раԥхьа еилаҳкаауеит уи аԥырсали акәылӡхылԥеи изырҿырԥшу. Анаҩс ҳалацәажәоит, иҳамоу агәыӷра ҳарӷәӷәалар шҳалшо.

ҲГӘЫӶРА АԤЫРСАЛ ИАҨЫЗОУП

4. Избан ҳгәыӷра аԥырсал иаҿурԥшыр залшо? (Ауриацәа рахь 6:19).

4 Апостол Павел ауриацәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы, ҳгәыӷра аԥырсал иаҿирԥшит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 6:19.) Павел лассы-лассы мшынла ныҟәара дцон. Убри аҟынтә идыруан аԥырсал аӷба ааннакылар шалшо, уи аԥша иахьакәым иамгарц азы. Зны афырҭын ӷәӷәа данақәшәа ибеит амшынуаа «аӷба џьара хаҳәрак иахасыр ҳәа ишәаны, ашьҭахьтәи аганахьтә ԥышь-ԥырсалк ларышьҭит» (Аус. 27:29, 39—41). Аԥсҭазаара ҳанкыднаҟьо аԥырсал иаҩызоу ҳгәыӷра Иегова иааигәара аанхара иҳацхраауеит. Агәыӷра ӷәӷәа ахьҳамоу абзоурала ҳара ацәқәырԥа дуқәа ирҩызоу аԥышәарақәа рыхгара ҳалшоит, избанзар аԥхьаҟа ишҭынчрахо агәра ганы ҳаҟоуп. Иисус заа иҳәахьан ишҳашьҭашәарыцало (Иоанн 15:20). Убри аҟынтә Иегова ҳзықәиргәыӷыз ҳазхәыцлароуп. Уи ақьырсиантә мҩа ҳанымҵкәа, ацара иҳацхраауеит.

5. Амч шԥеинаҭоз Иисус агәыӷра, аԥсра абла данҭаԥшуаз?

5 Ишԥаицхрааи Иисус агәыӷра аҵыхәтәанынӡа Иегова гәыкала имаҵ аура, аԥсышьацәгьа шизыԥшызгьы? Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аан, 33 шықәса ҳ. ҳ. азы апостол Пиотр ашәҟәы Аԥсаломқәа рҿы иану Мессиа изку аԥааимбаражәа еиҭеиҳәеит. Уи аԥааимбаражәа иунарбон Иисус шаҟа агәҭынчра имаз, насгьы Иегова шаҟа игәра игоз: «Сара уара суқәгәыӷуа сынхалоит, избанзар уара анышәынҭраҿы саанужьӡом, гәык-ԥсыкала иузыҟоу абаара закәу иурдырӡом. [...] Уааигәара саныҟало, сгәы гәырӷьарыла иурҭәуеит» (Аус. 2:25—28, АдҾ; Аԥсал. 16:8—11). Иисус дшыԥсуаз шидыруазгьы игәыӷра ӷәӷәан. Иара идыруан Анцәа иԥсы шҭеиҵо, насгьы дырҩегь ажәҩан аҿы Иаб иааигәара дшыҟало (Аур. 12:2, 3).

6. Ииҳәазеи иашьак агәыӷра иазкны?

6 Ҳқьырсиантә гәыӷра аӡәырҩы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аԥышәарақәа рыхгара ирыцхраауеит. Абар Англиа инхоз, гәыкала Анцәа имаҵ зуаз Ленард Чинн иҿырԥшы. Актәи адунеизегьтәи аибашьраан иара арра дахьымцаз азы абахҭа дҭаркит. Ҩымз аӡәы дахьҭаркуа акамера дҭакын, нас мчыла ауаа аус ахьыддыруа дрышьҭит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара иҩуан: «Сзықәшәаз исеилнаркааит: аԥышәарақәа ҳхаҳгарц азы агәыӷра ҳамазароуп. Ҳара иҳамоуп Иисуси, апостолцәеи, аԥааимбарцәеи рҿырԥшқәа. Иара убас Абиблиа иану зыхә ҳараку ақәыргәыӷрақәа. Ари зегьы зеиԥшыҟам агәыӷреи ачҳара аарԥшразы амчи ҳнаҭоит». Ленард изы агәыӷра аԥырсал еиԥшын. Ҳара ҳзгьы убасҵәҟьа иҟалар алшоит.

7. Ишԥаӷәӷәахо ҳгәыӷра аԥышәарақәа раан? (Римаа рахь 5:3—5; Иаков 1:12).

7 Ҳара ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа анаҳхаҳго, Иегова ицхыраара анаҳбо, насгьы игәы шыҟаҳҵо анеилаҳкаауа, ҳгәыӷра ӷәӷәахоит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 5:3—5; Иаков 1:12.) Уи раԥхьа аҵабырг анеилаҳкааз аасҭа еиҳагьы иӷәӷәахоит. Аҩсҭаа иҭахуп, ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ҳамч ҳалӡаарц, аха Иегова ицхыраарала, иарбан ԥышәаразаалакгьы ҳзықәшәо, уи ҳхаҳгар ҳалшоит.

ҲГӘЫӶРА АКӘЫЛӠХЫЛԤА ИАҨЫЗОУП

8. Избан агәыӷра акәылӡхылԥа изаҿырԥшу? (1 Фессалоникаа рахь 5:8).

8 Абиблиаҿы агәыӷра акәылӡхылԥа иаҿырԥшуп. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:8.) Акәылӡхылԥа аибашьҩы ихы ахьчон. Адоуҳатә еибашьраҿгьы ҳара ҳахшыҩ Аҩсҭаа иҟынтә иҳахьчалароуп. Иара ҳхихырц азы, насгьы ҳахшыҩ бжьихырц азы иихәыцыз рацәоуп. Акәылӡхылԥа аибашьҩы ихы шахьчоз еиԥш, ҳгәыӷра ҳхәыцшьа ахьчоит, еснагь гәыкала Иегова имаҵ ҳауларц азы.

9. Ишԥанхо наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра змам ауаа?

9 Наӡаӡа анхаразы иҳамоу агәыӷра иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Аха ҳгәыӷра ԥсыҽхар, иҽеим ахәыцшьа ҳазцәырҵыр алшоит, насгьы наӡаӡа анхара хықәкыс ишҳамоу ҳхашҭыр ауеит. Иаҳгәалаҳаршәап, ажәытә Коринф инхоз ақьырсианцәа шьоукы ирыхьыз. Дара Анцәа ихадоу иқәыргәыӷра — аԥсҭалара шыҟало агәра агара иаҟәыҵит (1 Кор. 15:12). Павел иҩит, наӡаӡа анхаразы агәыӷра змам ауаа, иахьатәи амш мацарала ишынхо (1 Кор. 15:32). Иахьагьы Анцәа иқәыргәыӷрақәа рыгәра зымго ауаа рхатә гәаҳәарақәа рынагӡара ауп изышьҭоу. Аха ҳара Анцәа ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡо агәра ҳгоит. Иҳамоу агәыӷра акәылӡхылԥа иаҳзаҩызоуп. Агәыӷра ҳхатә гәаҳәарақәа ҳаҽрыҳамҭаларц азы ҳахшыҩ ахьчоит, избанзар уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара иаԥырхагахон (1 Кор. 15:33, 34).

10. Ҳашԥахьчо агәыӷра амц гәаанагарақәа рҟынтә?

10 Агәыӷра акәылӡхылԥа ҳахшыҩ ахьчоит, Иегова игәы аҟаҵара ҳалымшошәа ҳамхәыцларц азы. Иаҳҳәап, аӡәы иҳәар алшоит: «Сара наӡаӡатәи аԥсҭазаара шысмоуа здыруеит. Сара уи саԥсаӡам. Сара ахаан Анцәа инормақәа зегь срықәшәалартә еиԥш сзынхалаӡом». Ишәгәалашәыршәа, Иов игәы ирҭынчырц иҭахушәа зхы аазырԥшыз Елифазгьы убас шиҳәаз. Иара Иов абас иеиҳәеит: «Ԥсра зқәу ауаҩы дыцқьазар илшома?» Уи адагьы, Елифаз Анцәа абас изиҳәеит: «Иара иԥшьоу имаалықьцәагьы рыгәра игаӡом, ажәҩанҵәҟьагьы иҿаԥхьа ицқьаӡам» (Иов 15:14, 15). Закәытә мцы бааԥсузеи! Ишәхашәмыршҭлан, убас шәхәыцлар зҭаху Аҩсҭаа иоуп. Иара идыруеит ус шәхәыцлар, шәгәыӷра шыԥсыҽхо. Убри аҟынтә уи амц шәаҿагыл, насгьы Иегова ҳзықәиргәыӷуа еиҳа шәазхәыцла. Агәра ганы шәыҟаз, жәҩантәи Ҳаб наӡаӡа шәынхаларц иҭахуп, иара уи аҿы дшәыцхраауеит (1 Тим. 2:3, 4).

ШӘГӘЫӶРА ШӘМЫРӠЫН!

11. Избан ачҳара аарԥшны Анцәа ҳзықәиргәыӷыз анынаигӡо ҳазыԥшызар зхадоу?

11 Ҳгәыӷра амырӡра зны-зынла имариаӡам. Анцәа ҳзықәиргәыӷыз анынаигӡо ҳазыԥшнаҵы, ачҳара ҳацәмаҷхар алшоит. Аха Иегова наӡаӡа иҟоу иоуп, иара изы аамҭа даҽакала ицоит (2 Пиотр 3:8, 9). Иара хымԥада игәы иҭеикыз зегь наигӡоит, уи зегь раасҭа еиӷьны ауп ишыҟаиҵогьы. Иҟалар алшоит уи ҳаназыԥшым инаигӡаргьы. Иҳацхраауазеи, ҳгәыӷра мырӡкәа, ачҳара аарԥшны, Анцәа ҳзықәиргәыӷыз анынаигӡо азыԥшра? (Иак. 5:7, 8)

12. Ишԥадҳәалоу агәыӷра агәрагара, Ауриацәа рахь 11:1, 6 иану инақәыршәаны?

12 Ҳгәыӷра ӷәӷәазарц азы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызарагьы ӷәӷәазароуп. Избанзар ҳгәыӷра шынаӡо агәра ҳзырго иара иоуп. Абиблиаҿы агәыӷра Анцәа дшыҟоу, насгьы гәыкала иԥшаара иашьҭоу дшырзылԥхо агәрагара иадҳәалоуп. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:1, 6.) Иегова дшыҟаҵәҟьоу агәра ҳгозар, иқәыргәыӷрақәа зегь шынаигӡогьы агәра ҳгалоит. Шәааи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара иҳацхраауа ихәарҭоу лабжьарақәак ҳрыхәаԥшып. Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахар, ҳгәыӷрагьы ӷәӷәахоит.

Анцәаиҳәареи ҳзыԥхьо азхәыцреи ҳгәыӷра амырӡра иҳацхраауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—15.)b

13. Ишԥаҳалшо Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара?

13 Иегова шәиҳәала, насгьы Иажәа шәаԥхьала. Ҳара Иегова даҳбаӡом, аха ҳаиҩызцәахар ҳалшоит. Анцәа ҳаниҳәо иара ҳиацәажәоит, насгьы дшаҳзыӡырҩуа агәра ганы ҳаҟоуп (Иер. 29:11, 12). Аха ҳашԥаизыӡырҩуеи ҳара Анцәа? Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳаназхәыцуа. Ажәытәан Иегова гәыкала имаҵ зуаз ауаа дшырхылаԥшуаз анеилаҳкаауа, ҳгәыӷра еиҳа иӷәӷәахоит. Анцәа Иажәаҿы иану зегьы «ирыҩуаз зырҩуаз, ҳара ак ҳнарҵарц азоуп. Ҳара агәыӷра ҳамоуп, избанзар Аҩыра амч ҳнаҭоит, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит» (Рим. 15:4, АдҾ).

14. Избан Иегова имаҵзуҩцәа рзы иҟаиҵаз азхәыцра зыбзиоу?

14 Иегова иажәа шынаигӡо шәазхәыцла. Иаҳгәалаҳаршәап Анцәа Авраами Сарреи рзы иҟаиҵаз. Дара рықәрахь инеихьан, ахшара роуртәгьы иҟамызт. Аха Иегова уеизгьы ахшара дышроуа ажәа риҭеит (Аҟаз. 18:10). Иахиҳәааи уи Авраам? Иара «ажәлар рацәа абыс дшырзыҟало... дақәгәыӷуан, агәрагьы игон» (Рим. 4:18, АдҾ). Ауаҩы ихәаԥшышьала узықәгәыӷша ҳәа акгьы шыҟамызгьы, Авраам агәра игон Анцәа иажәа шынаигӡо. Убас иагьыҟалеит (Рим. 4:19—21). Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа Иегова еснагь иажәа шынаигӡо еиҳагьы агәра ҳдыргоит, ҳҭагылазаашьа ӡбашьа амамшәа ҳбозаргьы.

15. Избан Анцәа ҳара ҳзы иҟаиҵахьоу ҳазхәыцлар зыбзиоу?

15 Иегова ишәзыҟаиҵахьоу гәашәҭала. Шәазхәыц, Анцәа Иажәа иану ақәыргәыӷрақәа ахьынаӡо хәарҭас ишәзаанагахьоу. Иаҳҳәап, Иисус ажәа ҳаиҭеит Иаб зда ԥсыхәа ыҟам зегь шҳаиҭало (Матф. 6:32, 33). Уи адагьы иара иҳәеит, Иегова иԥшьоу адоуҳазы шәиҳәалар, уи шшәиҭало (Лука 11:13). Иегова убас иагьыҟаиҵоит. Иҟалап Иегова шәара ишәзыҟаиҵахьоу иҵегьы ирацәаны еиқәышәыԥхьаӡар шәылшозар. Иаҳҳәап, Иегова ишиҳәахьаз еиԥш адоуҳатә фатә шәиҭоит, шәыгәнаҳақәа шәанаижьуеит, насгьы шәгәы шьҭихуеит (Матф. 6:14; 24:45; 2 Кор. 1:3). Иегова уаанӡа дшышәхылаԥшуаз шәаназхәыцуа, аԥхьаҟагьы шәшаанимыжьуа агәра жәгалоит.

«АГӘЫӶРА АГӘЫРӶЬАРА ШӘЗААНАГАЛААИТ»

16. Избан агәыӷра зыхә ҳараку ҳамҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

16 Наӡаӡатәи аԥсҭазааразы иҳамоу агәыӷра Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Ҳара ҳгәы хыҭхыҭуа аԥсҭазаара бзиа ҳазыԥшуп, избанзар уи шыҟало агәра ганы ҳаҟоуп. Аԥырсал еиԥш ҳгәыӷра Иегова иааигәара аҟазаара иҳацхраауеит, аԥышәарақәеи ашьҭашәарыцарақәеи ҳхаҳгаларц, насгьы аԥсра абла аҭаԥшра ҳақәшәаргьы, агәымшәара аарԥшра ҳалшарц азы. Акәылӡхылԥа еиԥш агәыӷра ҳахшыҩ ахьчоит, уи ацәгьара мап ацәкны абзиара аҟаҵара иҳацхраауеит. Абиблиа шьаҭас измоу ҳгәыӷра Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳагьы иарӷәӷәоит, насгьы шаҟа бзиа ҳаибо ҳнарбоит. Ҳгәыӷра ҳарӷәӷәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, ахаан ҳахьхәӡом.

17. Избан агәыӷра агәырӷьара заҳзаанаго?

17 Апостол Павел Рим инхоз ақьырсианцәа агәыӷра агәырӷьара шәзаанагалааит ҳәа реиҳәеит (Рим. 12:12). Павел имаз агәыӷра деигәырӷьон, избанзар агәра ганы дыҟан Анцәа гәыкала дшизыҟаз даанхар, наӡаӡа ажәҩан аҿы дшынхало. Агәыӷра ҳаргьы агәырӷьара ҳзаанагалар алшоит, избанзар Иегова еснагь иажәа шынаигӡо агәра ганы ҳаҟоуп. Шаҟа ибзианы иҳәазеи аԥсаломшәаҳәаҩ: «Насыԥ имоуп... Зынцәа, Иегова, иқәгәыӷуа, зегь рыла узықәгәыӷыртә иҟоу»! (Аԥсал. 146:5, 6).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ҳгәыӷра шынаӡо агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

  • Избан агәыӷра аԥырсали акәылӡхылԥеи ирыҿҳарԥшыр зҳалшо?

  • Иҳацхраауазеи ҳгәыӷра амырӡра?

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Иегова зеиԥшыҟам агәыӷра ҳамҭас иҳаиҭеит. Уи ҳаԥсҭазаара гәырӷьарала иарҭәуеит, насгьы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы аԥсҭазаара бзиа шыҟало агәра ҳнаргоит. Агәыӷра амч ҳнаҭоит, аԥышәара ӷәӷәақәа ҳанрықәшәогьы Иегова гәыкала имаҵ ҳауларц азы. Уи адагьы, уи ҳацхраауеит ҳхәыцшьа ԥхасҭазтәыр алшо аҽацәыхьчара. Ари зегьы ихадоу мзызқәоуп, иҳамоу агәыӷра ҳцәымӡырц иҳалшо зегь аҟаҵаразы. Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Акәылӡхылԥа аибашьҩы ихы шахьчо еиԥш, иара убас аԥырсал аӷба ҭыԥк аҿы ишааннакыло еиԥш, агәыӷра ҳахшыҩ ахьчоит, насгьы аԥышәарақәа раан Иегова иааигәара аанхара иҳацхраауеит. Аиаҳәшьа Иегова дшылзыӡырҩуа агәра ганы диҳәоит. Аиашьа дазхәыцуеит Анцәа Авраам дзықәиргәыӷыз шынаигӡаз. Даҽа иашьак игәалаиршәоит Иегова дшизылԥхоз.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра