Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ноиабр ад. 8—13
  • Иегова дҳацхраауеит агәырӷьара мырӡкәа аԥышәарақәа рыхгара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова дҳацхраауеит агәырӷьара мырӡкәа аԥышәарақәа рыхгара
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ДАҲЗЫӠЫРҨУЕИТ
  • ИЕГОВА АНАПХГАРА ҲАИҬОИТ
  • ИЕГОВА ДАҲЗЫЛԤХОИТ
  • АГӘЫРӶЬАРА МЫРӠКӘА АУАДАҨРАҚӘА РЫХГАРА ҲАЗХИОУП
  • Ахаан адоуҳатә џьанаҭ аанышәмыжьлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара шәеиҷаҳала
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ноиабр ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 46

Иегова дҳацхраауеит агәырӷьара мырӡкәа аԥышәарақәа рыхгара

«Иегова ачҳара ааирԥшуеит, шәрыцҳаишьарц азы, иара иусқәа дрылагоит, шәагьрыцҳаишьоит» (ИС. 30:18).

АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара

АХҲӘААa

1, 2. а) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго? б) Иабантәиаадыруеи Иегова дҳацхраалар даара ишиҭаху?

ИЕГОВА дҳацхраар илшоит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгареи ҳгәырӷьаҵәа имаҵ ауреи. Ишԥаҟаиҵо иара уи? Насгьы ишԥаҳалшо иҳаиҭо ацхыраара зегь раасҭа еиӷьны ҳхы иаҳархәар? Шәааи арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап. Аха раԥхьа еилаҳкаап, дҳацхраалар иҭахыҵәҟьоума Иегова?

2 Уи азы апостол Павел ауриацәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы Иегова изы ииҳәаз ҳазхәыцыр бзиоуп. Павел иҩит: «Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом: ауаҩы исзиураны иҟоузеи?» (Аур. 13:6). Абиблиатә еилыркаагақәа изларҳәо ала, ара аоригинал текст аҿы иану ажәа ацхырааразы иҿызҭуа иахь иҩны ицо ауаҩы даанарԥшуеит. Шәхаҿы иаажәг аӡәы цәгьарак данақәшәо Иегова уи дицхраарц азы шаҟа дыццакуа. Ари аҿырԥштәы иаанарԥшуеит Иегова дҳацхраалар даара ишиҭаху. Иара данҳацу, ҳзықәшәо аԥышәара зеиԥшразаалакгьы, уи ҳхаҳгар, насгьы агәырӷьара ҳмырӡыр ҳалшоит.

3. Дышԥаҳацхраауеи Иегова агәырӷьара мырӡкәа аԥышәарақәа рыхгара?

3 Дышԥаҳацхраауеи Иегова агәырӷьара мырӡкәа аԥышәарақәа рыхгара? Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы, ҳахәаԥшып Исаиа ишәҟәы. Избан? Исаиа ииҩыз аԥааимбаражәақәа жәпакы иахьа инхо Анцәа имаҵзуҩцәа ирызкуп. Уи адагьы, Исаиа Иегова иӡбахә аниҳәо лассы-лассы ихы иаирхәоит зеилкаара мариоу ажәақәа. Ҿырԥштәыс иааҳгап 30-тәи ахы. Уи Иегова ижәлар дышрыцхраауа ҳхаҿы аагара иҳацхраауеит. Исаиа иҩуеит, Анцәа: 1) илымҳа кыдҵаны ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩуа, насгьы рҭак шыҟаиҵо, 2) анапхгара шҳаиҭо, насгьы 3) иахьагьы аԥхьаҟагьы дшаҳзылԥхо. Шәааи арҭ х-знеишьак ҳарзааҭгылап.

ИЕГОВА ДАҲЗЫӠЫРҨУЕИТ

4. а) Дышԥарыхцәажәеи Иегова Исаиа ихаан инхоз ауриацәа, насгьы изықәшәар алиршазеи урҭ? б) Изықәиргәыӷзеи Иегова гәыкала изыҟаз ауриацәа? (Исаиа 30:18, 19).

4 Исаиа 30-тәи ахы алагамҭаҿы Иегова ауриацәа «гәнаҳак ахь даҽа гәнаҳак [ацызҵо]», «зҳәатәы аргара иашьҭоу ахшара» ҳәа рзиҳәоит. Уи адагьы, Анцәа иҳәоит: «Дара ҿагылаҩцәоуп... Иегова изакәан заҳар зҭахым хшароуп» (Ис. 30:1, 9). Иабананаго ауриацәа Анцәа изыӡырҩра мап ахьацәыркыз? Исаиа иҳәеит Иегова урҭ арыцҳара иақәшәарц шалиршо (Ис. 30:5, 17; Иер. 25:8—11). Ари аԥааимбаражәа наӡеит, вавилонаа израильаа тҟәаны ианырга. Аха ауриацәа рыбжьара Анцәа гәыкала изыҟазгьы ыҟан. Урҭ рзы Исаиа агәыӷра узҭоз ажәабжь иман. Иара иреиҳәеит, Иегова дырҩегь ианрыцҳаишьало аамҭа шааиуа. (Шәаԥхьа Исаиа 30:18, 19.) Убас иагьыҟалеит — Анцәа урҭ рхы иақәиҭитәит. Аха уи иаразнак иҟамлаӡеит. «Иегова ачҳара ааирԥшуеит, шәрыцҳаишьарц азы» ҳәа иҳәаз ажәақәа иаадырԥшуан, Анцәа гәыкала изыҟаз израильаа рхы ианақәиҭхо амш ааиаанӡа аамҭа цар шакәыз. Иегова ижәлар 70 шықәса Вавилон ахәура иҭан. Убри ашьҭахь ауп ауриацәа шьоукы Иерусалимҟа ахынҳәра алшара анроу (Ис. 10:21; Иер. 29:10). Израильаа Вавилон ианыҟаз иҵәыуон, уи аҩыза арыцҳара иахьақәшәаз азы, аха уажәшьҭа, рыԥсадгьыл ахь ианыхынҳә, игәырӷьаны рылаӷырӡқәа рзынкыломызт.

5. Зыгәра ҳдыргозеи Исаиа 30:19 иану ажәақәа?

5 Иахьа абарҭ ажәақәа ҳгәы дырҭынчлар алшоит: «Уӷьаҵәыӷьаҵәуа ацхырааразы ушиҳәо аниаҳалак, урыцҳаишьоит» (Ис. 30:19). Исаиа агәра ҳиргоит, Иегова ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа ҳаниҳәо, илымҳа кыдҵаны дшаҳзыӡырҩуа. Аԥааимбар иациҵоит: «Убжьы шааиаҳалак еиԥш, аҭак уиҭоит». Арҭ ажәақәа иаҳгәаладыршәоит, Ҳаб ацхырааразы иҳәо дрыцхраар даара ишиҭаху. Уи ҳгәазҭанаҵоит агәырӷьара мырӡкәа аԥышәарақәа рыхгара.

6. Ишԥаадырԥшуеи Исаиа иажәақәа, Иегова хаҭа-хаҭала имаҵзуҩцәа зегьы рыҳәарақәа илымҳа кыдҵаны дшырзыӡырҩуа?

6 Иарбан ҳгәы зырҭынчуа зхәыцроу иҵегьы ари ажәеинраалаҿы иану? Иегова илымҳа кыдҵаны имаҵзуҩцәа зегьы рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит. Агәра ҳзыргозеи уи ус шакәу? Исаиа ишәҟәы 30-тәи ахы раԥхьатәи ахәҭаҿы иаагоуп ахьыӡцынхәра «шәара», избанзар уа Иегова иажәақәа ижәлар зегь рахь ирхоуп. Аха 19-тәи ажәеинраалаҿы ҳара иаҳбоит ахьыӡцынхәра «уара» — ара Иегова хаҭа-хаҭала имаҵзуҩцәа рахь ихы ирхоит. Исаиа иҩуеит: «Уара уҵәыуалаӡом. ...Урыцҳаишьоит. ...Аҭак уиҭоит». Абзиабара злоу Аб иеиԥш, Иегова згәы каҳаны иҟоу иԥа ахаан иеиҳәаӡом: «Уихәаԥш уашьа. Иара иеиԥш уӷәӷәазароуп». Иегова имаҵ зуа зегьы хаҭа-ҳаҭала рыхә ҳаракны ишьоит, насгьы рыҳәарақәа илымҳа кыдҵаны дырзыӡырҩуеит (Аԥсал. 116:1; Ис. 57:15).

Ииҳәарц ииҭахызи Исаиа, Иегова «ҭаха ишәымҭалан» ҳәа аниҳәа? (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Ишԥаадырԥши Исаиеи Иисуси ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәалар шхадоу?

7 Ҳгәы иҵхо азы Иегова ҳаниҳәо, ҳзықәшәаз аԥышәара ҳхаҳгарц азы иаразнак амч ҳаиҭар ауеит. Аха ҳауадаҩра ишаҳҭахыз еиԥш ирласны иӡбамхар, Иегова уи ахгара дҳацхраарц азы акырынтә иҳәара аҭаххар алшоит. Аха иара ихаҭа ус ҟаҳҵалар иҭахуп. Уи ус шакәу Исаиа Иегова изы ииҳәаз ажәақәа иаадырԥшуеит: «Ҭаха ишәымҭалан» (Ис. 62:7). Иаанагозеи уи? Ҳара Иегова тәахак, ԥсшьахак иҳамҭошәа, ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалароуп. Исаиа иажәақәа Иисус ауаа Анцәа иҳәашьа шыдирҵоз ҳгәаладыршәоит. Лука 11:8—10, 13 аҿы Иисус ҳгәазҭеиҵоит ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәаларц, мамзаргьы, аоригинал бызшәаҿы ишҳәоу еиԥш, ҳаԥхамшьаӡакәа, ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәаларц, насгьы иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц азы иҳәара ҳаҟәымҵларц. Уи адагьы, иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалартә еиԥш Иегова анапхгаразы ҳиҳәалар ҳалшоит.

ИЕГОВА АНАПХГАРА ҲАИҬОИТ

8. Ишԥанаӡеи ажәытәан Исаиа 30:20, 21 иану ажәақәа?

8 Шәаԥхьа Исаиа 30:20, 21. Вавилонтәи ар Иерусалим шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа амацәаз иҭакны ианрымаз, ажәлар убриаҟара агәаҟрақәа ирышьцылеит, ачеи аӡи реиԥш ирыхәаԥшуа иалагеит. Аха 20-тәи, насгьы 21-тәи ажәеинраалақәа изларҳәо ала, Иегова ауриацәа ақәиргәыӷит, иахьхәыр, насгьы рҽырыԥсахыр, ишеиқәирхо. Исаиа Иегова Амҩақәҵаҩ Ду ҳәа изиҳәоит, насгьы ауаа агәра диргоит, Анцәа ишыдирҵо ииашаны ишимҵахырхәалатәу. Арҭ ажәақәа наӡеит, ауриацәа ахәура ианҭыҵ. Иегова урҭ Рымҩақәҵаҩ Ду иакәны дҟалеит, насгьы ииашоу амҵахырхәара аиҭашьақәыргылара дрыцхрааит. Иегова ҳаргьы Ҳамҩақәҵаҩ Ду ахьиакәу даараӡа ҳаигәырӷьоит.

9. Ишәҳәа Иегова ҳазламҩақәиҵо актәи азнеишьа.

9 Арҭ ажәеинраалақәа рҿы иану Исаиа иажәақәа ҳанрыԥхьо ҳхаҿы абри аҩыза асахьа ааиуеит: ҳара ҳҵаҩцәоуп, Иегова дырҵаҩуп. Анцәа ҩ-знеишьак рыла аҵара ҳирҵоит. Абар актәи. Исаиа иҩит: «Умҩақәҵаҩ Ду ублақәа рыла дубалоит». Ара Амҩақәҵаҩ иҵаҩцәа рҿаԥхьа дгылоуп. Ҳара аҳаҭыр ду ҳаҭәашьоуп — Анцәа ихаҭа иҿы аҵара ҳҵалар ҳалшоит. Ҳашԥамҩақәиҵо Иегова? Иорганизациа ала. Ҳара уи иаҳнаҭо еилыкка иҟоу анапхгара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Иегова аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы аҵара ҳирҵоит. Уи адагьы, ҳара иҳамоуп икьыԥхьу, насгьы аелектронтә публикациақәа, JW Broadcasting® аҭыжьымҭақәа, уҳәа убас иҵегьы. Ари зегьы агәырӷьара мырӡкәа аамҭа цәгьақәа рыхгара иҳацхраауеит.

10. Иаанагозеи «шәышьҭахь абжьы шәаҳалоит» ҳәа иҳәоу ажәақәа?

10 Иара убас Исаиа Иегова ҳазламҩақәиҵо аҩбатәи азнеишьа аӡбахә иҩит: «Шәышьҭахь абжьы шәаҳалоит». Арҭ ажәақәа ҳанрыԥхьо Иегова ҳхаҿы дааиуеит зҵаҩцәа рышьҭахь игыланы иаауа, насгьы имҩахымҟьарц азы иахьцалаша рыҵазҳәо, азҿлымҳара злоу амҩақәҵаҩ иеиԥш. Иахьа ҳара Иегова ибжьы ҳашьҭахьҟа иҳаҳауеит. Иаанагозеи уи? Анцәа Иажәа анырыҩуаз аамҭақәа шьҭахьҟа инхеит. Убри аҟынтә Абиблиа ҳанаԥхьо Анцәа ибжьы ҳашьҭахьҟа иҳаҳауашәа иаҩызоуп (Ис. 51:4).

11. Иарбан шьаҿақәоу иҟаҵалатәу, Иегова имаҵзураҿы агәырӷьара ҳмырӡырц азы? Иҳаилшәыркаа.

11 Иегова иорганизациеи Абиблиеи рыла анапхгара ҳаиҭоит. Иҟаҵалатәузеи уи еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы? Исаиа ҩ-зхәыцрак азгәеиҭеит. Актәи: «Абар амҩа». Аҩбатәи: «Убри шәаныланы шәцала» (Ис. 30:21). Ҳара «амҩа» ахьаҳдыруа мацара азхаӡом, уи «ҳанылангьы ҳцалароуп». Иегова иорганизациа иҳаилнаркаауа Анцәа Иажәа абзоурала, Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу еилаҳкаауеит. Уи адагьы, иҳауа адыррақәа ҳхы ишаҳархәалаша еилаҳкаауеит. Агәырӷьара мырӡкәа Иегова имаҵ ҳауларц азы аҩ-шьаҿак хадоуп. Убасҟан мацара ауп агәра ганы ҳаҟазар анҳалшо Иегова дшаҳзылԥхало.

ИЕГОВА ДАҲЗЫЛԤХОИТ

12. Ишԥаҳнарбо Исаиа 30:23—26 иану Иегова ижәлар дшырзылԥхаз?

12 Шәаԥхьа Исаиа 30:23—26. Ишԥанаӡеи ари аԥааимбаражәа Вавилон ахәура иҭыҵны зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ауриацәа рҿы? Иегова урҭ дырзылԥхеит. Урҭ акгьы рыгӡамызт. Иара имаҵзуҩцәа рызхара рфалартә еиԥш ирацәаны афатә риҭеит. Аха еиҳагьы ихадаз, иара доуҳала ирчон, убри аҟынтә хәыҷы-хәыҷла ицқьоу амҵахырхәара аиҭашьақәыргылара рылшон. Анцәа уаанӡа иеиԥшымкәа ижәлар меигӡарахда дырзылԥхеит. 26-тәи ажәеинраала ишаҳнарбо еиԥш, Иегова адоуҳатә лашара жжаӡа ирықәирԥхеит (Ис. 60:2). Арҭ Иегова иҳамҭақәа имаҵзуҩцәа ргәы шьҭырхит, насгьы игәырӷьаҵәа имаҵ аура ирыцхрааит (Ис. 65:14).

13. Ишԥанаӡо иахьа ицқьоу амҵахырхәара аиҭашьақәыргылара иазку аԥааимбаражәа?

13 Ҳаҵанакуама ҳара ицқьоу амҵахырхәара аиҭашьақәыргылара иазку ари аԥааимбаражәа? Хымԥада! 1919 шықәса инаркны миллионҩыла ауаа адунеи аҿы иҟоу амцдинхаҵарақәа зегьы аазырԥшуа Вавилон Ду аҟынтә рхы иақәиҭхо иалагеит. Иегова урҭ израильаа Зқәыргәыӷыз адгьыл аасҭа еиӷьу аҭыԥ ахь — адоуҳатә џьанаҭ ахь — инеигоит (Ис. 51:3; 66:8). Изакәызеи уи?

14. Изакәызеи адоуҳатә џьанаҭ, насгьы инхода уа? (Шәахәаԥш «Жәақәак рҵакы».)

14 1919 шықәса инаркны адоуҳатә џьанаҭb аҿы иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа анхара иалагеит. Уи ашьҭахь наӡаӡа адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу «егьырҭ ауасақәагьы» урҭ ирыцлеит (Иоанн 10:16). Даргьы адоуҳатә џьанаҭ аҿы анхара иалагеит. Иегова урҭ дырзылԥхоит (Ис. 25:6; 65:13).

15. Иабаҟоу адоуҳатә џьанаҭ?

15 Иабаҟоу иахьа адоуҳатә џьанаҭ? Иегова имаҵзуҩцәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхоит. Ус акәзар, адоуҳатә џьанаҭ адунеи зегь аҿы иҟоуп. Убри аҟынтә ҳара ҳахьынхозаалакгьы уи адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳаҟоуп, гәыкала ииашоу амҵахырхәара ҳадгылазар.

Иҟаҳҵалар ҳалшозеи хаҭала зегьы, адоуҳатә џьанаҭ арԥшӡаразы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)

16. Иҟаҳҵалар акәзеи адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара еснагь иаҳбаларц азы?

16 Адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳаанхаларц азы иҟаҳҵалар акәу ашьаҿақәа руак, уи адунеизегьтәи ҳаиашьара ахә ҳаракны ашьара ауп. Иҟаҵалатәузеи уи азы? Ҳара адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхо ауаа рыгхақәа ракәымкәа, рыԥшӡара ҳахшыҩ азыҳашьҭлароуп (Иоанн 17:20, 21). Избан уи убас изхадоу? Иааҳгап ҿырԥштәык. Абаҳчақәа рҿы еиуеиԥшым аҵлақәа рацәаны иубар улшоит. Убас еиԥш ҳаизарақәа рҿы иҟоу адоуҳатә џьанаҭгьы Абиблиаҿы аҵлақәа ирҿырԥшу ауаа идырԥшӡоит (Ис. 44:4; 61:3). Ҳара еснагь «абаҳча» аԥшӡара ҳхы азыҳашьҭлароуп, «иҳацеизҳауа» «аҵлақәа» рыграқәа ракәымкәа. Ҳагхақәа, мамзаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгхақәа ирылҳмыршароуп акзаара ахьыҟоу адунеизегьтәи ақьырсиантә еизара аԥшӡара хырҩартә.

17. Ишԥаҳалшо аизараҿы акзаара ҳацхраалар?

17 Ишԥаҳалшо хаҭала уи акзаара ҳацхраалар? Аҭынчра ҳашьҭазар (Матф. 5:9; Рим. 12:18). Аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи аҭынчра ҳабжьазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, ҳдоуҳатә џьанаҭ еиҳагьы иԥшӡахоит. Ҳара иаҳхаҳаршҭӡом, адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхо зегьы ицқьоу амҵахырхәарахь иаазыԥхьаз Иегова шиакәу (Иоанн 6:44). Шәхаҿы иаажәг иара дышгәырӷьо, абырлаш еиԥш зыхә ҳаракны ишьо имаҵзуҩцәа рыбжьара аҭынчреи акзаареи ыҟазарц азы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо! (Ис. 26:3; Агг. 2:7).

18. Ҳзызхәыцлар акәзеи еснагь, насгьы избан?

18 Иегова имаҵзуҩцәа меигӡарахда дырзылԥхоит. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иара шаҟа дқьиоу еиҳагьы иаҳбаларц азы? Анцәа Иажәеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи анҭаҳҵаауа, ҳзыԥхьаз инарҵауланы ҳазхәыцлароуп. Аҭҵаареи азхәыцреи ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳара иҳацхраауеит. Усҟан аишьцәа реиԥш бзиа ҳаибабалоит, агәыбылрагьы ҳабжьазаауеит (Рим. 12:10). Уажәнатә Иегова дшаҳзылԥхо ҳазхәыцуазар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахоит. Аԥхьаҟагьы Иегова иҳаиҭо аҳамҭақәа ҳрызхәыцлар, наӡаӡа ҳашимҵахырхәало ала агәыӷра ҳцәыӡӡом. Ари зегьы еиҳагьы агәырӷьара ҳаманы Иегова имаҵ аура иҳацхраауеит.

АГӘЫРӶЬАРА МЫРӠКӘА АУАДАҨРАҚӘА РЫХГАРА ҲАЗХИОУП

19. а) Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи, Исаиа 30:18 иану инақәыршәаны? б) Иҳацхраауазеи агәырӷьара мырӡкәа ауадаҩрақәа зегь рыхгара?

19 Иегова ҳара ҳзы «иусқәа дрылагоит», ацәгьара зегь аҵыхәтәа анԥиҵәо (Ис. 30:18). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аиашара Анцәа Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа мышкгьы ишахиимго (Ис. 25:9). Иеговагьы ҳаргьы ачҳара аарԥшны ҳанеиқәирхо амш ҳазыԥшуп. Уи амш ааиаанӡа ҳара анаҩсгьы Анцәа иҳәареи, Иажәа аҭҵаареи, еилаҳкааз ахархәареи, Анцәа дшаҳзылԥхо азхәыцреи алшара ахьҳамоу ахә ҳаракны иаҳшьалоит. Усҟан Иегова агәырӷьара мырӡкәа ауадаҩрақәа зегь рыхгара дҳацхраауеит.

ИШԤАҲГӘАЛАНАРШӘО ИСАИА 30-ТӘИ АХЫ ИЕГОВА ИШИҬАХУ...

  • ҳзыӡырҩра?

  • анапхгара ҳаҭара?

  • ҳақәныҳәара?

АШӘА 142 Ҳгәыӷра ахаангьы иаҳхашҭӡом

a Иегова имаҵзуҩцәа дрыцхраауеит агәырӷьара мырӡкәа аԥсҭазаараҿы изықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара. Ари астатиаҿы еилҳаргоит уи азы ихы иаирхәо х-знеишьак. Ҳара ҳазааҭгылоит Исаиа 30-тәи ахы. Уи иҳаилнаркаауеит, Иегова иҳәара, Иажәа аԥхьара, иара убас уажәы иаҳзыҟаиҵо, насгьы аԥхьаҟа иҳаиҭо аҳамҭақәа рызхәыцра шаҟа ихадоу.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ҳара «адоуҳатә џьанаҭ» аҿы ҳанхоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избанзар акзаара ҳаманы Иегова ҳимҵахырхәоит. Ари адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳара меигӡарахда иҳамоуп амцҵарақәа злам адоуҳатә фатә. Насгьы ҳара агәахәара ҳзаазго аус ҳаҿуп — Анцәа Иаҳра иазку агәырӷьажәабжь ауаа ирзеиҭаҳҳәоит. Иеговеи ҳареи, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп. Уи агәырӷьара мырӡкәа ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. Ҳара адоуҳатә џьанаҭ аҿы анхара ҳалагоит Иегова ишиҭаху еиԥш имҵахырхәара ҳаналаго, насгьы ҳаиҿыԥшларц азы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра