АҴАРАЗЫ АСТАТИА 47
Иегова шәиҟәызго ҳәа акгьы ҟамлааит
«Сара уара суқәгәыӷуеит, Иегова» (АԤСАЛ. 31:14).
АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!
АХҲӘААa
1. Иабантәиаадыруеи Иегова даҳзааигәахарц шиҭаху?
ИЕГОВА ҳаизааигәахарц ҳааиԥхьоит (Иак. 4:8). Иара иҭахуп Нцәас, Абыс, насгьы Ҩызас даҳзыҟаларц. Иара ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит, насгьы аамҭа цәгьақәа раан дҳацхраауеит. Уи адагьы иорганизациа ала аҵара ҳирҵоит, ҳихьчоит. Аха иҟаҳҵалар акәзеи ҳара, Иегова ҳаизааигәахарц азы?
2. Ишԥаҳалшо Иегова изааигәахара?
2 Ҳара Иегова ҳаизааигәахар ҳалшоит ҳиҳәалар, Иажәа ҳаԥхьалар, насгьы ҳзыԥхьаз ҳазхәыцлар. Убас аныҟаҳҵо Иегова иахь ҳабзиабара еизҳауеит, насгьы иаҳзыҟаиҵо ахә ҳаракны иаҳшьалоит. Убасҟан иара изыӡырҩреи ирҽхәареи ҳҭаххоит, избанзар иара иеиԥш уи иаԥсоу дыҟаӡам! (Аат. 4:11). Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаацыԥхьаӡа иареи иорганизациеи еиҳагьы рыгәра ҳгалоит.
3. Иҟаиҵозеи Аҩсҭаа Иегова ҳаиҟәигарц азы, аха иҳацхраауазеи Анцәа иорганизациеи иареи раанмыжьра? (Аԥсалом 31:13, 14).
3 Аха Аҩсҭаа Иегова ҳаиҟәигарц дашьҭоуп, еиҳараӡак ҳаԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо. Ишԥаҟаиҵо уи иара? Иара иҽазишәоит хәыҷы-хәыҷла Иегова иорганизациеи иареи рахь ҳагәрагара арԥсыҽра. Аха ҳара уи ҳаиҿагылар ҳалшоит. Ҳхаҵара ӷәӷәазар, насгьы Иегова гәыкала игәра ҳгозар, Анцәа иорганизациеи иареи ахаан иаанҳажьӡом. (Шәаԥхьа Аԥсалом 31:13, 14.)
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит аизара анҭыҵ ҳзықәшәо х-уадаҩрак. Урҭ Иегова иорганизациеи иареи рахь ҳагәрагара ҳацәдырӡыр ауеит. Ишԥарылшо урҭ ауадаҩрақәа Иегова ҳаиҟәыргар? Насгьы иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Аҩсҭаа ҳаиҿагыларц азы?
АԤСҬАЗААРАТӘ УАДАҨРАҚӘА
5. Идырԥсыҽыр шԥалшо ҳауадаҩрақәа, Иеговеи иара иорганизациеи рахь иҳамоу агәрагара?
5 Зны-зынла ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәар алшоит. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы иаҳҿагылар ауеит, ма аусура ҳцәыӡыр алшоит. Ишԥарылшо ауадаҩрақәа Иеговеи иара иорганизациеи рахь ҳагәрагара ҳацәдырӡыр, насгьы Анцәа ҳаиҟәыргар? Ҳауадаҩрақәа акыраамҭа ианнымҵәо ҳгәы каҳар алшоит, насгьы уи ӡбашьа змам акоуп ҳәа ҳгәы иаанагар ауеит. Аҩсҭаа ус иҟоу аҭагылазаашьақәа ихы иаирхәоит Иегова бзиа ҳшибо ала агәыҩбара ҳазцәыригарц азы. Аџьныш агәра ҳиргар иҭахуп, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа Иеговеи иара иорганизациеи ирхароушәа. Египет инхоз израильаа шьоукгьы убри ауп ирыхьыз. Дара раԥхьа агәра ргеит, Иегова ижәлар рхы иақәиҭитәырц азы Моисеии Аарони шааишьҭыз (Ақәҵ. 4:29—31). Аха ԥыҭрак ашьҭахь, афараон израильаа рыԥсҭазаара еиҳагьы ианирцәгьа, зегьы Моисеии Аарони ирхарарҵеит: «Шәара шәҵыхәала ауп афараон имаҵуҩцәеи иареи ҳзырцәымыӷхаз. Шәара аҳәа дшәыркит, ҳаршьырц азы» (Ақәҵ. 5:19—21). Уи аҩыза аӡәы иаҳахьоума! Дара гәыкала Анцәа изыҟаз имаҵзуҩцәа зегьы рхарарҵеит. Ишԥашәылшо Иеговеи иара иорганизациеи рахь агәрагара амырӡра, шәыуадаҩрақәа акыраамҭа инымҵәозаргьы?
6. Ишԥаҳацхраар алшо аԥааимбар Аввакум иҿырԥшы ауадаҩрақәа рыхгара? (Аввакум 3:17—19).
6 Иегова шәгәы иҵхо зегь изеиҭашәҳәала, насгьы иара иҿы ацхыраара шәашьҭаз. Аԥааимбар Аввакум иԥсҭазаараҿы ирацәаны ауадаҩрақәа дрықәшәон. Аамҭак азы иара Иегова дшихылаԥшуа ала агәыҩбара изцәырҵзаргьы ҟалап. Убри аҟынтә иара Анцәа абас иеиҳәеит: «Шаҟаамҭа Иегова ацхырааразы суҳәалозеи, аха сыбжьы умаҳалозеи? [...] Избан арыцҳарақәа узрыхәаԥшуа?» (Авв. 1:2, 3). Иегова гәыкала изыҟаз имаҵзуҩы угәаҵанӡа инеиуаз иҳәара аҭак ҟаиҵеит (Авв. 2:2, 3). Аԥааимбар Иегова ижәлар уаанӡа ишеиқәирхоз ибзианы даназхәыц ашьҭахь дырҩегь агәырӷьара иоуит. Аввакум агәра игеит Иегова дшихылаԥшуа, насгьы дзықәшәо ауадаҩрақәа зегь рыхгара дышицхраауа. (Шәаԥхьа Аввакум 3:17—19.) Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ауадаҩрақәа шәрықәшәазар, Иегова шәиҳәала, насгьы шәхы шыжәбо изеиҭашәҳәала. Иара гәыкала шәиқәгәыӷла. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәыуадаҩрақәа рыхгара дышшәыцхраауа. Иара дышшәыцхраауа аныжәбалак, шәхаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит.
7. Ирҭахызи Ширли лыуацәа, насгьы илыцхраазеи анаҩсгьы Иегова игәра агара?
7 Иеговеи шәареи шәеиҩызара зырӷәӷәо аусқәа шәырҿыз. Убри ауп Папуа — Гвинеиа Ҿыц инхо Ширлиb зыхьӡу ҳаҳәшьа ауадаҩрақәа данрықәшәа илыцхраазгьы. Лҭаацәа ӷарны инхон, афатә аахәарагьы зны-зынла ирцәыцәгьан. Лыуак Иегова игәра агара даҟәихырц ақәикит. Иара иҳәеит: «Анцәа идоуҳа шәыцхраауеит ҳәа бымҳәои. Иабашәыцхраауеи? Шәышӷарыз шәаанхеит. Бахьныҟәо баша аамҭа бгоит». Ҳаҳәшьа илҳәоит: «Сара сгәы иаанагеит: ииашаҵәҟьаны Анцәа ҳаихашҭзар? Аха сцәаныррақәа Иегова ицәысымҵәахӡеит, иаразнак иҳәара салагеит. Сара Абиблиа, насгьы ҳлитература аԥхьареи, ажәабжь аҳәареи, аизарақәа рҭаареи саҟәымҵӡеит». Ширли еилылкааит Иегова рҭаацәа дшырхылаԥшуаз. Дара ахаан амла иамкӡацызт, насгьы ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы насыԥ рыман. Ширли илҳәоит: «Сара избон Иегова сыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз» (1 Тим. 6:6—8). Шәаргьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара зырӷәӷәо аусқәа шәырҿызар, ауадаҩрақәеи алакҩакрақәеи Иегова шәиҟәыргартә рылшәыршаӡом.
АҬАКԤХЫҚӘРА ЗДУ АИШЬЦӘА ИИАШАМКӘА ИАНРЫЗНЫҞӘО
8. Изықәшәар алшозеи аҭакԥхықәра зду аишьцәа?
8 Ҳаӷацәа аҭакԥхықәра зду аишьцәа амц рзырҳәоит. Уи азы ателехәаԥшреи, агазеҭқәеи, ажурналқәеи, насгьы асоциалтә каҭақәа рхы иадырхәоит (Аԥсал. 31:13). Иҟоуп цәгьарак ҟарҵазшәа амц рызҳәаны абахҭа иҭаркыз аишьцәагьы. Актәи ашәышықәсазгьы убас иҟан. Апостол Павел акгьы ихараӡамкәа абахҭа дҭаркит. Иҟарҵазеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
9. Иҟарҵазеи ақьырсианцәа шьоукы, апостол Павел абахҭа данҭарк?
9 Актәи ашәышықәсазы апостол Павел Рим абахҭа данҭарк, ақьырсианцәа шьоукы даанрыжьит (2 Тим. 1:8, 15). Иҟалап дара Павел ицәыԥхашьозҭгьы, избанзар ауаа уи ацәгьаҟаҵаҩ ҳәа дрыԥхьаӡон (2 Тим. 2:8, 9). Мамзаргьы даргьы ирышьҭашәарыцалар ҳәа ишәозҭгьы? Шәхаҿы иаажәг Павел данаанрыжь ихы шибоз. Иара ауадаҩрақәа рацәаны ихигеит, дара рзы ихы ашәарҭарагьы иҭаиргылон (Аус. 20:18—21; 2 Кор. 1:8). Шәааи Павел ауадаҩра данақәшәа даанзыжьыз ҳреиԥшымхалап! Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи аҭакԥхықәра зду аишьцәа ианрышьҭашәарыцо?
10. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи аҭакԥхықәра зду аишьцәа ианрышьҭашәарыцо, насгьы избан?
10 Изҳашьҭашәарыцо, насгьы уи зыхҟьо дызусҭоу шәхашәмыршҭлан. 2 Тимофеи иахь 3:12 (АдҾ) аҿы иануп: «Анцәа гәыкала имаҵ аура зҭаху Христос Иисус иҵаҩцәа зегьы ирышьҭашәарыцалоит». Убри аҟынтә ҳара иџьаҳамшьалароуп Аҩсҭаа еиҳараӡак аҭакԥхықәра зду аишьцәа дахьрышьҭашәарыцо. Иара илшо зегь ҟаиҵоит урҭ аишьцәа Анцәа ицәхьаҵырц, насгьы ҳиршәарц азы (1 Пиотр 5:8).
Онисифор дымшәаӡакәа Павел абахҭа данҭакыз дицхраауан. Аишьцәа ихәыцны иҭырхыз асахьаҿы иаҳбоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара рыцеиҩызшо абахҭа ианҭаркуа ишрывагылоу. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)
11. Иаҳнарҵозеи Онисифор иҿырԥшы? (2 Тимофеи иахь 1:16—18).
11 Еснагь аишьцәа шәрыцхраала, насгьы рааигәа шәыҟаз. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 1:16—18.) Даҳгәалаҳаршәап актәи ашәышықәсазы инхоз Онисифор зыхьӡыз ақьырсиан. Павел уи изы абас иҩит: «Уи... исышьоу ашьамҭлаҳәқәагьы дырцәыԥхашьомызт». Уимоу иара Павел дишьҭан, даниԥшаагьы ицхраара далагеит, уи иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭанаргылозгьы. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ауаа рҿаԥхьа ашәара агәымшәара ҳамнахыртә, насгьы изышьҭашәарыцо ҳашьцәа рыцхраара иаҳԥырхагахартә алҳмыршалап. Шәааи урҭ ҳрыцхрааларц азы есымша иҳалшо зегь ҟаҳҵалап (Ажәам. 17:17). Урҭ ҳабзиабареи агәышьҭыхреи даараӡа ирҭахуп.
12. Иарбан ҿырԥшу иҳарҭо Урыстәыла инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
12 Урыстәыла инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа ҳарҭоит. Дара абахҭа иҭаку акыр ирзаԥсоу рашьцәеи раҳәшьцәеи рыцхраара иазхиоуп. Аӡәы аусӡбарҭаҿы иус анеилдырго, аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы игәы шьҭырхырц азы аӡбарҭахь инеиуеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Аҭакԥхықәра зду аишьцәа амц анырзырҳәо, ианрышьҭашәарыцо, насгьы абахҭа ианҭаркуа ашәара шәҽашәымҭалан. Рҭынхацәа ргәы шьҭышәхла, насгьы еиҭа даҽакала шәрыцхраарц азы алшарақәа шәыԥшаала (Аус. 12:5; 2 Кор. 1:10, 11).
АХЫЧЧАРАҚӘА
13. Идырԥсыҽыр шԥарылшо ахыччарақәа Иегова иорганизациеи иареи рахь ҳагәрагара?
13 Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызымшо ҳауацәа, аус ҳацызуа, ма аҵара ҳацызҵо ҳхыччалар ауеит, ажәабжь ахьаҳҳәо, мамзаргьы иҳараку Иегова инормақәа рыла ҳахьынхо азы (1 Пиотр 4:4). Дара абас ҳарҳәалар ауеит: «Уара ууаҩ бзиоуп, аха удинхаҵара иунамырҟаҵо рацәоуп, ажәытәан иҟаз аҿы уаанхеит». Иҟоуп аизара иалцоу ҳахьырмацәажәо азы ҳаззеилымкаауагьы. Дара абас ҳаҽԥнырҳәалар ауеит: «Абас аума ишәзааигәоу бзиа ишыжәбо?» Ас еиԥш иҟоу ажәақәа агәыҩбара ҳазцәырыргар ауеит. Ҳара абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳазцәырҵыр алшоит: «Иҳаракцәаӡами Иегова инормақәа? Ирацәаӡами иорганизациаҿы зыҟаҵара ҟамло?» Абас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа шәызцәырҵхьазар, иҟашәҵар шәылшозеи Иеговеи аизареи шәырцәыхарамхарц азы?
Иов иҩызцәоушәа зхы аазырԥшуаз, арахь ихыччоз ирҳәоз амц агәра имгаӡеит. Иара урҭ ус реиҳәеит: «Сыԥсы ҭанаҵы иаансыжьуам сара сыцқьара!». (Шәахәаԥш абзац 14.)
14. Ҳхы шԥамҩаԥаҳгалар акәу, Иегова инормақәа рыла ҳахьынхо азы ианаҳхыччо? (Аԥсалом 119:50—52).
14 Иҟалалакгьы Иегова инормақәа рыла шәынхала. Иов уи аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара Иегова инормақәа рыла дынхон, уи азы ишихыччозгьы. Иҩызцәа реиԥш зхы аазырԥшуаз руаӡәк Иов агәра ииргар иҭахын, Анцәа хьаас имамшәа уи инормақәа рыла дынхо-днымхо (Иов 4:17, 18; 22:3). Аха Иов уи амц агәра имгаӡеит. Иара идыруан Иегова ишьақәиргылаз ацәгьеи абзиеи ирызку анормақәа шиашоу, насгьы урҭ рыла дшынхало ӡбаны иман. Иов иҩызцәа иреиҳәеит: «Сыԥсы ҭанаҵы иаансыжьуам сара сыцқьара!» (Иов 27:5, 6). Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ахыччарақәа Иегова инормақәа иашамшәа агәра шәдыргартә рылшәмыршан. Ишәгәалашәыршәа Иегова инормақәа зегь раасҭа ишеиӷьу, насгьы урҭ ахәарҭа шышәзаарго шәыԥсҭазаараҿы зныкымкәа ишыжәбахьоу. Урҭ анормақәа ирықәныҟәо аорганизациа ахаан иаанышәмыжьын. Усҟан иагьа ишәхыччаларгьы, уи Иегова шәицәыхаранатәӡом. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:50—52.)
15. Дызрықәшәазеи Бриџьит ахыччарақәа?
15 Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Индиа инхо Бриџьит зыхьӡу аиаҳәшьа лҭоурых. Уи лҭынхацәа лыгәрахаҵаразы илхыччон. 1997 шықәсазы, аӡы лҽанӡаалх ашьҭахь хара имгакәа, Иегова имаҵ зымуаз лхатә ҩыза аусура ицәыӡит. Убри аҟынтә иара даҽа қалақьк аҿы инхоз иани иаби рахь иҭаацәа иманы диасырц иӡбеит. Аха Бриџьит лԥышәарақәа уи аҿы инымҵәаӡеит. Лхатә ҩыза аусура ахьизымԥшаауаз азы, шьыжьы инаркны хәлаанӡа аусура лықәшәеит, лхатә ҩызеи лыԥҳацәеи ныҟәылгарц азы. Уи адагьы, аизара аҟынӡа 350 километра бжьан. Бриџьит лхатә ҩыза иҭаацәа лыгәрахаҵаразы дырҭахӡамызт. Аҭагылазаашьа убриаҟара ицәгьахеит, дырҩегь даҽаџьара аиасра рықәшәеит. Анаҩс иаалырҟьаны лхатә ҩыза дыԥсит. Ԥыҭрак ашьҭахь, 12 шықәса зхыҵуаз лыԥҳагьы акьыба лыхьын дыԥсит. Аха аҭагылазаашьа еиҳагьы ицәгьахеит, избанзар аҭынхацәа иҟалаз зегьы лара илхарарҵеит. Дара ирҳәон, Иегова имаҵ аура даламгазҭгьы арҭ агәаҟрақәа зегь дрықәшәомызт ҳәа. Аха ҳаҳәшьа уеизгьы Иегова иорганизациеи иареи рыгәра агара даҟәымҵӡеит.
16. Дышԥалықәныҳәеи Иегова Бриџьит, иорганизациеи иареи ахьаанылмыжьыз азы?
16 Бриџьит аизара дацәыхаран, убри аҟынтә араионтә хылаԥшҩы лгәазҭеиҵеит дахьынхо аҭыԥ аҿы ажәабжь лҳәаларц, насгьы лыҩны аизарақәа мҩаԥылгаларц. Раԥхьа лара уи цәгьазшәа лбеит, аха уеизгьы алабжьара лыдылкылеит. Бриџьит ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭалҳәон, лыҩны аизарақәа мҩаԥылгон, насгьы лыԥҳацәеи лареи аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргаларц азы иааиԥмырҟьаӡакәа аамҭа азалылхуан. Иарбан лҵшәоу уи иаанагаз? Ҳаҳәшьа ирацәаны Абиблиа аҵарақәа рымҩаԥгара лылшеит, насгьы Абиблиа злырҵоз рҟынтә имаҷҩымкәа рыҽӡаархит. 2005 шықәсазы лара пионерс амаҵ аура далагеит. Бриџьит Иегова игәра ахьылгоз, насгьы иорганизациа гәыкала дахьазыҟаз азы Анцәа длықәныҳәеит. Лыԥҳацәа Иегова имаҵ руеит, насгьы дахьынхо аҭыԥ аҿы уажәы ҩ-еизарак ыҟоуп. Ҳаҳәшьа агәра ганы дыҟоуп Иегова шиакәу амч лызҭаз дзықәшәаз ауадаҩрақәеи, лҭаацәараҿы дзықәшәаз ахыччарақәеи рыхгаразы.
ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИЕИ ИАРЕИ АНАҨСГЬЫ ГӘЫКАЛА ШӘЫРЗЫҞАЗ
17. Иҟаҳҵалар ҳҭахузеи ҳара?
17 Аҩсҭаа иҭахуп ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо Иегова дҳацхрааӡом ҳәа ҳгәы иаанагаларц. Иара агәра ҳаргара дашьҭоуп, Анцәа иорганизациаҿы ҳаанхар ҳхы иазеицәоу ҟаҳҵоит ҳәа. Аҩсҭаа иҭахуп аҭакԥхықәра зду аишьцәа амц шырзырҳәо, ишрышьҭашәарыцо, насгьы абахҭа ишҭаркуа анаҳбо ашәара ҳҽаҳҭар. Иара убас иара ахыччарақәа ихы иаирхәоит, Иегова инормақәа шиашоу аганахь ала агәыҩбара ҳазцәырҵырц, насгьы Иегова иорганизациа агәрагара ҳаҟәыҵырц азы. Аха ҳара ибзианы иаҳдыруеит Аҩсҭаа игәы иҭеикыз, убри аҟынтә иара ҳизжьаӡом (2 Кор. 2:11). Аҩсҭаа имц мап ацәышәкла, насгьы Анцәа иорганизациеи иареи анаҩсгьы гәыкала шәырзыҟаз. Ишәхашәмыршҭлан Иегова ахаан шәшаанимыжьуа (Аԥсал. 28:7). Иегова ахаан шәицәыхарамхааит! (Рим. 8:35—39).
18. Ҳазлацәажәозеи анаҩстәи астатиаҿы?
18 Ари астатиаҿы ҳара аизара анҭыҵ ҳзықәшәар алшо ауадаҩрақәа ҳрылацәажәеит. Аха Иегова иорганизациеи иареи рахь ҳагәрагара ԥызшәо аҭагылазаашьақәа аизара аҩныҵҟагьы ицәырҵыр ауеит. Ҳариааир шԥаҳалшо ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа? Уи анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит.
АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»
a Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, ауадаҩрақәа абриаҟара ианырацәоу аамҭазы, Анцәа гәыкала имаҵ ҳауларц, насгьы ачҳара ааҳарԥшларц азы Иеговеи иорганизациеи рыгәра ҳгалароуп. Аҩсҭаа илшо зегь ҟаиҵоит иҳамоу ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Анцәа игәрагара ҳаҟәыҵырц. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Аҩсҭаа уи азы ихы иаирхәо х-знеишьак, насгьы еилаҳкаауеит уи ҳаиҿагыларц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.