Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ноиабр ад. 20—25
  • Анцәа гәыкала шәшизыҟоу анԥышәахо, аҟәыӷара аашәырԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа гәыкала шәшизыҟоу анԥышәахо, аҟәыӷара аашәырԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИАШАМКӘА ИҲАЗНЫҞӘЕИТ ҲӘА ҲГӘЫ ИАНААНАГО
  • ҲАНДЫРИАШО
  • АОРГАНИЗАЦИАҾЫ ԤСАХРАҚӘАК РЫҚӘШАҲАҬХАРА АНАҲЦӘЫУАДАҨУ
  • ЕСЫМША АҞӘЫӶАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • Иегова шәиҟәызго ҳәа акгьы ҟамлааит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахьырхәра Анцәа бзиа ҳшибо шьақәнарӷәӷәоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • «Шәазыӡырҩы амҩақәҵара, насгьы аҟәыӷара еизшәырҳа»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иегова ҳиааӡоит, избанзар бзиа ҳаибоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ноиабр ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 48

Анцәа гәыкала шәшизыҟоу анԥышәахо, аҟәыӷара аашәырԥшла

«Еснагь аҟәыӷара аарԥшла» (2 ТИМ. 4:5, АдҾ).

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

АХҲӘААa

1. Иаанагозеи аҟәыӷара аарԥшра? (2 Тимофеи иахь 4:5).

АУАДАҨРАҚӘА ҳанрықәшәо Иегова иорганизациеи иареи гәыкала ҳшырзыҟоу аанхара ҳцәыцәгьазар ауеит. Иаҳхаҳгалар шԥаҳалшо ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа? Аҟәыӷара ааҳарԥшлароуп, ҳгәаҳҽанызароуп, насгьы ҳагәрахаҵара ӷәӷәазароуп. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 4:5.) Иаанагозеи аҟәыӷара аарԥшра? Уи иаанагоит агәҭынчра ахьчара, ииашаны ахәыцра, насгьы аҭагылазаашьа Иегова дшахәаԥшуа еиԥш ҳахәаԥшларц азы ҳхы аус адулара. Усҟан ҳцәаныррақәа ҳахшыҩ иаиааиӡом.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ҳазхысыз астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәеит аизара анҭыҵ ҳзықәшәар алшо х-уадаҩрак. Ари астатиаҿы еилҳаргоит аизара аҩныҵҟа ҳзықәшәар алшо, насгьы Иегова гәыкала ҳшизыҟоу ԥызшәар ауа х-уадаҩрак. Ҳара абарҭ аҭагылазаашьақәа ҳрылацәажәоит: 1) иашьак, ма иаҳәшьак ииашамкәа дҳазныҟәеит ҳәа ҳгәы ианаанаго, 2) ҳандыриашо, насгьы 3) аорганизациаҿы ԥсахрақәак рықәшаҳаҭхара анаҳцәыуадаҩу. Ишԥаҳалшо ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы аҟәыӷара ааҳарԥшлар, насгьы Иегова иорганизациеи иареи гәыкала ҳшырзыҟоу ҳаанхалар?

ИИАШАМКӘА ИҲАЗНЫҞӘЕИТ ҲӘА ҲГӘЫ ИАНААНАГО

3. Ҳхы ҳбар шԥаҳалшо, иашьак, ма иаҳәшьак ииашамкәа дҳазныҟәеит ҳәа ҳгәы иаанагозар?

3 Зныкыр шәгәы иаанагахьоума иашьак, ма иаҳәшьак ииашамкәа дшәызныҟәеит ҳәа? Иҟалап уи аизара аиҳабы иакәызҭгьы. Уи аиашьа шәгәы шәирхьыр иҭахымызҭгьы ҟаларын (Рим. 3:23; Иак. 3:2). Аха иҟаиҵаз уеизгьы шәгәы иалсит. Уи иахҟьаны шәыцәа ҟьалазаргьы ауеит. Иҟалап шәхы иҭагьежьуазҭгьы азҵаара: «Аиашьа абас ихы мҩаԥигозар, ари Анцәа иорганизациа ауп ҳәа узҳәома?» Абас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа ҳазцәырҵларц Аҩсҭаа иоуп изҭаху (2 Кор. 2:11). Уи ииҭаху илҳаршар, Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵыр, иорганизациагьы аанҳажьыр ауеит. Иҳацхраар алшозеи аҟәыӷара аарԥшра, насгьы ҳҭазырхар алшо ахәыцшьа аҿагылара, ииашамкәа иҳазныҟәеит ҳәа ҳааҟәымҵӡакәа ҳхәыцуазар?

4. Ишԥааирԥшуаз Иосиф аҟәыӷара ииашамкәа ианизныҟәоз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Аҟазаара 50:19—21).

4 Шәымгәаалан. Иосиф зынӡа данқәыԥшыз иашьеиҳабацәа ииашамкәа изныҟәон. Урҭ дырцәымӷын, насгьы рыбжьара дызшьыр зҭахызгьы ыҟан (Аҟаз. 37:4, 18—22). Уи Иосиф тәыс дырҭииртә аҟынӡагьы инанагеит. Иосиф 13 шықәса дуӡӡа рыҩныҵҟа аԥышәара ӷәӷәақәа дрықәшәон. Урҭ ашықәсқәа рзы иара игәы иаанагалар ауан Иегова бзиа димбошәа, насгьы даанижьызшәа. Аха Иосиф дымгәааӡеит. Иара аҟәыӷара ааирԥшуан. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иосиф агәҭынчра иман. Ишьа иурц азы алшара аниоугьы, уи ҟаимҵаӡеит, насгьы абзиабара аарԥшны иашьцәа иҟарҵаз ранаижьит (Аҟаз. 45:4, 5). Иосиф убас ихы мҩаԥигеит, избанзар ииашаны дхәыцуан. Иуадаҩрақәа мацара рызхәыцра аҭыԥан, Иегова гәҭакыс имаз дазхәыцуан. (Шәаԥхьа Аҟазаара 50:19—21.) Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ииашамкәа ишәызныҟәазар, Иегова шәицәымгәаалан, насгьы шәаанижьызшәа шәгәы иаанамгалан. Уи аҭыԥан, ари аԥышәара ахгара дышшәыцхраауа шәазхәыцла. Уи адагьы, егьырҭ шәгәы аншәдырхьуа, рыгхақәа бзиабарала ихыжәҩала (1 Пиотр 4:8).

5. Ицхраазеи Микеас аҟәыӷара амырӡра, ииашамкәа изныҟәеит ҳәа игәы ианаанагоз?

5 Ҳахәаԥшып ҿырԥшык. Аладатәи Америка инхо аизара аиҳабыс амаҵ зуа Микеасb игәалаиршәоит аамҭа, аорганизациаҿы аҭакԥхықәра здыз еишьцәақәак рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа изныҟәеит ҳәа игәы ианаанагоз ихы шибоз. Иара иҳәоит: «Сара ахаан уи аҩыза астресс смоуцызт. Цәгьала сгәы каҳаны сыҟан. Сыцәа ҟьалеит, насгьы акгьы шсылымшоз ахьыздыруаз сҵәыуон». Аха уеизгьы Микеас аҟәыӷара имырӡӡеит, насгьы иемоциақәа аконтроль рзиуан. Иара лассы-лассы Иегова диҳәон иԥшьоу адоуҳазы, насгьы зегь ихигарц азы амч ииҭарц. Уи адагьы, ҳпубликациақәа рҿы ицхраашаз аинформациа дашьҭан. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иашьак, ма иаҳәшьак ииашамкәа ишәызныҟәеит ҳәа шәгәы иаанагозар, агәҭынчра шәымаз, насгьы ишәызцәырҵыр алшо иҽеим ацәаныррақәа шәԥырышәцала. Ҳара иаҳзымдыруазар ауеит ҳзыргәааз иажәақәа изырҳәаз, ма ус ихы зымҩаԥигаз. Убри аҟынтә зегьы Иегова изеиҭашәҳәа, насгьы шәзыргәааз аиашьа, ма аиаҳәшьа рхәаԥшышьала аҭагылазаашьа ахәаԥшра дшәыцхраарц шәиҳәала. Убасҟан шәзыргәааз гәыбӷан имҭареи игха ианажьреи шәылшар ҟалап (Ажәам. 19:11). Ишәхашәмыршҭлан: Иегова шәҭагылазаашьа ибоит, насгьы зегь ахгара дшәыцхраауеит (2 Аш. 16:9; Еккл. 5:8).

ҲАНДЫРИАШО

6. Избан еилаҳкаалар зхадоу, Иегова ҳазириашо бзиа ҳахьибо азы шакәу? (Ауриацәа рахь 12:5, 6, 11).

6 Иегова ҳанириашо уи ҳгәамԥхар ауеит. Аха мыцхәы ҳцәаныррақәа ҳрызхәыцлар, акгьы ҳхараӡамкәа ҳдыриашеит ҳәа, ма иахдырҟьацәеит ҳәа ахәыцра ҳалагар ауеит. Уи иахҟьаны Иегова ҳазириашо бзиа ҳахьибо азы шакәу ҳхашҭыр алшоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:5, 6, 11.) Уи адагьы, ҳцәаныррақәа аконтроль раҳамҭалар, Аҩсҭаа дҳалахәмарыр илшоит. Иара иҭахуп ахьырхәра ҳхы ацәаҳгарц, насгьы еиҳагьы еицәоу, Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵырц, иара убас аизара аанҳажьырц. Шәахьиашам шәдырбазар, ишԥашәылшо аҟәыӷара аашәырԥшыр?

Пиотр дандыриаша, аԥагьара аамырԥшӡакәа алабжьара идикылеит, убри аҟынтә Иегова имаҵзураҿы еиҳагьы дхәарҭахеит. (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. а) Шәахәаԥш асахьа. Иарбан ҭакԥхықәроу Иегова Пиотр идиҵаз, уи аԥагьара аамырԥшӡакәа алабжьара анидикыла? б) Ишәнарҵозеи Пиотр иҿырԥшы?

7 Алабжьара шәыдкыланы шәыҽшәыриашала. Иисус зныкымкәа егьырҭ апостолцәа ишраҳауаз Пиотр дириашахьан (Марк 8:33; Лука 22:31—34). Иҟалап уи Пиотр маҷк дарԥхашьазаргьы. Аха иара Иисус гәыкала дизыҟан. Пиотр алабжьара идкыланы, игхақәа хәарҭа рылигеит. Убри аҟынтә Иегова Пиотр дизылԥхеит, насгьы аизараҿы аҭакԥхықәра ду идиҵеит (Иоанн 21:15—17; Аус. 10:24—33; 1 Пиотр 1:1). Иаҳнарҵозеи Пиотр иҿырԥшы? Ҳандыриашо мыцхәы ҳцәаныррақәа ҳарзымхәыцкәа, алабжьара ҳадкыланы ҳаҽҳариашозар, ҳахгьы егьырҭгьы ирзеиӷьу ҟаҳҵоит. Усҟан Иеговеи аишьцәеи рзы еиҳагьы ҳхәарҭахоит.

8, 9. Ихы шԥеибоз Бернарду алабжьара анирҭа, аха ицхраазеи ихәыцшьа аԥсахра?

8 Абар Мозамбик инхо Бернарду дзықәшәаз. Иара аизара аиҳабыс амаҵ иуан, аха нас уи аҭакԥхықәра ицәыӡит. Ихы шԥеибоз иара раԥхьа? Бернарду иҳәоит: «Сара сгәааит, избанзар аишьцәа срықәшаҳаҭӡамызт». Иара аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи уажәшьҭа ишихәаԥшло хьаас иман. Бернарду иаартны иҳәоит: «Аҭагылазаашьа ииашаны сахәаԥшырц, насгьы Иегова иорганизациеи иареи ҿыц рыгәра згаларц азы мызқәак сҭаххеит». Ицхраазеи ҳашьа игәаанагара аԥсахра?

9 Бернарду ихәыцшьа иԥсахит. Иара иҳәоит: «Аизара аиҳабыс саныҟаз, аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова иҟынтә ироуаз алабжьара адкылара срыцхраарц азы Ауриацәа рахь 12:7 иану сырзаԥхьон. Сара схы сазҵааит: „Зхы иазырхәар зыхәҭада ари ажәеинраала?“ Иегова имаҵзуҩцәа зегьы, саргьы уахь снарылаҵаны». Уи ашьҭахь Бернарду Иегова иорганизациеи иареи ҿыц рыгәра игаларц азы егьырҭ аԥсахрақәагьы ҟаиҵеит. Иара еиҳаны Абиблиа аԥхьара далагеит, насгьы дзыԥхьоз еиҳа инарҵауланы дазхәыцуан. Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи шихәаԥшло уажәгьы хьаас ишимазгьы, ажәабжьҳәара дрыццон, насгьы аизарақәа иҽрылаирхәуан. Ԥыҭрак ашьҭахь Бернарду дырҩегь аизара аиҳабыс дҟалеит. Шәаргьы алабжьара шәырҭазар, агәаара шәҽамҭакәа, алабжьара шәыдкыланы, аҽыԥсахразы иаҭаху зегь ҟашәҵа (Ажәам. 8:33; 22:4)c. Усҟан агәра ганы шәыҟазар шәылшоит, Иегова иорганизациеи иареи ахьаанышәмыжьуа азы дшышәзылԥхо.

АОРГАНИЗАЦИАҾЫ ԤСАХРАҚӘАК РЫҚӘШАҲАҬХАРА АНАҲЦӘЫУАДАҨУ

10. Иарбан ԥсахроу израильаа шьоукы Анцәа гәыкала ишизыҟоу ԥызшәаз?

10 Аорганизациаҿы иҟало аԥсахрақәа Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу ԥыршәар ауеит. Агәҽанызаара ҳцәыӡыр Иегова даанҳажьыргьы алшоит. Ҿырԥшыс иааҳгап Моисеи изакәан, насгьы уи иадҳәалаз аԥсахрақәа израильаа шьоукы ишырнырыз. Азакәан аус аура иалагаанӡа аԥшьаҩы иҭакԥхықәрақәа аҭаацәара ахадацәа ракәын иназыгӡоз. Дара амҭанагарҭақәа дыргылон, насгьы рҭаацәарақәа рзы Иегова амҭа изнаргон (Аҟаз. 8:20, 21; 12:7; 26:25; 35:1, 6, 7; Иов 1:5). Аха азакәан аус аура ианалага, аҭаацәара ахадацәа уи аҭакԥхықәра уаҳа инарыгӡалар рыхәҭаӡамызт. Иегова уи азы Аарон иҭаацәара иатәыз ахацәа алихит. Уажәшьҭа дара ракәын амҭақәа назгалар зыхәҭаз. Уи аԥсахра аныҟала ашьҭахь Аарон ишьҭра иатәымыз аҭаацәара ахада аԥшьаҩы инаигӡалар акәыз аус далагазҭгьы, аԥсра иқәҵаны дыршьыр ауан (Алев. 17:3—6, 8, 9)d. Ари Кореии, Дафани, Авирами, 250-ҩык ажәлар ахадацәеи Моисеии Аарони изырҿагылаз амзызқәа ируакызма? (Ахыԥхь. 16:1—3). Аҭак ҳаздырӡом. Аха уи зыхҟьазаалакгьы, Кореи идгылаҩцәеи иареи Иегова иҿагылеит. Иҟашәҵар шәылшозеи, аорганизациаҿы иҟало аԥсахрақәа Анцәа гәыкала шәшизыҟоу ԥыршәозар?

Кааф ихылҵшьҭра аковчег ныҟәыргаларц уаҳа ианаҭахымха, урҭ гәыкала амаҵ руан шәаҳәаҩцәас, хьчаҩцәас, насгьы аҵәахырҭақәа ирхылаԥшуан. (Шәахәаԥш абзац 11.)

11. Иаҳнарҵозеи Кааф иҭаацәара иатәыз алевитцәа шьоукы рҿырԥшы?

11 Аорганизациаҿы аԥсахрақәа аныҟало, урҭ гәыкала шәрыдгылала. Израильаа ацәҳәыра ианықәыз, Кааф иҭаацәара иатәыз алевитцәа аҭакԥхықәра ду рыдын. Ажәлар амҩа иқәлацыԥхьаӡа каафаа рҟынтә шьоукы ажәлар раԥхьа игыланы аковчег ргон (Ахыԥхь. 3:29, 31; 10:33; Иис. Н. 3:2—4). Шаҟа ҳаҭыр дуузи уи! Аха израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи зегь аҽаԥсахит. Аковчег уажәшьҭа ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ииагалатәӡамызт. Убри аҟынтә каафаа даҽа дҵақәак роуит. Абиблиа аҟынтә иаҳдыруеит аҳ Соломон ихаан урҭ рҟынтә шьоукы шәаҳәаҩцәас ишыҟаз, агьырҭ — хьчаҩцәас, даҽа шьоукы аҵәахырҭақәа ишырхылаԥшуаз (1 Аш. 6:31—33; 26:1, 24). Џьаргьы ианӡам каафаа уаанӡа иҷыдоу адҵа ахьынарыгӡоз азы, уажәтәи рыдҵа иахашшаауан, ма еиҳаз аҭыԥ рҭахын ҳәа. Иаҳнарҵозеи урҭ рҿырԥшы? Иегова иорганизациаҿы аԥсахрақәа аныҟало, урҭ шәара ишәыҵанакуазаргьы, гәыкала шәрыдгылала. Инашәыгӡо адҵа зеиԥшразаалакгьы, уи шәеигәырӷьала. Ишәхашәмыршҭлан, Иегова шәыхә ҳаракны изишьо инашәыгӡо аус азы шакәым. Иара изы ихадоу шәахьизыӡырҩуа ауп (1 Сам. 15:22).

12. Лхы шԥалбоз Рахима Вефиль ааныжьра анлықәшәа?

12 Ҳахәаԥшып Ааигәа Мрагылара иатәу аиаҳәшьа Рахима лҿырԥшы. Лара Вефиль аҿы амаҵ аура даара илгәаԥхон. Аха 23 шықәса инареиҳаны уа амаҵ анылу ашьҭахь, иҷыдоу пионерс амаҵ аура дрышьҭит. Лара илҳәоит: «Сара уи сазыԥшӡамызт. Акгьы саԥсамшәа схы збон. Иааҟәымҵӡакәа схы иҭагьежьуан азҵаара: „Ииашамкәа иҟасҵазеи?“». Аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукгьы лхьаа еиҳагьы иацырҵон. Дара ирҳәон: «Вефиль баанырмыжьзар, бус уаҩҵас ибзынамыгӡозҭгьы акәхарын». Аамҭак аҩныҵҟа Рахима убриаҟара лгәы каҳаны дыҟан, есыуаха дҵәыуон. Лара илҳәоит: «Сара есымша агәра згон Иегова иорганизациеи иареи бзиа сшырбо». Илыцхраазеи ҳаҳәшьа аҟәыӷара аарԥшра?

13. Илыцхраазеи Рахима иҽеимыз ацәаныррақәа риааира?

13 Рахима угәы казыжьуаз ацәаныррақәа риааира лылшеит. Илыцхраазеи лара? Лҭагылазаашьа ианаалоз ҳлитература аҟынтә астатиақәа дрыԥхьон. Еиҳараӡак лара илыцхрааит 2001 шықәса, февраль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианыз астатиа «Побеждай уныние!». Уа аевангелист Марк имаҵзура аҽанаԥсахуаз ус еиԥш иҟаз ацәаныррақәа изцәырҵлар шалшоз атәы анын. Рахима илҳәоит: «Марк иҿырԥшы схьаа зыртәоз ахәшә исзаҩызахеит». Уи адагьы, лара лҩызцәа дрылымҵӡеит. Лҽыԥхьакны, дааҟәымҵӡакәа лхы арыцҳашьара даламгаӡеит. Иарбан лкаау Рахима иҟалҵаз? Лара илдыруан Иегова иорганизациа напхгара азҭо иԥшьоу адоуҳа шакәу, насгьы аҭакԥхықәра зду аишьцәа гәыкала бзиа дшырбо. Уи адагьы, лара еилылкааит, аорганизациа азы зегь раасҭа ихадоу, Иегова игәаԥхара анагӡара шакәу.

14. Иарбан ԥсахрақәоу Владо зыдкылара ицәыцәгьахаз, насгьы ицхраазеи иара?

14 Словениа инхо, 73 шықәса зхыҵуа аизара аиҳабы Владо иеизара даҽа еизарак ианадырҵа, насгьы дахьныҟәоз Аҳратә зал анадыркы, даара ицәыцәгьахеит. Иара иҳәоит: «Сара исзеилкаауамызт абас еиԥш ибзиаз Аҳратә зал аркра заҭаххаз. Сгәы сыхьуан, избанзар уа ааигәа аремонт ҟаҳҵеит. Сара суасҭоуп, насгьы уа иҩнагылаз аҩнымаҭәа снапала иҟасҵеит. Уи адагьы, аизарақәа ахьеидырҵаз иаанагаз аԥсахрақәа ҳара, зықәрахь инеихьоу, рыҽрықәыршәара ҳзымариамызт». Ицхраазеи Владо аишьцәа рзыӡырҩра? Иара иҳәоит: «Иегова иорганизациаҿы иҟало аԥсахрақәа ҳҽанрықәҳаршәо, уи есымша азылԥхарақәа аанагоит. Уи адагьы, уи аԥхьаҟа еиҳау аԥсахрақәа ҳарзыҟанаҵоит». Шәеизарақәа еидырҵазар, ма шәмаҵзура аҽаԥсахзар, уи шәзымариамзар, агәра ганы шәыҟаз, Иегова шәшеиликаауа. Аԥсахрақәа шәыҽрықәшәыршәозар, насгьы Иеговеи иорганизациеи гәыкала шәырзыҟазар, азылԥхара шәмоур ауӡом (Аԥсал. 18:25).

ЕСЫМША АҞӘЫӶАРА ААШӘЫРԤШЛА

15. Ишԥаҳалшо аҟәыӷара аарԥшра, аизара аҩныҵҟа ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо?

15 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа аизара аҩныҵҟа ауадаҩрақәа ҳрықәшәалар, уи џьаҳамшьалароуп. Урҭ Иегова гәыкала ҳшизыҟоу ԥыршәалар ауеит. Убри аҟынтә аҟәыӷара ааҳарԥшлароуп. Иашьак, ма иаҳәшьак ииашамкәа дшәызныҟәазшәа шәгәы иаанагозар, шәымгәаалан. Шәдыриашазар, мыцхәы шәхы шәазымхәыцкәа, алабжьара шәыдкыланы, шәыҽшәыриаша. Уи адагьы, Иегова иорганизациаҿы аԥсахрақәа аныҟало, уи хаҭала шәара ишәыҵанакуазаргьы, амҩақәҵарақәа гәыкала ишәыдкыланы, урҭ шәрықәныҟәала.

16. Ишәыцхраар алшозеи Иегова иорганизациеи иареи рыгәра агара?

16 Иегова гәыкала шәшизыҟоу ԥызшәо аҭагылазаашьа шәақәшәазар, иареи иорганизациеи рахь шәыгәрагара шәмырӡыр шәылшоит. Аха уи азы аҟәыӷара ааҳарԥшлароуп, даҽакала иуҳәозар агәҭынчра ҳамазароуп, ииашаны ҳхәыцлароуп, насгьы аҭагылазаашьа Иегова ихәаԥшышьала ҳахәаԥшлароуп. Шәзықәшәаз ауадаҩра аҩыза зхызгахьоу, ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа еиҳа еиӷьны реилкаареи рызхәыцреи шәҽазышәшәала. Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрылымҵын. Убасҟан, иҟалалакгьы, Аҩсҭаа илшаӡом Иегова иорганизациеи иареи шәырҟәигар (Иак. 4:7).

ИҲАЦХРААУАЗЕИ ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИЕИ ИАРЕИ ГӘЫКАЛА ҲШЫРЗЫҞОУ ААНХАРА...

  • ииашамкәа иҳазныҟәеит ҳәа ҳгәы ианаанаго?

  • ҳандыриашо?

  • аорганизациаҿы ԥсахрақәак рықәшаҳаҭхара анаҳцәыуадаҩу?

АШӘА 126 Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз

a Зны-зынла Иегова иорганизациеи иареи гәыкала рзыҟазаара ҳцәыцәгьазар ауеит. Уи еиҳараӡак имариаӡам аизара аҩныҵҟа ауадаҩрақәа анцәырҵуа. Ари астатиаҿы урҭ рҟынтә х-уадаҩрак еилҳаргоит, насгьы еилаҳкаауеит, Иегова иорганизациеи иареи гәыкала ҳшырзыҟоу аанхара иҳацхраауа.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c Иҵегьы хәарҭа злоу алабжьарақәа ҳаԥшаар ҳалшоит 2009 шықәса, август 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Можешь ли ты снова предоставить себя для особого служения?» аҟны (аурыс).

d Аҭаацәара ахада акәац азы ашьамаҟа, ма аԥсаса аҟынтә ак ишьыр иҭахызҭгьы, азакәан излаҳәоз ала, аԥстәы аныҳәарҭахь инеигар акәын. Аха аҭаацәара аныҳәарҭа акыр иацәыхараны инхозҭгьы, ус ҟарымҵаргьы рылшон (Ҩынтә. 12:21).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра