Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 декабр ад. 28—30
  • Шәара адгьыл шәҭынхоит. Шәазхиоума уи?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәара адгьыл шәҭынхоит. Шәазхиоума уи?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АДГЬЫЛ АУС АДУЛАРА ҲАЗХИОУП
  • ЗЫԤСЫ ҬАЛАЗ РЫЦХРААРА ҲАЗХИОУП
  • ЗЫԤСЫ ҬАЛО АҴАРА ДЫРҴАРА ҲАЗХИОУП
  • Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Ахәҭа 10
    Уизыӡырҩла Анцәа
  • Аԥсҭалара Анцәа ибзиабареи, иҟәыӷареи, ичҳареи аныԥшуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахәҭа 8
    Уизыӡырҩла Анцәа
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 декабр ад. 28—30

Шәара адгьыл шәҭынхоит. Шәазхиоума уи?

ҲАРА ҳгәы дырԥхоит Иисус иажәақәа: «Насыԥ рымоуп иҟәымшәышәу ауаа, избанзар дара адгьыл рҭынхоит» (Матф. 5:5). Доуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи аҳцәаны иҟалоит, насгьы Иисуси дареи адгьыл напхгара азырулоит (Аат. 5:10; 20:6). Аха ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа реиҳараҩык адгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара анроуа аамҭа иазыԥшуп. Дара наӡахоит, насгьы аҭынчреи анасыԥи рыманы инхалоит. Ус ҟаларц азы ихадоу уск ҟарҵар акәхоит. Абар урҭ ирзыԥшу х-дҵа заҵәык: адгьыл аус адулара, зыԥсы ҭалаз рыцхраара, насгьы урҭ аҵара дырҵара. Шәазхәыц, ишԥашәылшо уажәнатә иаашәырԥшыр, адунеи ҿыц аҿы ари аус анагӡара шышәҭаху.

АДГЬЫЛ АУС АДУЛАРА ҲАЗХИОУП

«Иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» ҳәа Иегова ауаа ириҭаз адҵа иаанагон, аамҭак ашьҭахь адгьыл зегь џьанаҭны ишыҟалоз (Аҟаз. 1:28). Ари адҵа адгьыл зҭынхо инарыгӡоит. Аха раԥхьа адгьыл џьанаҭ еиԥш иҟазааӡом, избанзар Едемтәи абаҳча уаҳа иҟаӡам. Зны дара адгьыл арыцқьаразы ирацәаны аџьабаа рбар акәхоит. Аусутә хәдацәахьы иҟалоит!

Уи иаҳгәаланаршәоит израильаа Вавилонынтәи ианыхынҳә раԥхьа ишьҭаз аусутә ду. Дара рыдгьыл 70 шықәса аӡәгьы дықәынхаӡомызт. Аха Исаиа заа иҳәахьан Иегова ицхыраарала дара уи шеиҭашьақәдыргыло. Аԥааимбаражәа иаҳәон: «[Иегова] ацәҳәыра Едем иеиԥшны иҟаиҵоит... аарҩара ҭыԥқәа Иегова ибаҳча иеиԥшхоит» (Ис. 51:3). Израильаа уи рылшеит. Убасҵәҟьа адгьыл зҭынхо ауаа Иегова ицхыраарала адгьыл ишәҭы-какаҷуа џьанаҭ алхра рылшоит. Шәара уажәнатә иаашәырԥшыр шәылшоит уи аус аҽалархәра даара ишышәҭаху.

Иаҳҳәап, шәыҩны, насгьы шәааигәа-сигәа иахьынӡашәылшо ацқьара ҟашәҵалар ауеит, шәгәылацәа уи хьаас ирымамзаргьы. Уи адагьы шәахьынхо иҟоу Аҳратә зал, ма Аконгрессқәа рзал аилыргареи ахылаԥшреи шәацхраалар ауеит. Шәҭагылазаашьақәа ишәылдыршозар, арзаҳал харҭәааны иалашәҵар шәылшоит, аԥсабаратә рыцҳарақәа рышьҭахь ацхыраара аҟаҵара шәҽалашәырхәырц азы. Убас шәара иаашәырԥшуеит арыцҳара иақәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара шәшазхиоу. Шәхы шәазҵаа: «Исылшома адунеи ҿыц аҿы исыхәаша ҟазарак сҵар?»

ЗЫԤСЫ ҬАЛАЗ РЫЦХРААРА ҲАЗХИОУП

Иисус Иаир иԥҳа лыԥсы анҭеиҵа, акрылҿашәҵа ҳәа иаразнак иреиҳәеит (Марк 5:42, 43). Ҳәарада, 12-шықәса зхыҵуаз ахәыҷы акрылҿаҵара цәгьаӡамызт. Аха шәазхәыц шаҟа ҟаҵатәхо Иисус ҳзықәиргәыӷыз анынаигӡалак, «адамрақәа ирҭоу зегьы ибжьы анраҳауа, насгьы рыԥсы анҭало» (Иоанн 5:28, 29). Абиблиаҿы акәама-ҵамарақәа зегь анӡам, аха ҳәарада, ҳара еилаҳкаауеит, зыԥсы ҭало ишырҭаххо афатә, ашәҵатәы, анхарҭа ҭыԥ. Ишәылшома уажәнатә иаашәырԥшыр, урҭ рыцхраара шышәҭаху? Абар ҳзызхәыцша зҵаарақәак.

Иаашәырԥшыр шԥашәылшо уажәнатә адгьыл анышәҭынхо аамҭа шәшазхиоу?

Шәеизарахь араионтә хылаԥшҩы данаауа, шьыбжьхьафара даашәыԥхьома? Вефиль аҿы змаҵзура хзыркәшаз аӡәы шәеизарахь даарышьҭзар, ма араионтә хылаԥшҩы имаҵзура хиркәшазар, шәицхраар шәылшома анхарҭа ҭыԥ аԥшаара? Шәахьынхо аҭыԥ аҿы арегионалтә ма иҷыдоу аконгресс мҩаԥысраны иҟазар, ишәылшома аҽазыҟаҵаратә усқәа шәыҽрылашәырхәыр, мамзаргьы иаауа асасцәа рԥыларазы аамҭа алшәхыр?

ЗЫԤСЫ ҬАЛО АҴАРА ДЫРҴАРА ҲАЗХИОУП

Аусқәа 24:15 ҳанаԥхьо ҳара еилаҳкаауеит миллиардҩыла ауаа рыԥсы шҭаҵахо. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы Иегова иӡбахә ахаан ирмаҳаӡацызт. Аха адунеи ҿыц аҿы уи аҩыза алшара роуеитa. Урҭ аҵара дзырҵало Анцәа гәыкала изыҟоу, аԥышәа змоу имаҵзуҩцәа роуп (Ис. 11:9). Европеи, Аладатәи Америкеи, Африкеи ажәабжь зҳәоз Шарлотта уи аамҭа лгәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп. Лара дгәырӷьаҵәа абас лҳәоит: «Сара даара исҭахуп зыԥсы ҭало аҵара дырҵара. Ажәытәан инхоз аӡәы иӡбахә санаԥхьо, лассы-лассы абас схәыцуеит: „Ари ауаҩ Иегова дидыруазҭгьы, иԥсҭазаара даҽакала иҟалон“. Сара даара сазыԥшуп Анцәа иӡбахә зыԥсы ҭало ауаа ианырзеиҭасҳәало, насгьы иара имаҵ рулар рыԥсҭазаара шаҟа ибзиахо анрасҳәало».

Иисус адгьыл ахь даанӡа инхоз Иегова гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәагьы еилыркааша рацәахоит. Шәхаҿы иаажәг шаҟа ҳаргәырӷьало, насгьы шаҟа ҳаҭыр духо Даниил ишизеилымкаауазгьы ииҩыз аԥааимбаражәақәа шынаӡаз изеиҭаҳәара! (Дан. 12:8). Ишәҭахума Руфи Ноемини ирзеиҭашәҳәар, дара рҭаацәара Мессиа иахь уназгоз ашьҭраҿы ихадоу аҭыԥ шааныркылаз? Шаҟа гәырӷьара духозеи уи адунеизегьтәи арҵаратә программа аҽалархәра. Усҟан ари адунеи анырреи иҳаднагало аусқәеи уаҳа иагьҳгәалашәалаӡом!

Иаашәырԥшыр шԥашәылшо уажәнатә уи апрограмма шәҽалашәырхәыр шышәҭаху? Шәырҵаҩратә ҟазара еиӷьышәтәла, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь шәҳәала (Матф. 24:14). Шәықәра, ма даҽа ҭагылазаашьақәак уиаҟара шәылдмыршозаргьы, шәҽазышәарақәа иаадырԥшуеит, зыԥсы ҭало ауаа аҵара дырҵара даара ишышәҭаху.

Нас, ишәҭахума адгьыл шәҭынхар? Шәгәы хыҭ-хыҭуа шәазыԥшума адгьыл аус анадыжәулало, зыԥсы ҭало ауаа шәанрыцхраало, насгьы аҵара аныдшәырҵало аамҭа? Ҳәарада, шәара шәыбжьы ҭыганы «ааи» ҳәа шәҳәоит. Ус анакәха, адгьыл анышәҭынхалак шәызҿызаало аусқәа уажәнатә шәыҽрылашәырхәла!

a Шәахәаԥш 2022 шықәса, сентиабр мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Ишԥаҟало аӡәырҩы уаа иашақәаны?»

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра