АҴАРАЗЫ АСТАТИА 50
АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»
Аҭаацәа, шәхәыҷы ихаҵара арӷәӷәара шәицхраала
«Анцәа ииҭаху, игәы иақәшәо, ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо [еилышәкаала]» (РИМ. 12:2).
ЕИЛАҲКААУА
Аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәеи Абиблиеи рыӡбахә рзеиҭарҳәалар, насгьы рхаҵара дырӷәӷәалар шрылшо.
1, 2. Рхы мҩаԥыргалар шԥарыхәҭоу аҭаацәа, рхәыҷы Анцәеи Абиблиеи ирызку азҵаарақәа анриҭо?
АӠӘЫРҨЫ ақәшаҳаҭхоит ахәыҷқәа рааӡара аџьабаа ду шацу. Ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, шәхәыҷқәа рхаҵара аизырҳараҿы шәрыцхрааларц азы аџьабаа ду жәбоит (Ҩынтә. 6:6, 7). Шәара арҽхәара шәаԥсоуп! Шәхәыҷқәа ирызҳацыԥхьаӡа иҵаулоу азҵаарақәа шәырҭалар ауеит, иаҳҳәап избан Абиблиа абригь-абригь ҟауҵар ҟалаӡом ҳәа заҳәо.
2 Аха уи шәамыршәааит. Шәхәыҷы азҵаарақәа зиҭиуа ахаҵара ахьизымхо азоуп ҳәа шәгәы иаанамган. Иара изҳацыԥхьаӡа азҵаарақәа ахьиҭиуа ихаҵара арӷәӷәара ицхраауеит (1 Кор. 13:11). Убри аҟынтә шәзыцәшәаша ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ахәыҷы азҵаарақәа иҭиуазар, уи еиҳагьы еиӷьуп, избанзар убасҟан ахәыцшьа ишәырҵар шәылшоит! Убасала Анцәеи Абиблиеи рыгәра агашьа иҵоит.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит аҭаацәа абарҭ х-ганк рҿы ахәыҷы ицхраар шрылшо: 1) ахаҵара ӷәӷәа аизырҳара, 2) ацәгьеи-абзиеи закәу уеилзыркаауа абиблиатә нормақәа бзиа рбара, насгьы 3) зыгәра иго егьырҭ рзеиҭаҳәара. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит ахәыҷқәа аҭаацәа азҵаарақәа рырҭозар, уи зыбзиоу. Уи адагьы, ҳрыхәаԥшуеит ахәыҷқәа абиблиатә темақәа рылацәажәара ргәаԥхаларц азы аҭаацәа рхы иадырхәалар рылшо азнеишьақәа.
ШӘХӘЫҶЫ АХАҴАРА ӶӘӶӘА АИЗЫРҲАРА ШӘИЦХРААЛА
4. Иарбан зҵаарақәоу ахәыҷы изцәырҵлар алшо, насгьы изизцәырҵуазеи урҭ?
4 Ҳара еилаҳкаауеит ахаҵара шьҭрала ишмиасуа. Ҳаргьы ахаҵара ҳаманы ҳмиӡеит. Ҳхәыҷқәагьы убасҵәҟьа. Ахәыҷы абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа изцәырҵлар алшоит: «Иабантәиздыруеи Анцәа дшыҟоу? Иаԥсоума Абиблиа агәра агара?» Ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа ахьизцәырҵуа бзиоуп. Абиблиа ахаҭагьы ҳахшыҩ аус аҳаруларц, насгьы зегь гәаҳҭаларц ҳаанаԥхьоит (Рим. 12:1; 1 Фес. 5:21). Ишԥаҳалшо ҳхәыҷы ихаҵара арӷәӷәара ҳицхраар?
5. Иҟарҵалар рылшозеи аҭаацәа, рхәыҷы Абиблиа иану шиашоу еиликаарц азы? (Римаа 12:2).
5 Шәхәыҷы аҭҵаара амҩаԥгашьа ишәырҵа. (Шәаԥхьа Римаа 12:2.) Ахәыҷы азҵаарақәа аншәиҭо, изҵаарақәа рҭак аҭҵааразы иҳамоу амыругақәа ихы иархәаны иԥшаар шилшо ишәырба. Иаҳҳәап, ҳара иҳамоуп «Индекс публикаций Сторожевой башни», насгьы «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы». Ахәыҷы «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» аҿы атема «Библия», ахеиҵа «Вдохновлена Богом» ааиртааит. Уа иара иԥшаауеит Абиблиа ауаа ирҩыз баша шәҟәы бзиак шакәым, аха «Анцәа иажәа» шакәу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа рацәаны (1 Фес. 2:13). Абиблиаҿы ассириатәи ажәытә қалақь Ниневиа аӡбахә ахьану урҭ ашьақәырӷәӷәарақәа ируакуп. Уаанӡа аҵарауаа шьоукы уи ақалақь ахаан иҟаӡамызт ҳәа рҳәон. Аха 1850-тәи ашықәсқәа рзы уи ақалақь аилабгарақәа рыԥшааит. Уи ишьақәнарӷәӷәеит Абиблиа иану шиашоу (Соф. 2:13—15). Абиблиа иану ԥааимбаражәақәак Ниневиа иадҳәалоуп. Шәхәыҷы урҭ дрыԥхьар илшоит 2021 шықәса, ноиабр мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу арубрика «Ижәдыруама шәара?» аҟны иану астатиаҿы. Апубликациақәа рҿы иануи аенциклопедиақәеи зыгәра угартә иҟоу егьырҭ ахыҵхырҭақәеи рҿы иануи еиҿирԥшлар, Абиблиа иану шиашоу ибоит.
6. Иарбан знеишьақәоу аҭаацәа рхы иадырхәалар рылшо рхәыҷқәа Абиблиа агәра агара ирыцхраарц азы? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Шәхәыҷы Абиблиа иану шиашоу агәра агара шәицхраала. Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Абиблиеи Анцәеи рыӡбахә аинтерес аҵаҵаны рзеиҭаҳәаразы алшарақәа шәыԥшаала. Уи ҟашәҵар шәылшоит иаҳҳәап, амузеи, аботаникатә баҳча, ма Иегова ишаҳаҭцәа рфилиалқәа руак аҿы ацәыргақәҵа шәанаҭаауа. Амузеи аҿы шәаныҟоу, ма ашәҟәқәеи авидеонҵамҭақәеи рҿы иуԥшаар улшо артефактқәа шәанрыхәаԥшуа, шәхәыҷы иеилшәыркаа шәызхәаԥшуа Абиблиа ишадҳәалоу. Убас иара ибоит Анцәа Иажәа иану зегь шиашоу. Иаҳахьоума шәхәыҷы Моавиттәи ахаҳә аӡбахә? 3 000 шықәса зхыҵуа уи ахаҳә аҿы Анцәа ихьӡ ануп. Уи ахаҳә ахаҭа Париж, Лувр аҿы иҟоуп. Акопиа убар улшоит Уорвик (Еиду Аштатқәа) иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа ихадоу русбарҭаҿы иудырбо «Абиблиеи Анцәа ихьӡи» ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵаҿы. Уи ахаҳә аҿы моавтәи аҳ Меша Израиль дшаҿагылаз аӡбахә ануп. Уи Абиблиа иану иақәшәоит (2 Аҳ. 3:4, 5). Шәхәыҷы Абиблиаҿы иану ахҭысқәа шыҟаҵәҟьаз анибалак, ихаҵара еиҳа иӷәӷәахоит. (Иаҿшәырԥш 2 Ашықәсынҵа 9:6.)
Ишԥарылшо аҭаацәа амузеиқәа рҿы иҟоу аекспонатқәа рхы иархәаны рхәыҷы Абиблиа иану зегь шиашоу агәра идыргалар? (Шәахәаԥш абзац 6.)
7, 8. а) Иаҳдырҵозеи аԥсабараҿы иҟоу асахьа ԥшӡақәа? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Иарбан зҵаарақәоу шәхәыҷы ишәҭар шәылшо Ҳазшаз иахь ихаҵара арӷәӷәара шәицхраарц азы?
7 Шәхәыҷы иааҳакәыршаны иҟоу иџьашьахәу адунеи дазхьашәырԥшла. Апарк аҿы шәаныҟоу, ма абаҳчаҿы аус аныжәуа ахәыҷы аԥсабараҿы иҟоу асахьа ԥшӡақәа дрызхьашәырԥшла. Урҭ зшаз дшыҟоу аилкаара шәицхраала. Иаҳҳәап, аԥсабараҿы ирацәоуп аспираль асахьа змоу аобиектқәа. Аҵарауаа урҭ аспиральқәа ҭырҵаауеижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Абиофизик Нико́ла Фаме́ли иҳәоит аспираль асахьа змоу аобиектқәа рҿы аспиральқәа уԥхьаӡар, иубар улшоит иалҵуа ахыԥхьаӡарақәа Фибона́ччи ихыԥхьаӡарақәаa ишреиуахо. Убас еиԥш иҟоу аструктурақәа зехьынџьара иубар улшоит: галактикақәак рҿы, анаутилус аҭраҿы, аҵиаақәа рбыӷьқәа рҿы, азараҟьа ашәҭ аҿыb.
8 Ашкол аҿы шәхәыҷы еиликаауеит аԥсабараҿы егьырҭ иԥшӡоу асахьақәагьы шыҟоу. Иаҳҳәап, асы анауа илеиуа ацырақәа зегьы афрактал ҳәа изышьҭоу аформа рымоуп. Аха уи аҩыза аформақәа рыла ишьақәгылоу асцырақәа рымацара ракәӡам. Изхәыцда урҭ аформақәа зегьы? Шәхәыҷы ас еиԥш иҟоу иҵаулоу азҵаарақәа дрызхәыцлар, иааҳакәыршаны иҟоу зегьы зшаз Анцәа шиакәу еиликаар ауеит (Аур. 3:4). Шәхәыҷы ианизҳалак, ус шәиазҵаар шәылшоит: «Анцәа ҳаишазар, агәырӷьара ҳамазарц азы ҳшынхалаша шаҳирҵо агәра ганы ҳаҟазар ҳалымшаӡои?» Анаҩс уи Абиблиа ала ишаҳирҵо иеилшәыркаар ауеит.
NASA, ESA, and the Hubble Heritage (STScl/AURA)-ESA/Hubble Collaboration
Изхәыцда аԥсабараҿы иҟоу асахьа ԥшӡақәа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)
АХӘЫҶЫ АЦӘГЬЕИ-АБЗИЕИ ЗАКӘУ УЕИЛЗЫРКААУА АБИБЛИАТӘ НОРМАҚӘА БЗИА РБАРА ШӘИЦХРАА
9. Избан ахәыҷы Абиблиа абригь-абригь ҟауҵар ҟалаӡом ҳәа заҳәои ҳәа азҵаара изцәырҵлар залшо?
9 Шәхәыҷы абри аҩыза азҵаара изцәырҵлар ауеит: «Избан Абиблиа абригь-абригь ҟауҵар ҟалаӡом ҳәа заҳәо?». Ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа изцәырҵуазар, урҭ зизцәырҵуа шәазхәыцыр шәылшоит. Иаанагома уи Абиблиа иаҳнарҵо дақәшаҳаҭӡам ҳәа? Уи ус акәымзаргьы алшоит. Иара зыгәра иго егьырҭ ишырзеиҭеиҳәаша изымдыруазар ҟалоит. Ишыҟазаалакгьы, азҵаара ахьшәиҭо ишәнарбоит ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ицҭышәҵаар шыбзиахоc.
10. Шәицхраар шԥашәылшо шәхәыҷы Иегова иҩызахара?
10 Шәхәыҷы Иегова иҩызахара шәицхраа. Шәхәыҷы Абиблиа анишәырҵо, дышхәыцуа еилышәкаарц азы ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аҟынтә азҵаарақәеи аҿырԥштәқәеи шәхы иашәырхәала (Ажәам. 20:5). Иаҳҳәап, 8-тәи аурок аҿы Иегова ашәарҭара шыҟоу ианаамҭоу угәуҽанызҵо аҩыза диҿырԥшуп. 1 Иоанн 5:3 шәанахцәажәалак ашьҭахь, шәхәыҷы шәиазҵаар шәылшоит: «Иегова зегь иреиӷьу ҳҩыза иакәзар, ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу илабжьарақәа?» Имариоу ари азҵаара шәхәыҷы иеиланркаауеит Анцәа бзиа ҳахьибо азы шакәу азакәанқәа зҳаиҭо (Ис. 48:17, 18).
11. Иҟаҵатәузеи, ахәыҷы абиблиатә принципқәа рыла анхара иҭаххарц азы? (Ажәамаанақәа 2:10, 11).
11 Абиблиатә принципқәа ҳаԥсҭазаара шеиӷьыртәуа шәалацәажәала. Абиблиа, мамзаргьы амш иазалху ажәеинраала шәанеицаԥхьо, абиблиатә принципқәа аҭаацәара зегьы ахәарҭа шырзаанаго шәалацәажәала. Иаҳҳәап, шәалацәажәа еснагь аиаша ануҳәои аусура бзиа ианубои зыбзиоу (Аур. 13:18). Иара убас шәхәыҷы иеилшәыркаа абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәалар, агәырӷьарагьы агәабзиарагьы шҳамазаауа (Ажәам. 14:29, 30). Абиблиатә принципқәа уԥсҭазаара шеиӷьыртәуа анибалак, урҭ ихы иаирхәалар иҭаххоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:10, 11.)
12. Ишԥаицхраауеи Стив иԥшәмеи иареи рԥа абиблиатә принципқәа хәарҭас ирылоу абара?
12 Стив иԥшәмеи иареи Франциа инхоит. Абар 16 шықәса зхыҵуа рԥа И́тан Иегова изакәанқәа зегьы абзиабара шрыҵоу аилкаара ишицхраауа: «Иаҳҳәап, ҳара ҳиазҵаауеит: „Изиҭахузеи Иегова ари азакәан ҳақәныҟәаларц? Ишԥаанарԥшуеи уи Иегова хаҭала уара бзиа ушибо? Иҟалозеи Иегова ишиҭаху еиԥш акәымкәа, уара ишуҭаху еиԥш ухы мҩаԥугар?“». Абас еиԥш иҟоу аицәажәарақәа рыбзоурала Итан еиликааит Иегова еснагь агәрагара дшаԥсоу, избанзар иаҳԥырхагахо алабжьара ахаан иҳаиҭаӡом. Стив иациҵоит: «Ҳара хықәкыс иҳамоу Анцәа иҟәыӷара ауаҩытәыҩсатә ҟәыӷара аасҭа акырӡа ишеиҳау Итан иеилыркаара ауп».
13. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа абиблиатә принципқәа рхархәашьа ддырҵалар? Иаажәга аҿырԥштәы.
13 Ахәыҷы абиблиатә принципқәа рхархәашьа ишәырҵа. Иаҳҳәап, шәхәыҷы ашкол аҿы шәҟәык даԥхьарц идырҵеит. Иҟалап, уи ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа ргәыжәла цәгьазар, насгьы ламысдарала рхы мҩаԥыргозар, аха ашәҟәаҿы иуаа бзиоушәа иаарԥшызар. Шәхәыҷы игәазҭашәҵа ауаа уи ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу реиԥш рхы анымҩаԥырго, Иегова уи дшахәаԥшуа дазхәыцырц (Ажәам. 22:24, 25; 1 Кор. 15:33; Флп. 4:8). Убасҟан арҵаҩы ма аҵара ицызҵо ашәҟәы игәаԥхама ҳәа иазҵаар, зыгәра иго, насгьы Иегова изыӡырҩра зиӡбаз реилыркаара илшоит.
АХӘЫҶЫ ЗЫГӘРА ИГО ЕГЬЫРҬ РЗЕИҬАҲӘАШЬА ИШӘЫРҴАЛА
14. Изцәыԥхашьалар алшозеи иқәыԥшу ақьырсианцәа, насгьы избан уи иацәыԥхашьалар залшо?
14 Зны-зынла иқәыԥшу ақьырсианцәа зыгәра рго егьырҭ рзеиҭаҳәара рцәыцәгьазар алшоит. Иаҳҳәап, аурок аҿы аеволиуциа атеориа ианалацәажәо, уи агәра шырымго акласс зегь аҿаԥхьа аҳәара иацәыԥхашьозар алшоит. Изцәыԥхашьои? Арҵаҩцәа аӡәырҩы аеволиуциа атеориа еиԥш акәымкәа, фактк еиԥш иахцәажәоит. Аҭаацәа, шәицхраар шԥашәылшо шәхәыҷы, Абиблиа иану шиашоу ала гәыҩбарак имамзарц азы?
15. Ицхраауеи иқәыԥшу ақьырсиан зыгәра иго шиашоу аилкаара?
15 Шәхәыҷы зыгәра иго шиашоу аилкаара шәицхраа. Шәхәыҷы аԥсҭазаара шыҟалаз иазкны аиаша ахьидыруа дацәыԥхашьалар акәӡам (2 Тим. 1:8). Аҵарауаа аӡәырҩгьы аԥсҭазаара ахала иҟалеит ҳәа агәра ргаӡом. Дара ирбоит зыԥсы ҭоу аорганизмқәа џьашьахәыла ишеиҿартәоу, насгьы урҭ аӡәы ишихәыцыз еилыркаауеит. Убри аҟынтә ашколқәа рҿы иддырҵо аеволиуциа атеориа агәра ргаӡом. Ицхраар алшозеи шәхәыҷы ихаҵара арӷәӷәареи еиҳа агәымшәара аизырҳареи? Иаҳҳәап, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи Ҳазшаз дшыҟоу агәра дзыргаз еиликааитd.
16. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы Ҳазшаз дшыҟоу агәра зиго егьырҭ деилыркаашьа идырҵар? (1 Пиотр 3:15). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Шәхәыҷы Ҳазшаз дшыҟоу агәра зиго егьырҭ реилыркаашьа ишәырҵа. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:15.) Еилшәырга астатиақәа «Вопросы молодёжи. Сотворение или эволюция?». (Урҭ шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы.) Анаҩс ахәыҷы еиҳа игәаԥхаз ашьақәырӷәӷәара алхны Ҳазшаз дшыҟоу агәра зиго шәзеиҭеиҳәааит. Уи аҵара ицызҵо рацәажәара дазыҟанаҵоит. Игәалашәыршәа аӡәгьы ажәа имаимклар шихәҭоу. Аӡәы Ҳазшаз иӡбахә еиликаар иҭаххар, ирмарианы изеиҭеиҳәар шакәу. Иаҳҳәап, аҵара ицызҵо аӡәы абас иҳәоит: «Сара избо ауп зыгәра зго. Анцәа иакәзар, ахаан дсымбаӡацт». Усҟан иқәыԥшу ҳашьа ма ҳаҳәшьа абас рҳәар рылшоит: «Ухаҿы иааг абна улаланы ушцо аҵеиџь убазшәа. Угәы иаанагозеи уи анубалак? Ааигәа-сигәа аӡәгьы дыҟамзаргьы, уи аӡәы ишыҟаиҵаз еилкаауп. Убас еиԥшҵәҟьа ҳазқәынхо адунеигьы аӡәы ишеит!»
Аҵара уцызҵо зыгәра уго ирмарианы ирзеиҭаҳәала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)e
17. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы Абиблиа аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәашьа идырҵалар? Иаажәга аҿырԥштәы.
17 Шәхәыҷы Абиблиа аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәашьа ишәырҵала (Рим. 10:10). Абиблиа аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара амузыкатә инструмент арҳәашьа ануҵо иаҩызоуп. Раԥхьа имариоу амелодиақәа рыла уалагоит. Хәыҷы-хәыҷла уҟазара еизҳауеит, еиҳа ицәгьоу амелодиақәа рырҳәара уалагоит. Иқәыԥшу ақьырсиан ихаҵара аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара даналагогьы имариоу азнеишьа ихы иаирхәалар илшоит. Иаҳҳәап, иара аҵара ицызҵо диазҵаар ауеит: «Иудыруазма анџьнырцәа ак анырхәыцуа, аԥсабараҿы иҟоу ишаҿыԥшуа? Иуҭахума уи иазку видеонҵамҭак усырбоит?» Арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» аҟынтә авидеонҵамҭа данаирхәаԥшлак, абас иҳәар илшоит: «Ауаа лассы-лассы аҵарауаа иҟарҵо иџьашьаны иахәаԥшуеит, аха урҭ уи шыҟарҵо аԥсабараҿы иҟоу иаҿыԥшны ауп. Иаԥсада, нас, арҽхәара аоригинал азы?» Иҟалап уи ашьҭахь аҵара уцызҵо Иегова изкны еиҳаны еиликаар иҭаххар.
АНАҨСГЬЫ ШӘХӘЫҶЫ ИХАҴАРА АРӶӘӶӘАРА ШӘИЦХРААЛА
18. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы Анцәа иахь ихаҵара арӷәӷәара ицхраалар?
18 Ҳахьынхо адунеи аҿы аиҳараҩык ауаа Иегова игәра ргаӡом (2 Пиотр 3:3). Убри аҟынтә, ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, шәхәыҷы Абиблиа анишәырҵо, Анцәа инормақәеи иареи рахь ибзиабара арӷәӷәара ицхрааша атемақәа ҭиҵааларц игәазҭашәҵала. Иџьашьахәу Иегова ишамҭақәа дрызхьашәырԥшла. Инаӡахьоу абиблиатә ԥааимбаражәақәа ирызкны еиҳаны аилкаара шәицхраала. Иара убас зегь реиҳа ихадоу, иара изы Анцәа шәиҳәала, насгьы иареи шәареи Анцәа шәеициҳәала. Аҭаацәа, агәра ганы шәыҟаз шәхәыҷы ихаҵара арӷәӷәаразы иҟашәҵо зегьы Иегова ахә шишьо, насгьы хымԥада дшышәзылԥхо (2 Аш. 15:7).
АШӘА 133 Иегова имаҵ ула уанқәыԥшу инаркны
a Фибоначчи ихыԥхьаӡарақәа рҿы ахыԥхьаӡара 1 ашьҭахь ицо ахыԥхьаӡарақәа зегьы урҭ раԥхьа игылоу ҩ-хыԥхьаӡарак еицуҵар иҟало ахыԥхьаӡарақәа роуп: 1, 1, 2, 3, 5, 8, 13, 21, 34, 55 уҳәа убас иҵегьы.
b Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Чудеса творения прославляют Бога».
c Ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» шәахысхьазар, абиблиатә нормақәа рыӡбахә ахьану 3-тәи, насгьы 4-тәи ахәҭақәа рҟынтә урокқәак шәеиҭархысыр шәылшоит.
d Шәахәаԥш 2006 шықәса, сентиабр мзазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы иану астатиа «Почему мы верим в Творца», насгьы аброшиура «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа». Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхҭысқәа шәрыхәаԥшыр шәылшоит асаит jw.org аҿы иҟоу арубрика «Аԥсҭазаара шыҟалаз иазку агәаанагара» аҟны иаагоу авидеонҵамҭақәа рҿы.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу Иегова ишаҳаҭ адронқәа ринтерес змоу аҵара ицызҵо ҷкәынак арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» аҟынтә авидеонҵамҭа иирбоит.