АҴАРАЗЫ АСТАТИА 51
АШӘА 132 Уажәшьҭа ҳара цәеижькны ҳаҟоуп
Иегова ихьӡ ҭызго ачара шеиҿкаатәу
«Зегьы ишахәҭоу еиԥш еиҿкааны имҩаԥыслааит» (1 КОР. 14:40).
ЕИЛАҲКААУА
Аҭаацәара алалара згәы иҭоу ақьырсианцәа рчара Иегова ихьӡ ҳаранакыртә еиԥш ишеиҿыркааша.
1, 2. Изеиԥшрахар иҭахузеи Иегова шәчара?
АӠӘЫР дышәҳәама ма шәҳәаны шәтәоума? Ааи акәзар, уажәы шәара шәзы игәырӷьароу аамҭоуп. Иҟалап ачара аҽазыҟаҵарагьы шәалагахьазарa. Иегова иҭахуп шәчара агәырӷьара шәзаанагарц, аԥхьаҟагьы анасыԥ шәымазарц (Ажәам. 5:18; Ашәа 3:11).
2 Шәчара Иегова ихьӡ ҳаранакыроуп. Избан ус? Иҟаҵатәузеи шәчара Иегова ихьӡ ҳаранакырц азы? Ари астатиа раԥхьаӡа иргыланы еибаго рахь ауп иахьырхоу, аха ара иаагоу апринципқәа асасцәа рзгьы, ачара аиҿкаара аганахь ала алабжьара азы изыҳәо рзгьы ихәарҭоуп.
ИЗБАН ШӘЧАРА ИЕГОВА ДҲАРАНАКЛАР ЗАКӘУ?
3. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи раԥхьаӡа иргыланы ачара зҽазыҟазҵо ақьырсианцәа? Избан уи иазхәыцыр зрыхәҭоу?
3 Ачара аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа анырыӡбо, ақьырсианцәа Иегова Абиблиа ала иҳаиҭаз апринципқәа ирызхәыцроуп. Избан? Избанзар аҭаацәара аԥызҵаз Анцәа иоуп. Иара иоуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых аҿы раԥхьатәи ачара еиҿызкааз. Усҟан Адами Евеи хаҵеи-ԥҳәыси ракәхеит (Алаг. 1:28; 2:24). Убри аҟынтә еибагараны иҟоу ақьырсианцәа раԥхьаӡа иргыланы Иегова игәаанагара иазхәыцроуп.
4. Избан ақьырсианцәа рчара Иегова ихьӡ ҳаранакыр захәҭоу?
4 Шәчара анеиҿышәкаауа Иегова игәаанагара азхәыцра шәгәазҭазҵо даҽа мзызкгьы ыҟоуп. Иара жәҩантәи Шәаб, насгьы зегь иреиӷьу Шәҩыза иоуп (Аур. 12:9). Ҳәарада, иареи шәареи шәеиҩызара акы ибжьнахыр шәҭахӡам. Убри аҟынтә шәчара аҽны аума, даҽазны аума Шәҩыза игәы изырхьуа ак ҟашәҵар шәҭаххаӡом (Аԥсал. 25:14). Шәазхәыц Иегова ишәзыҟаиҵахьоу, аԥхьаҟагьы ишәзыҟаиҵараны иҟоу. Уи ахә ҳаракны иахьышәшьо шәчара ихьӡ ҳаранакыртә еиԥш зегь еиҿышәкаарц шәгәазҭанаҵоит (Аԥсал. 116:12).
ИШԤАШӘЫЛШО ИЕГОВА ИХЬӠ ҲАРАШӘКЫР?
5. Ишԥарыцхраауеи Абиблиа еибагараны иҟоу ачара аҽазыҟаҵара?
5 Абиблиаҿы ачара шымҩаԥгатәу аганахь ала аԥҟарақәа аагаӡам. Еибагараны иҟоу дара ишырҭахуи, иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу аҵасқәеи, рҭагылазаашьеи инақәыршәаны рчара еиҿыркаауеит. Иара убас иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу азакәанқәа ирықәныҟәоит (Матф. 22:21). Еибагараны иҟоу ирыдыркыло аӡбарақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ абиблиатә принципқәа ирықәшәозар, рчара Иегова даргәырӷьоит, ихьӡгьы ҳаранакуеит. Шәааи урҭ апринципқәа инарҭбааны ҳрылацәажәап.
6. Избан еибагараны иҟоу азакәанқәа ирықәныҟәалар зрыхәҭоу? (Римаа 13:1, 2).
6 Азакәанқәа шәрықәныҟәала (Рим. 13:1, 2). Атәылақәа жәпакы рҿы аҭаацәара иалало рзы аԥҟарақәа ыҟоуп. Ақьырсианцәа иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу азакәанқәа еилыркаароуп. Урҭ азҵаарақәа реилыргара шәцәыуадаҩзар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәар шәылшоитb.
7. Изеиԥшразар ахәҭоузеи ақьырсианцәа рчара? Иҟаҵатәузеи уи азы?
7 Ачара ишақәнагоу еиԥш имҩаԥысыртә иҟашәҵа (1 Кор. 10:31, 32). Анцәа идоуҳа ада ачара гьамала изымҩаԥысӡом. Убри аҟынтә ари адунеи адоуҳа иадҳәалоу зегьы шәҽацәышәыхьчала (Гал. 5:19—26). Ахадара иазку апринцип инақәыршәаны, ачара агәырӷьара ацны, ишақәнагоу еиԥш имҩаԥысырц азы аҭакԥхықәра зду аԥҳәыс даазго иоуп. Ачара иазку Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә уи аҿы ихадоу ароль ааннакылоит. Абзиабареи, аԥхарреи, апатуқәҵареи зныԥшуа уи ажәахә аӡырҩцәа Анцәа ҳамҭас иҳаиҭаз аҭаацәалазаара еиҳагьы ахә ҳаракны ашьара ргәазҭанаҵоит. Иара убас уи зегьы ирыцхраауеит ачара ҭакԥхықәрала ишазнеилатәу аилкаара. Ақьырсианцәа реиҳараҩык, уи аҩыза алшара ыҟазар, ачара иадҳәалоу ацеремониа Иегова ишаҳаҭцәа рзал аҿы имҩаԥыргоит. Шәаргьы шәчара иадҳәалоу ажәахә Иегова ишаҳаҭцәа рзал аҿы иҟаларц шәҭахызар, заа аизара ахылаԥшыҩцәа асаламшәҟәы рзыжәҩы.
8. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи ачара аура згәы иҭоу? (Римаа 13:13).
8 Шәаԥхьа Римаа 13:13. Ачара аура шәгәы иҭазар, иҟашәҵар шәылшозеи, шәчара ари адунеи адоуҳа анырра анамҭарц азы? Римаа 13:13 аҿы ауаҩы иҽеиужьны, иааиҭаху аныҟаиҵо атәы аҳәоит. «Ҳҽеиужьны, иааҳҭаху ҟаҵо» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа ауаа амцхә ахьыржәуа, насгьы ҵхагәанынӡа амузыка ахьадырҳәо аиԥыларақәа ирыҵанакуеит. (Шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы Римаа 13:13 ахь иаагоу акомментари, ажәақәа «ҳҽеиужьны, иааҳҭаху ҟаҵо».) Шәчараҿы арыжәтә ықәшәыргылозар, аӡәгьы амцхә имжәырц азы иҟашәҵар шәылшо шәазхәыцc. Амузыка ҟалозар, асасцәа аӡәи-аӡәи ирҳәо раҳаларц азы амузыка абжьы думхарц шәацклаԥшла. Ачара зегьы рзы гьамала имҩаԥысырц азы амузыка аналшәхло, ажанри ажәақәеи шәрызхәыц.
9. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи иҵегьы еибагараны иҟоу ачара рҽаназыҟарҵо?
9 Тәылақәак рҿы ачараҟны аҩызцәеи аҭынхацәеи жәақәак рҳәоит. Уи адагьы, шьоукы ачарақәа рҿы еибаго рвидеонҵамҭақәеи рпатреҭқәеи асасцәа иддырбоит ма даҽа гәырҿыхагақәак еиҿыркаауеит. Асасцәа шәчара чара бзиак еиԥш иргәалашәаларц азы зегь бзианы еиҿкаатәуп (Флп. 4:8). Убри аҟынтә абарҭ азҵаарақәа заа шәрызхәыцыр бзиоуп: ианыԥшлома ачараҿы иҟало апрограмма асасцәа рахь апатуқәҵара? Ианыԥшлома уи аҭаацәалазаарахь апатуқәҵара? Иара убас, еиҳа ихадоу, дҳаранакуама уи Иегова? Ҳәара аҭахума, алаф ачара арԥшӡоит, аха уи ҟьашьымзароуп (Еф. 5:3). Шәчараҿы ажәа зышәҭо шәҭынхацәеи шәҩызцәеи шәгәаанагара шырдыруа, патугьы шақәырҵо агәра ганы шәыҟазароуп.
10. Избан ачара аура ҳҽаназыҟаҳҵо ахӡыргара ҳашьҭамзар зыбзиоу? (1 Иоанн 2:15—17).
10 Ахӡыргара шәашьҭамыз. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 2:15—17.) Иегова имаҵзуҩцәа рхы аӡыргара аҭыԥан, иара данҳараркуа игәы ҟанаҵоит. Убри аҟынтә зхы ӡырзымго ақьырсианцәа ирымоу иалаҽхәаӡом, рчарагьы мыцхәы аԥара ахҭнырҵаӡом. Избан иахмырҟьацәакәа ачара анууа еиҳа изыбзиоу? Абар Норвегиа инхо Маик зыхьӡу аиашьа ииҳәо: «Ҳчара иахмырҟьацәакәа ишаҳузгьы, уи даара иԥшӡан, агәаларшәара бзиақәагьы ҳзаанхеит. Иара убас уи абзоурала ҳара апионертә маҵзура иацаҳҵеит, ауалгьы ҳаҵамлаӡеит». Та́бита зыхьӡу Индиа инхо аиаҳәшьагьы абас лҳәеит: «Ҳчара иахмырҟьацәакәа иахьаҳуз абзоурала астресс ҳамаӡамызт, насгьы ҳҭаацәеи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭны иҳаӡбашаз азҵаарақәа еиҳа имаҷхеит».
Еибагараны иҟоу арԥыси аԥҳәызбеи ахьынхозаалакгьы, рчара иахмырҟьацәакәа, аха убри аамҭазгьы иԥшӡаны, ахаан иухамышҭыртә еиҿыркаар рылшоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
11. Иаадырԥшыр шԥарылшо арԥыси аԥҳәызбеи рҭеиҭыԥш ала рхы шӡыррымго? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
11 Шәчараҿы ишәшәышәҵо шәыӡабхьома? Ҳәарада, шәара шәыԥшӡаӡа шәыҟазарц шәҭахуп! Абиблиатә аамҭақәа раангьы еибагараны иҟаз арԥыси аԥҳәызбеи рыҽдырԥшӡон (Ис. 61:10). Ҳәара аҭахума, ачара иҷыдоу хҭысуп, убри аҟынтә арԥыси аԥҳәызбеи рымаҭәагьы алукаауа иҟазар алшоит. Аха дара ламысла-патула рҽеиларҳәароуп (1 Тим. 2:9). Ишәхашәмыршҭын: зегь раасҭа ихадоу ишәшәышәҵо акәӡам, Иегова ирҳаракра ауп (1 Пиотр 3:3, 4).
12. Избан арԥыси аԥҳәызбеи рчараҿы Абиблиа иаҿагыло акгьы шыҟамло заа еилыркаар зрыхәҭоу?
12 Абиблиа иаҿагыло аҵасқәа шәҽырцәышәахьчала (Аат. 18:4). Ачара иадҳәалоу аҵасқәа жәпакы амцдинхаҵареи, аспиритизми, адыргақәа рыцклаԥшреи ирыдҳәалоуп. Иегова иҭахуп ицқьам изакәызаалак амԥан ҳақәымлаларц (2 Кор. 6:14—17). Убри аҟынтә шәҭыԥ аҿы иҟоу аҵасқәа агәыҩбара шәызцәырыргозар, урҭ ахьынтәиаауа еилышәкаа, насгьы шәчараҿы урҭ шәрықәнаҟәару-шәрықәымныҟәару аӡбара ишәыцхраауа абиблиатә принципқәа шәыԥшаа.
13. Дышԥарзыҟоу Иегова аҳамҭақәа? Иҿыԥшлар шԥарылшо ҿыц еибагаз Иегова?
13 Акультурақәа жәпакы рҿы ҿыц еибагаз аҳамҭақәа рырҭоит. Аӡәы зыхә цәгьоу аҳамҭа ҟаиҵар илшоит, даҽаӡәы — илшаӡом. Ҳәара аҭахума, Абиблиа ақьырсианцәа аҳалалра аадырԥшларц ргәазҭанаҵоит, избанзар аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп (Ажәам. 11:25; Аус. 20:35). Аха асасцәа ҳамҭак ҟарымҵар ада ԥсыхәа ыҟамшәа, мамзаргьы рҳамҭа ахә цәгьазароуп ҳәа агәаанагара рызцәырҵыртә ҳхы мҩаԥаҳамгалароуп. Ҳара аҳамҭақәа Иегова дшырзыҟоу еиԥш ҳарзыҟазароуп. Ҳара ҳзы ихадоу ауаҩы аҳамҭа зҳаиҭаз ауп, уи шаҟа иаԥсоу акәӡам (2 Кор. 9:7).
АУАДАҨРАҚӘА ЦӘЫРҴУАЗАР, ИҞАҴАТӘУ
14. Иарбан уадаҩрақәоу ишәызцәырҵыр алшо ачара шәҽаназыҟашәҵо?
14 Иегова дҳаразкуа ачара аиҿкаара мариамхар ауеит. Иаҳҳәап, рацәак идуум ачара жәур шәҭахызар, аӡәы уи игәамԥхар алшоит. Соломон идгьылбжьахақәа рҿы инхо Чарли иҳәоит: «Ҳара аҩызцәа рацәаны иҳамоуп. Зегьы ачара раҳҳәоит ҳәа иазыԥшын, ҳкультураҿы ус иаԥуп. Убри аҟынтә ачара заҳҳәаша анаҳаӡбоз, даара иаҳцәыцәгьан». Хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу Табита илҳәоит: «Сахьынхо аҭыԥ аҿы ачара дуны ируеит, убри аҟынтә ҳчарахь 100-ҩык раҟара асасцәа ааҳаԥхьоит ҳәа анаҳҳәа, раԥхьа ҳҭаацәа уи иақәшаҳаҭымхаӡеит». Индиа инхо Са́ра илҳәоит: «Аӡәырҩы ирымоу-ирыхӡу иалаҽхәоит, ауаа ирҳәогьы иахәаԥшуеит. Саб иганахь ала Иегова ишаҳаҭым сгәакьацәа ачара дуқәа руит. Убри аҟынтә счара еиҳагьы идуны иутәуп ҳәа сарҳәон». Шәаргьы ачара шәҽаназыҟашәҵо, еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шәызцәырҵыр алшоит. Ишәыцхраауазеи урҭ рыӡбара?
15. Избан шәчара шәҽаназыҟашәҵо ирацәаны Анцәа шәиҳәалар зшәыхәҭоу?
15 Ачара шәҽаназыҟашәҵо ирацәаны Анцәа шәиҳәала. Шәзықәшәо ауадаҩрақәеи шәгәы иҵхои Анцәа изеиҭашәҳәала (Флп. 4:6, 7, насгьы англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы ажәақәа «гәҭыхас ишәымоу зегь» рахь иаагоу акомментари). Иегова шәиҳәала ииашоу аӡбарақәа рыдкылареи, шәгәы ак аныҵхо агәҭынчра амырӡреи, ишәыдышәкылаз аӡбара згәамԥхаз рнырра аҽамҭареи дшәыцхраарц (1 Пиотр 5:7). Иегова шәыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо аныжәбалак еиҳагьы игәра агара шәалагоит. Хыхь зажәақәа аагаз Табита илҳәоит: «Сызгараны иҟази сареи, насгьы сҭаацәареи иара иҭаацәареи ҳгәаанагарақәа еиқәымшәар ҳәа ҳшәон. Убри аҟынтә ҳчара иадҳәалаз азҵаарақәа ҳанрылацәажәоз есымша Анцәа ҳиҳәон. Уи ашьҭахь зегь маншәалахон, Иегова дышҳацхраауазгьы ҳбон».
16, 17. Избан ачара шәҽаназыҟашәҵо патуқәҵаралеи гәаартылеи аицәажәра заҭаху?
16 Шәчара иадҳәалоу азҵаарақәа шәанрылацәажәо, шәара-шәара шәыбжьареи шәыуацәа рахьи апатуқәҵара аашәырԥшла (Ажәам. 15:22). Еибагараны иҟоу рчара иадҳәалоу азҵаарақәа рацәаны ирыӡбароуп: амш алырхроуп, шаҟа аԥара нырхуа рыӡбароуп, асасцәа рсиа шьақәдыргылароуп, уҳәа убас иҵегьы. Ак шәыӡбаанӡа еиуеиԥшым авариантқәа шәрызхәыц. Ианаало абиблиатә принципқәа шәрылацәажәа. Иара убас аԥышәа змоу, доуҳала ишәу ақьырсианцәа алабжьара шәырҭарц шәрыҳәа. Шәгәаанагара анышәҳәо шәа шәтәы иашәыргарц шәаламган — ақьиара аашәырԥшла, насгьы даҽаӡәы игәаанагара азыӡырҩра шәазхиаз. Шәҭаацәа ма шәҭынхацәа абиблиатә принципқәа ирҿамгыло ак шәыдыргалозар, уи шәылшозар, ирҳәо аҟаҵара шәҽазышәшәа, избанзар шәчара дара рзгьы акраҵанакуеит. Аха ирҳәо аҟаҵара шәылымшозар, апатуқәҵара аарԥшны уи зшәылымшо реилшәыркаа (Кол. 4:6). Шәҭынхацәа иреилшәыркаа раԥхьаӡа иргыланы шәчара Иегова дҳаразкуа гәырӷьара мшны иҟаларц шышәҭаху.
17 Шәҭаацәа Иегова имаҵ рымуазар, ӡбарак зшәыдышәкылаз реилыркаара шәзымариамзар ауеит. Аха шәгәы кашәмыжьын, шәара уи шәылшоит! Санто́ш зыхьӡу Индиа инхо аиашьа иҳәоит: «Ҳҭынхацәа ирҭахын ҳчара аиндуизм иадҳәалоу аҵасқәа рыла имҩаԥысырц. Ԥҳәысс изгараны иҟази сареи ус зыҟаҳамҵо акыраамҭа ирзеиҭаҳҳәон. Аха абиблиатә принципқәа ирҿамгылоз азҵаарақәа рҿы ирҳәоз ҟаҳҵеит. Иаҳҳәап, ҳара иаҳҭахыз афатә акәымкәа, дара ирҭахыз ҟаҳҵеит. Иара убас ашәаҳәареи акәашареи мап рцәаҳкит, избанзар уи дара зышьцылахьаз ак акәмызт».
18. Иҟарҵар рылшозеи еибагараны иҟоу рчара аҽны астресс рмоурц азы? (1 Коринфаа 14:40). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
18 Аплан бзианы ишьақәшәыргыл. Ибзианы зегь еиҿышәкаар, шәчара аҽны астресс шәоуӡом. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 14:40.) Таивань инхо Уе́ин иҳәоит: «Ҳчара мышқәак шагыз иҳацхраараны иҟази ҳареи, зегь шеиҿаҳкаауа ҳалацәажәарц, насгьы ҳҽазыҟаҳҵарц азы ҳаиқәшәеит. Уи зегь бзианы ишымҩасуа ҳақәнаргәыӷит». Шәысасцәа рахь апатуқәҵара аарԥшны шәчара иадҳәалоу апрограммақәа зегьы ианаамҭоу шәрылага.
Шәчара ибзианы еиҿышәкаар, уи аҽны астесс шәоуӡом (Шәахәаԥш абзац 18.)
19. Изызхәыцыр акәзеи заанаҵы еибагараны иҟоу рчара аҿы зегь еиҿкааны имҩаԥысырц азы?
19 Заанаҵы зегьы шәазхәыцыр, ирацәаны ауадаҩрақәа шәҽырцәышәыхьчоит (Ажәам. 22:3). Иаҳҳәап, шәахьынхо аҭыԥ аҿы ачарақәа рахь изаҳәамгьы неиуазар, ус ҟамлартә еиԥш иҟашәҵар шәылшо шәазхәыц. Иегова имаҵ зымуа ауацәа шәымазар, шәчара шымҩаԥысуа атәы рзеиҭашәҳәа, насгьы ачарақәа ирыдҳәалоу аҵасқәа шәышрыхәаԥшуа реилшәыркаа. Шәара ишәылшоит асаит jw.org аҿы «Как проходят свадьбы Свидетелей Иеговы?» захьӡу астатиа дшәырбар. Уи адагьы, зыгәра жәго аиашьа шәчара дахылаԥшларц шәиҳәар шәылшоит (Иоанн 2:8). Изеиҭашәҳәа шәчара мҩаԥысырц шышәҭаху. Нас иара аплан инақәыршәаны зегь ишақәнагоу имҩаԥысыртә дшәыцхраауеит.
20. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи еибагараны иҟоу?
20 Иҟалап шаҟа ус ҟаҵатәу шәаназхәыцуа астресс шәызцәырҵуазар. Аха ишәхашәмыршҭын: шәчара знык ауп ианыҟоу. Уи агәырӷьара зцу мшуп, избанзар убри амш инаркны Иегова имаҵ аура шәеицалагоит. Шәчара иахырҟьацәамкуа ижәурц, насгьы Анцәа дҳаранакырц азы ишәылшо зегь ҟашәҵа. Иегова ишиҭаху зегь ҟашәҵар, шәзыхьхәуа ҳәа акгьы шәоуӡом, насгьы шәгәырӷьаҵәа шәчара амш шәгәалашәалоит (Аԥсал. 37:3, 4).
АШӘА 107 Анцәа ибзиабара аҿырԥшы
a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Культурақәак рҿы ачара аҿы арԥыси аԥҳәызбеи наӡаӡа ишеицыҟазаауа Анцәа иҿаԥхьа аҿаҭахьа шьҭарҵоит. Нас астол ҟаҵаны рҩызцәеи рҭынхацәеи еидтәаланы уи амш азгәарҭоит. Аха аҿаҭахьа ашьҭаҵареи астол аҟаҵареи ахьаԥым акультурақәа рҿгьы еибагараны иҟоу ачара иадҳәалоу абиблиатә принципқәа ҭырҵаар бзиоуп.
b Ақьырсианцәа арԥыси аԥҳәызбеи анеибаго ашәҟәы аҽҭаҩра аганахьала азакәан иаҳәо ишазыҟоу иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш 2006 шықәса, октиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы иаагоу астатиа «Свадьбы, достойные в глазах Бога и людей».
c Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Иаԥсоума ачараҿы арыжәтә ақәыргылара?».