Ишәгәаԥхама еилышәкааз?
Икьыԥхьу аформат
	Ишәҭахума иҵегь Абиблиа иаҳәо еилышәкаар?
Ари аброшиура ишәнарбеит ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс» аҿы ишәзыԥшу.
Ари ашәҟәы хәыда-ԥсада ишәоур шәылшоит, абиблиатә курсгьы хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит. Абиблиа аҭҵааразы аамҭеи аҭыԥи шәхала иалшәхыр шәылшоит.
Ари абиблиатә курс аҿы шәара еилышәкаауеит:
- аԥсҭазаара ҵакыс иамоу; 
- агәҭынчра шәоур шшәылшо; 
- аҭаацәараҿы анасыԥ ыҟазарц азы иаҭаху; 
- ҳаԥхьаҟа иҟало иазкны Абиблиа иаҳәо. 
Ари ашәҟәы шәоурц азы, иара убас Абиблиа аҵара иацышәҵарц азы, Иегова ишаҳаҭцәа шәрыдҵаал, ма ҳсаит jw.org аҿы арзаҳал хашәырҭәаа.