Бзиа дыжәбома шәара ишәзааигәоу, шәхы еиԥш?
«Бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш» (МАТФЕИ 22:39).
1, 2. Ианузеи Абиблиа абзиабара шаҟа ихадоу аганахь ала?
АБЗИАБАРА — Анцәа Иегова иҟазшьа хада ауп (1 Иоанн 4:16). Анцәа раԥхьаӡа Иисус дишеит. Уи миллиард шықәсала ажәҩан аҿы Иаб дицынхон, иара иҿы иҵон абзиабара аарԥшышьа (Кәаласаа 1:15). Иисус иԥсҭазаара, адгьыл аҿы имаҵзурагьы налаҵаны, шаҳаҭра ауеит абзиабара аазырԥшуа Иаб ибзианы дшидыруа, уи аҿы дшиҿыԥшуа. Убри аҟнытә ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иеговеи Иисуси бзиабарала напхгара шыҟарҵало.
2 Азакәан аҿы иарбан ԥҟароу зегь реиҳа ихадоузеи ҳәа Иисус ианиазҵаа, иара ус иҳәеит: «„Бзиа дба Иҳақәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала“. Ари — раԥхьа игылоу, иреиҳаӡоу акәны иҟоуп; Аҩбатәигьы убри иеиԥшуп: „бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш“» (Матфеи 22:37—39).
3. Дызусҭада иаҳзааигәоу?
3 Иазгәашәҭ Иисус иажәақәа рҿы иаҳзааигәоу рахь абзиабара шгылоу Иегова иахь иааҳарԥшуа абзиабара ашьҭахь. Уи иаанарԥшуеит абзиабара аарԥшра шхадоу. Аха дызусҭада иаҳзааигәоу? Ҳара аҭаацәара ҳалазар, уи ҳхатә ҩыза иоуп. Иара убас иаҳзааигәоу — урҭ ақьырсиантә еизара иалахәу, насгьы ииашоу Анцәа имаҵ ҳацызуа роуп. Уи адагьы, иаҳзааигәоу рахь иаҵанакуеит амаҵзураҿы иаҳԥыло ауаа. Шәааи еилҳаргап иаҳзааигәоу рахь абзиабара аарԥшра шҳалшо.
ШӘХАТӘ ҨЫЗА БЗИА ДЫЖӘБАЛА
4. Избан, ҳара ҳшынаӡамгьы, аҭаацәаратә ԥсҭазаара анасыԥ ҳзаанагар залшо?
4 Иегова Адами Евеи аниша, ҭаацәарак еиԥш еидикылеит, уи ала раԥхьатәи аҭаацәара аԥиҵеит. Иара иҭахын раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси рҭаацәалазаара ӷәӷәазарц, насгьы насыԥ амазарц, иара убас аԥхьаҟа урҭ рхылҵшьҭрақәа адгьыл дырҭәырц (Аҟазаара 1:27, 28). Аха Адами Евеи Иегова ианиҿагыла, рҭаацәалазаара ааха арҭеит, насгьы дара ирыхҟьаны ауаа зегьы агәнаҳаи аԥсреи рҭынхеит (Римаа 5:12). Аха Абиблиа агәра ҳнаргоит ҳара насыԥ змоу аҭаацәаратә ԥсҭазаара ҳамазар шҳалшо. Уа иаагоуп зегь раасҭа еиӷьу алабжьарақәа, избанзар урҭ аҭаацәалазаара Аԥҵаҩы, Иегова иҟынтәи ауп ишаауа. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:16, 17.)
5. Шаҟа ихадоузеи абзиабара аҭаацәалазаараҿы?
5 Анцәа Иажәа аҟынтә иубарҭоуп анасыԥ ҳамазарц азы ишҳахәҭоу абзиабара, даҽакала иаҳҳәозар иҵаулоу аишьцылара аарԥшра. Аҭаацәалазаараҿы еиҳарак абзиабара хадоуп. Апостол Павел ақьырсиантә еизарахь иҩуан: «Абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит, уи шьыцра аздырам, хамаԥагьара алам — иахнаԥаауам, ак шьақәнаҟьом, ицҟьа-шәҟьа иқәнаҵом, ахазы афеида иашьҭам, ԥсахеибакра-гәаара алам, ицәгьахәыцуам, амц иеигәырӷьом, аиаша-ҵабырг ирзаатуп; зегьы рыхьчара-рҿыхра иазыхиоуп, зегьы рыгәра агоит, зегьы ирықәгәыӷуеит, зегьы ахҭнагоит. Абзиабара ахаан еиԥхьбара ақәым» (1 Коринфаа 13:4—8). Ҳара доуҳала иҩу арҭ Анцәа иажәақәа ҳрызхәыцуазар, насгьы урҭ ҳрықәныҟәалозар, ҳҭаацәалазаара насыԥ амазаалоит.
Анцәа Иажәа аҭаацәаратә ԥсҭазаара насыԥны аҟалара иацхраауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)
6, 7. а) Иаҳәозеи Абиблиа ахадара иазкны? б) Ишԥарызныҟәалар рыхәҭоу иқьырсиану ахацәа рыҳәсақәа?
6 Абзиабара еиҳарак аарԥшра ахәҭоуп, ахадара иазку Анцәа ипринцип атәы ҳҳәозар. Апостол Павел уи абас идеилиркааит: «Ижәдыруазар сҭахуп, дарбан хаҵазаалакь хыс-хадас Христос дышимоу, аԥҳәыс лакәзар — лхаҵа, Христос иакәзаргьы — Анцәа» (1 Коринфаа 11:3). Аха ахадара гәымбылџьбарала анагӡара ахәҭам. Иаҳҳәап, Иегова Иисус дшихадоугьы, ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара Иԥа иахь иааирԥшуеит. Иисусгьы гәык-ԥсык ала Ихада бзиа дибоит, насгьы уи пату иқәиҵоит. Иара иҳәон: «Аԥсабара иадыруазааит Саб Сара бзиа дшызбауа» (Иоанн 14:31). Иисус ус иҳәарымызт, Иегова Иԥа иахь дыџьбаразҭгьы, иҳәатәы мацара иаирго дыҟазҭгьы.
7 Аԥҳәыс ахаҵа хадас дышлымоугьы, Абиблиа ишаҳәо ала уи ҳаҭыр лықәиҵалароуп (1 Пиотр 3:7). Ишԥа? Иаҳҳәап, лҭахрақәа, насгьы илгәаԥхо данрызхәыцуа. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Ахацәа, бзиа ижәбала шәыҳәса, Христос Ауахәама бзиа ишибаз, ихы шақәиҵаз аиԥш» (Ефесаа 5:25). Иисус ишьҭанеицәа иԥсҭазаарагьы рыхҭниҵеит. Ахаҵа Иисус диҿыԥшны бзиабарала ихадара наигӡозар, иԥҳәыс еиҳа илзымариахоит бзиа ибара, пату иқәҵара, насгьы инапхгара ацныҟәара. (Шәаԥхьа Тит иахь 2:3—5.)
ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘЫЦЕИҨЫЗШО БЗИА ИЖӘБАЛА
8. Ишԥарыхәҭоу Иегова имаҵзуҩцәа рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо ирзыҟазарц?
8 Иахьа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо миллионҩыла ауаа Иегова имаҵ руеит, насгьы ихьӡи ихықәкқәеи егьырҭ ирзеиҭарҳәоит. Ишԥарыхәҭоу Анцәа имаҵзуҩцәа рдоуҳатә еишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирзыҟазарц? Анцәа Иажәаҿы иануп: «Зегьы абзиара рзыҟаҳҵалап, ҳагәрагара ҳацеиҩызшо ҳашьцәа ракәзар — урҭ еиҳагьы ҳацԥыҳәаны» (Галаҭаа 6:10; шәаԥхьа Римаа рахь 12:10). Апостол Пиотр иҩуан: «Доуҳала аиаша-ҵабырг агәра згоз злашәакәыз ала, шәарҭ шәқьиара, шәыраз-ҟәандара ирыбзоуарны шәхы-шәгәы рыцқьоуп, убри аҟнытә гәыцқьа-ԥсыцқьарала шәашьцәа бзиа рбара шәылшоит, нас бзиа шәеибабала гәыкԥсыкала, гәҭыӷьӷьаала». Иара убас Пиотр игәрахаҵара ицеиҩызшоз ргәазҭеиҵон: «Гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, шәеизыразыз» (1 Пиотр 1:22; 4:8).
9, 10. Избан Анцәа ижәлар рҿы акзаара зыҟоу?
9 Иегова иорганизациа адгьылаҿтәи ахәҭа ииашаҵәҟьаны зеиԥшыҟам ак ауп. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Иегова имаҵзуҩцәа гәык-ԥсык ала бзиа еибабоит. Уи адагьы, ҳара Иегова бзиа даҳбоит, насгьы изакәанқәа ҳрықәныҟәоит аҟынтә, иара дҳацхраауеит идоуҳа ҳаҭаны — ари Жәҩантәылаҿы зегь раасҭа иӷәӷәоу мчуп. Убри азоуп жәларбжьаратәи ҳаиашьараҿы зеиԥшыҟам акзаара зыҟоу. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:20, 21.)
10 Ҳашьцәа рахь абзиабара аарԥшра шаҟа ихадоу алкаауа, апостол Павел иҩуан: «Убри аҟнытә Анцәа иаликааз ацқьацәа, бзиа иибаз шьоук раҳасабала агәыҳалалра, аҟәыӷара, ахыларҟәра, ахачҳара шәыҽреиуашәтә, убарҭ рыла шәҽеилашәҳәа. Аӡәи-аӡәи шәеибашаҭа, шәгәеизынхарақәа, шәгәалақәа шәыбжьышәх, ишәанеибажь... Зегьы раҵкыс иеиӷьуп абзиабара аҽагәылаҳәара, уи акы згымкәа иҟоу ирыҩаӡароуп» (Кәаласаа 3:12—14). Павел иара убас иҩуан: «Аӡәи-аӡәи гәыҭбаарала, гәыбылрала шәеизыҟаз, шәеизыразыз, шәрыцҳаибашьала, ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла — Иисус Христос иҿы Анцәа ишшәанаижьыз аиԥш» (Ефесаа 4:32). Шаҟа ҳгәы иахәозеи, милаҭлеи хылҵшьҭралеи ҳшеиԥшымгьы, абзиабара акзаара ҳамазарц иахьҳацхраауа!
11. Избан Иегова иорганизациаҿы абзиабареи акзаареи зыҟоу?
11 Анцәа ииашаҵәҟьоу имаҵзуҩцәа зларылукаауа абзиабареи акзаареи рыла ауп, избанзар Иисус иҳәеит: «Шәара сҵаҩцәа шшәакәу злардыруа, шәара-шәара ишәыбжьоу абзиабарала ауп» (Иоанн 13:34, 35). Апостол Иоанн иҩуан: «Анцәа ихәыҷқәеи аҩысҭаа ихылҵшьҭроуи абас еиԥш ала уаҩы еилиргар алшоит: аиаша мҩа иаҭаху назмыгӡо, уи иқәымныҟәо дарбанзаалакь — Дынцәахылҵшьҭрам, зашьа бзиа дзымбо диеиԥшуп. Аханатә аахыс ишәылаҳәоу агәырӷьаҿҳәаша жәабжь иаҳәо аӡәи-аӡәи бзиа ҳшеибабалашатә ауп» (1 Иоанн 3:10, 11). Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара иҟоу акзаареи абзиабареи ишьақәдырӷәӷәоит дара Христос ииашаҵәҟьоу ишьҭанеицәа шракәу. Урҭ Иегова ирыдиҵеит адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо Аҳра иазку ажәабжь бзиа рыларҳәаларц (Матфеи 24:14).
ҴҨА ЗМАМ АЖӘЛАР РЕИЗГАРА
12, 13. Иҟарҵозеи иахьа ҵҩа змам ажәлар ирыҵанакуа? Ирзыԥшузеи дара иаарласны?
12 Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа реиҳараҩык «абшьҭрас, хылҵшьҭрас, жәларыс, бызшәас» иҟоу зегьы иреиуоу ҵҩа змам ажәлар ирыҵанакуеит. «Дара зегьы [Анцәа] итәарҭа ҳарак аҿаԥхьа, Асыс [Иисус Христос] аҿаԥхьа» игылоуп. Изусҭцәада урҭ? Абиблиаҿы иҳәоуп: «Арҭ — алахьеиқәра ду ахьтә иаауа роуп; рымаҭәа-ҩыҭәа ршәыхны ирыӡәӡәеит, Асыс ашьала идрышҳаит». Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит ҵҩа змам ажәлар ирыҵанакуа Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара шаадырԥшуа. Дара Иеговеи Иԥа Иисуси бзиа ирбоит, насгьы «иахьеи-уахеи Иара [Анцәа]» имаҵ руеит (Аатра 7:9, 14, 15).
13 Иаарласны «агәырҩа ду» аан Анцәа ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа ԥиҵәоит (Матфеи 24:21; шәаԥхьа Иеремиа 25:32, 33). Аха Иегова имаҵзуҩцәа рахь имоу абзиабара игәазҭанаҵоит ижәлар гәыԥк аҳасабала ахьчареи адунеи ҿыц ахь анагареи. 2 000-ҟа шықәса раԥхьа Абиблиаҿы иҳәан: «Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом, избан акәзар ԥаса иҟаз мҩасит» (Аатра 21:4). Шәазыԥшума шәара уи аамҭа шәгәы хыҭ-хыҭуа?
14. Иаҳзеиҭашәҳәа ҵҩа змам ажәлар рхыԥхьаӡара шеизҳауа.
14 1914 шықәса инаркны аҵыхәтәантәи амшқәа ианрылага, адгьыл аҿы Иегова ишаҳаҭцәа нызқьқәак ракәын иҟаз. Усҟан Анцәа дзыцхыраауаз идоуҳала иалхыз ақьырсианцәа рыла ишьақәгылаз агәыԥ маҷ абзиабара аарԥшны, Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рылаҳәараҿы аџьабаа ду рбон. Иалҵшәахазеи уи? Ҳаамҭазы адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу ҵҩа змам ажәлар реизгара аус мҩаԥысуеит. Иахьа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо 8 000 000-ҩык раҟара Иегова ишаҳаҭцәа 115 400 инареиҳаны еизараҿы Анцәа имаҵ руеит. Аха Анцәа имаҵзуҩцәа рхыԥхьаӡара иҵегьы аизҳара иаҿуп. Иаҳҳәап, 2014-тәи амаҵзуратә шықәсазы 275 500-ҩык инареиҳаны аӡы рыҽӡаархит, бжьаратәла есымчыбжьа 5 300-ҩык.
15. Еиҭашәҳәа Аҳра иазку ажәабжь рылаҳәара амҿхак иахьа изеиԥшроу.
15 Ажәабжьҳәаратә ус амҿхак даара иџьоушьартә иҟоуп. Абиблиа шьаҭас измоу ҳлитература иахьа 700 бызшәа инареиҳаны рыла иҭыҵуеит. «Ахьчаратә бааш» адунеи аҿы зегь расҭа ирыларҵәоуп. Уи атираж 52 000 000 инареиҳаны екземплиар 247 бызшәа рыла иҭыҵуеит. Абиблиа аҵаразы ихадоу ацхыраагӡа 200 000 000 екземплиар 250 бызшәа рыла иҭыжьын.
16. Изыбзоуроузеи Иегова иорганизациа адгьылаҿтәи ахәҭа ахьышәҭыкакаҷуа?
16 Узыршанхо ари аҩыза аизҳара зыбзоуроу Анцәа иахь агәрахаҵара ахьҳамоу, насгьы идоуҳа злоу Иажәа Абиблиа агәра ахьаҳго ауп (1 Фессалоникаа 2:13). Иазгәаҭатәуп Иегова ижәлар шышәҭыкакаҷуа, «ари аамҭа анцәахәы» Аҩсҭаа ӷәӷәала дшырҿагылогьы (2 Коринфаа 4:4).
ЕСНАГЬ АБЗИАБАРА ААШӘЫРԤШЛА
17, 18. Ишԥарызныҟәалар акәу Анцәа имаҵзуҩцәа Иегова ишаҳаҭым ауаа?
17 Ишԥарызныҟәалар рыхәҭоу Иегова имаҵзуҩцәа ииашоу иаӡәыку Анцәа имҵамхырхәо? Ҳажәабжь ауаа еиԥшны ирыдыркылом: шьоукы уи даара еигәырӷьоит, даҽа шьоукы гәаӷшақә иазыҟоуп. Аха урҭ рыдкылашьа зеиԥшразаалакгьы, Анцәа имаҵзуҩцәа Иажәа иану анапхгара иқәныҟәалароуп. Абиблиаҿы иануп: «Ауаа рацәажәараан шәажәақәа баҩ рылаз, ихәарҭаз, ихатәраз — доусы аҭак шишәҭаша дырны ацәажәаразы» (Кәаласаа 4:6). Ҳара иаҳзааигәоу бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә аӡәы ҳгәыӷра атәы аҳәара ҳадиҵозар, уи «ҳаҭырла, аамысҭашәала» иҟаҳҵоит (1 Пиотр 3:15).
18 Ҳара иаҳзааигәоу рахь абзиабара ааҳарԥшуеит, амаҵзураҿы иахԥыло згәы ԥжәаны иҟоу ауаа иаҳҳәо ажәабжь иҽеимкәа иахцәажәозаргьы, ҳаргьы ажәала ҳладырҟәуазаргьы. Убас ҳара Иисус ҳаиҿыԥшуеит, уи изкны апостол Пиотр иҩуан: «Иара даныладырҟәуаз, данҵәылырхуаз — уаҩ длаимырҟәит, ицәа ԥимҽит, гәаҟра шигмызгьы; Уи аӡәгьы диқәмақаруамызт, игәы-иԥсы зегьы Иашала Аӡбара мҩаԥызго [Иегова] имаданы дыҟан» (1 Пиотр 2:23). Ҳзацәажәозаалакгьы — ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо роума, ма даҽа шьоукы — ҳара ҳақәныҟәоит абри алабжьара: «Ацәгьара цәгьарала аҭак ҟашәымҵан, шәцәа ԥызҽыз ицәа ԥышәҽырц шәаламган; урҭ рыцныхәрас, убас иҟоу рзы шәныҳәала» (1 Пиотр 3:8, 9).
19. Ҳашԥарызныҟәалар акәу аҵабырг аҿагылаҩцәа, Иисус иажәақәа инарықәыршәаны?
19 Ахынрааларатә гәазыҟашьа аарԥшуа, Иегова имаҵзуҩцәа ықәныҟәоит Иисус Ашьха ашьапаҿы ииҳәаз ажәабжь аҿы иааигаз апринцип. Иара иҳәеит: «Шәарҭ ишәаҳахьеит ирҳәахьоу: „иузааигәоу бзиа дба, уаӷа — дуцәымӷыз“. Аха Сара ишәасҳәоит: бзиа ижәбала шәаӷацәа, ишәықәшәиуа лыԥха рышәҭала, шәызцәымӷу абзиара рзыжәула, шәгәы нзырхо, шәыԥхазырсуа — шәныҳәаԥхьыӡ рзышәкла, Жәҩан иҟоу Шәаб иҵеицәоу шәакәзааит. Уи ацәгьара ҟазҵогьы, абзиара зуагьы — имра рхаирԥхоит, иқьиоугьы иқьиамгьы ақәа рзаируеит» (Матфеи 5:43—45). Ааи, Анцәа имаҵзуҩцәа раӷацәа бзиа рбашьа рҵалароуп, урҭ шрызныҟәозаалакгьы.
20. Избан иаҳҳәар зҳалшо адунеи ҿыц Анцәеи иаҳзааигәоуи рахь иааҳарԥшуа абзиабарала иҭәуеит ҳәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
20 Абас, ҳусқәеи ҳгәазыҟашьеи еснагь ирныԥшуазар ауп Иеговеи иаҳзааигәоуи рахь иҳамоу абзиабара. Убри аҟынтә ауаа иаҳҳәо ажәабжь ибзианы иазыҟамзаргьы, ҳара уеизгьы абзиабара ааҳарԥшуеит урҭ ацхыраара анырҭаху. Апостол Павел иҩуан: «Аӡә иуал шәықәны, дырԥшны шәаанымхан, ауал — абзиабара аҿаԥхьа ишәықәыз; избан акәзар даҽаӡә бзиа дызбо ауаҩԥсы — азакәанԥҟара наигӡоит ауп. Абар аҳәахьа злашьақәгылақәоу: „хаҵаратә-ԥҳәысратә уалԥшьа еилоумган“, „уаҩ думшьын“, „умӷьычын“, „мыцшаҳаҭра умун“, „аӡә иитәу уеиламҳан“, егьырҭ иаанхаз зегьы рҵакы абарҭ ажәақәа рҿы иубарҭоуп: „иуԥну-иузааигәоу ухеиԥш бзиа дба“. Абзиабара — иуԥну-иузааигәоу бааԥс изнауам; убри аҟнытә абзиабара — азакәанԥҟара анагӡара акәны иԥхьаӡатәуп» (Римаа 13:8—10). Ҳара, Иегова ишаҳаҭцәа, акзаара ахьыҟам, ицқьам, игәымбылџьбароу, Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоу адунеи аҿы ҳшынхогьы, гәык-ԥсыкала абзиабара ааҳарԥшуеит (1 Иоанн 5:19). Ҳәарада, Аҩсҭаа идемонцәеи иареи, иара убас Анцәа изымӡырҩуа ауааи адгьыл аҟынтә ианықәгахо, адунеи ҿыц бзиабарала иҭәуеит. Шаҟа иссирхозеи ауаа зегьы ирзааигәоуи Анцәеи бзиа ианырбало аамҭа!