Шәышықәса Аҳра анапхгара аҵаҟа
«Аҭынчра-ахирра Рынцәа иарбан ус хирзаалакь аҿы Игәаҳәара анагӡаразы амч-алшара шәиҭааит» (АУРИАЦӘА РАХЬ 13:20, 21).
1. Шаҟа ихадази Иисус изы ажәабжьҳәара аус? Иҳаилшәыркаа.
ИИСУС бзиа ибон Анцәа Иаҳра аӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара. Уи иажәабжьҳәараҿы ихадаз теман. Абиблиаҿы Иисус Аҳра дахьалацәажәоз 100-нтә инареиҳаны раҟара аҭыԥқәа ҳԥылоит. Ииашаҵәҟьаны, ари ажәабжь иара даара изааигәан. (Шәаԥхьа Матфеи 12:34.)
2. Шаҟаҩык ыҟазар алшодаз, Иисус Матфеи 28:19, 20 иану адҵа анриҭоз?
2 Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иаарласны 500-ҩык инареиҳаны рыла ишьақәгылаз агәыԥ ихы дирбеит (1 Коринфаа 15:6). Убасҟан акәзаргьы ҟалап Аҳра иазку ажәабжь ажәларқәа зегьы ирыларҳәаларц адҵа анриҭаз. Усҟантәи аамҭазы уи адҵа узынамыгӡошәа убар ауан!a Аҵаҩцәа ари аус нарыгӡалар акәын ари асистема хыркәшахаанӡа. Убасҵәҟьоуп ишыҟалазгьы. Иҟалап Иисус иԥааимбаражәа анаӡара шәҽалархәуа, шәаргьы уи адҵа нашәыгӡозар (Матфеи 28:19, 20).
3. Иарбан х-ганку Иегова «иарбан ус хирзаалакь аҿы... амч-алшара» ахьҳаиҭо, ажәабжь бзиа аҳәараҿы ақәҿиара ҳаурц азы?
3 Иисус иҵаҩцәа ажәабжь рҳәаларц азы адҵа анриҭоз, иҳәеит: «Сара шәарҭ ԥымкрада сшәыцҟоуп» (Матфеи 28:20). Иара иақәиргәыӷит амҿхак ҭбаа змоу ари ажәабжьҳәаратә ус инапхгара шамазаало. Уи инеиҳангьы, Анцәа «иарбан ус хирзаалакь аҿы... амч-алшара» ҳаиҭеит, акыр шықәса рыҩныҵҟа уи адҵа ҳзынагӡаларц (Ауриацәа 13:20, 21). Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит: 1) мыругақәас уи азы иҳамаз, 2) методқәас ҳхы иаҳархәоз, иара убас 3) ҵарас Иегова иҳаиҭоз. Раԥхьа шәааи ҳахәаԥшып аҵыхәтәантәи 100 шықәса рыҩныҵҟа мыругақәас ҳхы иаҳархәоз.
АЖӘАБЖЬҲӘАРАЗЫ АМЫРУГАҚӘА
4. Избан амаҵзураҿы еиуеиԥшымыз амыругақәа ҳхы изаҳархәоз?
4 Иисус зны «аԥсҳара иазку» ажәа иаҿирԥшит еиуеиԥшым адгьыл хкқәа рҿы иларҵо ажәла (Матфеи 13:18, 19). Абыҳчааӡаҩ адгьыл алаҵара иазирхиарц азы, еиуеиԥшым амыругақәа ихы иаирхәоит. Убас еиԥш ашықәсқәа рыҩныҵҟа Ҳаҳ иҳаиҭон амыругақәа, Аҳра иазку ажәабжь адкыларазы миллионҩыла ауаа рыгәқәа азыҟаиҵарц. Мыругақәак ҳхы иаҳархәон жәа-шықәса рыҩныҵҟа, егьырҭ иахьа уажәраанӡагьы ҳхы иаҳархәоит. Ишакәзаалакгьы, урҭ зегь еиҳа еиӷьны ажәабжь бзиа аҳәара иҳацхраауан.
5. Изеиԥшрази ажәабжьҳәара иазкыз акарточкақәа, насгьы рхы ишԥадырхәоз урҭ?
5 Аӡәырҩы усҟан ажәабжьҳәара алагара ирыцхраауаз амыругақәа ируакын ажәабжьҳәара иазкыз акарточкақәа. Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа уи рхы иадырхәо иалагеит 1933 шықәсазы. Уи ауреи аҭбаареи 8 сантиметраки 13 сантиметри иҟан, насгьы уа иааркьаҿны абиблиатә зхәыцрақәа анын. Акарточкақәа атекст ҿыц анҵаны иҭрыжьлон. Аишьцәа иҟарҵоз алагамҭа уадаҩӡамызт. Аиашьа Чарлз Ерленмаиер жәабаҟа шықәса ихыҵуан, акарточкақәа иманы раԥхьаӡа ажәабжьҳәара данцаз. Иара еиҭеиҳәоит: «Ҳара ауаа рацәажәара ирмарианы ҳалагон: „Ҳшәыҳәоит, ари акарточка иану шәаԥхьа.“ Аԥшәма акарточка иану дахьынӡаԥхьоз, ҳара алитература идаагалон, нас ҳамҩахь ҳцон».
6. Иарбан хәарҭаз иааргоз ажәабжьҳәара иазкыз акарточкақәа?
6 Ажәабжьҳәара иазкыз акарточкақәа ахьхәарҭаз рацәан. Ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы даараӡа ирҭахын ажәабжь аҳәара, аха урҭ мыцхәы иԥхашьон аҟынтә, ирҳәаша иақәшәомызт. Егьырҭ ҿааихак рымамызт. Дара минуҭқәак рыла ауаҩы изеиҭарҳәон иаардыруаз зегьы, ражәақәагьы есымша аҳаҭырқәҵара рныԥшуамызт. Иааркьаҿны, еилыкка иҟаз атекст зныз акарточкақәа ажәабжьҳәаҩцәа рус нарыгӡон ҳәа уҳәар ауеит.
7. Иарбан уадаҩрақәоу иацыз ажәабжьҳәара иазкыз акарточкақәа рыла ажәабжь аҳәара?
7 Ҳәарада, уи аамҭазы ауадаҩрақәагьы ыҟан. Акыр шықәса Иегова ишаҳаҭс иҟоу Греис Истеп зыхьӡу аиаҳәшьа илгәалашәоит: «Зны-зынла ауаа ҵаауан: „Ианузеи ара? Шәхаҭа исашәҳәар амуӡои?“» Уи адагьы, иҟан акарточкақәа ирныз атекст изамыԥхьозгьы. Даҽа шьоукы уахь ираҳҭарц ҳҭахыз џьыршьон, убри аҟынтә акарточка ааҳамхны, ашә адыркуан. Ҳахьнеиз аԥшәма ҳажәабжь гәаӷшақә дазыҟазҭгьы, ҳкарточка зынӡа иԥижәар ауан. Аха ҳашьцәа убри зегьы иамыхәаԥшӡакәа, ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәашьа рҵон, ауаагьы еилыркаауан урҭ Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа шракәыз.
8. Еиҭашәҳәа ажәабжьҳәараҿы апатефонқәа рхы ишадырхәоз. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
8 1930-тәи ашықәсқәа рзы, иара убас 1940-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы, даҽа мыругакгьы рхы иадырхәо иалагеит — уи апатефон акәын. Аишьцәа шьоукы иара Аарон ахьӡырҵеит, избанзар ажәабжь бзиа зҳәоз ажәабжьҳәаҩцәа ракәымкәа, апатефонқәа ракәын. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 4:14—16.) Аԥшәма азин имхны ҳашьа, ма ҳаҳәшьа ԥшь-минуҭки бжаки ицоз абиблиатә ажәахә аҿаркуан, анаҩс алитература рыдыргалон. Зны-зынла абиблиатә жәабжь иазыӡырҩырц азы, ҭаацәаныла еизон! 1934 шықәсазы Ахьчаратә Бааш аилазаара лымкаала ажәабжьҳәара аус азы иҭнажьуа иалагеит апатефонқәа. Иҭаҩын 92 жәахәы еиуеиԥшым атемақәа рыла.
9. Шаҟа қәҿиара амази апатефонқәа рхархәара?
9 Зны Хиллари Гозлин зыхьӡыз ахаҵа абиблиатә ажәахә даназыӡырҩ, ажәабжьҳәаҩ мчыбжьык ҳәа апатефон имихит, Аҳра иазку ажәабжь игәылацәагьы ираҳарц азы. Ажәабжьҳәаҩ дхынҳәны данааи, ираҳаз интересс ишьҭызхыз ауаа изыԥшын. Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ рахьтә шьоукы Иегова рҽизыркит. Аиашьа Хиллари иԥҳацәа ҩыџьа Галаад ашкол аҿы аҵара иахысит, аҳәаанырцә амаҵ руан. Ажәабжьҳәара иазкыз акарточкақәа реиԥш, апатефонқәагьы аӡәырҩы ажәабжьҳәара алагара ирыцхрааит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Атеократиатә маҵзура ашкол ацхыраарала, Аҳ Ашаҳаҭцәа идирҵеит ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәашьа.
АЖӘАБЖЬ БЗИА РЫЛАҲӘАРАҾЫ ЕИУЕИԤШЫМ АМЕТОДҚӘА ҲХЫ ИАҲАРХӘОИТ
10, 11. Ишԥарыладырҵәоз абиблиатә ҵабырг агазеҭқәа, насгьы арадио рыбзоурала? Избан уи алҵшәа замаз?
10 Аҳ инапхгара аҵаҟа Анцәа ижәлар еиуеиԥшымыз аметодқәа рхы иадырхәон, иахьынӡауа ала ажәабжь бзиа ирацәаҩны ауаа ираҳарц. Уи еиҳарак ихадан аусуҩцәа зынӡа ианмаҷҩыз. (Шәаԥхьа Матфеи 9:37.) Иегова ишаҳаҭцәа ахьмаҷу аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжь раҳарц азы, ХХ ашәышықәса алагамҭазы агазеҭқәа рхы иадырхәон. Есымчыбжьа аиашьа Чарлз Теиз Расселл иажәахәқәа телеграфла акьыԥхьрахь ишьҭуан. Анаҩс акьыԥхьырҭақәа урҭ телеграфла Еиду Аштатқәа, Канада, Европа иҭыҵуаз агазеҭқәа рахь ирышьҭуан. 1913 шықәсазы аиашьа Расселл иажәахәқәа 2 000 газеҭ рҿы иҭыҵит, урҭ, џьара ишарбаз ала, ирыԥхьеит 15 000 000-ҩык ауаа.
11 Аиашьа Расселл данԥсы ашьҭахь, ажәабжь бзиа аларҵәаразы алҵшәа змаз даҽа методк рхы иадырхәо иалагеит. Апрель 16, 1922 шықәсазы аиашьа Џьозеф Рутерфорд раԥхьаӡатәи арадиотранслиациақәа руак аҿы ажәахә иҳәеит, уи 50 000-ҩык ауаа ираҳаит. Анаҩс февраль 24, 1924 шықәсазы аорганизациа раԥхьатәи арадиостанциа WBBR ала адырраҭара рышьҭит. Абар ари ажәабжьҳәаратә метод ҿыц иазкны ианыз декабр 1, 1924 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы: «Арадио — аекономиа ҟазҵо, алҵшәа змоу аҵабырг аларҵәаразы зегь реиҳа знеишьа бзиоуп ҳхы иаҳархәоз егьырҭ азнеишьақәа раасҭа ҳәа иҳаԥхьаӡоит». Агазеҭқәа реиԥш арадиогьы Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ахьмаҷыз аҭыԥқәа рҿы инхоз ауаа ажәабжь рызнагара иацхраауан.
Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы ажәабжь бзиа рыларҳәоит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, асаит ддырбоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)
12. а) Иарбан маҵзуратә хкқәоу ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы шәара еиҳарак ишәгәаԥхо? б) Иҳацхраауазеи ҳара ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара ҳацәшәозар?
12 Иахьа даара иазҿлымҳауп ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара: автобусқәа раангыларҭақәа, аихамҩатә вокзалқәа, амашьынаргыларҭақәа, аџьармыкьақәа. Шәара џьара ажәабжь аҳәара шәцәыуадаҩзар, Анцәа шәиҳәаны шәрызхәыц раионтә хылаԥшҩыс акыр шықәса амаҵ зуа Анжело Манера аиҵбы иажәақәа. Иара иҳәоит: «Иҿыцу амаҵзуратә хкы ҳара Иегова имаҵ ауразы даҽа знеишьак еиԥш ҳахәаԥшуан, Анцәа ҳшизиашоу ашьақәырӷәӷәаразы даҽа лшарак еиԥш ҳазнеиуан. Иегова ишиҭаху имаҵ аура ҳазхиан». Ҳара ҳзышьцылахьоу адагьы, иҿыцу амаҵзуратә хкқәа рыҽрылархәра ҳҽазаҳшәозар, уи Иегова еиҳа иқәгәыӷра, насгьы ҳагәрахаҵара аизырҳара иҳацхраауеит. Уи иабзоураны доуҳала ҳаӷәӷәахоит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 12:9, 10.)
13. Лҵшәас иамоузеи ҳофициалтә саит ахархәара? Ишәымоума шәара ауаа ҳсаит аныдшәырбоз иадҳәалоу интересу ахҭысқәа?
13 Аӡәырҩы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи даара иргәаԥхоит 700 бызшәа инареиҳаны рыла иҟоу апубликациақәа ахьыҟоу ҳофициалтә саит ауаа дырбара. Урҭ асаит аҿы шәрыԥхьар, мамзаргьы уаантәи шәмобилтә хархәагақәа рахь иҭажәҩыр шәылшоит. Есҽны ари авеб-саит 1,6 миллионҩык инареиҳаны ауаа аҭаауеит. Уаанӡа зны арадио еиԥш, иахьа ҳсаит абзоурала ажәабжь бзиа ихароу араионқәа рҿы инхо ауаа рҟынӡагьы инеиуеит.
АЖӘАБЖЬҲӘАҨЦӘА РЫРҴАРА
14. Иарбан рҵароу Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ирҭахыз? Иарбан школу Анцәа Иажәа арҵараҿы аҟазара рымазарц ирыцхрааз?
14 Ҳара еилҳаргеит ажәабжь бзиа рыларҵәаразы рхы иадырхәоз амыругақәеи аметодқәеи. Аха аишьцәеи аиаҳәшьцәеи азыҟаҵара рҭахын, уи ацәажәаратә ҟазара еиҳа еиӷьнатәуан, амаҵзураҿы рхы иадырхәартә алшара рнаҭон. Иаҳҳәап апатефон аҿы иаҳәоз ауаҩы дақәшаҳаҭмызт, мамзаргьы ажәабжьҳәаразы акарточка ианыз абиблиатә хәыцрақәа рахь аинтерес ааирԥшуан. Усҟан ажәабжьҳәаҩцәа ирҵар акәын ҳаҭырбарала ажәаҿархьра аиааира, насгьы згәы аарту ауаа аҵабырг дырҵара. Хымԥада иԥшьоу адоуҳа игәазҭазҵоз Неитан Норр уи ибзианы еиликааит, убри аҟынтә 1943 шықәсазы аизарақәа рҿы еиҿкаан Атеократиатә маҵзура ашкол. Ари ашкол аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирыцхрааит Анцәа Иажәа арҵараҿы аҟазара рымазарц.
15. а) Иарбан цәаныррақәоу ирымаз Атеократиатә маҵзура ашкол аҿы иқәгылоз? б) Агәра шԥажәгеи шәара хаҭала Аԥсалом 31:8 [32:8, АдҾ] иану ажәақәа шиашоу?
15 Аӡәырҩы раԥхьа ирцәыцәгьан ауаа рҿаԥхьа ақәгылара. Хулио Раму еиҭеиҳәеит 1944 шықәсазы раԥхьаӡа акәны адҵа иманы Ашкол аҿы дшықәгылаз. Иара Абиблиаҿы хә-жәеинраала заҵәык аҿы зыӡбахә ҳәоу Доик иӡбахә еиҭеиҳәар акәын. Иара иҳәоит: «Снапқәеи сшьапқәеи ҵысуан, схаԥыцқәа еиҵасуан». Аиашьа Раму иажәахә абарҭ хә-жәеинраалак рыла ишьақәиргылеит. Иара еиҭеиҳәоит: «Сажәахә х-минуҭк рыла исҳәеит. Убас иҟан раԥхьатәи сықәгылара, аха сара сгәы касыжьуамызт». Атеократиатә маҵзура ашкол ахәыҷқәагьы рыҽҭарыҩуан, урҭ рзгьы аизара аҿаԥхьа ақәгылара еснагь ишымариамызгьы. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Анжело Манера игәалашәоит раԥхьатәи идҵа иманы ааигәа ашкол ахь ицаз ҷкәына хәыҷык асценаҿы дшықәгылоз: «Уи убриаҟара дшәон, раԥхьатәи ажәақәа аниҳәа инаркны, аҵәыуара далагарц акгьы игымхеит. Аха иара иӡбеит иқәгылара ҿахимҵәарц, игәы дышҭаҵәыуозгьы иажәахә аҵыхәтәанынӡа иҳәеит». Иҟалап шәахьыԥхашьо, ма грак ахьшәымоу иахҟьаны, ақьырсиантә еизарақәа рҿы аҭак аҭара, мамзаргьы даҽакала урҭ рҽалархәра шәзымгәаӷьуазар. Ус акәзар, Анцәа шәиҳәала ишәымоу ашәара шәаиааирц. Шәара ижәбар шәылшоит Анцәа дышшәыцхраауа, зны Атеократиатә маҵзура ашкол раԥхьатәи аҵаҩцәа дышрыцхрааз еиԥш. (Шәаԥхьа Аԥсалом 31:8 [32:8, АдҾ].)
16. а) Иарбан хықәку иамаз Галаад ашкол аиҿкаара? б) Зҽызыԥсахзеи 2011 шықәса инаркны?
16 Иегова ижәлар аҵара ахьроуа Атеократиатә маҵзура ашкол аҿы мацара акәӡам. Галаад ашкол ахәарҭа рзаанагеит амиссионерцәа реиԥш, егьырҭ ауаагьы. Рҵаҩык ижәақәа рыла, ари ашкол хықәкыс иаман «астудентцәа гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара аус аҽалархәразы ирымоу агәаҳәара аизырҳара». Галаад ашкол еиҿкаан 1943 шықәсазы, уи нахыс ари ашкол иалгеит 8 500-ҩык ауаа. Ашкол иалгаз амиссионерцәа рмаҵзура иацырҵеит 170 тәыла рҿы. 2011 шықәса инаркны Галаад ашкол ахь ааԥхьара зырҭо заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа роуп: араионтә хылаԥшыҩцәа, иҷыдоу апионерцәа, Вефиль амаҵ зуа, уаанӡа ари ашкол иахымсыцыз амиссионерцәа.
17. Иарбан лҵшәоу иамаз Галаад ашкол аҿы аҵара?
17 Еихьӡарас иҟаҵази ари ашкол ыҟоижьҭеи? Абар рбагақәак. Август мза 1949 шықәсазы Иапониа иҟан жәаҩык иреиҵаны ажәабжьҳәаҩцәа. Уи ашықәс анҵәамҭазы уа ажәабжь рҳәон 13-ҩык амиссионерцәа — Галаад ашкол аушьҭымҭацәа. Иахьа Иапониа 216 000-ҩык Иегова ишаҳаҭцәа ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 42 процент раҟара пионерс амаҵ руеит.
18. Иарбан школқәоу Анцәа имаҵзуҩцәа доуҳала аизҳара ирыцхраауа?
18 Иԥшьоу амаҵзура ашкол, Апионертә маҵзура ашкол, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол, Араионтә хылаԥшыҩцәеи урҭ рыҳәсақәеи рзы ашкол, Афилиал акомитет алахәылацәеи урҭ рыҳәсақәеи рзы ашкол реиԥш иҟоу егьырҭ ашколқәагьы Анцәа ижәлар доуҳала рырӷәӷәара, насгьы ҳмаҵзура ахаҭабзиара аиӷьтәра даара иацхрааит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Ҳаҳ напхгара ззиуа ииашоу имаҵзуҩцәа рырҵара дшаҿу.
19. Ииҳәазеи Чарлз Теиз Расселл аԥхьаҟа ишьҭаз ажәабжьҳәаратә ус иазкны? Шаҟа ииашахазеи иара иажәақәа?
19 Анцәа Иаҳра шьақәгылеижьҭеи 100 шықәса ҵит. Аха Аҳ Иисус Христос уажәгьы аҵара ҳарҵара даҿуп. 1916 шықәсазы Чарлз Теиз Расселл дыԥсаанӡа хәыҷык шагыз иҳәеит ажәабжьҳәара аус мҿхакыс иаиуа. Иҟалараны иҟаз аизҳара иазкыз иажәақәа ааигоит Алеқсандр Макмиллан «Амарш аҿы ахаҵара» захьӡу ишәҟәы аҿы: «Аус аҽырццакӡаны ицоит, еиҳагьы аҽарццакуеит, избанзар „Аҳра аевангелие“ адунеи зегь аҿы ирылаҳәахароуп» (Faith on the March). Шаҟа диашази Рассел! Ҳара аҭынчра Анцәа гәыкала иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит иара игәаԥхара анагӡаразы, насгьы ари аус аҽалархәразы иаҭаху зегь ахьҳаиҭо!
a Усҟан еизаз рахьтә аиҳараҩык қьырсианцәахеит ҳҳәар ҳалшоит. Павел коринфаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы «хәышәҩык... аишьцәа» ҳәа рзиҳәеит. Иазхьаԥштәуп анаҩс иациҵо: «Урҭ рыбжеиҳараҩык иахьагьы рыԥсы ҭоуп. Егьырҭ рдунеи рыԥсаххьеит [«иԥсхьеит», АдҾ]». Павели актәи ашәышықәсазы инхоз егьырҭ ақьырсианцәеи ирдыруазар ҟаларын Христос идҵа хаҭала изаҳаз.