Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 февраль ад. 3—7
  • Иегова смаҵзура дазылԥхеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова смаҵзура дазылԥхеит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҨНЫ АҾАГЫЛАРАҚӘА СРЫҚӘШӘОИТ
  • АИБАШЬРААН АҚЬЫРСИАНТӘ НЕИТРАЛИТЕТ СЫХЬЧОИТ
  • АБАХҬАҾЫ ИЕГОВА СИХЬЧОН
  • АБАХҬА СҬЫҴУЕИТ
  • СМАҴЗУРА ИААНАГАЗ ЗЕИԤШЫҞАМ АЛҴШӘАҚӘА
  • Сара еснагь аҵара сҵоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова исыдыскылаз аӡбара меигӡарахда дазылԥхеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 февраль ад. 3—7

АБИОГРАФИА

Иегова смаҵзура дазылԥхеит

Еиҭеиҳәеит Корвин Роубисон

Корвин Роубисон данҿаз

Сара ар рафицар иасҳәеит аибашьра ацара мап ахьацәыскыз азы абахҭа сышҭаркхьаз. Сара сиазҵааит: «Дырҩегь уи схызгарц шәҭахума?» Ари аицәажәара мҩаԥысит аҩынтәраан Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы арра иансыԥхьа.

САРА сиит 1926 шықәсазы Круксвилл (аштат Огаио, Еиду Аштатқәа). Сани саби Анцәа дхазҵоз уаамызт, аха ҳара, ааҩык рхәыҷқәа, ауахәамахь аныҟәара ҳадырҵон. Сара Аметодисттә уахәамахь сныҟәон. 14 шықәса анысхыҵуаз, аԥшьаҩы аҳамҭа сиҭеит амҽышала имҩаԥысуаз амаҵзурақәа мышкгьы ахьыбжьасмыжьыз.

Маргарет Уокер, Корвин Роубисон, егьырҭгьы

Маргарет Уокер (армарахьала аҩбатәи аиаҳәшьа) аҵабырг аилкаара дсыцхрааит

Убри аамҭазы Иегова ишаҳаҭыз Маргарет Уокер зыхьӡыз ҳгәыла ҳара ҳахь дааны сан Абиблиа иазкны лацәажәара далагеит. Зны уи саргьы сазыӡырҩыр сҭаххеит. Сан дара сырԥырхагахоит ҳәа лыԥхьаӡан, сдәылҵырц салҳәеит. Аха ирҳәо саҳап ҳәа сӡырҩуан. Зны Маргарет данаа, ус дсазҵааит: «Анцәа ихьӡу удыруама?» Сара исҳәеит: «Уи зегьы ирдыруеит. Иара Анцәа ихьӡуп». Усҟан лара дсыҳәеит: «Уара у-Библиа шьҭыхны иаарты Аԥсалом 82:19 (83:18, АдҾ)». Ус иагьыҟасҵеит, насгьы Анцәа Иегова шихьӡу еилыскааит. Иаразнак сҩызцәа рахь сыҩны сцан ирасҳәеит: «Ахәылбыҽха аҩныҟа шәаннеилак, Абиблиа аартны Аԥсалом 82:19 (83:18, АдҾ) шәахәаԥш. Шәара Анцәа ихьӡу еилышәкаауеит». Убас иаразнак ажәабжьҳәара салагеит ҳәа уҳәар ауеит.

Сара Абиблиа аҵара салагеит, нас 1941 шықәсазы аӡы сыҽӡаасхит. Иаарласны аизараҿы ашәҟәы аҵара амҩаԥгара сыдырҵеит. Сани, сашьцәеи, саҳәшьцәеи уахь иаасыԥхьон. Иаарласны дара зегьы уи аиԥыларахь аныҟәара иалагеит. Аха саб уи абиблиатә ҵабырг аинтерес имамызт.

АҨНЫ АҾАГЫЛАРАҚӘА СРЫҚӘШӘОИТ

Сара аизараҿы аҭакԥхықәрақәа еиҳаны иансоу, атеократиатә библиотека еизысгеит. Зны саб сышәҟәқәа рахь инапы рхханы иҳәеит: «Угәам-сам уманы уқәҵны уца!» Усҟан сара ааигәа иҟаз ақалақь Зеинсвилл аҟны ауаҭах ылсхит, аха сҭаацәа рырӷәӷәаразы лассы-лассы аҩныҟа сцалон.

Саб сан аизарахь аныҟәара даҟәыҵырц азы, лԥырхагахара далагеит. Зны-зынла лара аҩны дандәылҵлак, иара длыхьӡаны мчыла дирхынҳәуан. Аха лара даҽа шәык ала ддәылҵны, уеизгьы аизарахь дцон. Сара сан иласҳәеит: «Хьаас ибымкын. Знымзар-зны быргьежьра игәы ԥҵәоит». Аамҭақәак рышьҭахь иара сан лԥырхагахара даҟәыҵҵәҟьеит, ларгьы ақьырсиантә еизарақәа ҭынч рҭаара далагеит.

1943 шықәсазы ҳаизараҿы Атеократиатә маҵзура ашкол мҩаԥысуа иалагеит, насгьы сара арҵагатә ажәахәқәа сыманы сықәгылон. Санықәгылалак ашьҭахь исоуаз алабжьарақәа сықәгыларақәа реиӷьтәра исыцхраауан.

АИБАШЬРААН АҚЬЫРСИАНТӘ НЕИТРАЛИТЕТ СЫХЬЧОИТ

Уи аамҭазы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра цон. 1944 шықәсазы арратә маҵзурахьы ааԥхьара сырҭеит. Сара Колумбус (аштат Огаио) иҟаз Форд-Хеиз захьӡыз ааԥхьарҭатә ҭыԥ ахь снеит, уаҟа амедицинатә гәаҭара сахысит, насгьы иаҭахыз ақьаадқәа хасырҭәааит. Иара убас аиҳабыра рхаҭарнакцәа аибашьра сшымцо дсырдырит. Дара соурышьҭит. Аха мышқәак рышьҭахь афицар сыҩныҟа даан исеиҳәеит: «Корвин Роубисон, шәара шәҭакразы азиншәҟәы сымоуп».

Ҩымчыбжьа рышьҭахь аӡбаҩ иҳәеит: «Сара ари аус сақәиҭызҭгьы, уԥсы ҭанаҵы абахҭа уҭымҵыртә иҟасҵон. Акыр уҳәарц уҭахума?» Сара исҳәеит: «Шәаҳаракыра, сара ԥшьамаҵзуҩыс сыԥхьаӡатәуп. Аҩнқәа рышәхымс сара сзы кафедроуп, насгьы аӡәырҩы ауаа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа рзеиҭасҳәоит». Аӡбаҩ ицхырааҩцәа иреиҳәеит: «Шәара ара шәзыҟоу ари арԥыс ԥшьамаҵзуҩыс амаҵ иуоу-имуоу аилыргаразы акәӡам. Шәара ишәыӡбо иара арра ацара мап ацәикуоу-иацәимкуоу ауп». Сааҭбжакгьы мҵыцкәа дара аӡбара рыдыркылеит — «ихароуп». Аӡбаҩ исықәиҵеит Ашленд (аштат Кентукки) аҟны ариашаратә усбарҭаҿы хәышықәса ахгара.

АБАХҬАҾЫ ИЕГОВА СИХЬЧОН

Раԥхьа сара ҩымчыбжьа ҳәа Колумбус иҟоу абахҭахь срышьҭит. Раԥхьатәи амш аҽны хәлаанӡа акамераҿы сыҟан. Иегова сиҳәон: «Акамераҿы хәышықәса ахгара сылшом. Иҟасҵара сыздырам».

Адырҩаҽны ахылаԥшҩцәа акамера аҟынтә сыҭрыжьит. Сара снаидгылеит иҳаракыз, зыжәҩахыр ҟьаҟьаз абаандаҩы, ҳҩыџьагьы аԥенџьыр аҟынтә ҳаԥшуа ҳгылан. Уи дсазҵааит:

— Узҭаркзеи, кьаҿӷәаӷә?

— Сара Иегова ишаҳаҭ соуп,— сҳәеит сара.

— Ииашану? Нас ара узыҟои?

— Иегова ишаҳаҭцәа аибашьра рҽаладырхәӡом, насгьы ауаа ршьӡом.

— Абахҭа узҭаркыз ауаа рышьра ахьуҭахым азоума? Егьырҭ ҭаркуеит ауаа ахьыршьуазы. Алогика аҵоума ари?

— Ҳәарада, мап,— сҳәеит сара.

Анаҩс абаандаҩы иҳәеит:

— 15 шықәса сара даҽа бахҭак аҿы исхызгахьеит, уаҟа шәлитература хәыҷык саԥхьон.

Сара иаразнак Иегова сиҳәеит: «Иегова, суҳәоит, ари ауаҩы сара дсыдгылартә ҟаҵа». Убри аминуҭаз Пол (ус ихьӡын иара) иҳәеит:

— Аӡәы дулакьысыр, иаразнак уҳәҳәа, нас уи сара еилсыргоит.

Убри аҟынтә уа сыҟанаҵ, исыцҭакыз 50-ҩык абаандаҩцәа рҿы уадаҩракгьы сымамызт.

Абахҭа анапхгаҩцәа Ашлендҟа сиаргеит, уаҟа аԥышәа змаз аишьцәа ҭакын. Урҭ рыҿцәажәара егьырҭгьы саргьы доуҳала ҳаӷәӷәаны аанхара иҳацхрааит. Аишьцәа еиҿыркааз аиԥыларақәа рзы дара иҳадырҵон есымчыбжьатәи Абиблиа аԥхьара аҟынтә ацыԥҵәахеи, азҵаарақәеи аҭакқәеи рҽырзыҟаҵара. Иара убас ҳашьак ажәабжьаҳәаразы атерриториақәа рзы аҭакԥхықәра идын. Ҳара ҳацәан аҭӡамц икыдчаԥалаз ацәардаӷәқәа рҿы зегь еицырзеиԥшыз уадак аҟны, убри аҟынтә уи аиашьа исеиҳәон: «Роубисон, абарҭ акаруаҭқәа уара иудуп. Ари ажәабжьҳәаразы утерриториа ауп. Уҽазышәа абарҭ акаруаҭқәа рҿы ицәо ауаа абахҭа иҭыҵаанӡа ашаҳаҭра бзиа рыҭара». Убас ала ҳажәабжьҳәара аус бзианы еиҿкаан.

Ақьырсиантә неитралитет ахьырыхьчоз азы абахҭа иҭаркыз Корвин Роубисони егьырҭ аишьцәеи (Ашленд, аштат Кентукки)

Сара срылан ақьырсиантә неитралитет ахьырыхьчоз азы Ашленд (аштат Кентукки) абахҭа иҭаркыз Иегова ишаҳаҭцәа

АБАХҬА СҬЫҴУЕИТ

1945 шықәсазы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра еилгеит, аха сара еиҭа маҷк абахҭаҿы саанхеит. Сҭаацәа гәырҩас исыман, избанзар саб иҳәахьан: «Уара усԥырызгар, егьырҭ сара рҭыԥ иқәысҵарын». Схы санақәиҭха ашьҭахь, сара сзыргәырӷьоз ак сзыԥшын. Саб сҭаацәа дшырҿагылазгьы, быжьҩык аизарахь иныҟәон, саҳәшьцәа руаӡәкгьы аӡы лыҽӡаалххьан.

Корвин Роубисони Димитри Папаџьорџьи

1913 шықәсазы Иегова имаҵзура иалагаз Анцәа идоуҳала иалху Димитри Папаџьорџь ажәабжьҳәара сицуп

1950 шықәсазы Кореа аибашьра ианалага, дырҩегь арра исыԥхьеит. «Форт-Хеиз» снеирц азы адырра сырҭеит. Арра ацара сшанаало ала агәаҭара санахыс, ар рафицар исеиҳәеит: «Агәыԥ зегь аҟынтә уара урбагақәа зегь раасҭа еиӷьу ируакуп». Сара иасҳәеит: «Уи даара ибзиоуп, аха арра ацара сгәы иҭаӡам». 2 Тимофеи иахь 2:3 аҟны иану ажәақәа ҿырҳәала исҳәан, аҭак наисҭеит: «Сара Христос ируаҩ соуп». Афицар акыраамҭа ҿиҭуамызт, нас иҳәеит: «Ухы уақәиҭуп».

Уи ашьҭахь иаарласны сара сцеит Цинциннати (аштат Огаио) иҟаз аконгресс ахь, насгьы Вефиль амаҵ аура зҭаху рзы иҟаз аиқәшәара саҭааит. Уа Милтон Хеншель иҳаиҳәеит Аҳразы аџьабаа абара, насгьы Иегова иорганизациа ацхраара зҭаху аиашьцәа рзы Вефиль алшара бзиа шыҟоу. 1954 шықәса август мзазы Вефиль амаҵ ауразы сара арзаҳал хасырҭәааит. Убри аахыс Анцәа иҩнаҿы амаҵ зуеит.

Вефиль еснагь аусутә рацәан. Шықәсқәак рыҩныҵҟа сара атипографиеи аофистә еихагылақәеи рҿы афақьчуанқәа сырхылаԥшуан, насгьы механикс аус зуан. Иара убас ибжьысыз абарқәамқәа ҟасҵон, насгьы Ниу-Иорк иҟоу Аконгресстә залқәа рҿы аџьабаа збон.

Корвин Роубисон вефильтәи афақьчуанқәа дрыдгылоуп

Бруклинтәи Вефиль аҟны аофистә еихагылақәа рҿы афақьчуанқәа сырхылаԥшуеит

Сара даара бзиа избеит Вефильтәи адоуҳатә еиҿкаара, ашьыжьтәи амҵахырхәара, аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы «Ахьчаратә бааш» аҭҵаара, иара убас аизара аҟынтә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи срыцны ажәабжь аҳәара. Уазхәыцуазар, арҭ акрызҵазкуа аусқәа Иегова ишаҳаҭцәаны иҟоу аҭаацәарақәа зегьы рыԥсҭазаара иахәҭакзароуп. Аҭаацәеи ахәыҷқәеи есыҽнытәи атекст еицеилдыргозар, еснагь аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргозар, активла аизареи ажәабжьҳәареи рыҽрыладырхәуазар, аҭаацәараҿы зегьы доуҳала иӷәӷәахоит уҳәар алшоит.

Сара Вефиль, насгьы аизараҿы аҩызцәа рацәаны исоуит. Урҭ рҟынтә шьоукы Анцәа идоуҳала иалхыз ракәын, уажәы дара жәҩантәи аҳамҭа роухьеит. Ҳәарада, Иегова имаҵзуҩцәа зегь наӡам, Вефиль амаҵ зуагьы уахь иналаҵаны. Ҳашьцәеи сареи аилибамкаара ҳабжьалозар, сара еснагь аҭынчра ашьақәыргылара сҽазысшәоит. Сара исгәаласыршәоит Матфеи 5:23, 24 аҟны иану, насгьы аилибамкаарақәа шеилыргалатәу сазхәыцуеит. Аҭамзаара ашьҭаҵара мариам, аха саҭамыз анысҳәалак, сҩызцәеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиахоит.

СМАҴЗУРА ИААНАГАЗ ЗЕИԤШЫҞАМ АЛҴШӘАҚӘА

Уажәы сықәра иахҟьаны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара сцәыуадаҩуп, аха уеизгьы сгәы касыжьуам. Сара китаитәи абызшәа иамоу мандаринтәи ацәажәашьа маҷк сҵеит, насгьы исгәаԥхоит амҩадуқәа рҿы акитаицәа ажәабжь рзеиҭаҳәара. Зны-зынла шьыжьык ала аинтерес аазырԥшуа ауаа 30, ма 40 журнал рзысшоит.

Корвин Роубисон акитаи бызшәала алитература ихы иархәаны ажәабжь иҳәоит Бруклин (Ниу-Иорк) амҩаду аҿы

Акитаицәа ажәабжь рзеиҭасҳәоит Бруклин (Ниу-Иорк)

Китаи инхо аӡәы ҩынтә лҭаара алшарагьы соуит сҳәар сылшоит! Ҽнак зны дгәырӷьаҵәа даасҿаччеит ашәырқәа рыҭиразы аӡыргара зныз ақьаадқәа зшоз ӡӷабк. Саргьы сналҿаччан, китаи бызшәала иҟаз «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!» лыдызгалеит. Аӡӷаб урҭ аасымылхын, Кеити сыхьӡуп лҳәеит. Уи ахҭыс ашьҭахь Кеити санылбоз, еснагь сааигәа дааиуан сацәажәаразы. Сара ашәыри ауҭраҭыхи рыхьӡқәа англыз бызшәала илсырҵон, лара урҭ ажәақәа лҵарц азы еиҭалҳәон. Иара убас абиблиатә жәеинраалақәа леилсыркаауан, насгьы ихадоу абиблиатә ҵарақәа уеилзыркаауа ашәҟәы лысҭеит. Аха мчыбжьқәак рышьҭахь, Кеити уаҳа дсымбеит.

Мызқәак рышьҭахь аӡыргара зныз ақьаадқәа зшоз даҽа ӡӷабк ажурналқәа лысҭеит. Мчыбжьык ашьҭахь лара даасыдгылан, амобилтә ҭел сара сахь иаалырххан исалҳәеит: «Шәара Китаинтәи ишәзасуеит». Сара иџьасшьеит: «Китаи издыруа аӡәгьы дыҟаӡам». Аха лара аҭак ҟасымҵар лымуит, убри аҟынтә аҭел зган исҳәеит: «Алло, Роубисон соуп». Аҭел аҟынтә исаҳаит: «Робби, Кеити соуп. Китаиҟа схынҳәит». Сара сеиҭаҵааит: «Китаиҟа?» Кеити илҳәеит: «Ааи. Робби, аҭел шәзыркыз аӡӷаб дызусҭоу жәдыруама? Уи саҳәшьа лоуп. Шәара исшәырҵаз рацәоуп. Сшәыҳәоит, убри зегь ларгьы илшәырҵа». — «Кеити, исылшо зегь ҟасҵоит,— дақәсыргәыӷит сара.— Иҭабуп бахьыҟоу ахьсабҳәаз». Ԥыҭрак ашьҭахь сара исылшеит Кеити лаҳәшьа гәакьа даҽазнык лацәажәара. Сақәгәыӷуеит урҭ аӡӷабцәа уажәы иахьыҟазаалакгьы Иегова изку адыррақәа еиҳаны аилкаара рылшап ҳәа.

Абар 73 шықәса ҵуеит Иегова имаҵ зуеижьҭеи. Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит анеитралитет ахьчареи абахҭаҿы сизиашаны аанхареи дахьсыцхрааз азы. Сашьцәеи саҳәшьцәеи изларҳәо ала, дара еснагь иарӷәӷәон, саб дшысҿагылазгьы амаҵзура ахьаансмыжьуаз. Аҵыхәтәаны сани фҩык сашьцәеи саҳәшьцәеи аӡы рыҽӡаархит. Сабгьы игәы хьаԥссеит, насгьы дыԥсаанӡа еиԥыларақәак дырҭааит.

Анцәа игәаԥхара иаҵанакуазар, исцәыԥсыз сҭаацәареи сҩызцәеи рҟынтә иԥсхьоу рыԥсы ҭалоит адунеи ҿыц аҿы. Шәхаҿы иаажәг шаҟа агәырӷьара ҳзаанаго бзиа иаҳбо ауааи ҳареи наӡаӡа Иегова имаҵ аура!a

a Ари астатиа акьыԥхьразы иандырхиоз, Корвин Роубисон иԥсҭазаара далҵит. Уи аҵыхәтәанынӡа Иегова дизиашаны даанхеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра