АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИЗБАН ХРИСТОС ДЫЗГӘАҞЫЗ, НАСГЬЫ ДЗЫԤСЫЗ?
Иҟалаҵәҟьазма уи?
Ааԥынра 33 шықәса ҳ. ҳ. Назареттәи Иисус дкыдҵаны дшьын. Ауаа аҿагылара ргәазҭаиҵоит ҳәа ахара идырҵеит, гәымбылџьбарала дрыпҟеит, насгьы ашьаҟа дкыдырҵеит. Иара ӷәӷәала дгәаҟны дыԥсит. Аха Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵеит, насгьы 40 мшы рышьҭахь иара ажәҩан ахь дцеит.
Ари ажәабжь Аевангелиақәа ԥшьба рҟны иануп, урҭ Ақьырсиан Бырзен Ҩырақәа (ма Ауасиаҭ Ҿыц) ирыхәҭакуп. Иҟалаҵәҟьазма урҭ ахҭысқәа? Ари азҵаара хшыҩзышьҭрала иазнеитәуп. Уи хыҭҳәаазар, ақьырсиантә гәрахаҵара ҵакыдоуп, насгьы џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра инамӡоу гәыхәтәуп (1 Коринфаа рахь 15:14). Аха урҭ ахҭысқәа ҟалаҵәҟьазар, усҟан ауаатәыҩса рҿаԥхьа, насгьы хаҭала шәара шәҿаԥхьа иаатуеит ԥхьаҟатәи зеиԥшыҟам аԥсҭазаара аиура алшара. Ирнузеи нас Аевангелиақәа — аиаша, мамзаргьы ахыҭҳәаа?
АФАКТҚӘА ИААДЫРԤШУА
Аевангелиақәа амифқәеи алегендақәеи ирыҿурԥшуазар, урҭ иааџьоушьартә ииашоуп, насгьы рацәак ихадам ахәҭақәа инҭкааны ирзааҭгылоит. Иаҳҳәап, абиблиатә текст аҿы иануп агеографиатә ҭыԥқәа рыхьӡқәа рацәаны, урҭ рҟынтә акыр лабҿаба иубар улшоит. Аевангелиақәа рҿы иҟаҵәҟьаз ауаа рыӡбахә аҳәоит, урҭ шыҟаҵәҟьаз аҭоурыхҭҵааҩцәагьы ишьақәдырӷәӷәоит (Лука 3:1, 2, 23).
Иисус Христос иӡбахә рҳәоит актәи, насгьы аҩбатәи ашәышықәсақәа рзы инхоз ибиблиатәым авторцәаa. Аевангелиақәа рҿы иаагоу Иисус дшыршьыз аметод усҟантәи аамҭазы Римтәи аимпериаҿы рхы иадырхәоз ашьра аметодқәа ирықәшәоит. Уи адагьы, ахҭысқәа еилых ҟамҵакәа, мцык аламҵакәа иануп, насгьы Иисус иҵаҩцәа ԥыҭҩык рыгхақәаҵәҟьагьы арбоуп (Матфеи 26:56; Лука 22:24—26; Иоанн 18:10, 11). Арҭ афакторқәа зегьы ишьақәдырӷәӷәоит аевангелистцәа Христос иԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа мцык аламҵакәа, насгьы ишыҟаҵәҟьаз ишанырҵаз.
ИԤСЫ ҬАЛАҴӘҞЬАМА ИИСУС?
Аӡәырҩы ауаа агәра ргоит Иисус дшыҟаз, насгьы дшыԥсыз, аха шьоукы иԥсы шҭалаз агәра ргаӡом. Апостолцәаҵәҟьагьы Иисус иԥсы ҭоуп ҳәа анрарҳәа, раԥхьа агәра рымгеит (Лука 24:11). Аха дареи егьырҭ аҵаҩцәеи изныкымкәа лабҿаба Иисус данырба, ирымаз агәыҩбара ыӡит. Иаҳҳәап зны иара 500-ҩык инареиҳаны ауаа дрызцәырҵит (1 Коринфаа рахь 15:6).
Иисус иҵаҩцәа рхақәиҭреи рыԥсҭазаареи ашәарҭара иҭаргыланы иԥсҭалара атәы ауаа ирзеиҭарҳәон, дызшьызгьы уахь инарылаҵаны (Аусқәа 4:1—3, 10, 19, 20; 5:27—32). Иаадырԥшрызма ус еиԥш иҟоу агәымшәара иҵаҩцәа, иара иԥсы шҭалаз агәра рымгозҭгьы? Христос иԥсҭалара афакт абзоурала ақьырсианра ари адунеи анырра ӷәӷәа анаҭоит.
Абиблиа аҿы иану Иисус иԥсреи иԥсҭалареи ирызку ажәабжь аҭоурых аганахьала ишьақәзырӷәӷәо аҷыдарақәа зегь амоуп. Урҭ Аевангелиақәа шәыхшыҩ азышьҭны шәрыԥхьозар, агәра жәгоит уа иаагоу ахҭысқәа ииашаҵәҟьаны ишыҟаз. Арҭ ахҭысқәа зыҟалаз еилышәкаар, шәыгәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Уи анаҩстәи астатиа ишәеилнаркаауеит.
a Иаҳҳәап, римтәи аҭоурыхҭҵааҩ Та́цит (диит 55 шықәса раҟара ҳ. ҳ.) иҩит «ари ахьӡ (ақьырсианцәа) зхылҿиааз Христос, Тибери ихаан апрокуратор Понти Пилат иоуп дызшьыз» ҳәа. Иара убас Иисус иӡбахә рҳәоит римтәи аҭоурыхҭҵааҩ Светони (I ашәышықәса ҳ. ҳ.), аиудеитәи аҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави (I ашәышықәса ҳ. ҳ.), насгьы Плини Аиҵбы, Вифиниа анапхгаҩы (II ашәышықәса алагамҭа ҳ. ҳ.).