Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • wp16 № 2 ад. 5—7
  • Избан Христос дызгәаҟыз, насгьы дзыԥсыз?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан Христос дызгәаҟыз, насгьы дзыԥсыз?
  • Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИҞАЛАЗЕИ?
  • АНЦӘА ИҞАИҴАЗ
  • ХРИСТОС ДЫЗГӘАҞЫЗ, НАСГЬЫ ДЗЫԤСЫЗ
  • ШӘАРА ШӘЗЫ УИ ИАА́НАГАР АЛШО
  • Иисус Христос иԥсреи иԥсҭалареи. Уи шәара шәзы иаа́наго
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Ишԥаҳнаҭо Христос иԥсра ахақәиҭра?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
wp16 № 2 ад. 5—7

АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА

Избан Христос дызгәаҟыз, насгьы дзыԥсыз?

«Аӡәы заҵәык ихҟьаны адунеи агәнаҳа аҭааит, агәнаҳа — аԥсра ахылҿиааит» (Римаа рахь 5:12)

Ишәҭахума шәара наӡаӡа шәынхалар? Еиҳараҩык ауаа «ааи» рҳәар ҟалап, аха наӡаӡа анхара ҟалашьа амам ҳәа ргәы иаанагоит. Аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит, аԥсра – ари аԥсҭазаара иахәҭаку, узцәымцо акоуп ҳәа.

Аха азҵаара ԥсахны ишәазҵаар: «Шәазхиоума аԥсра?» ҳәа — ишԥаҟашәҵарыз аҭак? Иаабац аҭагылазаашьақәа рҿы инхо еиҳараҩык ауаа «мап» рҳәоит. Иҳаилнаркаауазеи уи? Ауаа ауадаҩрақәеи арыцҳарақәеи ишрықәшәогьы аԥсра рҭахӡам. Абиблиа иҳаилнаркаауеит ауаа ус еиԥш иҟоу агәазыҳәара рылазҵаз Анцәа шиакәу. Уаҟа иануп: «Иара ауаа рыгәқәа ирҭеиҵеит наӡаӡа аҟазаара» (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:11).

Аха иахьа аӡәгьы наӡаӡа дынхаӡом. Иҟалазеи? Насгьы иҟаиҵазеи Анцәа аҭагылазаашьа ириашарц азы? Абиблиаҿы иҟоу аҭакқәа агәыӷра ҳарҭоит. Уи адагьы, урҭ аҭакқәа Иисус игәаҟреи иԥсреи зыхҟьаз амзызқәа ирыдҳәалоуп.

ИҞАЛАЗЕИ?

Абиблиа ашәҟәы Аҟазаара (Бытие) раԥхьатәи х-хык рҟны иаҳәоит, Анцәа раԥхьатәи хаҵеи-ԥҳәыси Адами Евеи наӡаӡа анхара алшара шриҭаз, насгьы уи азы иҟаҵалатәу шреиҳәаз. Абиблиаҿы иара убас иануп ауаа Анцәа ишизымӡырҩыз, уи алшарагьы шырцәыӡыз. Ари аҭоурых имариоу абызшәала иҩуп, убри аҟынтә шьоукы уи лакәны ирыԥхьаӡоит. Аха иҟоуп имаҷымкәа ашьақәырӷәӷәарақәа ашәҟәы Аҟазаара Аевангелиақәа реиԥш, мцра злам аҭоурыхтә нҵамҭоуп ҳәаa.

Иахылҿиаазеи Адам иааирԥшыз азымӡырҩра? Абиблиаҿы иануп: «Аӡәы заҵәык ихҟьаны адунеи агәнаҳа аҭааит, агәнаҳа — аԥсра ахылҿиааит, абасала, урҭ зегьы иԥсуа-ианыҵуа уааԥсырахеит, избан акәзар агәнаҳа иаҵалт» (Римаа рахь 5:12). Адам Анцәа дизымӡырҩӡеит, агәнаҳа ҟаиҵеит. Абасала иара ицәыӡит наӡаӡа анхара алшара, аҵыхәтәаны дыԥсит. Иара ҳаихылҵит аҟынтә, ҳара иаҳҭынхеит агәнаҳа. Уи иахҟьаны ҳачмазаҩхоит, ҳажәуеит, ҳаԥсуеит. Ауаа зыԥсуа иазкны Абиблиа иаҳәо аилкаареи, ашьҭамҭа иазкны иҟоу иахьатәи анаукатә дыррақәеи еиқәшәоит. Аха иҟаиҵазеи Анцәа аҭагылазаашьа ариашаразы?

АНЦӘА ИҞАИҴАЗ

Анцәа ирхынҳәит Адам ихарала ауаа ирцәыӡыз наӡаӡа анхара алшара. Ишԥаҟаиҵеи уи?

Римаа рахь 6:23 аҿы иануп: «Избан акәзар агәнаҳарақәа рылҵшьас, шьаугас ирзыҟоу аԥсроуп». Уи иаа́нагоит аԥсра — ари агәнаҳа алҵшәа шакәу. Адам агәнаҳа ҟаиҵеит, убри азы дыԥсит. Ҳара уи ихылҵыз ҳауп, убри аҟынтә агәнаҳа ҟаҳҵоит, уи иахылҿиаауеит аԥсра. Аха уи ҳара иаҳхарам, избанзар агәнаҳа шҳамаз ҳиит. Анцәа абзиабара аарԥшны Иԥа Иисус Христос даҳзааишьҭит «агәнаҳарақәа» рҟынтә ҳҿихырц азы. Ҟалашьас иамази уи?

Иисус иԥсра иаанартуеит насыԥ змоу, инымҵәаӡо аԥсҭазаарахь амҩа

Агәнаҳареи аԥсреи инаӡаз Адам иҟынтә иҳауит, убри аҟынтә даҭахын даҽаӡәы инаӡаз ауаҩы Анцәа иахь дыԥсаанӡа аӡырҩра аарԥшны уи агәнаҳа аҟынтә ҳҿызхшаз. Абар Абиблиа уи шҳаилнаркаауа: «Аӡә иааирԥшыз азымӡырҩра иахҟьаны, ауаа рацәа агәнаҳа иаҵалазар, даҽаӡә иҟаиҵаз аӡырҩра иабзоураны, ауаа рацәа рыгәнаҳа рхыххоит» (Римаа рахь 5:19). Уи аӡырҩра аазырԥшыз «Аӡәы» Иисус иакәын. Иара ажәҩан ааныжьны, инаӡоу уаҩныb диит, нас ҳара ҳзы дыԥсит. Уи абзоурала ҳара иҳалшоит Анцәа иҿаԥхьа иашарыла анхара, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиура.

ХРИСТОС ДЫЗГӘАҞЫЗ, НАСГЬЫ ДЗЫԤСЫЗ

Изаҭаххазеи Иисус иԥсра? Илымшаӡози Зегьзымчу Анцәа Адам ихылҵыз зегьы наӡаӡа анхара алшара рыҭара? Ҳәарада иара имоуп уи азы амч. Ааи, аха ус ҟаиҵазҭгьы, иара еилеигон ихатә закәан агәнаҳа аԥсра шахылҿиаауа зҳәо. Уи азакәан иуҭаххар мап зцәукыр алшо, рацәак ихадам ԥҟароуп ҳәа иԥхьаӡатәым. Ари азакәан аилагара ииашара ашьаҭа хнарбгар алшон (Аԥсалом 36:28 [37:28, АдҾ]).

Уи аҭагылазаашьаҿы Анцәа ишьақәиргылаз аиашара еилеигазҭгьы, ауаа агәра рызгомызт даҽазны ус шыҟаимҵо. Усҟан ицәырҵыр алшон азҵаарақәа: еилихлома иара ауаа Адам ихылҵыз рҟынтә наӡаӡатәи аԥсҭазаара иаԥсоу аниӡбо? Рыгәра угартә иҟоума иқәыргәыӷрақәа? Аха Анцәа ихатә закәанқәа еилеимгеит, убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иара еснагь иашарала ихы шымҩаԥигало.

Христос иԥсхҭынҵара абзоурала Анцәа ауаа ирзааиртит џьанаҭ дгьылаҿ наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь амҩа. Шәрызхьаԥш Иоанн 3:16 аҿы иану Иисус иажәақәа: «Избан акәзар Анцәа Ихшаазаҵә даиҭаратәы аԥсабара бзиа ибеит,— Иара дхазҵауа дарбанзаалакь дҭамхаразы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иауразы». Излаҳбо ала, Иисус иԥсра Анцәа ииашара мацара акәӡам иаанарԥшуа, аха еиҳагьы ихадоу, ауаҩытәыҩса рахь имоу абзиабара дуӡӡагьы ауп.

Аха дзыԥсыр акәзеи Иисус дгәаҟны? Хатәгәаԥхарала агәаҟрақәа ихганы Анцәа дизиашаны даанхеит, уи ала иааирԥшит аԥышәарақәа раан ауаа Анцәа изиашаны иаанхаӡом ҳәа Аҩсҭаа ииҳәаз шымцыз (Иов [Иов] 2:4, 5). Аҩсҭаа иажәақәа ииашоуп ҳәа угәы ианагар алшон, инаӡаз ауаа Адами Евеи агәнаҳа аҟаҵара ргәаназҭеиҵа ашьҭахь. Аха Адам иеиԥш инаӡаз Иисус Анцәа дизиашаны даанхеит агәаҟра ӷәӷәақәа дышрықәшәазгьы (1 Коринфаа рахь 15:45). Уи ала иара иааирԥшит Адамгьы иҭаххазҭгьы Анцәа дизиашаны даанхар шилшоз. Агәаҟрақәа ихганы Иисус ҳара аҿырԥшы ҳзынижьит (1 Пиотр 2:21). Анцәа Иԥа аӡәырҩра ахьааирԥшыз азы, Иегова ажәҩан аҿы инымҵәаӡо аԥсҭазаара ииҭеит.

ШӘАРА ШӘЗЫ УИ ИАА́НАГАР АЛШО

Иисус иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Ус анакәха, инымҵәаӡо аԥсҭазаарахь амҩа аартуп! Ишәҭахума шәара наӡаӡа анхара? Иисус иҳәеит уи азы иҟаҵалатәу: «Наӡаӡатәи ԥсҭазаарас иҟоу Уара, иаӡәу Анцәа иаша удырреи Уара Иааушьҭыз Иисус Христос идырреи рауп» (Иоанн 17:3).

Ари ажурнал ҭзыжьуа шәгәазҭарҵоит иҵабыргу Анцәа Иеговеи уи иԥа Иисус Христоси рыӡбахә еиҳаны аилкаара. Шәахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа гәахәарыла ишәыцхраауеит. Иара убас ихәарҭо́у аинформациа шәыԥшаар шәылшоит ҳофициалтә саит аҿы.

a Шәахәаԥш Иегова ишаҳаҭцәа идырхиаз аенциклопедиа «Понимание Писания» аҟны астатиа «Бытие, книга Библии» иамоу ахеиҵа «Историчность Бытия» захьӡу. Уи шәыԥшаар шәылшоит ҳофициалтә саит аҿы.

b Анцәа Иԥа иԥсҭазаара ажәҩан аҟынтә Мариа лымгәарҭахьы ианиаига, лара лцәалтәымкәа дҟалеит. Анцәа иԥшьоу идоуҳа ихы иархәаны, Иисус Мариа лҟынтә анамӡара иҭнымхартә ҟаиҵеит (Лука 1:31, 35).

«Абри ҟашәҵала салашәгәалашәаларазы»

Аҵыхәтәантәи аҵх анихигоз, Иисус иапостолцәа еизганы Агәаларшәара ахәылԥаз алеигалеит. Иара иреиҳәеит: «Абри ҟашәҵала салашәгәалашәаларазы» (Лука 22:19). Ари адҵа инақәыршәаны есышықәса адунеи ахьынӡа-наӡааӡо инхо Иегова ишаҳаҭцәа еизоит Христос иԥсра амш аҽны. Иаҳхысыз ашықәс азы ари аиԥылара иаҭааит 19 862 783-ҩык ауаа.

Ари ашықәс азы Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз мҩаԥгахоит ахаша, март 23 рзы, амра анҭашәалак ашьҭахь. Гәык-ԥсыкала шәааҳаԥхьоит шәҭаацәеи, шәҩызцәеи шәареи абиблиатә ажәахә шәазыӡырҩырц. Уи ажәахә аҟынтә шәара еилышәкаауеит Иисус дыԥсыр закәыз, насгьы уи иԥсра хаҭала шәара шәзы иаа́наго. Уи хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит, насгьы уа аԥара еизыргаӡом. Ари аиԥылара ахьымҩаԥысуа, насгьы ианымҩаԥысуа еилышәкаар шәылшоит аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭцәа рҟны. Уи иазку аинформациа шәыԥшаар шәылшоит ҳофициалтә саит аҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра