Еихызшада Абиблиа ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла?
ШӘХАҾЫ иаажәг, шәара актәи ашәышықәсазы инхо ақьырсиан шәакәушәа. Шәеизарахь абыржәоуп апостол Павел иҟынтә асаламшәҟәы анааз. Уи асаламшәҟәы ишаԥхьо шәаназыӡырҩуа шәара игәашәҭоит Павел лассы-лассы «аԥшьа ҩырақәа», мамзаргьы Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ацитатақәа шааиго (2 Тимофеи иахь 3:15). «Саԥхьандаз схаҭа иара дзыхцәажәаз ажәеинраала»,— шәгәахәуеит шәара. Аха уи ус имариам. Избан?
АХҚӘЕИ АЖӘЕИНРААЛАҚӘЕИ ЫҞАӠАМ
Ҳахәаԥшып изеиԥшраз апостол Павел ихаан напылаҩырала иҟаз «аԥшьа ҩырақәа». Урҭ руак ари адаҟьаҿы иаагоуп. Уи Иԥсу амшын аҿықә аҿы ирыԥшааз ашәҟәы Исаиа ацыԥҵәаха ауп. Иаҳбозеи ҳара? Атекст шеибгоу апунктуациа ада! Насгьы иахьа ҳшашьцылахьоу еиԥш акәымкәа, ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла еихымшакәа.
Абиблиа зыҩуаз ауаа атекст ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла еихыршаӡомызт. Дара Анцәа иҟынтә ажәабжь шеибгаз ирыҩуан, нас ауаа уи хәҭа-хәҭала акәымкәа инеиԥынкыланы иаԥхьон. Ус акәӡами ҳаргьы ишыҟаҳҵо бзиа иаҳбо ауаҩы иҟынтә асаламшәҟәы анҳаулак? Ҳара уи хәҭа-хәҭала акәымкәа ахы инаркны аҵыхәанӡа ҳаԥхьоит.
Аха ахқәеи ажәеинраалақәеи ахьыҟамыз ауадаҩрақәа цәырнагон. Павел ацитата аликаар илшон абас еиԥш иҟаз ажәақәа рыла, иаҳҳәап «ишану аиԥш», мамзаргьы «Исаиа абри атәы уаанӡагьы иаԥхьазгәеиҭахьан» (Римаа рахь 3:10; 9:29). Урҭ ацитатақәа рыԥшаара мариамызт. Уи азы «аԥшьа ҩырақәа» зегьы бзиаӡаны иудыруазар акәын.
Иазгәаҭатәуп, урҭ «аԥшьа ҩырақәа» Анцәа иҟынтә аацҳара заҵәык шакәмыз. I-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы уи 66 шәҟәы рыла ишьақәгылаз библиотека дук акәын. Убри азоуп иахьа аӡәырҩы Абиблиа аԥхьаҩцәа зеигәырӷьо, уи ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла иахьеихшо, уи дара ирыцхраауеит ирҭаху аинформациа ирласны аԥшаара, иаҳҳәап Павел исаламшәҟәқәа рҿы иуԥыло ацитатақәа.
Еихызшада ус анакәха, Абиблиа ахқәеи ажәеинраақәеи рыла?
ЕИХЫЗШАДА УИ АХҚӘА РЫЛА?
Абиблиа ахқәа рыла еихызшаз англыз ԥшьаҩы Стефан Ленгтон иоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, иара аамҭак ашьҭахь Кентерберитәи архиепископны дҟалеит. Уи ҟаиҵеит XIII-тәи ашәышықәса алагамҭазы, Парижтәи ауниверситет аҿы (Франциа) аус аниуаз.
Аҵарауаа Ленгтон иаԥхьа рҽазыршәахьан Абиблиа идуум ацыԥҵәахақәа рыла аихшара, иҟалап ацитата аагара мариахарц азы. Шәазхәыц шаҟа имариоу ҩыра ҭыԥк аԥшаара ашәҟәы зегь аҟны акәымкәа хык аҿы уанашьҭо, иаҳҳәап 66-хы змоу Исаиа ишәҟәы еиԥш иҟоу.
Аха Абиблиа ахқәа рыла аихшара мариамызт. Аҵарауаа иаԥырҵеит ирацәаны еиуеиԥшым, еинымаалоз асистемақәа. Библиак аҿы Марк иҟынтә Аевангелие 50-хы раҟара рыла еихшан, уажәы ишҳамоу 16-хы рыла акәымкәа. Ленгтон ихаан, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә астудентцәа Парижҟа иаауан, урҭ рхатә Библиақәа рыман. Аха арҵаҩцәеи астудентцәеи ирызҳәомызт иарбан ҭыԥу аҩыра аҟынтә зыӡбахә рымаз. Избан? Избанзар урҭ рбиблиақәа рҿы ахқәа шеихшо еиԥшымызт.
Убри аҟынтә Ленгтон еиҿикааит ахқәа реихшаразы асистема ҿыц. «Уи аԥхьаҩцәеи ахҩылааҩцәеи ргәы иақәшәеит,— иануп Абиблиа аҭоурых атәы зҳәо ашәҟәаҿы,— насгьы ирласны Европа зегь иалаҵәеит» (The Book —A History of the Bible). Уи асистема иахьатәи Абиблиақәа реиҳарак рҿы рхы иадырхәоит.
ЕИХЫЗШАДА ЖӘЕИНРААЛАЛА?
300 шықәса раҟара анҵы XVI-тәи ашәышықәса азбжазы еицырдыруа парижтәи акьыԥхьҩы-афилолог Робер Етьиен уи аус еиҳагьы ирмариеит. Иара хықәкыс иқәиргылеит ауаа Абиблиа аԥхьара рзырмариара. Етьиен еиликааит уи азы номерла ишьақәгылоу ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла зегь еицырзеиԥшу системак шаҭаху.
Аха уи асистема уаанӡагьы ицәырҵхьан. Иаҳҳәап шәышықәсқәак раԥхьа аиудеиатә хҩылааҩцәа Ажәытә Уасиаҭ ҳәа изышьҭоу Ауриатә Ҩырақәа ахқәа рыла акәымкәа, жәеинраалала еихыршахьан. Аха ахқәа реихшараҿ еиԥш, уигьы еицеиԥшу системак амамызт.
Етьиен азнеишьа ҿыц ихы иархәаны, Ақьырсиан Бырзен Ҩырақәа (Ауасиаҭ Ҿыц) рҿы ажәеинраалақәа номерла ишеит, насгьы жәеинраалала еихыршахьаз Ауриатә Ҩырақәа ирыциҵеит. 1553 шықәсазы иара ишеибгоу иҭижьит ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла еихшаз раԥхьаӡатәи Абиблиа (афранцыз бызшәала), уи иахьатәи Абиблиақәа реиҳарак рҿы рхы иадырхәо аихшара асистема иазааигәоуп. Шьоукы уи ргәамԥхеит. Дара ирыԥхьаӡон жәеинраалала аихшара, абиблиатә текст хаз-хазы иҟоу ҳәамҭақәаны иҟанаҵеит ҳәа. Аха Етьиен исистема ауаа ирласны иашьцылеит, насгьы егьырҭ акьыԥхьыҩцәа рхы иадырхәо иалагеит.
АБИБЛИА АҬҴААҨЦӘА РЗЫ АҲАМҬА ДУ
Шаҟа ибзианы ирхәыцзеи — ахқәеи ажәеинраалақәеи аномерқәа рыҭара! Абиблиатә жәеинраалақәа зегьы хаз-хазы рхатә «адрес» роуит, аԥошьҭатә индекс еиԥш. Ҳәарада Абиблиа ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла аихшара Анцәа идоуҳала иаԥҵам, насгьы зны-зынла уи уахьақәымгәыӷӡо аҭыԥқәа рҿы атекст еиҩнашоит. Аха уи аихшара абзоурала имариахеит ацитата аԥшаареи алкаареи, насгьы ҳара ҳзы ихадоу жәеинраалак егьырҭ дырбара. Уи иаҿҳарԥшыр ҳалшоит шәҟәык, ма документк аҿы игәнаҳкыларц иаҳҭаху фразак аналаҳкаауа.
Абиблиа ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла аихшара даара иманшәалоуп, аха иухаумыршҭлароуп уа иану ахҭыс шеибгоу ухаҿы аагара, даҽакала иуҳәозар Анцәа иажәабжь шеибгоу аилкаара, шаҟа ихадоу. Уҽаршьцылала абиблиатә жәеинраалақәа хаз-хазы акәымкәа, аконтекст аҿы аԥхьара. Уи абзоурала «Аԥшьа ҩырақәа удыруеит, уи... ирҟәыӷоу, хеиқәырхара зылшо аӡә уакәны уҟанаҵоит» (2 Тимофеи иахь 3:15).